-
«Агәыӷра сымоуп... Анцәа» иахьАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017 | декабр
-
-
15. Избан Павел Иисус «раԥхьатәи ашәыр» ҳәа зизиҳәаз?
15 Иисус иԥсҭалара — ари раԥхьаӡатәи, насгьы зегь реиҳа ихадоу ԥсҭалароуп (Аус. 26:23). Аха Иисус имацара иакәмызт адоуҳатә шамҭа еиԥш жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭалараны иҟаз. Иисус изиашаз иапостолцәа иреиҳәеит, дара ажәҩан аҿы напхгара шицруло (Лука 22:28—30). Аха уи аҳамҭа роурц азы, дара ԥсыр акәын, анаҩс Иисус иеиԥш адоуҳатә цәеижь рыманы рыԥсы ҭалар рыхәҭан. Коринфаа рахь раԥхьатәи асаламшәҟәаҿы Павел иҩит: «Христос аԥсцәа рҟынтәи дгылт, Иара иоуп иԥсхьоу зегь рахьтә раԥхьаӡа ибзахаз, игылаз». Анаҩс Павел иҳәеит егьырҭгьы рыԥсы шҭало ажәҩан аҿы анхаразы. Анаҩс иациҵеит: «Зегьы аамҭа-аамҭала: раԥхьаӡа акәны Христос, нас, Иара иитәу — Иара данаауа аамҭазы» (1 Кор. 15:20, 23).
16. Иҳацхраауазеи жәҩантәи аԥсҭазааразы аԥсҭалара аналаго аилкаара?
16 Павел иажәақәа ҳацхраауеит жәҩантәи аԥсҭазааразы аԥсҭалара аналаго аамҭа аилкаара. Уи ҟалар акәын Иисус данаауа аамҭазы. Иегова ишаҳаҭцәа акыр ҵуеит Абиблиа шьаҭас иҟаҵаны иаадырԥшуеижьҭеи уи аамҭа 1914 шықәсазы ишалагаз, насгьы иахьа уажәраанӡа уи шхыркәшам, иара убас ари ицәгьоу адунеи аҵыхәтәа шааигәоу.
17, 18. Ирыхьуазеи Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа аӡәырҩы, Христос данаауа аамҭазы?
17 Абар еиҭах Абиблиаҿы иану жәҩантәи аԥсҭазааразы аԥсҭалара иазкны: «Исҭахуп зыԥсҭазаара иалҵхьоу ирызкны иҟоу шәеилсыркааразы... Ҳара Иисус дшыԥсыз, ҩаԥхьа иԥсы шҭалаз, дышгылаз агәра ҳгозар, агәра ҳгоит Анцәа... иԥсхьоугьы рыԥсы шҭеиҵо, иширгыло. ...Ҳарҭ, Иҳақәиҭу илбаара аҽнынӡа иҟоу, иԥсхьоу ргәырҽанҵара ҳалагом. Иҳақәиҭу Ихаҭа ажәҩан ахьтә дылбаауеит Анцәа ибыкь иахылҵуа абжьы ӷәӷәа иаҩызоу ибжьала... убасҟан, зегьы раԥхьаӡа, Христос игәрахаҵара зманы иԥсыз зегьы гылоит. Абри ашьҭахь, ҳара, зыԥсы ҭаны инхаз, ԥсҭҳәала ажәҩан ахь ҳхагалахоит, урҭ ҳрыцлоит, Иҳақәиҭу иҟны ҳнеиуеит, убри нахыс Иҳақәиҭуи ҳареи наӡаӡа ҳаицыҟалоит» (1 Фес. 4:13—17).
18 Христос иҟазаара алагамҭа ашьҭахь маҷк анҵлак Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа жәҩантәи аԥсҭазааразы рыԥсҭалара алагар акәын. Арыцҳара ду аан адгьыл аҿы инхало Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа «ԥсҭҳәала ажәҩан ахь» ихагалахоит. Павел иҩит «ԥсҭҳәала ажәҩан ахь» ихагалахо ԥсӡом ҳәа, уи иаанаго дара аԥсҭалара акыр аамҭа азыԥшра рықәшәаӡом ҳәа ауп. Дара рҽырыԥсахуеит «иаалырҟьаны, еимгеимцарак иалагӡаны, аҵыхәтәантәи абыкьыбжь анго аамҭазы» (1 Кор. 15:51, 52; Матф. 24:31).
-
-
«Агәыӷра сымоуп... Анцәа» иахьАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017 | декабр
-
-
20. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо аԥсҭалара еиҿкааны ишымҩаԥысло?
20 Абиблиа инақәыршәаны иԥшьоу ақьырсианцәа «зегьы аамҭа-аамҭала» рыԥсы ҭалалоит (1 Кор. 15:23). Убас еиԥш агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит адгьыл аҿы зыԥсы ҭалогьы рыԥсҭалара еиҿкааны ишымҩаԥысло. Уи аамҭа ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп. Аха рыԥсы ҭалома ааигәа иԥсыз ауаа Зқьышықәсатәи Христос инапхгара алагамҭазы? Арыцҳара ду зхызгаз гәаҳәарыла зыԥсы ҭало ауаа ирзыԥшызаауеит. Ирхынҳәуама Иегова зегь раԥхьаӡа аԥсҭазаарахь ажәытәан изиашаны иаанхаз, аԥышәа ду змаз имаҵзуҩцәа, Анцәа ижәлар напхгара рзыруларц азы? Иаба, насгьы ишԥаҭеиҵало рыԥсы Иегова ахаан имаҵ зымуаз ауаа? Урҭ реиԥш иҟоу азҵаарақәа ҵыхәаԥҵәара рмоур ауеит. Аха иаԥсоума уи мыцхәы азхәыцра? Маҷк ичҳатәуп, убасҟан зегьы ҳаблақәа рыла иаҳбоит. Ҳәарада, ҳара ҳзы даара аинтерес аҵазаауеит Иегова зегьы аҭыԥ ишықәиҵо ахәаԥшра.
-