-
Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааитАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | ииун
-
-
6. Изусҭцәада асимволтә ҵакы змоу ҳзыхцәажәо ҩыџьа аҳәса?
6 Шәааи ашәҟәы Ажәамаанақәа 9-тәи ахы иану ҳалацәажәап. Уа ҩыџьа аҳәса рыла иаарԥшу аҟәыӷареи ахшыҩдареи рыӡбахә ҳәоуп. (Иаҿшәырԥш Римаа рахь 5:14; Галатаа рахь 4:24.) Урҭ аҳәса рҩыџьагьы аԥышәа змам ма ихшыҩдоу ауаа ааԥхьара рырҭоит. Дара абас рҳәозшәа иаҩызоуп: «Шәааи сара сахь, акреицаҳфап!» (Ажәам. 9:1, 5, 6, 13, 16, 17). Урҭ ирҳәо шеиԥшугьы, алҵшәа еиԥшхаӡом. Иахьа Аҩсҭаа идунеи аҿы ауаа асекси апорнографиеи ауп рхы иҭоу (Еф. 4:19). Убри аҟынтә ҳара ҳзы даараӡа ихадоуп Анцәа ицәшәареи ацәгьара аҽацәыхьчареи (Ажәам. 16:6). Ус анакәха, ҳара зегьы — аҳәсагьы ахацәагьы — ашәҟәы Ажәамаанақәа 9-тәи ахы ҳалацәажәар хәарҭоуп.
-
-
Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааитАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | ииун
-
-
«Ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара ҳҭанархар алшоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)
7. Ирзыԥшузеи «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара здызкыло ауаа, Ажәамаанақәа 9:13—18 иану инақәыршәаны? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
7 Ҳахәаԥшып «ихшыҩдоу аԥҳәыс» имҩасуа ауаа ирыдылгало. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 9:13—18.) Лара дыԥхамшьаӡакәа ихшыҩдоу ауаа уаххьа лыцырфарц азы лыҩныҟа иааирц иаалыԥхьоит, урҭ анаҩс ирзыԥшу бзианы ишылдыруагьы. Лыҩны иҩнало ауаа аԥсра рзыԥшуп. Иҟалап шәара ишәгәалашәазар уи иеиԥшу ахҭысқәа ахьану ашәҟәы Ажәамаанақәа егьырҭ ахқәа. Уа Абиблиа иламысдоу, зхы пату ақәзымҵо аԥҳәыс лҟынтә абас ҳгәаҳҽаннаҵоит: «Лара лыҩнахьы ицо аԥсра амҩа дықәуп» (Ажәам. 2:11—19). Ажәамаанақәа 5:3—10 аҿы зхы пату ақәзымҵо даҽа ԥҳәыск лыӡбахә ҳәоуп, уи «лшьапқәа аԥсрахьы илбаауеит».
-
-
Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааитАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | ииун
-
-
9, 10. Избан иламысдароу ахымҩаԥгашьа ҳҽацәыҳахьчалар зҳахәҭоу?
9 Ҳара иламысдароу ахымҩаԥгашьа аҽацәыхьчаразы ихадоу амзызқәа ҳамоуп. «Ихшыҩдоу аԥҳәыс» илҳәоит: «Иӷьычу аӡқәа хаауп». Изакәызеи «иӷьычу аӡқәа»? Абиблиаҿы хаҵеи-ԥҳәыси рыбжьара асексуалтә еизыҟазаашьақәа аӡы цқьа иаҿырԥшуп (Ажәам. 5:15—18). Закәанла аҭаацәара еицалоу ахаҵеи аԥҳәыси ус еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа ирылагәырӷьалар рылшоит, урҭ цқьазар, насгьы апатуқәҵара рныԥшуазар. Уи «иӷьычу аӡқәа», даҽакала иуҳәозар, аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара асекс иеиԥшӡам. Абжьааԥны ус еиԥш иҟоу аус ҟьашьқәа ауаа иӡаны, аӷьычцәа реиԥш, аӡәгьы еилимкаартә еиԥш иҟарҵоит. Уи азы акгьы ҳахьӡом ҳәа згәы иаанаго ауаа «иӷьычу аӡқәа» ихаау ак еиԥш ирбоит. Шаҟа иҩашьозеи дара! Иегова зегь ибоит. Ауаҩы Анцәа игәы аниирхьуа аасҭа еицәоу акгьы ыҟаӡам. Уи «хаарас» ҳәа акгьы изаанагаӡом (1 Кор. 6:9, 10). Аха уи мацара акәӡам.
10 Аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара асекс аԥхашьареи акгьы иаԥсамшәа рхы абареи рахь инанагоит. Уи адагьы уи иахҟьаны аԥҳәыс илҭахӡамкәа лцәалтәымкәа дҟалар алшоит, аҭаацәарақәагьы хыбгалар ауеит. Шаҟа иҟәыӷароузеи «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лыҩны амԥан ақәымлареи лыфатә амеилаҳареи! Уи лааԥхьара Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьнахуеит. Уи адагьы иҵегьы аԥхасҭа ҳзаанагоит. Ламысдарала зхы мҩаԥызго аӡәырҩы ауаа рыԥсҭазаара зыркьаҿуа ачымазарақәа рыхьуеит (Ажәам. 7:23, 26). Ажәамаанақәа 9-тәи ахы 18-тәи ажәеинраалаҿы иануп: «Лысасцәа анышә [иамоуп]». Избан нас аӡәырҩы ауаа «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара зрыдыркыло, насгьы лшьацҳәа изаҿашәо? (Ажәам. 9:13—18).
-
-
Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааитАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | ииун
-
-
«Ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» аҟынтә ааԥхьара аԥсҭазаара ҳнаҭоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17, 18.)
17, 18. Иарбан лшароу ироуа «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» аҟынтә ааԥхьара здызкыло ауаа, насгьы ирзыԥшузеи урҭ аԥхьаҟа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
17 Асимволтә ҵакы змоу ҩыџьа аҳәса рыла Иегова иаҳирбоит насыԥла иҭәу аԥсҭазаара ҳамазарц азы иҟаҵалатәу. Зыбжьы цәгьоу «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара здызкыло ауаа рыԥсҭазаара «ихаау», иҵәаху ргәаҳәарақәа рынагӡара ауп изызку. Дара иахьатәи амш ада ԥхьаҟа ихәыцӡом. Аха аԥхьаҟа ирзыԥшу анышәынҭра ауп (Ажәам. 9:13, 17, 18).
-