Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 ианвар ад. 2—7
  • «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «САРА АКГЬЫ САРГӘАҞЛАӠОМ»
  • «ИШӘЫМОУ ШӘЫЗШӘЫРХА, ШӘАЛАӠА»
  • ИЕГОВА ДЫШШӘЫЦХРААЛО АГӘРА ГАНЫ ШӘЫҞАЗ
  • ҲАԤХЬАҞА ИАҲЗЫԤШУ АԤЫШӘАРАҚӘА УАЖӘНАТӘ ШӘҼЫРЗЫҞАШӘҴАЛА
  • Давид абналара зиқәшәаз
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Давиди Саули
    Учимся на примерах из Библии
  • Давид аҳас иҟалара
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 ианвар ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 1

«Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам»

2022-ТӘИ АШЫҚӘС ИАЗАЛХУ АЖӘЕИНРААЛА: «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам» (АԤСАЛ. 34:10).

АШӘА 4 Иегова — сара сыхьчаҩ

АХҲӘААa

Аҭагылазаашьа цәгьақәа раангьы Давид идыруан Иегова бзиарак шигимырхо. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 1—3.)d

1. Иарбан ҭагылазаашьа цәгьоу Давид дзықәшәаз?

ДАВИД ихы еиқәирхарц азы дыбналоит. Израиль аҿы зегь раасҭа амчра змоу Саул ииулакгьы Давид дишьырц иҭахуп. Давид иифо имаӡам. Иара ақалақь Нов дааны, аԥшьаҩы хә-чак иадамзаргьы ииҭарц диҳәоит (1 Сам. 21:1, 3). Аамҭак ашьҭахь Давид ицыз ауааи иареи аҳаԥаҿы рҽырҵәахуеит (1 Сам. 22:1). Дышԥақәшәеи иара абри аҩыза аҭагылазаашьа цәгьа?

2. Избан иаҳҳәар зҳалшо Саул ишәарҭаз амҩа данылеит ҳәа? (1 Самуил 23:16, 17).

2 Иегова Давид аҳас дҟаиҵарц иӡбеит. Уи адагьы, иара зегьы бзиа ирбоз еицырдыруаз еибашьҩын. Саул уи диҵашьыцны дыԥсуан. Иара убас Саул идыруан Иегова иразра шицәыӡыз. Уи зыхҟьазгьы Иегова дахьизымӡырҩыз ауп. (Шәаԥхьа 1 Самуил 23:16, 17.) Аха Саул аҳас дыҟанаҵы ар ду иман, идгылазгьы рацәаҩын. Убри аҟынтә Давид иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан. Убри азы ауп ихы еиқәирхарц азы дыбналар закәхаз. Игәы иаанагаҵәҟьозма Саул Иегова Давид Израиль аҳас дахаимыргыларц азы диԥырхагахар илшоит ҳәа (Ис. 55:11). Ари азҵаара аҭак Абиблиа ианӡам. Аха ҳара ибзианы иаҳдыруеит: Саул ишәарҭаз амҩа данылеит. Анцәа иҿагыло ихы ҭаирхоит!

3. Дышԥарзыҟаз Давид дзықәшәоз ауадаҩрақәа?

3 Давид аҳраҭыԥ дашьҭамызт, дԥагьамызт. Иара Израиль аҳас дҟаларц Иегова иоуп далызхыз (1 Сам. 16:1, 12, 13). Аха Саул Давид аӷас диԥхьаӡон. Давид дзықәшәоз ауадаҩрақәа Иегова ихареиҵаӡомызт, насгьы аҳаԥқәа рҿы иҽиҵәахлар ахьакәыз, зны-зынлагьы иифоз ахьимамыз азы агәынамӡара ааирԥшӡомызт. Иҟалап, Давид аҳаԥаҿы иҽаниҵәахуаз акәызҭгьы Иегова дҳаразкуаз ашәа ԥшӡа аниҩыз. Уи ашәа аҟынтә цәаҳәак ари астатиа ихадоу жәеинраалас иазалхуп: «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам» (Аԥсал. 34:10).

4. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго, насгьы избан уи зхадоу?

4 Иегова имаҵзуҩцәа зегьы ауадаҩрақәа ирықәшәоитb. Апандемиа COVID-19 иалагеижьҭеи ауадаҩрақәа еиҳагьы ирацәахеит. Арыцҳара ду ааигәахацыԥхьаӡа ҳаԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа еиҳагьы ирацәахоит (Матф. 24:21). Убри аҟынтә шәааи ԥшь-зҵаарак еилҳаргап: 1) Агәра изыргазеи Давид «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны» ишыҟам? 2) Избан иҳамоу ҳазҳархалар зҳахәҭоу? 3) Избан Иегова ҳшаанимыжьуа агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо? 4) Ишԥаҳалшо уажәнатә иаҳзыԥшу ауадаҩрақәа ҳҽырзыҟаҳҵар?

«САРА АКГЬЫ САРГӘАҞЛАӠОМ»

5, 6. Ишԥаҳацхраауеи 23-тәи Аԥсалом «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам» ҳәа иҳәоу ажәақәа реилкаара?

5 Ииҳәарц ииҭахызи Давид «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам» ҳәа аниҳәаз? Арҭ ажәақәа реилкаара 23-тәи Аԥсалом ҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 23:1—6.) Давид уи Аԥсалом абас далагоит: «Иегова Сыхьчаҩ иоуп. Сара акгьы саргәаҟлаӡом». 23-тәи Аԥсалом аҿы Давид зыӡбахә иҳәо Иегова Хьчаҩыс далызхыз ауаҩы иоуа азылԥхарақәа рыӡбахә ауп. Урҭ азылԥхарақәа роуп ҳаԥсҭазаара аҵакы азҭо. Давид иҳәеит Иегова амҩа иашала ацара дышицхраауа аамҭа бзиақәа раангьы, аамҭа цәгьақәа раангьы. Давид еиликаауан Иегова имаҵ аура еснагь ишымариамхо, игәы казыжьуа шыҟало, насгьы аӷацәа иоур шалшо. Аха Давид акгьы дацәшәаӡомызт, избанзар еиликаауан Иегова Ихьча шиакәу.

6 Уажәшьҭа актәи азҵаара аҭак ҟаҳҵар ҳалшоит: агәра изыргазеи Давид «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны» ишыҟам? Давиди Иеговеи аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьан. Анасыԥ имазарц иара амал ду дашьҭамызт. Уи Анцәа ииҭоз изирхон. Давид ииҭахыз Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа ӷәӷәазарц, насгьы Иегова дихьчаларц акәын.

7. Иарбан ԥышәароу актәи ашәышықәсазы Иудеиа инхоз ақьырсианцәа зықәшәаз? (Лука 21:20—24).

7 Аԥсалом 23:1 иану Давид иажәақәа амал ҳшазыҟоу азхәыцра иҳацхраауеит. Аус злоу амал ахаҭа акәӡам, аха уи ҳшазыҟоу ауп. Актәи ашәышықәсазы Иудеиа инхоз ақьырсианцәагьы уи аҩыза аԥышәара иақәшәеит. (Шәаԥхьа Лука 21:20—24.) Иисус урҭ ргәырҽаниҵеит Иерусалим аруаа амацәаз ианҭаркуа аамҭа шааиуа. Усҟан дара рхы еиқәдырхарц азы ирымоу ааныжьны, ашьхахь ицар акәхон. Шықәсқәак раԥхьа «Ахьчаратә бааш» аҿы ианын: «Дара рымхқәеи рыҩнқәеи аанрыжьит, ирымаз аҟынтә акгьы шьҭырымхӡеит. Урҭ агәра ганы иҟан Иегова ишнимыжьуаз, дышрыцхраалоз. Иегова имаҵ аура дара рзы зегь раасҭа ихадан»c.

8. Иаҳнарҵозеи актәи ашәышықәсазы Иудеиа инхоз ақьырсианцәа зықәшәаз ахҭыс?

8 Урҭ ақьырсианцәа зықәшәаз ҳаргьы ҳархәыцуеит. Анаҩс уи «Ахьчаратә бааш» аҿы ианын: «Иҟалап, ҳаргьы иҳамоу амал ҳшазыҟоу ԥышәахар. Ҳара ҳзы уи еиҳа ихадоума, мамзаргьы Анцәа имаҵ зуа зегьы ироуа аиқәырхара еиҳа ихадоу? Ҳхы еиқәҳархарц азы ауадаҩрақәа ҳрықәшәар алшоит, насгьы иаанҳажьуа ҟалоит. Аха актәи ашәышықәсазы Иудеиа иалҵны ацара зықәшәаз ақьырсианцәа реиԥш, ҳаргьы иҳамоу зегь ааныжьра ҳазхиазароуп».

9. Ишәеилдыркаауазеи Ауриацәа рахь 13:5, 6 иану апостол Павел иажәақәа?

9 Шәхаҿы иаажәг ирымаз зегь ааныжьны иҿыцу аҭыԥ аҿы анхара иалагаз ақьырсианцәа рыԥсҭазаара зеиԥшраз. Аха урҭ агәра ргон Иегова дышрыцхраало. Иегова урҭ заа иазыҟаиҵеит. Хәышықәса раԥхьа римаа Иерусалим амацәаз иҭаркаанӡа Иегова апостол Павел ила ақьырсианцәа абас реиҳәеит: «Амазара арҳара-абеиахара хәыцырҭас-хьаас ишәымамыз, ишәымоу шәызшәырха, шәалаӡа. Избанзар Иара Ихаҭа иоуп изҳәаз: „Угәыгәҭасыжьуам, уаансыжьуам“. Убри азы ауп ҳамшәа-ҳмырҳа абас еиԥш заҳҳәо: „Анцәа сара дсыцхырааҩуп, акгьы сацәшәом: ауаҩы исзиураны иҟоузеи?“» (Аур. 13:5, 6). Арҭ ажәақәа здызкылаз ақьырсианцәа, аԥсҭазаара ахьымариамыз Переиа ҿыц анхара еиҳа ирзымариан. Дара агәра ганы иҟан Иегова зда ԥсыхәа ыҟам шриҭо. Павел иажәақәа иахьа ҳаргьы ҳгәы дырҭынчуеит.

«ИШӘЫМОУ ШӘЫЗШӘЫРХА, ШӘАЛАӠА»

10. Иҳаиҳәазеи Павел?

10 Павел Тимофеи алабжьара ииҭеит: «Ҳара ҳгәы-ҳаԥсы наӡаны ҳаҟазароуп — цәашәҵатәыки фатәыки ҳамазар». Уи алабжьара ҳаргьы иҳаҵанакуеит (1 Тим. 6:8). Ҳәарада, уи иаанагаӡом ҳара ачеи аӡи ҳадтәалазароуп, қьалак ҳаҵатәазароуп, насгьы есымша иаҳшәыц ҳшәызароуп ҳәа. Павел ииҳәарц ииҭахыз даҽакы акәын. Зегь раасҭа ихадоу иҳамоу ҳзырхара ауп. Павел уи бзианы еиликааит, ҳаргьы еилаҳкаарц иҭахын (Флп. 4:12). Егьа амал ҳамазаргьы, Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа раасҭа зыхә ҳараку акгьы ыҟаӡам (Авв. 3:17, 18).

Израильаа 40 шықәса ацәҳәыра ианықәыз акгьы рыгӡамызт. Иҳазҳархома ҳара иҳамоу? (Шәахәаԥш абзац 11.)e

11. Ишԥаҳацхраауеи Моисеи иажәақәа иҳамоу ҳзырхара?

11 Зда ԥсыхәа ыҟам ҳәа ҳара иҳаԥхьаӡои Иегова ииԥхьаӡои еиԥшымзар ауеит. Иаҳгәалаҳаршәап израильаа 40 шықәса ацәҳәыра ианықәыз ашьҭахь Моисеи иреиҳәаз: «Шәынцәа Иегова шәусқәа зегь рҿы дшәықәныҳәеит. Иара идыруеит шәара ари ацәҳәыра ду шәшықәыз. 40 шықәса рыҩныҵҟа Шәынцәа Иегова дшәыцын, насгьы шәара акгьы шәыгӡамызт» (Ҩынтә. 2:7). Иегова израильаа аманна фатәыс ириҭон, насгьы Египет ианалҵуаз иршәыз амаҭәа хаӡомызт (Ҩынтә. 8:3, 4). Иҟалап уи маҷызшьоз ыҟазҭгьы. Аха, Моисеи ишиҳәаз еиԥш, дара акгьы рыгӡамызт. Ҳара Иегова иҳаиҭо ахәыҷы ҳзырханы ҭабуп ҳәа иаҳҳәозар, уи дҳаргәырӷьоит.

ИЕГОВА ДЫШШӘЫЦХРААЛО АГӘРА ГАНЫ ШӘЫҞАЗ

12. Иабантәиаадыруеи Давид ихы акәымкәа, Иегова дышиқәгәыӷуаз?

12 Давид идыруан Иегова иқәгәыӷуа, насгьы бзиа дызбо дышрыцхраауа. 34-тәи Аԥсалом аниҩуаз иара ашәарҭара дышҭагылазгьы, иааикәыршаны ар зыргылоз Иегова имаалықь хаҵара блала дибон (Аԥсал. 34:7, албаага). Давид уи аҩыза асахьа ихаҿы иааигеит, избанзар аибашьрақәа дрылахәын. Иара изныкымкәа ибахьан аӷа иҿагылара иазхиоу ар рҽеибыҭаны ишгылоу. Давид ихы дақәгәыӷлар илшон, избанзар иара аԥышәа змаз еибашьҩын, ахаҳә аршәгеи аҳәеи ҟазарыла ихы иаирхәон, насгьы Иегова иеиҳәахьан аҳас дшыҟаиҵо (1 Сам. 16:13; 24:12). Аха иара Анцәа диқәгәыӷуан, насгьы Иегова имаалықь Анцәа ицәшәо шеиқәирхо идыруан. Ҳәарада, иахьа Иегова џьашьахәыла ҳихьчалоит ҳәа ҳазыԥшӡам, аха ҳара иаҳдыруеит Иегова ҳиқәгәыӷуазар, уи измыриашо аԥхасҭа аӡәгьы ишҳаимҭо.

Арыцҳара ду аан ажәларқәа зегь рҽеизганы Анцәа ижәлар ианырҿагыло, амчра змоу ауаа ҳаҩнқәа ирыҩналаны иҳажәлалар ауеит. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иисус имаалықьцәеи иареи зегь шырбало, насгьы Анцәа ижәлар шеиқәдырхо. (Шәахәаԥш абзац 13)

13. Избан ажәларқәа рҽеидкыланы Анцәа ижәлар ианрықәло цхыраарада ҳаанхазшәа ҳгәы иаанагар залшо, аха избан ҳамшәалар зҳахәҭоу? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

13 Иаарласны Иегова иахь иҳамоу ҳагәрахаҵара ԥышәахоит. Ажәларқәа зегьы рҽеизганы Анцәа ижәлар ирҿагылоит. Усҟан ҳара ҳшәар ауеит, аха агәра ганы ҳаҟазароуп Анцәа ҳшихьчо (Иез. 38:10—12). Ҳаӷацәа ашышкамс ҳаҩызоушәа рбалоит, избанзар ҳара абџьар ҳкӡам, аибашьышьа ҳаздырӡом. Анцәа имаалықьцәа Анцәа ижәлар еиқәдырхоит, аха ҳаӷацәа урҭ рбаӡом, избанзар дара агәрахаҵара рымаӡам. Дара рыгәгьы иаанагалаӡом Иегова ҳаиқәирхар илшоит ҳәа (Аат. 19:11, 14, 15).

ҲАԤХЬАҞА ИАҲЗЫԤШУ АԤЫШӘАРАҚӘА УАЖӘНАТӘ ШӘҼЫРЗЫҞАШӘҴАЛА

14. Иҟаҳҵалар акәзеи уажәнатә аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахҭысқәа ҳҽырзыҟаҳҵарц азы?

14 Иҳацхраауазеи ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥышәарақәа рҽырзыҟаҵара? Иҳамоу амал ҳшазыҟоу ҳазхәыцроуп, насгьы уи мышкызны иаанҳажьыр шакәхо еилаҳкаауазароуп. Иҳамоу ахәыҷы ҳзырханы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәалароуп. Анцәа еиҳа еиӷьны деилаҳкаалароуп, убасҟан ажәларқәа рҽеидкыланы ианҳақәло Иегова ҳшихьчо агәра ганы ҳаҟазаауеит.

15. Ицхраазеи Давид еснагь Иегова иқәгәыӷра шилшо аилкаара?

15 Иҳацхраауазеи еиҭа аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ауадаҩрақәа рҽырзыҟаҵара? Давид абас иҳәеит: «Игәашәҭ, насгьы еилышәкаа шаҟа дқьиоу Иегова, насыԥ имоуп иара хыхьчарҭас дызмоу ауаҩы» (Аԥсал. 34:8). Давид Иегова дшихьчоз агәра игон. Аха иабантәидыруаз Иегова еснагь дышицхраало? Иара данқәыԥшыз Голиаф диабашьит. Иара уихәаԥшынгьы ушәар ауан, аха Давид дицәымшәаӡеит. Давид Голиаф иеиҳәеит Иегова иара ииааира дышицхраауа (1 Сам. 17:46). Уи адагьы, Давид Саул иҩнаҭаҿы амаҵ аура даналага изныкымкәа Саул Давид ишьра иҽазишәахьан. Аха Иегова еснагь Давид дихьчон (1 Сам. 18:12). Данқәыԥшыз инаркны Давид Иегова дшихьчоз ибон, уи ицхрааит аԥхьаҟа изыԥшыз ауадаҩрақәа раангьы иара иқәгәыӷра.

16. Иарбан ҭагылазаашьақәоу Иегова дышҳацхраауа ԥаҳшәар ахьҳалшо?

16 Иегова иахьа уажәнатә игәра ҳгозар, ҳаԥхьаҟагьы игәра ҳгалоит. Еиҳараӡак Иегова ҳиқәгәыӷлароуп аконгресс ахь ҳцарц азы аусураҿы ҳаурышьҭырц ҳанрыҳәо, ма аизарақәа бжьамыжькәа ҳарҭааларц, насгьы ажәабжьҳәара еиҳаны ҳҽалаҳархәларц азы еиҳа имаҷны аус ҳауларц ҳанрыҳәо. Аха аусура аиҳабы уи дақәшаҳаҭымхар алшоит, уи иахҟьаны аусура ааныжьра ҳақәшәаргьы ауеит. Аха агәра ҳгалома Иегова дышҳацхраало, насгьы зда ԥсыхәа ыҟам зегь шҳаиҭало? (Аур. 13:5). Ҳара иҳалшоит заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрацәажәар, насгьы Иегова дара дышрыцхраауаз ҳзеиҭарҳәарц ҳрыҳәар. Иегова урҭ дышрыцхраауаз еиԥш, ҳаргьы дҳацхраалоит.

17. Иарбан жәеинраалоу 2022-тәи ашықәс иазалху, насгьы избан?

17 Иегова ҳара дҳацуп, убри аҟынтә аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ҳацәшәаӡом. Иегова ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа дхадазар, ахаан ҳаанижьӡом. Убри ҳхамышҭларц, насгьы аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ауадаҩрақәа уажәнатә ҳҽырзыҟаҳҵаларц азы ауп Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа 2022-тәи ашықәс азы Аԥсалом 34:10 иану ажәеинраала залырхыз: «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам».

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаанагозеи «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам» ҳәа иҳәоу ажәақәа?

  • Иарбан лабжьароу Павел иҳаиҭаз?

  • Ҳҽырзыҟаҳҵар шԥаҳалшо иаҳзыԥшу аԥышәарақәа?

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

a 2022-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала Аԥсалом 34:10 аҟынтә иаагоуп: «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам». Аха Иегова гәыкала имаҵ зуа аӡәырҩы амал рацәа рымаӡам. Иаанагозеи нас «бзиарак рыгхараны иҟаӡам» ҳәа иҳәоу? Ишԥаҳацхраауеи ари ашықәс иазалху ажәеинраала аԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥышәарақәа рҽырзыҟаҵара?

b Шәахәаԥш 2014 шықәса, сентиабр 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» (аурыс).

c Ари, насгьы анаҩстәи абзац аҿы 1999 шықәса, маи 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьа 19 аҟынтә ацитатақәа аагоуп.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Давид аҳ Саул иҟынтә аҳаԥаҿы иҽаниҵәахуаз Иегова ииҭоз ахәыҷы изирхон.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Израильаа Египет ианалҵ Иегова урҭ аманна фатәыс ириҭон, насгьы иршәыз амаҭәа хаӡомызт.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра