-
Иисус иашьеиҵбы шәиҿыԥшлаАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | ианвар
-
-
ИАКОВ ИЕИԤШ АԤАГЬАРА ШӘЫЛАМЫЗ
Иаков дышиашамыз еиликааит Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь иара иҟны даннеи, насгьы гәыкала имаҵ зуаз иҵаҩ иакәны дҟалеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5—7.)
5. Аҽшԥаԥсахи Иаков иԥсҭазаара зыԥсы ҭалаз Иисус даниба ашьҭахь?
5 Данбалагеи Иаков Иисус игәра агара? Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь «Иаков иҟны днеит, ашьҭахь — Апостолцәа зегьы рҿы» (1 Кор. 15:7). Уи Иаков иԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит. Иерусалим хыхьтәи ауадаҿы еизаз апостолцәа иԥшьоу адоуҳа аиура ианазыԥшыз Иаковгьы урҭ дрылан (Аус. 1:13, 14). Ԥыҭрак ашьҭахь Иаков Анапхгаратә хеилак аҿгьы амаҵ иуан (Аус. 15:6, 13—22; Гал. 2:9). 62 шықәса ҳ. ҳ азы Иаков доуҳала иалху ақьырсианцәа рзы асаламшәҟәы ҩны далгахьан. Ари асаламшәҟәы ҳара зегьы иҳахәоит, гәыӷрас иҳамоу ажәҩан аҿы анхара акәзаргьы, адгьыл аҿы акәзаргьы (Иак. 1:1). Иосиф Флави излеиҳәаз ала, иудеиатәи аԥхьаԥшьаҩы Анан Аиҵбы иҟаиҵаз адҵа ала Иаков дыршьит. Иаков дыԥсаанӡа Иегова гәыкала имаҵ иуан.
-