Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 декабр ад. 9—14
  • «Агәыӷра сымоуп... Анцәа» иахь

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Агәыӷра сымоуп... Анцәа» иахь
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АШӘЫШЫҚӘСАҚӘА РАԤХЬА ЗЫӠБАХӘ ҲӘАЗ АԤСҬАЛАРА
  • ИАНБАЛАГО АԤСҬАЛАРА?
  • Ҳара аԥсҭалара шыҟало агәра ҳгоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 декабр ад. 9—14

«Агәыӷра сымоуп... Анцәа» иахь

«Аҵыхәтәантәи Адам доуҳала иҟоу ԥсҭазаара-рҿиаҩуп» (1 КОР. 15:45).

АШӘАҚӘА: 151, 147

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаанарԥшуеи 117-тәи (118-тәи, АдҾ) Аԥсалом заа иҳәаз аԥсҭалара акыршықәсақәа рышьҭахь иҟалар шалшо?

  • Ишԥанаӡеи Аԥсалом 15:10 (16:10, АдҾ) иану ажәақәа?

  • Ианузеи Абиблиаҿы Христос данаауа аамҭазы иҟало аԥсҭалара иазкны?

1—3. а) Еиқәышәыԥхьаӡа ҳагәрахаҵара шьаҭас иамоу ихадоу аҵарақәа. б) Избан аԥсҭалара иазку аҵара хадоуп ҳәа заҳаԥхьаӡо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

ИАРБАН ҭаку ишәҭар шәылшо шәыгәрахаҵара шьаҭас иамоу ихадоу аҵарақәа изеиҭашәҳәарц ишәыҳәо ауаҩы? Иҟалап шәара иашәҳәар Иегова зегь шишаз, Иисус Христос ҳагхақәа рыриашаразы дшыԥсыз, насгьы ҳаԥхьаҟа џьанаҭ дгьыл аҿы Анцәа имаҵзуҩцәа наӡаӡа ишынхало. Аха ишәҳәарызма шәара аԥсҭаларазы иҟоу агәыӷра аӡбахә?

2 Аԥсҭаларазы ишәымоу агәрахаҵара ҳәарада ахә ҳаракны ишәшьоит, арыцҳара ду шәыхганы наӡаӡа адгьыл аҿы анхара шәақәгәыӷуазаргьы. Апостол Павел иҳаилиркааит аԥсҭалара аҵакы ӷәӷәа замоу. Иара иҩит: «Иԥсыз ԥсҭалашьа, гылашьа имамзар, усҟан, ҳәарада, Христосгьы ԥсҭалашьа, гылашьа иауамызт». Ииашаҵәҟьаны, Христос иԥсы ҭамлазҭгьы, иара Аҳас даҳзыҟаломызт, насгьы Аҳра иазку ажәабжь аиҭаҳәара аҵакы аиуамызт. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:12—19.) Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа Иисус иԥсы шҭеиҵаз. Уи асаддукеицәа ҳрылнакаауеит, избанзар дара аԥсҭалара зынӡа мап ацәыркуан. Егьа иаҳхыччозаргьы ҳара аԥсҭалара агәрагара ҳаҟәыҵӡом (Марк 12:18; Аус. 4:2, 3; 17:32; 23:6—8).

3 Апостол Павел иҳәеит «иԥсхьоу рахьтә агылара» иазку аҵара «Христос иеилкаара иаҭаху раԥхьатәи лагамҭақәак» ишреиуоу (Аур. 6:1, 2). Аԥсҭаларахь имаз агәрахаҵара иара изы зегь раасҭа ихадан (Аус. 24:10, 15, 24, 25). Аԥсҭалара иазку аҵара иԥшьоу Анцәа иажәа аҟынтә ихадоу аҵарақәа рахь ишаҵанакуагьы, уи аилкаара мариамхар ауеит (Аур. 5:12). Избан?

4. Иарбан зҵаарақәоу аԥсҭалара иазкны ари астатиаҿы еилҳарго?

4 Ауаа Абиблиа аҵара ианалаго дара еилыркаауеит Анцәа анкьа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵоз, Лазарь ихҭыс уи ибзианы иаҳнарбоит. Иара убас дара еилыркаауеит Авраами, Иови, Даниили агәра ганы ишыҟаз ҳаԥхьаҟа иԥсхьоу рыԥсы шҭало. Аха ишԥашәҳәарыз шәара ишәазҵаар, избан агәра ганы шәзыҟоу акыршықәса, уимоу ашәышықәсақәа раԥхьа зыӡбахә ҳәаз аԥсҭалара хымԥада ишыҟало? Иаҳәома Абиблиаҿы ауаа рыԥсы анҭало атәы? Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳагәрахаҵара арӷәӷәар алшоит. Убри аҟынтә шәааи ҳахәаԥшып уи аганахь ала Абиблиа иану.

АШӘЫШЫҚӘСАҚӘА РАԤХЬА ЗЫӠБАХӘ ҲӘАЗ АԤСҬАЛАРА

5. Иарбан зҵаарақәоу уажәы зҭак ҟаҳҵо?

5 Иҟалап ҳара иаҳцәыуадаҩымзар ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз ауаҩы иԥсы шҭало ҳхаҿы аагара (Иоанн 11:11; Аус. 20:9, 10). Аха аӡәы шәақәиргәыӷзар шықәсқәак ма шәышықәсақәак рышьҭахь, ҳаԥхьаҟа зны аԥсҭалара ҟалоит ҳәа? Иҳалшома ари ақәыргәыӷра агәрагара, ааигәа, мамзаргьы акыршықәса раԥхьа иԥсхьаз ауаҩы изы иҳәазаргьы? Иазгәаҭатәуп шәышықәсақәак раԥхьа зыӡбахә ҳәаз аԥсҭалара шыҟалахьоу, насгьы шәара уи агәра шыжәго. Зыӡбахә ҳәоузеи ара, насгьы ишԥадҳәалоу уи аԥсҭаларазы иҳамоу агәыӷра?

6. Ишԥанаӡеи Иисус иҿы 117-тәи (118-тәи, АдҾ) Аԥсалом иану ажәақәа?

6 Шәааи иаҳгәалаҳаршәап 117-тәи (118-тәи, АдҾ) Аԥсалом иану Давид иажәақәа. Аԥсаломшәаҳәаҩ Анцәа диҳәоит: «Иа, Нцәа Ҳазшаз ҳҿухыроуп! [...] Нцәа Ҳазшаз ихьӡала иааиуа лыԥха имоуп!» Ауаа ари амессиантә ԥааимбаражәа рҳәеит Иисус Христос ианиԥылоз, иԥсра маҷк шагыз, нисан 9 рзы Иерусалим даналалоз (Аԥсал. 117:25, 26 [118:25, 26, АдҾ]; Матф. 21:7—9). Аха ианузеи ари Аԥсалом аҿы акыршықәса рышьҭахь иҟалараны иҟаз аԥсҭалара иазкны? Шәааи ҳарзааҭгылап анаҩстәи ажәақәа: «Аргылаҩцәа зыгәҭасыз ахаҳә ишьаҟаны акәакьқәа ирзыҟалеит» (Аԥсал. 117:22 [118:22, АдҾ]).

«Аргылаҩцәа» Мессиа ицәхьаҵит (Шәахәаԥш абзац 7.)

7. Ишԥаицәхьаҵи ауриацәа Иисус?

7 «Аргылаҩцәа» ҳәа аԥсалом аҿы зыӡбахә ҳәоу аиудеиатә диннапхгаҩцәа ракәын. Дара Мессиа ицәхьаҵит. Уи ахьааԥшыз иара иахьизымӡырҩуаз, насгьы Христос шиакәыз ахьазхарымҵаз рҿы мацара акәӡам. Ауриацәа аӡәырҩы иара ишьра рҭахын (Лука 23:18—23). Ааи, иара дахьыԥсыз азы ахара даргьы ирыдуп.

Иисус иԥсы ҭалеит, насгьы «ашьаҟа» иакәны дҟалеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)

8. Дышԥаҟалеи Иисус «ашьаҟа» иакәны?

8 Ишԥаилшоз Иисус «ашьаҟа» иакәны дҟаларц, иара ицәхьаҵзар, насгьы дыршьызар? Уи залшомызт, иара иԥсы ҭамлазҭгьы. Иаҳгәалаҳаршәап, Иисус иажәамаанаҿы адгьылқәаарыхыҩцәа аӡахәаҭра аԥшәма дара рахь инаишьҭуаз ауаа ииашамкәа ишрызныҟәоз. Израильаа убасҵәҟьа ирызныҟәон Анцәа дара рахь инаишьҭуаз аԥааимбарцәагьы. Ажәамаана анҵәамҭаҿы иаҳәоит аӡахәаҭра аԥшәма адгьылқәаарыхыҩцәа рахь зегь реиҳа бзиа иибоз ихылҵ дшишьҭыз. Дрыдыркылама уи пату иқәҵаны? Мап, иара дыршьит. Ари ажәамаана анеиҭеиҳәа ашьҭахь Иисус Аԥсалом 117:22 (118:22, АдҾ) иану ажәақәа иҳәеит (Лука 20:9—17). Ԥыҭраамҭак ашьҭахь апостол Пиотргьы 117-тәи (118, АдҾ) Аԥсалом Иисус идиҳәалеит. Иерусалим иҟаз «ахылаԥшцәеи, аиҳабацәеи, ашәҟәдырҩцәеи» рҿаԥхьа Пиотр дангылаз иара иҳәон «ашьаҟаҿы икнарҳаз аха «Анцәа зыԥсы ҭеиҵаз» «Иисус назареттәи» иӡбахә. Иара иреиҳәеит: «Уи — „аҩныргылаҩцәа рыблаҿ имааиз, рхы иадмырхәаз, аха хадара зманы иҟалаз хаҳәуп“» (Аус. 3:15; 4:5—11; 1 Пиотр 2:5—7).

9. Заа иҳәази Аԥсалом 117:22 (118:22, АдҾ) аҿы?

9 Убас, Аԥсалом 117:22 (118:22, АдҾ) аҿы заа иҳәан Мессиа мап шицәыркуа, дшыршьуа, насгьы иԥсы шҭало «ишьаҟаны акәакьқәа» ирзыҟало иаҳасабала. Зыԥсы ҭалаз Иисус изы Абиблиаҿы иануп: «Дыҟам ари ажәҩан аҵаҟа даҽаӡәы, ауаа рзыҳәа абас иԥсеиқәырхагоу» (Аус. 4:12; Еф. 1:20).

10. а) Заа иҳәази Аԥсалом 15:10 (16:10, АдҾ) аҿы? б) Избан ҳара иаҳҳәар зҳалшо Аԥсалом 15:10 (16:10, АдҾ) иану ажәақәа Давид иҿы ишынамӡаз?

10 Еилҳаргап, даҽа библиатә жәеинраалак Аԥсалом 15:10 (16:10, АдҾ). Уи еиҳагьы агәрагара иҳацхраауеит аԥсҭалара акыршықәса раԥхьа иҳәазаргьы инаӡар шалшо. Ари ажәеинраала ҩын уа иану ахҭысқәа рыҟалара зқьышықәса инареиҳаны ишагыз. Уа иануп: «Уара сыԥсы џьаҳаным [анышәынҭраҿы] иаанужьӡом, ԥсра иқәуҵаӡом Уара уцқьагьы». Уи ала Давид иҳәар иҭахымызт иара ахаан дыԥсӡом, насгьы шеол, ма анышәынҭраҿы ахаан дҟалом ҳәа. Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Давид дшажәыз, дшыԥсыз, насгьы иара иабиԥара ахьжыз Давид Иқалақь ҳәа изышьҭаз ақалақь аҿы анышә дшарҭаз. (1 Аҳ. 2:1, 10). Зыӡбахә ҳәоузеи нас Аԥсалом 16:10 (15:10, АдҾ) аҿы?

11. Данбахцәажәеи Пиотр Аԥсалом 16:10 [15:10, АдҾ)?

11 Ари ажәеинраала аҵакы Пиотр зқьышықәса инареиҳаны рышьҭахь дахцәажәеит. Иара ажәахә иманы зықьҩыла ауриацәеи апрозелитцәеи рҿаԥхьа дықәгылеит, Иисус иԥсы анҭала мчыбжьқәак рышьҭахь. (Уаԥхьа Аусқәа 2:29—32.) Пиотр иҳәеит Давид дшыԥсыз, насгьы анышә дшарҭаз, уи аӡбахә изыӡырҩуаз ибзианы ирдыруан. Апостол алкаа ҟаиҵеит, Христос иԥсы шҭало Давид заа ишидыруаз, насгьы Абиблиаҿы ианӡам уи ашьақәырӷәӷәара аӡәы дақәшаҳаҭмызт ҳәа.

12. Ишԥанаӡеи Аԥсалом 16:10 (15:10, АдҾ) аҿы иану ажәақәа, насгьы ишԥарӷәӷәо уи аԥсҭаларахь иҳамоу ҳагәрахаҵара?

12 Даҽа шьақәырӷәӷәарак еиԥш Пиотр иааигеит Аԥсалом 110:1 (109:1, АдҾ) аҟны иану Давид иажәақәа. (Уаԥхьа Аусқәа 2:33—36.) Пиотр Аҩыра ихы иархәаны данцәажәоз аӡәырҩы ауаа агәра диргеит Иисус «Иҳақәиҭу иакәны, Христос иакәны» дшыҟоу, насгьы иԥсы анҭала ашьҭахь Аԥсалом 15:10 (16:10, АдҾ) аҟны иану ажәақәа иара иҿы ишынаӡаз. Ԥыҭрак ашьҭахь Павелгьы убас еиԥш иҟаз ацәажәашьа ихы иаирхәеит писидиатәи Антиохиа аҿы ауриацәа данрацәажәоз. Павел иажәақәа ргәаҵанӡа инеит, убри аҟынтә дара еиҳаны аилкаара рҭаххеит. (Уаԥхьа Аусқәа 13:32—37, 42.) Уи ҳаргьы агәра ҳнаргоит аԥсҭалара иазку абиблиатә ԥааимбаражәақәа зқьышықәса рышьҭахь ишынаӡазгьы рыгәра ҳгалар шҳалшо.

ИАНБАЛАГО АԤСҬАЛАРА?

13. Иарбан зҵаарақәоу иҳазцәырҵыр алшо аԥсҭалара аганахь ала?

13 Ашәышықәсақәа раԥхьа ҳазқәыргәыӷыз аԥсҭалара ҟалар шалшо ҳаназхәыцуа уи даара ҳгәы шьҭнахуеит. Аха ҳара иҳазцәырҵыр алшоит абарҭ азҵаарақәа: «Иаанагома нас уи иаҳцәыԥсхьоу ҳҩызцәеи ҳҭынхацәеи иҵегь акыраамҭа ҳарзыԥшызароуп ҳәа? Ианбаҟалои абриаҟара ҳаззыԥшу аԥсҭалара?» Иисус иапостолцәа иреиҳәеит: «Аб имчхарала иалху аамҭеи амши рыҽҳәара адырра» дара ишрыҭам (Аусқәа 1:6, 7; Иоанн 16:12). Аха уи иаанагаӡом аԥсҭалара иазкны ҳара зынӡа акгьы ҳаздырӡом ҳәа.

14. Излеиԥшымзеи Иисус иԥсҭалареи, заа иҟалахьаз егьырҭ аԥсҭаларақәеи?

14 Мышкы зны иҟалаз, зегь раасҭа ихадаз аԥсҭалара, уи Иисус Христос иԥсҭалара ауп. Иара иԥсы ҭамлазҭгьы аӡәгьы агәыӷра ҳауӡомызт иаҳзааигәоу иаҳцәыԥсхьоу рбаразы. Иисус иаԥхьа зыԥсы ҭалаз, иаҳҳәап Илиеи Елисеии зыԥсы ҭарҵаз ауаа, анаҩсан дырҩегь рыԥсҭазаара иалҵит, анышәахь ихынҳәит. Иисус иакәзар, иԥсы анҭала ашьҭахь «дыԥсраны» дыҟам, «аԥсра Уи иҿы мчы амам». Иара ажәҩан аҿы дынхоит, «шеишықәса» дыҟазаауеит (Рим. 6:9; Аат. 1:5, 18; Кәал. 1:18; 1 Пиотр 3:18).

15. Избан Павел Иисус «раԥхьатәи ашәыр» ҳәа зизиҳәаз?

15 Иисус иԥсҭалара — ари раԥхьаӡатәи, насгьы зегь реиҳа ихадоу ԥсҭалароуп (Аус. 26:23). Аха Иисус имацара иакәмызт адоуҳатә шамҭа еиԥш жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭалараны иҟаз. Иисус изиашаз иапостолцәа иреиҳәеит, дара ажәҩан аҿы напхгара шицруло (Лука 22:28—30). Аха уи аҳамҭа роурц азы, дара ԥсыр акәын, анаҩс Иисус иеиԥш адоуҳатә цәеижь рыманы рыԥсы ҭалар рыхәҭан. Коринфаа рахь раԥхьатәи асаламшәҟәаҿы Павел иҩит: «Христос аԥсцәа рҟынтәи дгылт, Иара иоуп иԥсхьоу зегь рахьтә раԥхьаӡа ибзахаз, игылаз». Анаҩс Павел иҳәеит егьырҭгьы рыԥсы шҭало ажәҩан аҿы анхаразы. Анаҩс иациҵеит: «Зегьы аамҭа-аамҭала: раԥхьаӡа акәны Христос, нас, Иара иитәу — Иара данаауа аамҭазы» (1 Кор. 15:20, 23).

16. Иҳацхраауазеи жәҩантәи аԥсҭазааразы аԥсҭалара аналаго аилкаара?

16 Павел иажәақәа ҳацхраауеит жәҩантәи аԥсҭазааразы аԥсҭалара аналаго аамҭа аилкаара. Уи ҟалар акәын Иисус данаауа аамҭазы. Иегова ишаҳаҭцәа акыр ҵуеит Абиблиа шьаҭас иҟаҵаны иаадырԥшуеижьҭеи уи аамҭа 1914 шықәсазы ишалагаз, насгьы иахьа уажәраанӡа уи шхыркәшам, иара убас ари ицәгьоу адунеи аҵыхәтәа шааигәоу.

17, 18. Ирыхьуазеи Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа аӡәырҩы, Христос данаауа аамҭазы?

17 Абар еиҭах Абиблиаҿы иану жәҩантәи аԥсҭазааразы аԥсҭалара иазкны: «Исҭахуп зыԥсҭазаара иалҵхьоу ирызкны иҟоу шәеилсыркааразы... Ҳара Иисус дшыԥсыз, ҩаԥхьа иԥсы шҭалаз, дышгылаз агәра ҳгозар, агәра ҳгоит Анцәа... иԥсхьоугьы рыԥсы шҭеиҵо, иширгыло. ...Ҳарҭ, Иҳақәиҭу илбаара аҽнынӡа иҟоу, иԥсхьоу ргәырҽанҵара ҳалагом. Иҳақәиҭу Ихаҭа ажәҩан ахьтә дылбаауеит Анцәа ибыкь иахылҵуа абжьы ӷәӷәа иаҩызоу ибжьала... убасҟан, зегьы раԥхьаӡа, Христос игәрахаҵара зманы иԥсыз зегьы гылоит. Абри ашьҭахь, ҳара, зыԥсы ҭаны инхаз, ԥсҭҳәала ажәҩан ахь ҳхагалахоит, урҭ ҳрыцлоит, Иҳақәиҭу иҟны ҳнеиуеит, убри нахыс Иҳақәиҭуи ҳареи наӡаӡа ҳаицыҟалоит» (1 Фес. 4:13—17).

18 Христос иҟазаара алагамҭа ашьҭахь маҷк анҵлак Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа жәҩантәи аԥсҭазааразы рыԥсҭалара алагар акәын. Арыцҳара ду аан адгьыл аҿы инхало Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа «ԥсҭҳәала ажәҩан ахь» ихагалахоит. Павел иҩит «ԥсҭҳәала ажәҩан ахь» ихагалахо ԥсӡом ҳәа, уи иаанаго дара аԥсҭалара акыр аамҭа азыԥшра рықәшәаӡом ҳәа ауп. Дара рҽырыԥсахуеит «иаалырҟьаны, еимгеимцарак иалагӡаны, аҵыхәтәантәи абыкьыбжь анго аамҭазы» (1 Кор. 15:51, 52; Матф. 24:31).

19. Иарбан иреиӷьу «ԥсҭалароу» ҳара ҳаззыԥшу?

19 Иахьа ақьырсианцәа рыбжеиҳараҩык Анцәа иԥшьоу идоуҳала иалхӡам, насгьы жәҩантәи аԥсҭазааразы агәыӷра рымаӡам. Дара иахьатәи адунеи аҵыхәтәа ааира, иазыԥшуп, уи «Иҳақәиҭу имш» азы иҟалоит. Уи аныҟалаҵәҟьо ҳаздыруам аха, ахҭысқәа излаҳдырбо ала зынӡа иааигәоуп (1 Фес. 5:1—3). Уи ашьҭахь даҽа ԥсҭалара хкык алагоит — рыԥсы ҭалоит адгьыл аҿы адунеи ҿыц аҟны инхало ауаа. Абиблиаҿы уи иреиӷьӡоу аԥсҭалара ҳәа аӡбахә ҳәоуп, избанзар уаанӡа зыԥсы ҭалоз дырҩегь иԥсуан, аха уажәшьҭа уи аамҭазы зыԥсы ҭало ауаа инаӡаны ишыҟало, насгьы ахаан ишымԥсуа ала агәыӷра рымазаауеит (Аур. 11:35).

20. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо аԥсҭалара еиҿкааны ишымҩаԥысло?

20 Абиблиа инақәыршәаны иԥшьоу ақьырсианцәа «зегьы аамҭа-аамҭала» рыԥсы ҭалалоит (1 Кор. 15:23). Убас еиԥш агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит адгьыл аҿы зыԥсы ҭалогьы рыԥсҭалара еиҿкааны ишымҩаԥысло. Уи аамҭа ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп. Аха рыԥсы ҭалома ааигәа иԥсыз ауаа Зқьышықәсатәи Христос инапхгара алагамҭазы? Арыцҳара ду зхызгаз гәаҳәарыла зыԥсы ҭало ауаа ирзыԥшызаауеит. Ирхынҳәуама Иегова зегь раԥхьаӡа аԥсҭазаарахь ажәытәан изиашаны иаанхаз, аԥышәа ду змаз имаҵзуҩцәа, Анцәа ижәлар напхгара рзыруларц азы? Иаба, насгьы ишԥаҭеиҵало рыԥсы Иегова ахаан имаҵ зымуаз ауаа? Урҭ реиԥш иҟоу азҵаарақәа ҵыхәаԥҵәара рмоур ауеит. Аха иаԥсоума уи мыцхәы азхәыцра? Маҷк ичҳатәуп, убасҟан зегьы ҳаблақәа рыла иаҳбоит. Ҳәарада, ҳара ҳзы даара аинтерес аҵазаауеит Иегова зегьы аҭыԥ ишықәиҵо ахәаԥшра.

21. Шәзықәгәыӷуазеи шәара?

21 Уажәы ҳара Иегова иахь ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалароуп. Иисус ила уи ҳақәиргәыӷит игәалашәараҿы иҟоу иԥсхьоу зегьы аԥсҭазаарахь ишыхынҳәуа (Иоанн 5:28, 29; 11:23). Иегова иԥсхьоу рыԥсҭаҵара шилшо ҳирбарц азы Иисус иҳәеит Авраами, Исааки, Иакови Анцәа изы рыԥсы ҭоуп ҳәа (Лука 20:37, 38). Убас ала, ҳара Павел ҳиқәшаҳаҭхар ҳалшоит, уи иҳәеит: «Агәыӷра сымоуп... Анцәа... иԥсхьоу» ширгылауа (Аус. 24:15).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра