Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 март ад. 8—12
  • Аҿар, ишԥашәылшо аҽӡаахра шәҽазыҟашәҵар?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҿар, ишԥашәылшо аҽӡаахра шәҽазыҟашәҵар?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЗЫГӘРА УГО
  • УУСҚӘА
  • АНЦӘА ИАХЬ ИААУРԤШУА АЏЬШЬАРА
  • Аҿар, шәазхиоума шәара аҽӡаахра?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Шәазхиоума шәара аҽӡаахра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Избан аҽӡаахра изаԥсоу?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 март ад. 8—12
Арԥыс ихатә ҭҵаара мҩаԥигоит, Абиблиа даԥхьоит, Аҳратә зал еилиргоит, ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь иҳәоит

Аҿар, ишԥашәылшо аҽӡаахра шәҽазыҟашәҵар?

«Сара уара уҭахра насыгӡар сҭахуп, иа, Анцәа ду» (АԤСАЛ. 39:9 [40:8, АдҾ]).

АШӘАҚӘА: 51, 58

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаанагозеи акы агәра ганы аҟазаара?

  • Иаанагозеи «ицқьоу ахымҩаԥгашьа», насгьы «Анцәа иахь азиашара» аарԥшра?

  • Ишԥауцхраауеи аҿыхратә ԥсхҭынҵара азхәыцра Иегова иахь аџьшьара аарԥшра?

1, 2. а) Иҳаилшәыркаа аҽӡаахра акрызҵазкуа ашьаҿа закәу. б) Зыгәра ганы дыҟазар акәзеи ауаҩы аӡы иҽӡааихаанӡа?

УАРА уқәыԥшзар, насгьы аҽӡаахра угәы иҭазар, уазхәыц иарбан лшароу иузаатуа. Ииашаҵәҟьаны уи даараӡа ҳаҭыр дууп. Раԥхьатәи астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, аҽӡаахра акрызҵазкуа шьаҿоуп. Ауаҩы уи ашьаҿа аныҟаиҵо, Иегова ажәа шииҭаз ааирԥшуеит. Иара иҳәоит наӡаӡа имаҵ шиуло, насгьы игәаԥхара анагӡара иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу аҭыԥ шааннакылало. Убри аҟнытә аҽӡаахра ахәҭоуп ианаало аҭахрақәа зегьы уанрықәшәо, гәык-ԥсыкала иануҭаху, насгьы уи ашьаҿа иаа́наго анеилукаауа.

2 Аха иҟаҵатәузеи, аҽӡаахра ушазхиоу агәра ганы уҟамзар? Мамзаргьы, иаҳҳәап, аҽӡаахра уҭахуп, аха уҭаацәа макьана маҷк уааԥшыроуп ҳәа рыԥхьаӡозар? Иҟалап урҭ ргәы иаанагозар раԥхьа абиблиатә принципқәа уԥсҭазаараҿы еиҳа еиӷьны ухы архәашьа уҵароуп ҳәа. Ишыҟазаалакгьы, угәы каумыжьын. Уи аамҭа доуҳала аизҳаразы ухы иархәала, иаарласны аҽӡаахра улшартә еиԥш. Уажәшьҭа еилҳаргап акрызҵазкуа ари ахықәкы анагӡаразы иааурԥшуа аҽазышәара ирнырыр шакәу: 1) зыгәра уго, 2) уусқәа, 3) Анцәа иахь иааурԥшуа аџьшьара.

ЗЫГӘРА УГО

3, 4. Иднарҵар рылшозеи ақәыԥшцәа Тимофеи иҿырԥшы?

3 Ухы уазҵаа: «Избан сара Анцәа дыҟоуп ҳәа агәра зызго? Агәра сзыргозеи Абиблиа Анцәа Иажәа шакәу? Избан Анцәа игәаԥхашәатә нормақәа рыла анхара еиҳа еиӷьуп, ари адунеи аҿы имҩаԥырго аԥсҭазаара аасҭа ҳәа зысыԥхьаӡо?» Арҭ азҵаарақәа алак-ҩакра узцәырыргарц азы акәӡам изықәыргылатәу. Урҭ уцхраауеит апостол Павел «гәыбылрала, разрала, здаҟам Анцәа игәаҳәарала шәыҽԥышәшәала, уи аилкаара шәашьҭаз» ҳәа иҟаиҵаз алабжьара ақәныҟәара (Рим. 12:2). Аха избан ажәытәтәи Рим инхоз ақьырсианцәа гәыкала ирыдыркылахьаз иашьҭазар закәыз?

4 Еилҳаргап Абиблиа аҟынтәи аҿырԥшы. Тимофеи Иԥшьоу Аҩыра ибзианы идыруан. Анцәа Иажәа иану аҵабыргқәа иани иандуи даныхәыҷыз аахыс идырҵон. Аха Павел Тимофеи игәазҭеиҵон: «Иуҵахьоу, насгьы зыгәра угаз аҿы анаҩсгьы уҟаз» (2 Тим. 3:14, 15, АдҾ). Библиатә еилыркаагак иану инақәыршәаны, ажәытә бырзен бызшәаҿы ажәақәа «агәра ганы» иаадырԥшуеит «ак шиашаҵәҟьоу агәра ганы ушыҟоу». Тимофеи аҵабырг гәык-ԥсык ала идикылеит. Уи иани иандуи иахьиарҳәоз азы акәӡам дқьырсианны дзыҟалаз. Иара ихаҭа зыгәра игаз, насгьы дзызхәыцуаз хеиҵон. (Уаԥхьа Римаа рахь 12:1a.)

5, 6. Избан изхадоу уаныхәыҷу инаркны ухшыҩ азышьҭра аҵара?

5 Иаҳҳәар ҳалшозеи уара узы? Иҟалап уара Абиблиа иану удыруеижьҭеи акыр ҵуазар. Ус акәзар, уазхәыц уи агәра агара иаԥсоуп ҳәа зуԥхьаӡо. Ус ҟауҵар, угәрагара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Усҟан уқәлацәеи, ари адунеи ахәаԥшышьеи, ухатә гәаҳәарақәеи амҩа иаша уқәырҟьара рылшом.

6 Ухәыҷаахижьҭеи ухшыҩ азышьҭра уҵазар, уи уқәлацәа рызҵаарақәа ишахәҭоу рҭак аҟаҵара иуцхраауеит. Уара иуазҵаар ауеит: «Избан Анцәа дшыҟоу абас агәра зуго? Анцәа бзиа ҳаибозар, избан ацәгьара зиаҩижьуа? Излаилшози Анцәа еснагь аҟазаара?» Уҽазыҟаҵаны уаныҟоу, абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа угәрахаҵара дырԥсыҽӡом. Урҭ ухатә ҭҵаара еиҳа инарҭбааны амҩаԥгара угәазҭарҵоит.

7—9. Иаҳзеиҭашәҳәа аҟәша «Мои убеждения» аҟынтәи онлаин-аматериалқәа шәыгәрагара арӷәӷәара ишацхраауа.

7 Инарҵауланы ухатә ҭҵаара мҩаԥугалар, усҟан иулшоит узҵаарақәа рҭак уԥшаар, иузцәырҵуа алак-ҩакрақәа уриааир, насгьы угәрахаҵара урӷәӷәар (Аус. 17:11). Уи азы ҳара иаҭаху зегь ҳамоуп. Аӡәырҩы иргәаԥхоит аброшиура «У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа», насгьы ашәҟәы «Существует ли заботливый Творец?». Иара убас арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аӡәырҩы ҳофициалтә саит аҿы иҭырго аусуратә тетрадқәа рхарҭәаара бзиа ирбоит (агәылаҵа БИБЛЕЙСКИЕ УЧЕНИЯ>ПОДРОСТКИ, аҟәша «Мои убеждения»). Арҭ атетрадқәа абиблиатә темақәа ирызкуп, урҭ анҭуҵаауа, угәрахаҵара урӷәӷәоит.

8 Уара Абиблиа иану удыруеит аҟынтә, аусуратә тетрад аҿы иаагоу зҵаарақәак рҭак аҟаҵара уцәыцәгьахом. Аха агәра ганы уҟоума урҭ аҭакқәа шиашоу? Аусуратә тетрадқәа угәазҭарҵоит иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа рызхәыцра, насгьы угәаанагарақәа ранҵара. Ари аматериал Абиблиа ухы иархәаны зыгәра уго егьырҭ рзеиҭаҳәара улшартә уазыҟанаҵоит. Аҟәша «Мои убеждения» иқәыԥшу аӡәырҩы рыгәрагара арӷәӷәара ирыцхрааит. Уара асаит аҭалара улшозар, изҭумҵаари ари аҟәша ухатә ҭҵаара анымҩаԥуго?

9 Аҽӡаахра угәы ианҭоу, даара ихадоуп угәрагара арӷәӷәара. Иаҳәшьак илҳәеит: «Аӡы сыҽӡаасхаанӡа сара Абиблиа ҭысҵаауан, уи сыцхрааит ари ииашаҵәҟьоу адинхаҵара шакәу агәра агара. Есыҽны сара сыгәрагара еиҳа иӷәӷәахоит».

УУСҚӘА

10. Избан зыҽӡаазххьоу ақьырсиан иусқәеи зыгәра игои еиқәшәалар ауп ҳәа зыԥхьаӡоу?

10 Иаков 2:17 аҿы иануп: «Убас ауп агәрахаҵарагьы шыҟоу, уи усла ианышьақәырӷәӷәам — иԥсуп». Уара угәрахаҵара ӷәӷәазар, ҳәарада, уи уусқәа ирныԥшуеит. Иарбан усқәоу зыӡбахә ҳәоу? Абиблиаҿы «ицқьоу ахымҩаԥгашьеи Анцәа иахь азиашареи» ртәы ануп. (Уаԥхьа 2 Пиотр 3:11b.)

11. Иҳаилшәыркаа «ицқьоу ахымҩаԥгашьа» иаа́наго.

11 Ҳхымҩаԥгашьа цқьазарц азы, агәаԥхашәатә цқьара хьчалатәуп. Иаҳҳәар ҳалшозеи уара узы? Уазхәыц аҵыхәтәантәи шықәсыбжак рыҩныҵҟа еихьӡарас иҟауҵаз. Иубаратәы иҟоума «ацәгьеи-абзиеи реилкаара-реиҩдыраара» шуҵаз? (Аур. 5:14). Иарбан ҭагылазаашьақәоу аԥышәара аиааира, мамзаргьы уқәлацәа рықәыӷәӷәара аҿагылара ахьулшаз? Иаанарԥшуама ашкол аҿы ухымҩаԥгашьа Анцәа дышхауҵо? Уазхиоума уара уқәлацәа рҿаԥхьа зыгәра уго ахьчара, мамзаргьы иухымыччарц азы егьырҭ зегьы уреиԥшзарц еиӷьушьоу? (1 Пиотр 4:3, 4). Ҳәарада, ҳара зегьы ҳнаӡаӡам. Акыр шықәса рыҩныҵҟа Иегова имаҵ зуагьы егьырҭ рҿаԥхьа рыгәрахаҵара ахьчара анырзымариам ыҟоуп. Аха Иегова зҽизызкыз ауаҩы иара ишаҳаҭны аҟазаара ҳаҭыр дуны иԥхьаӡоит, уи ихымҩаԥгашьа ианыруеит.

12. Иабааԥшуеи «Анцәа иахь азиашара», насгьы иарбан гәазыҟашьоу иумазар акәу?

12 Иабааԥшуеи «Анцәа иахь азиашара»? Иаҳҳәап, аизара иадҳәалоу ҳусқәа рҿы, уахь иаҵанакуеит урҭ рҭаареи ажәабжьҳәара аҽалархәреи. Иара убас Иегова ҳашизиашоу аадырԥшуеит анцәаиҳәареи ахатә ҭҵаареи реиԥш иҟоу егьырҭ ирымбо адоуҳатә усқәа. Иегова зҽизызкыз ауаҩы изы урҭ аусқәа рынагӡара уадаҩӡам. Иара аҳ Давид имаз ацәаныррақәа ицеиҩишоит: «Сара уара уҭахра насыгӡар сҭахуп, иа, Анцәа ду» (Аԥсал. 39:9 [40:8, АдҾ]).

13, 14. Иаҳзеиҭаҳәа Анцәа иахь азиашара аарԥшра иуцхраар алшо асхема атәы. Иарбан хәарҭоу уи арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи шьоукы ирзаанагаз?

13 Уара иулшоит ахықәкқәа рықәыргылара ашәҟәы «Ответы на твои вопросы» II атом, адаҟьақәа 308—309 рҿы иаагоу аусуратә схемақәа рыцхыраарала. Уа иулшоит абарҭ азҵаарақәа рҭак ануҵар: шаҟа хықәкыла иҟоузеи унцәаиҳәарақәа? Иаадырԥшуама урҭ Иегова иахь иумоу абзиабара шаҟа иӷәӷәоу? Иалухуазеи уара ахатә ҭҵааразы? Ухы алаурхәуама амаҵзура, уҭаацәа ус ҟарымҵозаргьы? Ари аусуратә схемаҿы анцәаиҳәарақәеи, ахатә ҭҵаареи, ажәабжьҳәареи рганахь ала иумоу ахықәкқәа ануҵар ахьулшо аҭыԥ ыҟоуп.

14 Аҽӡаахра иазхәыцуа арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аӡәырҩы ари аусуратә схема даара ирыцхрааит. Абар Тилда зыхьӡу иқәыԥшу аиаҳәшьа илҳәо: «Ари асхема схы иархәаны сара ахықәкқәа ықәсыргылеит. Хәыҷы-хәыҷла урҭ насыгӡеит, анаҩс шықәсык ашьҭахь аҽӡаахра сазхиан». Патрик зыхьӡу аиашьа қәыԥш иҳәоит: «Сара схықәкқәа уеизгьы издыруан, аха ақьаад аҿы иананысҵа, уи сгәазҭанаҵеит иҵегьы аџьабаа абара, урҭ насыгӡарц азы».

Арԥыс аизараҿы аҭак ҟаиҵоит

Иуулома уара Иегова имаҵ, уҭаацәа ус ҟарымҵозаргьы? (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Избан аҽазкра ауаҩы ихала идикыло аӡбара акәзар захәҭоу?

15 «Иуулома уара Иегова имаҵ, уҭаацәа ма уҩызцәа аҟәыҵыргьы?» — ари азҵаара аусуратә схемаҿы иҟоу зегь раасҭа ихадоу азҵаарақәа ируакуп. Иухоумыршҭлан, Иегова зҽизызкыз, зыҽӡаазхыз имаҵзуҩы иеиԥш, уара ухаҭа аҭак иуҭалоит. Анцәа имаҵ уулоу-иумулоу уара уоуп изыӡбо, уҭаацәа ма даҽа шьоук ракәымкәа. Ицқьоу ухымҩаԥгашьеи Анцәа иахь иааурԥшуа азиашареи иаадырԥшуеит аҵабырг ԥсҭазааратә мҩаны ишалухыз, насгьы иаарласны уҽӡааухырц азы ухы аус шадууло.

АНЦӘА ИАХЬ ИААУРԤШУА АЏЬШЬАРА

16, 17. а) Игәазҭазҵар акәзеи ауаҩы ақьырсианхара? б) Иаанагозеи аҿыхразы аџьшьара аарԥшра? Иҳаилыркаа аҿырԥшы ухы иархәаны.

16 Моисеи изакәан-дырҩык зны Иисус диазҵааит: «Иарбан ԥҟароу азакәан аҿы иреиҳау?» Иисус аҭак ҟаиҵеит: «Бзиа дба Иҳақәиҭу Унцәа — угәы наӡала, уԥсы наӡала, удырра наӡала» (Матф. 22:35—37). Убас Иисус иааирԥшит ақьырсиан иусқәа зегьы, аҽӡаахрагьы уахь иналаҵаны, игәазҭазҵо Иегова иахь имоу абзиабара шакәу. Ишԥаулшо Анцәа иахь иумоу абзиабара арӷәӷәара? Зегь раасҭа иуцхраауа Иегова иҳаиҭаз аҳамҭа ду, Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара, азхәыцра ауп. (Урыԥхьа 2 Коринфаа рахь 5:14, 15; 1 Иоанн 4:9, 19.) Аҿыхра, насгьы уи уара узы иаа́наго азхәыцра Иегова еиҳа аџьшьара иҭара иуцхраауеит.

17 Иааҳгап аҿырԥштәы. Иаҳҳәап, уара аӡааҟәрылара уалагеит, аха аӡәы уеиқәирхеит. Ухы шԥамҩаԥугарыз? Баша аҩныҟа уцаны, умаҭәа ааԥсахны, анаҩс иҟалаз зегьы ухашҭрызма? Ҳәарада, мап! Уи ауаҩы уԥсҭазаара еиқәирхеит! Уажәшьҭа иара иҿы узҵымӡаауа ауал уқәуп. Аха Иеговеи Иисуси рҿы иҳақәу еиҳагьы еиҳауп. Аҿыхра акәмызҭгьы, ҳара зегьы агәнаҳаи аԥсреи рҟынтәи аиқәырхара ҳауамызт. Аха аҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала ҳара џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхара агәыӷра ссир ҳамоуп!

18, 19. а) Избан Иегова уԥсҭазаара изкра ацәшәара захәҭам? б) Ишԥалшо Иегова имаҵ аура уԥсҭазаара еиӷьнатәыр?

18 Иааурԥшуама уара аџьшьара Иегова иузыҟаиҵаз азы? Ус акәзар, ииашахон уԥсҭазаара изукыр, насгьы уҽӡааухыр. Иухоумыршҭын, ауаҩы Иегова иҽанизикуа, игәаԥхара наӡаӡа ишынаигӡало ажәа ииҭоит, иарбан уадаҩроу иԥсҭазаараҿы дзықәшәозаалакгьы. Аха иахәҭоума уи аӡбара иадҳәалоу аҭакԥхықәра ацәшәара? Мап! Иухоумыршҭлан Иегова уара узы абзиа мацара ауп ииҭаху, насгьы «гәык-ԥсыкала иԥшаара зҭаху ракәзар, урҭ зегьы Иара џьшьара риҭоит» (Аур. 11:6). Иегова уҽизукыр, аӡы уҽӡааухыр, уԥсҭазаара еиӷьутәуеит. 24 шықәса зхыҵуа иашьак даныхәыҷыз аӡы иҽӡааихит. Иара иҳәоит: «Ԥыҭрак ашьҭахь сыҽӡаасхызҭгьы, ҳәарада уи ашьаҿа ҵакыс иамаз еиҳагьы еиӷьны еилыскаар сылшон. Аха Иегова сҽизыскырц исыдыскылаз аӡбара ари адунеи анырра аҟынтә сахьчон».

19 Шаҟа диеиԥшми Иегова Аҩсҭаа! Аҩсҭаа уара дузхәыцӡом, насгьы ихатәы интересқәа рҿы ихы уаирхәаларц иҭахуп. Уи наӡаӡатәи аҳамҭа уиҭаӡом. Иара агәыӷра ҳәа акгьы имам. Илшома ихаҭа имам уара иуиҭар? Иара илшо аԥеиԥш цәгьа уҭара ауп, избанзар уи ауп изыԥшу! (Аат. 20:10).

20. Ирыцхраауазеи аҿар Иегова иҽизкреи аҽӡаахреи рзы иқәдыргылаз ахықәкы анагӡара анаҩсгьы аҽазышәара? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Доуҳала уеизҳарц азы ацхыраара».)

20 Ҳәарада, Иегова иҽизкра — ари зегь раасҭа еиӷьу ӡбароуп. Уазхиоума уи уара? Ааи акәзар, аамҭа умган. Аха маҷк аамҭа уҭахызар, ари астатиаҿы иаагаз алабжьарақәа ухы иархәа, насгьы уи ахықәкы анагӡара анаҩсгьы уҽазышәала. Павел филиппаа ирзиҩуан: «Шәааи, иахьазы иаадыруа, иаҳзаатхьоу аԥҟарақәа рыла ҳаԥсҭазаара еиҿаҳкаап» (Флп. 3:16). Ари алабжьара уқәныҟәар, иаарласны иуҭаххоит Иегова уԥсҭазаара изкреи аӡы аҽӡаахреи.

a Римаа рахь 12:1 (АдҾ): «Убри аҟынтә, сашьцәа, сшәыҳәоит, Анцәа игәрыцҳашьарала: шәцәеижь зыԥсы ҭоу, иԥшьоу, Анцәа игәы иахәо кәырбанс иҟашәҵа, иԥшьоу амаҵзура шәыхшыҩ азышьҭны инашәыгӡаларц азы».

b 2 Пиотр 3:11 (АдҾ): «Убри зегьы убас еилаҳауеит аҟынтә, ицқьоу ахымҩаԥгашьеи Анцәа иахь азиашареи рҿы шәыҟазар шԥашәыхәҭоу».

ДОУҲАЛА УЕИЗҲАРЦ АЗЫ АЦХЫРААРА

Ҳаброшиурақәеи ҳжурналқәеи рҟынтә аҿар рзы астатиақәа

  • «Молитва. Что можно улучшить?» (ноиабр, 2008 шықәса)

  • «Как справиться с потерей близкого человека» (ba809-U)

  • «Как воспитать ребенка ответственным человеком» (ba815-U)

  • «Что необходимо знать о социальных сетях?» (ba819-U)

  • «Сводные семьи: счастье возможно» (ba821-U)

Ашәҟәы «Ответы на твои вопросы» аҟынтә

АТОМ I

  • «Как найти радость в служении Богу?» (ахы 38)

  • «Почему я боюсь говорить в школе о своей вере?» (ахы 17)

АТОМ II

  • «Зачем жить по нормам Библии?» (ахы 34)

  • «Как стать другом Бога?» (ахы 35)

  • «Следует ли мне креститься?» (ахы 37)

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра