Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 ианвар ад. 8—13
  • Иисус иашьеиҵбы шәиҿыԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус иашьеиҵбы шәиҿыԥшла
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • ИАКОВ ИЕИԤШ АԤАГЬАРА ШӘЫЛАМЫЗ
  • ИАКОВ ИЕИԤШ АҞАЗАРА ЗЛОУ РҴАҨЦӘАНЫ АҞАЛАРА ШӘҼАЗЫШӘШӘАЛА
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 ианвар ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 2

Иисус иашьеиҵбы шәиҿыԥшла

«Иаков, Анцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси рмаҵуҩы» (ИАК. 1:1).

АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт

АХҲӘААa

1. Изеиԥшрази Иаков иҭаацәара?

ИАКОВ, Иисус иашьаb, гәыкала Анцәа имаҵ зуаз аҭаацәараҿы изҳауан. Иосифи Мариеи Иегова даараӡа бзиа дырбон. Уи адагьы, Иаков иашьеиҳаб Мессиа иакәны дҟалар акәын. Уи аҩыза аҭаацәараҿы аизҳара Иаков изы ҳаҭыр дуун!

Иаков иашьеиҳаб Иисуси иареи ҩнаҭак аҿы ирызҳауан, убри аҟынтә уи ибзианы дидыруан. (Шәахәаԥш абзац 2.)

2. Избан Иаков иашьеиҳаб пату иқәиҵалар зилшоз?

2 Иаков иашьеиҳаб пату иқәҵаразы амзызқәа рацәаны иман (Матф. 13:55). Иаҳҳәап, Иисус 12 шықәса анихыҵуазгьы Аҩыра бзианы идыруан. Азакәан здыруаз арҵаҩцәагьы уи џьаршьон (Лука 2:46, 47). Иҟалап, Иакови Иисуси ауасҭацәа реиԥш аус еицыруазҭгьы. Ус акәзар, Иаков Иисус аус анициуаз еиҳа еиӷьны деиликаар илшон. Неитан Норрc иҳәалон: «Ауаҩы деилукаарц уҭахызар уск ицҟаҵа». Лука 2:52 аҿы иануп: «Иисус ҟәыӷарала, қәрала изҳауан», насгьы «Анцәагьы ауаагьы бзиа деицырбон». Иаковгьы уи ибон. Убри аҟынтә егьырҭ раԥхьагьы Иисус диҵаҩны дҟалар илшон. Аха ус иҟамлаӡеит.

3. Дышԥеизыҟаз Иаков Иисус уи адгьыл аҿы даныҟаз?

3 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз Иаков уи Мессиа шиакәыз агәра игаӡомызт (Иоанн 7:3—5). Иисус ихы еилагоуп ҳәа зыԥхьаӡоз иҭынхацәа дреиуазаргьы алшон (Марк 3:21). Уи адагьы, Иисус ашьаҟа дкыдҵаны даныршьуаз Иаков иан Мариа длыцын ҳәа џьаргьы ианӡам (Иоанн 19:25—27).

4. Еилаҳкаауазеи ари астатиа аҟынтә?

4 Аха ԥыҭрак ашьҭахь Иаков Иисус игәра игеит, пату зқәырҵоз аизара аиҳабысгьы дҟалеит. Ари астатиаҿы ҳара Иаков иҿырԥшы иаҳнарҵо ҩ-урокк еилҳаргоит. Ҳара еилаҳкаауеит аԥагьара ҳаламзар зҳахәҭоу, насгьы аҟазара злоу рҵаҩцәаны ҳҟалар шҳалшо.

ИАКОВ ИЕИԤШ АԤАГЬАРА ШӘЫЛАМЫЗ

Иаков дышиашамыз еиликааит Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь иара иҟны даннеи, насгьы гәыкала имаҵ зуаз иҵаҩ иакәны дҟалеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5—7.)

5. Аҽшԥаԥсахи Иаков иԥсҭазаара зыԥсы ҭалаз Иисус даниба ашьҭахь?

5 Данбалагеи Иаков Иисус игәра агара? Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь «Иаков иҟны днеит, ашьҭахь — Апостолцәа зегьы рҿы» (1 Кор. 15:7). Уи Иаков иԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит. Иерусалим хыхьтәи ауадаҿы еизаз апостолцәа иԥшьоу адоуҳа аиура ианазыԥшыз Иаковгьы урҭ дрылан (Аус. 1:13, 14). Ԥыҭрак ашьҭахь Иаков Анапхгаратә хеилак аҿгьы амаҵ иуан (Аус. 15:6, 13—22; Гал. 2:9). 62 шықәса ҳ. ҳ азы Иаков доуҳала иалху ақьырсианцәа рзы асаламшәҟәы ҩны далгахьан. Ари асаламшәҟәы ҳара зегьы иҳахәоит, гәыӷрас иҳамоу ажәҩан аҿы анхара акәзаргьы, адгьыл аҿы акәзаргьы (Иак. 1:1). Иосиф Флави излеиҳәаз ала, иудеиатәи аԥхьаԥшьаҩы Анан Аиҵбы иҟаиҵаз адҵа ала Иаков дыршьит. Иаков дыԥсаанӡа Иегова гәыкала имаҵ иуан.

6. Дызлареиԥшымзи Иаков ихаан инхоз адиннапхгаҩцәа?

6 Иаков аԥагьара илаӡамызт. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иаковгьы адиннапхгаҩцәагьы Иисус Анцәа иԥа шиакәыз реилзыркаауаз рацәан. Ихы шԥамҩаԥигеи Иаков? Иара дышиашамыз еиликааит, насгьы Иисус игәра агара далагеит. Адиннапхгаҩцәа ракәзар зынӡа даҽакала рхы мҩаԥыргеит. Иаҳҳәап, Иисус Лазарь иԥсы анҭеиҵа ашьҭахь Иисус даазышьҭыз Иегова шиакәу агәра агара аҭыԥан урҭ Иисусгьы Лазарьгьы рышьра иашьҭалеит (Иоанн 11:53; 12:9—11). Иисус иԥсы анҭала ашьҭахьгьы, уи ауаа ирмаҳарц азы дара ирылшоз зегь ҟарҵон (Матф. 28:11—15). Урҭ ахьԥагьаз азоуп Мессиа дызрыдрымкылаз.

7. Избан ҳара ҳԥагьамзар зҳахәҭоу?

7 Аурок: аԥагьара шәыламыз, Иегова ишәирҵо шәыдышәкылала. Агәыхь змоу ауаҩы идаԥшьқәа кьакьахоит, уи агәы ишахәҭоу еиԥш аус аура иаԥырхагоуп. Убас еиԥш ҳара аԥагьара ҳазцәырҵыр Иегова инапхгара азыӡырҩра ҳаҟәыҵыр алшоит. Иегова афарисеицәа ашьақәырӷәӷәарақәа рацәаны ириҭеит Иисус Мессиа шиакәыз узырбоз. Аха урҭ убриаҟара иԥагьақәан, уи раҳаргьы рҭахӡамызт (Иоанн 12:37—40). Убас дара наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь рымҩа адыркит (Матф. 23:13, 33). Урҭ рҿырԥшы иаҳнарбоит Анцәа Иажәеи иԥшьоу идоуҳаи ҳхәыцшьеи иҳадаҳкыло аӡбарақәеи ирнырлартә алҳаршалар шҳахәҭоу (Иак. 3:17). Иаков аԥагьара ахьиламыз азоуп Иегова иирҵоз зидикылоз. Уи адагьы ҳара еилаҳкаауеит уи аҟазшьа аҟазара злоу рҵаҩны аҟалара ишицхрааз.

ИАКОВ ИЕИԤШ АҞАЗАРА ЗЛОУ РҴАҨЦӘАНЫ АҞАЛАРА ШӘҼАЗЫШӘШӘАЛА

8. Иҳацхраар алшозеи аҟазара злоу рҵаҩцәаны аҟалара?

8 Иаков аҵара ду имамызҭгьы ҟаларын. Адиннапхгаҩцәа апостолцәа Пиотри Иоанни ишырзыҟаз еиԥш акәзар ҟалап Иаковгьы ишизыҟаз — аҵара змам иаабац ауаҩ иеиԥш (Аус. 4:13). Аха ииҩыз асаламшәҟәы иаҳнарбоит иара дшырҵаҩ бзиаз. Ҳаргьы аҵара ду ҳамамзар ауеит, аха аҟазара злоу рҵаҩцәаны ҳҟалар ҳалшоит. Уи аҿы иҳацхраауеит Иегова идоуҳаи иорганизациа ала иҳаиҭо арҵареи. Шәааи еилаҳкаап Иаков ирҵаҩратә ҟазара иҿаҳҵаар шҳалшо.

9. Дзеиԥшра рҵаҩызи Иаков?

9 Иаков зеилкаара уадаҩыз ажәақәа ихы иаирхәаӡомызт. Убри аҟынтә исаламшәҟәы иаԥхьо иаразнак еилыркаауеит иҟарҵалар рыхәҭоу, насгьы уи шыҟарҵалаша. Иаков ақьырсианцәа идирҵон аиашамра ианақәшәо игәымбылџьбарахар шрыхәҭам. Абар иара уи шаҟа ирмарианы иҳәаз: «Ҳара хьӡи-ԥшеи рзаҳҳәоит, аҳаҭыр рықәаҳҵоит гәамҵрада зегьы зычҳауаз, зегьы злазыгӡоз, изхызгоз. Шәара ишәмаҳахьеи Иов иааирԥшыз ахачҳаратәы, ишәымбахьеи убри иалҵшәаны уи Иҳақәиҭу иахьтә иоуз — Иҳақәиҭу дгәыбылҩуп, дрыцҳашьаҩуп» (Иак. 5:11). Иазгәашәҭ Иаков ара Иԥшьоу Аҩыра дшазхьаԥшуа. Иов иҿырԥшы ааганы иара иҳәоит Иегова гәыкала изыҟоу зегьы дышрықәныҳәо. Убри аамҭазы иара еилукаартә иҟоу ажәақәа рыла ирмарианы дцәажәон. Убас ала ихы акәымкәа Иегова дҳареикуан.

10. Иҿаҳҵаар ҳалшозеи Иаков?

10 Аурок: ирмарианы шәцәажәала, насгьы Анцәа Иажәа шәхы иашәырхәала. Ҳара иҳамоу адыррақәа рыла ауаа рыршанхара акәӡам ҳзышьҭоу. Ҳара иаҳҭахуп Иегова шаҟа дҟәыӷоу, насгьы дышҳаиҷаҳауа ауаа еилыркаарц (Рим. 11:33). Уи азы ҳара иаҳҳәо Абиблиа аҟынтә иааҳгалароуп. Иаҳҳәап Абиблиа зшәырҵо лабжьарак азы дшәыҳәоит. Иара иҭагылазаашьаҿы шәара шәхы шымҩаԥыжәгарыз иаҳәара аҭыԥан, абиблиатә ҿырԥштәқәа ааганы Иегова уи дшахәаԥшуа ихаҭа дазшәырхәыцыр бзиоуп. Убасҟан иара шәгәы аҟаҵара акәымкәа Иегова игәы аҟаҵара дашьҭалоит.

11. Иарбан уадаҩрақәоу актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа шьоукы ирымаз, насгьы иарбан лабжьароу Иаков урҭ ириҭаз? (Иаков 5:13—15).

11 Иаков ауадаҩрақәа имбозшәа ҟаиҵаӡомызт. Исаламшәҟәы излаҳаилнаркаауа ала аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ирылаз аԥсыҽрақәа идыруан. Уи аартны иреиҳәон, насгьы рхы аус адырулаларц рабжьигон. Иаҳҳәап, ақьырсианцәа шьоукы ирдыруаз ахархәара иахыццакӡомызт (Иак. 1:22). Даҽа шьоукы амал змаз ракәын ҩызцәас ишьҭырхуаз (Иак. 2:1—3). Иҟан ирҳәоз ацклаԥшра зцәыуадаҩызгьы (Иак. 3:8—10). Ас еиԥш иҟаз ауадаҩрақәа шыҟазгьы Иаков урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи акгьы рылҵӡом ҳәа иԥхьаӡаӡомызт. Иара хаала, аха иаартны алабжьарақәа риҭон, насгьы аизара аиҳабацәа ацхырааразы ирыҳәаларц ргәазҭеиҵон. (Шәаԥхьа Иаков 5:13—15.)

12. Ҳгәы каҳмыжьлар шԥаҳалшо аӡәы Абиблиа аниҳарҵо?

12 Аурок: егьырҭ рҟынтә амцхә шәазымԥшлан, аха шәыгәгьы кашәмыжьлан. Абиблиа зҵо аӡәырҩы еилыркаауа ахархәара рцәыцәгьоуп (Иак. 4:1—4). Иаразнак иҽеим ашьцылара ааныжьны ақьырсиантә ҟазшьақәа реизырҳара мариаӡам. Ҳара Иаков иеиԥш агәымшәара ҳҭахуп Абиблиа зҳарҵо иҽахьириашаша иаҳҳәарц азы, насгьы акгьы илҵуам ҳәа ҳгәы каҳмыжьлароуп. Ҳара агәра ҳгалароуп Иегова аԥагьара злам ауаа иара иахь ишааиԥхьо, насгьы аҽыԥсахра дышрыцхраауа (Иак. 4:10).

13. Еиликаауази Иаков? (Иаков 3:2).

13 Иаков ихы ҳареикӡомызт. Иара Иисус дахьиашьаз, насгьы аизараҿы аҭакԥхықәрақәа ахьидыз азы егьырҭ дреиӷьуп ҳәа игәы иаанагаӡомызт. Иара зегьы гәыкала дырзыҟан, «бзиа избауа сашьцәа» ҳәагьы рзиҳәон (Иак. 1:16, 19; 2:5). Уи адагьы, Иаков акгьы игымшәа иԥхьаӡаӡомызт. «Ҳара зегьы агәнаҳарақәа маҷымкәа иҟаҳҵоит» ҳәа аниҳәоз ихгьы алаҵаны иҳәеит. (Шәаԥхьа Иаков 3:2.)

14. Избан ҳаргьы агхақәа шыҟаҳҵо ҳҳәалар зҳахәҭоу?

14 Аурок: ҳара зегь ҳнаӡаӡам. Ҳара Абиблиа зҳарҵо раасҭа ҳаиӷьуп ҳәа ҳамԥхьаӡалароуп. Избан? Избанзар Абиблиа зҳарҵо ҳара ахаан агха ҳахьӡом ҳәа игәы иаанагалар, абиблиатә нормақәа рыла анхара ахаангьы илшаӡом ҳәа игәы иаанагар ауеит. Убри аҟынтә иаартны иашәҳәала, зны-зынла абиблиатә принципқәа рхархәара шәаргьы ишышәзымариам, аха Иегова ишәылоу аԥсыҽрақәа рҿагылара дышшәыцхраауа. Убасҟан ауаҩы еиликаауеит иаргьы Иегова имаҵзуҩы иакәны дҟалар шилшо.

Иаков зеилкаара мариаз, еилыкка иҟаз, зхархәара маншәалаз аҿырԥштәқәа ихы иаирхәон. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)d

15. Избан Иаков ихы иаирхәоз аҿырԥштәқәа зыбзиоу? (Иаков 3:2—6, 10—12).

15 Иаков аҿырԥштә бзиақәа ихы иаирхәон. Ҳәарада уи аҿы иԥшьоу адоуҳа ицхраауан. Аха иашьеиҳаб иҿиҵаазгьы рацәоуп. Иисус ҟазарыла аҿырԥштәқәа ихы иаирхәон. Иаков ииҩыз асаламшәҟәаҿы ихы иаирхәоз аҿырԥштәқәа мариоуп, насгьы урҭ иаҳдырҵо ҳхы ишаҳархәаша иаразнак еилукаартә иҟоуп. (Шәаԥхьа Иаков 3:2—6, 10—12.)

16. Избан аҿырԥштә бзиақәа ралхра зхадоу?

16 Аурок: аҿырԥштә бзиақәа алшәхла. Шәара аҿырԥштә бзиақәа шәхы иашәырхәалар, ишәзыӡырҩуа ишәҳәарц ишәҭаху еиҳа еиӷьны еилыркаалоит. Ус еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа ауаа ргәаҟынӡа анагара ишәыцхраауеит. Ҳәарада, Иисус уи зегь раасҭа еиӷьны иҟаиҵон, аха иашьа Иаковгьы уи ибзианы диҿыԥшуан. Шәааи Иаков исаламшәҟәы аҟынтә ҿырԥштәык ҳазааҭгылап.

17. Избан Иаков 1:22—25 иану аҿырԥштәы ҿырԥштә бзиоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

17 Шәаԥхьа Иаков 1:22—25. Асаркьа иазку аҿырԥштәы ҿырԥштә бзиоуп. Иаков ибзианы идыруан исаламшәҟәы иаԥхьалоз иреиҳәарц ииҭахыз. Анцәа Иажәа ҳаԥсҭазаара ианырларц азы уи аԥхьара мацара азхаӡом, еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәалароуп. Иаков иҿырԥштәаҿы дызлацәажәаз аҭагылазаашьа зегьы ибзианы ирдыруан: асаркьа ианымԥшылоз дыҟамызт. Ҵакыс иамази ари аҿырԥштәы? Асаркьа ианԥшыло ауаҩы ихы шеилыжәжәо ибозар, ихы мҳәакәа даԥырҵӡом. Убас еиԥш Анцәа Иажәа иҳагу ҳнарбазар, ҳаҽҳариашароуп.

18. Иарбан факторқәоу ҳзызхәыцлар ҳахәҭоу аҿырԥштәқәа аналҳхуа?

18 Ишеилаҳкааз еиԥш, аҿырԥштә бзиа алҳхырц азы х-факторк ҳрызхәыцроуп: 1) ҳхы иаҳархәо аҿырԥштәы ҳазлацәажәо ианаалозароуп; 2) уи иаҳзыӡырҩуа еилыркаартә еиԥш иҟазароуп; 3) иаҳзыӡырҩуа аурок рхы ишадырхәаша реилҳаркаароуп. Аҿырԥштә бзиақәа ралхра шәцәыцәгьазар, шәахәаԥш «Индекс публикаций Сторожевой башни», ахеиҵа «Наглядные примеры», нас еиҳа ишәгәаԥхо аҿырԥштәқәа алшәх. Аха ишәхашәмыршҭлан аҿырԥштәқәа амикрофон ишаҩызоу. Урҭ рыла иалышәкаарц ишәҭаху азхәыцрақәа амикрофон ала «шәыбжьы рдуны» ишәҳәошәа иаҩызоуп. Ус иаҳҳәалар акәу ихадоу азхәыцрақәа роуп. Ҳәарада ҳара аҿырԥштәқәа ҳхы изаҳархәо ҳхы ҳарҽхәарц азы акәӡам, аха ауаа Иегова иҭаацәара иахәҭакхарц ҳрыцхраарц азы ауп.

19. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо?

19 Ҳара Иаков иеиԥш инаӡоу аиашьа еиҳабы дҳамаӡам. Аха ҳара зегьы ақьырсиантә ҭаацәараҿы Иегова имаҵ аура аҳаҭыр ҳаҭәашьоуп. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбоит. Убри аҟынтә аамҭа рыцаҳхаҳгоит, ирҿаҳҵаауа рацәоуп, ҳаидгыланы ажәабжь ҳҳәоит, насгьы аҵаҩцәа азыҟаҳҵоит. Иаков ихы дшазыҟаз, егьырҭ дшырзыҟаз, ихы шымҩаԥигоз, насгьы ауаа Анцәа Иажәа шыдирҵоз ала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Уи ҳаиҿыԥшлар Иегова дҳараҳклоит, насгьы гәыкала иҟоу ауаа бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб иҩызахара ҳрыцхраалоит.

ИЗБАН ИЗХАДОУ...

  • аԥагьара ҳаламзар?

  • ирмарианы ҳцәажәалар?

  • аҿырԥштә бзиақәа ҳхы иаҳархәалар?

АШӘА 114 Ачҳара аашәырԥшла

a Иакови Иисуси ҭаацәарак аҿы ирызҳаит. Иаков инаӡаз Анцәа Иԥа егьырҭ ауаа раасҭа еиӷьны дидыруан. Ԥыҭрак ашьҭахь Иаков аизараҿы ирацәаны аџьабаа збаз дреиуахеит. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иаков дшынхоз, ауаа идирҵоз, насгьы ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.

b Ари астатиаҿы ҳара Иаков Иисус иашьа ҳәа изаҳҳәалоит, уи иашьа гәакьа шиакәмызгьы — урҭ анык илыхшаз ракәын. Иара иакәзар ҟалап Иаков исаламшәҟәы ҳәа захьӡу Абиблиа иахәҭаку ашәҟәы зҩыз.

c Неитан Норр Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ иуан. Иара адгьыл аҿы иԥсҭазаара 1977 шықәсазы ихиркәшеит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иаков иаҳҳәо ҳацклаԥшлар шаҟа ихадоу ҳаилиркаарц азы ҳабз амца иаҿирԥшит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра