Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 декабр ад. 15—20
  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа аиқәхаразы аҟәыӷара аԥшаара шәрыцхраа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа аиқәхаразы аҟәыӷара аԥшаара шәрыцхраа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • УАРА «АԤШЬА ҨЫРАҚӘА УДЫРУЕИТ»
  • «ИАНАКӘЗААЛАКЬ ИУОУЗ АГӘРАХАҴАРА УАЗИАШАЗ»
  • АХЕИҚӘЫРХАРАЗЫ АҞӘЫӶАРА АИУРА
  • АӠӠААХРА АШЬҬАХЬ ИЦӘЫРҴУА АУАДАҨРАҚӘА
  • Аҭаацәа, шәрыцхраауама шәхәыҷқәа аҽӡаахра аҽазыҟаҵара?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Аҿар, ишԥашәылшо аҽӡаахра шәҽазыҟашәҵар?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахәыҷы дшысабиу инаркны дшәааӡала
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
  • Ақәыԥшцәа, ахеиқәырхара шәазықәԥала
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 декабр ад. 15—20

Аҭаацәа, шәхәыҷқәа аиқәхаразы аҟәыӷара аԥшаара шәрыцхраа

«Уаныхәыҷызаахыс аԥшьа ҩырақәа удыруеит, уи... ирҟәыӷоу, ахеиқәырхара зылшо аӡә уакәны уҟанаҵоит» (2 ТИМ. 3:15).

АШӘАҚӘА: 141, 134

ИААНАГОЗЕИ...

  • ...иԥшьоу аҩырақәа рдырра?

  • ...ак шиашоу ала агәра ганы аҟазаара?

  • ...аиқәхаразы аҟәыӷара аԥшаара?

1, 2. Ргәы змырҭынчыр алшозеи аҭаацәа, рхәыҷқәа Анцәа иҽизкреи аҽӡаахреи рҭахызар?

ЕСЫШЫҚӘСА зықьҩыла Абиблиа аҵара иаҿу ауаа, Иегова иҽизыркуеит, насгьы аӡы рыҽӡаархуеит. Урҭ иреиуоуп Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы изызҳаз, насгьы аԥсҭазаараҿы зегь иреиӷьу амҩа алзхыз аҿар (Аԥсал. 1:1—3; [1:1—3, АдҾ]). Шәара ахәыҷқәа шәымазар ҳәарада, шәгәы хыҭ-хыҭуа аӡы рҽанӡаархуа амш шәазыԥшуп. (Еиҿшәырԥш 3 Иоанн 4.)

2 Аха шәгәы ҭынчымзар ауеит. Иҟалап, шәара ижәдыруазар ишқәыԥшыз аӡы зыҽӡаазхыз, аха нас Анцәа ишиҭаху ала анхара иаԥсацәҟьоума ҳәа алакҩакра зызцәырҵыз ақьырсианцәа. Урҭ рахьтә шьоукы уаҳа Иегова ишаҳаҭцәа ракәӡам. Убри иахҟьаны шәара агәырҩа шәызцәырҵыр ҟалоит, шәхәыҷы дқьырсианны даныҟалалак ашьҭахь игәаанагара иԥсахыр, насгьы аҵабырг ахь ибзиабара хьшәашәар алшоит ҳәа. Ефес инхоз ақьырсианцәа Иисус ирзиҳәеит: «Раԥхьатәи убзиабара нужьит, уаԥырҵит» ҳәа (Аат. 2:4). Шәхәыҷгьы ус ихьыр ҟалоит ҳәа шәшәозар ауеит. Иҟашәҵар шәылшозеи ус ҟамларц азы? Ишԥаицхраатәу шәхәыҷы аиқәхара аиура? (1 Пиотр 2:2). Тимофеи иҿырԥшы ҳхы иархәаны арҭ азҵаарақәа еилҳаргар ҳалшоит.

УАРА «АԤШЬА ҨЫРАҚӘА УДЫРУЕИТ»

3. а) Дышԥаҟалеи Тимофеи дқьырсианны, насгьы еиликаауаз шԥаиныруаз? б) Иарбан арҵаразы иҟоу х-ганк Павел Тимофеи дзызхьаирԥшыз?

3 Иҟалап Иисус Христос изку адыррақәа Тимофеи 47 шықәсазы ҳ. ҳ. аан иоуа далагазар, апостол Павел раԥхьа Листра данаҭаа. Усҟан Тимофеи дышқәыԥшызгьы, еиликаауаз иԥсҭазаараҿы ихы иаирхәон. Ҩышықәса рышьҭахь иара Павел имиссионертә ныҟәарақәа рҿы ажәабжьҳәара дицныҟәо далагеит. Уи нахыс 16 шықәса раҟара анҵы Павел Тимофеи изиҩит: «Уара ианакәзаалакь иуоуз агәрахаҵара уазиашаз, уазықәгылаз, уи аҵара-дырра зҿуҵааз зусҭцәоу аханатә иудыруеит; насгьы уаныхәыҷызаахыс аԥшьа ҩырақәа [Ауриатә Ҩырақәа] удыруеит, уи — Иисус Христос иҵарала ирҟәыӷоу, ахеиқәырхара зылшо аӡә уакәны уҟанаҵоит» (2 Тим. 3:14, 15). Иазгәашәҭ Павел ииҳәо: 1) Аԥшьаҩыра адырра аганахь ала, 2) адыррақәа инарықәыршәаны агәрагара, насгьы 3) аиқәхаразы аҟәыӷара аԥшаара Иисус Христос иахь иҳамоу агәрахаҵара абзоурала.

4. Иарбан цхыраагӡақәоу шәара ахархәараҿы ишәгәаԥхо, шәхәыҷқәа Абиблиа андшәырҵо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

4 Аҭаацәа, шәара ҳәарада ишәҭахуп шәхәыҷқәа иԥшьоу аҩырақәа рдыруазарц, урҭ иреиуоуп Ауриатә, насгьы Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа. Зынӡа ихәыҷӡоу ахәыҷқәагьы Абиблиа аҟынтә ахҭысқәа гәныркылалар, насгьы уа иану ауаа рыӡбахә еилыркаалар рылшоит. Иегова иорганизациа абзоурала аҭаацәа рхәыҷқәа Абиблиа дырҵаразы имаҷымкәа ацхыраагӡақәа рымоуп. Иарбанқәоу урҭ рахьтә шәара шәбызшәала иҟоу? Ишәхашәмыршҭлан, Аҩырақәа шәзымдыруазар Иеговеи шәареи шәыбжьара аиҩызара ӷәӷәа аизырҳара шалымшо.

«ИАНАКӘЗААЛАКЬ ИУОУЗ АГӘРАХАҴАРА УАЗИАШАЗ»

5. а) Иаанагозеи ак шиашоу ала агәра ганы аҟазаара? б) Иабантәиаадыруеи, Тимофеи агәраганы дшыҟаз Иисус изкыз ажәабжь бзиа шиашаз?

5 Иԥшьоу Аҩырақәа рдырра даара ихадоуп. Аха Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ауааи ахҭысқәеи рдырра мацара азхом. Тимофеи имаз «агәрахаҵара» дықәныҟәон. Ажәытәбырзен бызшәа аҟынтә ажәақәа «агәрагара змоу», иаанагоит аҵыхәтәанынӡа ак агәрагара. Тимофеи данхәыҷыз инаркны Абырзен Ҩырақәа идыруан. Ԥыҭрак ашьҭахь иара ихазы зышьаҭа ӷәӷәаз ашьақәырӷәӷәарақәа иԥшааит, Иисус — Мессиа шиакәу иазкны. Даҽакала иуҳәозар, идыррақәа агәрагара ӷәӷәа рыцлеит. Тимофеи ажәабжь бзиа шиашоу ала игәрагара убриаҟара иӷәӷәан, иара аӡы иҽӡааихырц иӡбеит, насгьы уи ашьҭахь Павел имиссионертә маҵзураҿы ҩызара изиуан.

6. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷы ицхраар Анцәа Иажәа аҟынтә еиликааз ахь агәрахаҵара ӷәӷәа еизирҳарц азы?

6 Ишԥарыцхраатәу ахәыҷқәа Тимофеи имаз агәрагара даргьы еиздырҳарц азы? Зегьы раԥхьаӡа иргыланы ачҳара аашәырԥшла. Агәрагара иаалырҟьаны ицәырҵӡом, насгьы, шәара шәхаҭа ишьақәырӷәӷәаны акы агәра ахьыжәго азы уи шәхәыҷқәа рахь ииасӡом. Ахәыҷы агәрахаҵара ӷәӷәа иоурц азы, еиликааз ихшыҩ азишьҭлар ихәҭоуп. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 5:14.) Аҭаацәа, шәхәыҷқәа зегь иреиӷьу ацхыраара рызҭар зылшо шәара шәоуп, насгьы уи аҟаҵара еиҳараӡак ихадоуп дара азҵаарақәа аншәырҭо. Шәааи ҿырԥштәык еилҳаргап.

7, 8. а) Ишԥааирԥшуеи қьырсианк ачҳара, иԥҳа аҵара анылирҵо? б) Ианбахадоу еиҳарак ари аҩыза ачҳара аарԥшра?

7 Томас зыхьӡу аиашьа 11 шықәса зхыҵуа аԥҳа димоуп. Уи еиҭеиҳәоит: «Сыԥҳа зны-зынла дсазҵаар лылшоит: „Ихы изамырхәаӡози Иегова аеволиуциа аԥсҭазаара анишоз?“, мамзаргьы „Цәгьарас иаҵоузеи ауаажәлар рыԥсҭазаара ҳҽалаҳархәуазар, иаҳҳәап алхрақәа рахь ҳнеиуазар? Уи ала адунеи еиӷьаҳтәыр ҳалымшои!“ Зны-зынла ачҳара аарԥшлатәуп ихжәаны аҭак ҳамҳәарц азы. Иааидкыланы иуҳәозар, аиаша ганк адырра мацарала агәрагара ҳазцәырҵӡом. Уи ҳаур ҳалшоит ирацәоу ашьақәырӷәӷәара маҷқәа рыла».

8 Томас ибзианы еиликаауеит, ахәыҷқәа дырҵараҿы ишаҭаху ачҳара — ари аҟазшьа ақьырсианцәа зегьы рзы ихадоуп (Кәал. 3:12). Иара еиликаауеит, зны-зынла темақәак изныкымкәа рыхцәажәара шаҭаху. Иԥҳа агәрагара ӷәӷәа лоурц азы аамҭа аҭахуп. Насгьы Аҩыра ацхыраарала илацәажәалатәуп. Томас еиҭеиҳәоит: «Сыԥҳәыси сареи ихадоу азҵаарақәа ҷыдала аамҭа рзалаҳхуеит, ҳаԥҳа илдыруа ииашаҵәҟьаны агәра шылго, насгьы уи аҟәыӷара шаҵо шеилылкааз ҳбарц азы. Насгьы лара азҵаарақәа ықәлыргылозар, уи бзиоуп! Аиаша уҳәозар, лара зегьы дрықәшаҳаҭхозҭгьы сара уи еиҳагьы агәҭынчымра сызцәырнагар ҟаларын».

9. Ишԥаҳалшо Анцәа Иажәа ахәыҷы игәаҵанӡа анагара?

9 Аҭаацәа акрычҳара аарԥшны рхәыҷқәа Анцәа иажәа аныддырҵо, дара хәыҷы-хәыҷла агәрахаҵара «аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи» еилыркаауеит (Еф. 3:18). Ахәыҷқәа рықәра иаҵанакуа, насгьы еилыркаартә иҟоу азҵаарақәа ирыхцәажәалатәуп. Аамҭа цацыԥхьаӡа рыгәрагара еиҳагьы иӷәӷәахоит, насгьы егьырҭ рҿаԥхьа, рыгәрахаҵара рыхьчалоит аҵара рыцызҵогьы уахь иналаҵаны (1 Пиотр 3:15). Иаҳҳәап, ирылшома шәхәыҷқәа Абиблиа рхы иархәаны еилыкка еиҭарҳәар ауаҩы данԥслак ашьҭахь ихьуа? Ргәы иаанагома уи аҩыза аилкаара аҵакы амоуп ҳәа?a Ааи, Анцәа Иажәа ахәыҷы игәаҵанӡа анагаразы ачҳара аҭахуп, аха алҵшәа уи иаԥсоуп! (Ҩынтә. 6:6, 7).

10. Ихадоузеи еиҭа ахәыҷқәа Абиблиа андҳарҵо?

10 Аҭаацәа, шәара шәҿырԥшы даара ихадоуп, шәхәыҷқәа зыгәра рго шьақәдырӷәӷәаларц азы. Стефани зыхьӡу аиаҳәшьа хҩык аԥҳацәа лымоуп. Лара еиҭалҳәоит: «Сара сыԥҳацәа анхәыҷыз инаркны, схы сазҵаауа салагеит: „Ирзеиҭасҳәома схәыҷқәа Иегова дшыҟаҵәҟьоу, бзиа ҳшибо, насгьы иара имҩақәа еснагь ишиашоу агәра зызго? Игәарҭома сыԥҳацәа, сара ииашаҵәҟьаны Иегова бзиа дшызбо?“ Сара сзазыԥшӡом схәыҷқәа агәрахаҵара ӷәӷәа роуеит ҳәа, сара схаҭа уи сымамзар».

АХЕИҚӘЫРХАРАЗЫ АҞӘЫӶАРА АИУРА

11, 12. Изакәызеи аҟәыӷара, насгьы избан уи ақәра изахьыԥшым?

11 Излаҳбо ала Тимофеи: 1) Иԥшьоу Аҩырақәа идыруан, насгьы 2) уи шиашоу ала агәрагара ӷәӷәа иман. Аха ишԥеилкаатәу Павел иажәақәа, Аԥшьаҩыра «ирҟәыӷоу, ахеиқәырхара» зылшо аӡә уакәны уҟанаҵоит ҳәа Тимофеи изы ииҳәаз?

12 «Понимание Писания» захьӡу аенциклопедиа аҿы иануп: «Аҟәыӷара ҳацхраауеит ҳдыррақәеи ҳаилкаареи ҟәыӷарала ҳхы архәара, насгьы ауадаҩрақәа рыӡбара, ашәарҭара ацәцара, ахықәкқәа рынагӡара, насгьы уи аҿы егьырҭ рыцхраара. Лассы-лассы аҟәыӷара ахшыҩдара иаҿагыло еилкаароуп...» Абиблиа излаҳәо ала, ахшыҩдара ахәыҷқәа ирылоу ҟазшьоуп (Ажәам. 22:15). Ус анакәха, ахшыҩдара иаҿагыло аҟәыӷара — уи ауаҩы доуҳала дышшәу узырбо ауп. Доуҳала ишәу ауаҩы дызлеилукаауа, зегь раԥхьа иргыланы ашықәсқәа рыла акәӡам, аха ауаҩы Иегова иҿаԥхьа ииашоу ашәареи, насгьы изакәанқәа рынагӡаразы агәаҳәареи имоу имаму рыла ауп. (Уаԥхьа Аԥсалом 110:10 [111:10, АдҾ].)

13. Иаадырԥшыр шԥарылшо аҿар аиқәырхаразы аҟәыӷара шрымоу?

13 Доуҳала акыр ишәхьоу аҿар «еиуеиԥшым аҵара-дыррақәа рыцәқәырԥа анахь-арахь» идыршәуа ахәыҷқәа иреиԥшӡам (Еф. 4:14). Дара рхатә гәазыҳәарақәа рыҽрырҭаӡом, насгьы рықәлацәа ирҳәо ихнахӡом. Арҭ реиԥш иҟоу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ақәҿиара роуеит, «урҭ ацәгьеи-абзиеи реилкаара-реиҩдыраара иашьҭоуп» (Аур. 5:14). Рҭаацәеи егьырҭ ауааи ианырымбо иҟарҵо иҟәыӷоу аусқәа иаадырԥшуеит дара доуҳала ишшәу (Флп. 2:12). Убас еиԥш иҟоу аҟәыӷара ауп ахеиқәырхаразы иаҭаху. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа 24:14.) Аҭаацәа ишԥашәылшо шәара шәхәыҷқәа аҟәыӷара аиура шәрыцхраар? Зегь раԥхьаӡа иргыланы шәхәыҷқәа еилыкка идеилшәыркаала шәыԥсҭазаараҿы шәзықәныҟәо апринципқәа. Шәажәақәеи шәусқәеи рыла иаашәырԥшла абиблиатә нормақәа рыхә ҳаракны ишышәшьо (Рим. 2:21—23).

Ахәыҷы агәрагара иаразнак илааӡара алшом (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14—18.)

14, 15. а) Иарбан зҵаарақәоу изызхәыцыр рыхәҭоу зыҽӡаазхыр зҭаху аҿар? б) Ишԥашәылшо шәхәыҷы ицхраара Анцәа изакәан ақәныҟәара хәарҭа шаанаго дазхәыцырц?

14 Аха ахәыҷқәа ииашоуи ииашами рзеиҭаҳәара мацара азхаӡом. Ирыцхраатәуп ирызхәыцырц абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа: «Избан Абиблиа ҳгәазыҳәарақәа рынагӡара зны-зынла азин зҳанамҭо? Избан агәраганы сзыҟоу абиблиатә нормақәа рықәныҟәара еснагь хәарҭа шысзаанаго?» (Ис. 48:17, 18).

15 Шәхәыҷы аӡӡаахра иҭахызар даҽа зҵаара хадак иалацәажәатәуп: игәы иаанагозеи иара дқьырсианхар идло аҭакԥхықәра иазкны? Иарбан хәарҭоу, насгьы уадаҩрақәоу уи аӡбара иаанагар алшо? Избан ахәарҭа еснагь изеиҳау? (Марк 10:29, 30). Арҭ азҵаарақәа ауаҩы аӡы иҽӡааихаанӡа рҭак ҟаиҵароуп. Шәхәыҷы Анцәа изыӡырҩра зхәарҭоу, насгьы изымӡырҩра лҵшәас иаанаго инарҵауланы дазшәырхәыцуазар, убасҟан иара хаҭала агәра игоит абиблиатә нормақәа рықәныҟәара — ари еснагь зегь раасҭа еиӷьу амҩа шакәу (Ҩынтә. 30:19, 20).

АӠӠААХРА АШЬҬАХЬ ИЦӘЫРҴУА АУАДАҨРАҚӘА

16. Иргәалашәалар рыхәҭоузеи ақьырсиантә ҭаацәа иӡааху рхәыҷы алакҩакра изцәырҵуа далагазар?

16 Иҟаҵатәузеи зыҽӡаазххьоу шәыҷкәын, ма шәыӡӷаб алакҩакра рызцәырҵзар? Иаҳҳәап, шәара игәашәҭо шәалагеит ихбыџхаз шәхәыҷы Аҩсҭаа идунеи аҿы акы дшыхнахуа, мамзаргьы Абиблиа ала анхара ишаԥсо уажәшьҭа аҵыхәтәанынӡа агәра шиимго (Аԥсал. 72:1—3, 12, 13 [73:1—3, 12, 13, АдҾ]). Аҭаацәа ишәхашәмыршҭлан, ари аҭагылазаашьаҿы шәара шәхы шымҩаԥыжәго иабзоурахар алшоит шәԥа ма шәыԥҳа аиаша мҩаҿы дыӷәӷәаны даанхоу, мамзаргьы мап. Шәхәыҷы шаҟа шықәса ихыҵуазаалакгьы, шәиҿамгылан. Шәхәыҷқәа ирдыруазааит шәара урҭ бзиа ишыжәбо, насгьы шәрыцхраарц шышәҭаху.

17, 18. Ишԥарылшо аҭаацәа зыгәрахаҵара ԥсыҽхаз рхәыҷы ицхраар?

17 Ахәыҷы аӡы иҽӡааихзар, уи иаанагоит иара уи аԥхьа Анцәа иҽизикит ҳәа. Иара зегьы ишраҳауаз Иегова ажәа ииҭеит, бзиа дшибало, насгьы игәаԥхара анагӡара иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихаданы ишыҟазаауа. (Уаԥхьа Марк 12:30.) Иегова изы ихадоуп, иаҳҭо ажәа анагӡара, убри аҟынтә аҽазкра ишабалак ҳазнеир ахәҭаӡам (Еккл. 5:4, 5). Ианаало аамҭазы шәыҷкәын ма шәыӡӷаб уи атәы хаала иргәалашәыршәа. Аха уи аԥхьа иҭышәҵаа, Иегова иорганизациа аҭаацәа рыцхрааразы иҳаднагало. Убас шәара шәҽазыҟашәҵоит зыҽӡаазххьоу ақьырсиан иду аҭакԥхықәра ахәыҷы еилыркаара, насгьы зыԥсҭазаара Иегова изызкуа ақьырсиан иоуа азылԥхарақәа ртәы изеиҭаҳәара.

18 Алабжьара бзиақәа шәыԥшаар шәылшоит ашәҟәы «Ответы на твои вопросы» 1-тәи атом аҿы. Аҵыхәтәаны иҟоу ацҵа «Вопросы родителей» ҳәа хьӡыс измоу аҿы иануп: «Шәхәыҷы аҵабырг мап ацәикуеит ҳәа алкаа аҟаҵара шәахымццакын. Аус злоу даҽакы акәзар ауеит». Иҟалап иқәлацәа иқәыӷәӷәозар ма ихы заҵәны ибозар. Мамзаргьы егьырҭ иқәыԥшу ақьырсианцәа ихы рыҿирԥшуазар, насгьы урҭ реиԥш ахаан сҟалом ҳәа игәы иаанагозар. Анаҩс ацҵаҿы иануп: «Шәақәшаҳаҭха, абас еиԥш иҟоу амзызқәа абиблиатә ҵабырг зынӡа ишадҳәалам. Урҭ зыхҟьо ауаҩы аҵабырг инақәыршәаны анхара иԥырхагоу убри аамҭазы имоу аҭагылазаашьақәа ракәзар ҟалоит». Ашәҟәаҿы иара убас иаагоуп лабжьарақәак аҭаацәа зыгәрахаҵара ԥсыҽхаз ахәыҷы ицхрааразы рхы иадырхәар рылшо.

19. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷы ицхраар, аиқәхаразы аҟәыӷара аиура?

19 Ахәыҷқәа «Иҳақәиҭу игәаҳәаратә реилыркаауа» рааӡара — ари ҳаҭыр дууп, насгьы аҭакԥхықәра ацуп (Еф. 6:4). Излаҳбаз ала, ихадоуп дара Абиблиа аилкаара адагьы, ирымоу адыррақәа шиашаҵәҟьоу шьақәырӷәӷәаны ирымазарц, избанзар уи ргәазҭанаҵоит Иегова иҽизкра, насгьы гәыкала имаҵ аура. Аҭаацәа, шәхәыҷқәа рааӡараҿы шәгәы кашәмыжьлан! Ицхрааит шәхәыҷы Иегова, насгьы уи идоуҳа аиқәхаразы аҟәыӷара аиура!

a Ахәыҷқәеи адуцәеи Абиблиа рҵалар, насгьы абиблиатә ҵабыргқәа ауаа идеилдыркаалар рылшоит аусуратә тетрад аҿы иҟоу агәылаҵа «Мои убеждения» ҳәа хьӡыс измоу ацхыраарала. Арҭ атетрадқәа бызшәа рацәала ишәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы (агәылаҵа БИБЛЕЙСКИЕ УЧЕНИЯ > ПОСОБИЯ ДЛЯ ИЗУЧЕНИЯ БИБЛИИ).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра