Аҿар, шәазхиоума шәара аҽӡаахра?
«Дарбану шәара шәахьтә аҟәарч аргылара зҭахны, даатәаны уи аргылара заҟа агаша, имч ақәхауа иақәымхауа ҳасаб рзызымуа» (ЛУКА 14:28).
Ари астатиеи анаҩстәи астатиеи зыҽӡаазхыр зҭаху аҿар ирызкуп
1, 2. а) Ирзаазгозеи иахьа Анцәа имаҵзуҩцәа агәырӷьара ду? б) Ишԥарылшо иқьырсиану аҭаацәеи аизара аиҳабацәеи аҽӡаахра иамоу аҵакы аҿар аилкаара ирыцхраар?
«САРА агара уангараз аахижьҭеи уздыруеит,— иҳәеит аизара аиҳабы, 12 шықәса зхыҵуаз Кристофер даниацәажәоз,— сгәы иахәоит аҽӡаахра ахьуҭаху. Аха суазҵаар ауп, изуҭаххазеи уи ашьаҿа аҟаҵара?» Ари аизара аиҳабы иқәиргылаз азҵаара ииашаҵәҟьаны даараӡа акраҵанакуеит. Ҳәарада, ҳара ҳаигәырӷьоит есышықәса адунеи ахьынӡа-наӡааӡо зықьҩыла аҿарацәа аӡы рҽахьӡаархуа (Аԥсал. 70:17 [71:17, АдҾ]). Убри аамҭазгьы арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рҭаацәа, насгьы реизара аиҳабацәа агәра ганы иҟазар ауп урҭ уи аӡбара аӡәгьы дрықәмыӷәӷәакәа, еилкааны, рхала ишрыдыркылаз.
2 Анцәа Иажәа иаҳнарбоит Анцәа иҽизкреи аӡы аҽӡаахреи — ари ақьырсиан дызныло амҩаҿы раԥхьатәи ашьаҿа шакәу. Уи амҩаҿы иара изыԥшуп Анцәа изылԥхарақәа, аха иара убас Аҩсҭаа иҿагыларақәагьы дрықәшәоит (Аԥсал. 33:9 [34:8, АдҾ]); 1 Пиотр 5:8). Убри аҟынтә иқьырсиану аҭаацәа раамҭа иамеигӡакәа рхәыҷқәа идеилдыркаауеит Иисус ишьҭанеицәаны аҟазаара иаҵанакуа. Арԥыс иҭаацәа ма аҭыԥҳа лҭаацәа Иегова ишаҳаҭцәа ракәымзар, усҟан Анцәа иҽизкра заҟа аго аилкаараҿы ирыцхрааша аизара аиҳабацәа роуп. (Уаԥхьа Лука 14:28—30.) Аргылара ибзианы ихыркәшазарц азы, иаҭахуп аплан аҟаҵара. Убас еиԥш «аҵыхәтәанынӡа» азиашара аарԥшны Иегова имаҵ ауразы иаҭахуп ибзианы аҽазыҟаҵара (Матф. 24:13). Аха ирыцхраауазеи аҿар Иегова наунагӡа имаҵ аура агәаҳәара аизырҳара? Шәааи еилаҳкаап.
3. а) Избан Иисуси Пиотри ирҳәаз инақәыршәаны, аҽӡаахра даара изхадоу? (Матф. 28:19, 20; 1 Пиотр 3:21). б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго, насгьы излаҳахәозеи дара?
3 Уара уқәыԥшзар, насгьы аҽӡаахра уазхәыцуазар, арҽхәара уаԥсоуп! Иӡааху Иегова ишаҳаҭны аҟазаара даараӡа ҳаҭыр дууп. Иара убас аӡы уҽӡааухыроуп, уқьырсианны уҟаларц, насгьы аиқәырхара уоурц азы (Матф. 28:19, 20; 1 Пиотр 3:21). Уара Иегова иуҭо ажәа гәык-ԥсык ала инаугӡарц агәаҳәара умоуп аҟынтә, акрызҵазкуа ари ашьаҿа ибзианы уҽазыҟауҵарц уҭахуп. Убри аҟынтә аҽӡаахра уазхиоу-уазхиаму аилкааразы, ибзиоуп анаҩстәи х-зҵаарак урызхәыцыр: 1) Сышәхьоума сара доуҳала иахьынӡахәҭоу, уи ашьаҿа ҟасҵарц азы? 2) Исҭахыҵәҟьоума сара аҽӡаахра? 3) Еилыскаауама сара Иегова иҽизкра иаа́наго? Шәааи арҭ азҵаарақәа еиҳа инарҭбааны еилҳаргап.
СЫШӘХЬОУМА САРА ДОУҲАЛА?
4, 5. а) Избан аӡы зыҽӡаазхырц зылшо адуцәа рымацара зракәым? б) Иаанагозеи доуҳала ашәра?
4 Абиблиаҿы ианӡам зыҽӡаазхыр зылшо адуцәа, мамзаргьы зықәра наӡахьоу роуп ҳәа. Ажәамаанақәа (Притчи) 20:11 аҿы иануп: «Ахәыҷгьы иусқәа рыла дудыруеит, ихымҩаԥгашьа цқьоу-ицқьаму, ииашоу-ииашаму ала». Ииашаҵәҟьаны ахәыҷқәагьы еилыркаауазар ауеит ииашаны ахымҩаԥгара иаанаго, насгьы рыԥсҭазаара Ҳазшаз изыркыр рылшоит. Убри аҟынтә Иегова имаҵзуҩ қәыԥш ихымҩаԥгашьа ианыԥшуазар иахьынӡахәҭоу доуҳала дышшәхьоу, насгьы Иегова иҽизикзар, иара илшоит, уи инеиҳангьы, ихәҭоуп аӡы аҽӡаахра (2 Тим. 3:14, 17).
5 Иаанагозеи доуҳала ашәра? Уахь иаҵанакуа ауаҩы қәрала иеизҳара мацара акәӡам. Абиблиаҿы иануп доуҳала ишәхьоу ауаа «ацәгьеи-абзиеи реилкаара-реиҩдыраара иашьҭоуп, убри аҿы рыҽԥыршәоит» ҳәа (Аур. 5:14). Ус анакәха, доуҳала ишәхьоу ауаҩы Анцәа ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо идыруеит, насгьы игәаҿы идикылоит аӡбара убасҵәҟьа ахымҩаԥгара. Убри аҟынтә уи иҩыза ақьырсиан амҩа иаша иқәырҟьара ус имариаӡам, мамзаргьы ииашаны ихы мҩаԥигаларц ҵыхәаԥҵәарада иаҳәалатәӡам. Зыҽӡаазхырц зҭаху ахәыҷы иааигәара иҭаацәа ма егьырҭ аиҳабацәа аныҟамлогьы, Анцәа изакәанқәа дрықәныҟәалоит ҳәа ҳазыԥшызар ҳалшоит. (Иаҿшәырԥш Филиппаа рахь 2:12.)
6, 7. а) Иарбан уадаҩрақәоу Даниил Вавилон даныҟаз дзықәшәаз? б) Ишԥааирԥши Даниил доуҳала дышшәыз?
6 Ирылшома иқәыԥшу доуҳала ишшәу аарԥшра? Иаҳгәалаҳаршәап Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Даниил иҿырԥшы. Иҟалап иара данхбыџыз акәызҭгьы мчыла иҭаацәа дрымхны Вавилонҟа дытҟәаны данырга. Иаалырҟьаны уи ацәгьеи абзиеи зынӡа даҽакала ирыхәаԥшуаз ауаа рҿы днанагеит. Аҭагылазаашьа еиҳа изырцәгьоз Даниил ус баша итҟәаны иргаз иеиԥш иахьизыҟамыз акәын. Иара аҳ имаҵ ауразы иалхыз арԥарцәа дыруаӡәкын! (Дан. [Дан.] 1:3—5, 13). Даниил дызқәымгәыӷуаз алшарақәа иоуит, урҭ Израиль даныҟаз ахаангьы имоур алшон.
7 Ихы шԥамҩаԥигеи иқәыԥшыз Даниил? Дыхнахма иара убла хызкуаз Вавилон аԥшӡара? Иҽиԥсахма иара, насгьы иаанижьма игәрахаҵара, иҿыцу аҭагылазаашьаҿы даныҟала? Ҟалашьа амам! Абиблиаҿы иануп Даниил амц динхҵара иадҳәалоу изакәызалаакгьы даҟьашьыр шалимыршо игәаҿы ишиӡбаз (Дан. [Дан.] 1:8). Ҳәарада, Даниил доуҳала дышшәыз ааирԥшит!
Доуҳала ишәу иқәыԥшу ақьырсиан Аҳратә зал аҿы Иегова иҩыза иеиԥш, ашкол аҿы ари адунеи аҩыза иеиԥш ихы мҩаԥигаӡом (Шәахәаԥш абзац 8.)
8. Иаҳнарҵозеи ҳара Даниил иҿырԥшы?
8 Иаҳнарҵозеи ҳара Даниил иҿырԥшы? Доуҳала ишәхьоу ахәыҷы иӷәӷәоу агәрахаҵара имоуп. Уи деиԥшӡам акәша-мыкәша иҟоу инақәыршәаны зыԥшшәахәы зыԥсахуа ахамелеон. Ус иҟоу ахәыҷы агәыҩбара илаӡам: иаҳҳәап, иара ихы мҩаԥигаӡом Аҳратә зал аҿы Иегова иҩыза иеиԥш, ашкол аҿы ари адунеи аҩыза иеиԥш. Игәрахаҵара ԥызшәо аҭагылазаашьақәа рҿгьы иара иҟаиҵаша идыруеит, анахь-арахь ҳәа дықәхаӡом. (Уаԥхьа Ефесаа рахь 4:14, 15.)
9, 10. а) Избан аҿар ааигәа изықәшәаз аԥышәарақәа ишыриааиз иазхәыцыр зыбзиоу? б) Иаанагозеи аӡы аҽӡаахра?
9 Ҳәарада, ҳара зегьы ҳнаӡаӡам. Адуцәа реиԥш, ахәыҷқәагьы зны-зынла агхақәа ҟарҵоит (Рим. 3:23). Аха уеизгьы, уара аӡы уҽӡааухырц уҭахызар, иуӡбама угәаҿы Иегова ииашоу инормақәа еснагь рықәныҟәара? Аха ишԥеилкаатәу уи? Ухы уазҵаа: «Иарбан қәҿиарақәоу сара Анцәа изакәанқәа рықәныҟәараҿы исымоу?» Иугәаларшәа ааигәа узықәшәаз аԥышәарақәа. Иулшама уара урҭ риааира? Иаанарԥшуама ухымҩаԥгашьа ацәгьеи абзиеи реиҩдырааразы иаҭаху аилкаара шумоу? Иҟауҵозеи Аҩсҭаа идунеи аҿы Даниил ишизыҟаз еиԥш уалкааны урбо иалагар? Уашьҭалома уара анаҩсгьы «Анцәа игәаҳәара» аилкаара, уи иаҿагыло аҟаҵаразы акы ухнахуазаргьы? (Еф. 5:17).
10 Изаҭахузеи ас еиԥш иҟоу ахгәаҭара? Уи аҽӡаахра аҵакы ииашаны аилкаара иҳацхраауеит. Аӡы уҽанӡааухуа, уара иааурԥшуеит Иегова акрызҵазкуа ажәа шиуҭаз — угәынаӡала бзиа дшубало, насгьы наӡаӡа имаҵ шууло (Марк 12:30). Аӡы зыҽӡаазхыр зҭаху зегьы Иегова ирҭаз ажәа анагӡара иазхиазар ауп. (Уаԥхьа Матфеи 5:33.)
ИСҬАХЫҴӘҞЬОУМА САРА УИ?
11, 12. а) Зыгәра ганы иҟазар рыхәҭоузеи аӡы зыҽӡаазхыр зҭаху? б) Иуцхраауазеи аҽӡаахра ииашаны ахәаԥшра?
11 Абиблиаҿы заа иҳәан Иегова ижәлар, аҿаргьы уахь иналаҵаны, амаҵзура «рхатә гәаԥхарала рхы шазыркуа» (Аԥсал. 110:3, АдҾ). Убри аҟынтә аҽӡаахра згәы иҭазкуа агәра ганы иҟазароуп уи дара рхатә гәаҳәара шакәу. Уи азы ахгәаҭара аҭаххар ауеит, еиҳарак уҭаацәа Иегова ишаҳаҭцәа ракәзар, ухәыҷаахижьҭеи аҵабырг удыруазар.
12 Уара изныкымкәа иубахьазар ауеит аӡәырҩы аӡы рыҽшӡаархуаз, иҟалап урҭ уқәлацәа, мамзаргьы уашьцәеи уаҳәшьцәеи гәакьақәа ракәызҭгьы. Уи ус акәзар, иухамышҭыр ахәҭоузеи? Ари ашьаҿа арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи зегьы знымзар-зны изхысраны иҟоу ақьабз еиԥш иахәаԥштәым. Ишԥеилкаатәу уара Иегова иеиԥш аҽӡаахра ииашаны ушахәаԥшуа? Лассы-лассы аамҭа алхны уазхәыцла, избан аҽӡаахра зхадоу. Мзызқәак ари астатиаҿы, насгьы анаҩстәи аҿы иуԥшаауеит.
13. Ишԥеилкаатәу уара аҽӡаахра гәык-ԥсык ала ишуҭаху?
13 Ишԥеилкаатәу уара аҽӡаахра ииашаҵәҟьаны гәык-ԥсык ала ишуҭаху? Иаҳҳәап, уи унцәаиҳәарақәа ирныԥшуазар ауеит. Шаҟа лассы–лассы Анцәа уиҳәо, насгьы шаҟа хықәкыла иҟоу унцәаиҳәарақәа иаадырԥшуеит Иеговеи уареи шәеизыҟазаашьақәа шаҟа еизааигәоу (Аԥсал. 24:4 [25:4, АдҾ]). Иегова лассы-лассы Иажәа ала ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит. Убас, Абиблиа аҭҵаара шаҟа аџьабаа адаҳбалогьы иаанарԥшуеит Иегова изааигәахареи, насгьы гәык-ԥсык ала имаҵ ауреи шаҳҭаху (Аԥсал. 1:2 [1:2, АдҾ]). Убри аҟынтә ухы уазҵаа: «Хықәкыла иҟоума сынцәаиҳәарақәа? Иҭысҵаауама сара иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа?» Уҭаацәараҿы аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥыргозар, ухы алаурхәуама уи гәахәарыла? Арҭ азҵаарақәа рҭак уцхраауеит аҽӡаахра ииашаҵәҟьаны иуҭаху-иуҭахыму аилкаара.
ИААНАГОЗЕИ АҼАЗКРА?
14. Еиԥшымрас ирымоузеи аҽазкреи аҽӡаахреи?
14 Џьоукы аҽазкреи аҽӡаахреи еиԥшымрас ирымоу аилкаара рцәыцәгьоуп. Иаҳҳәап, иқәыԥшу шьоукы ирҳәо уаҳауеит Иегова рыҽшизыркыз, аха аҽӡаахра макьана ишазхиам. Аха ииашоума ус ахәыцра? Ауаҩы Иегова иҽанизикуа, ажәа ииҭоит наӡаӡа имаҵ шиуло. Аӡы иҽанӡааихуа, иара ауаа идирбоит Анцәа уи ажәа шииҭахьоу. Убри аҟынтә аӡы уҽӡааухаанӡа, аҽазкра иаанаго ибзианы ишеилукаауа агәра ганы уҟазар ауп.
15. Иаанагозеи аҽазкра?
15 Ажәакала, уԥсҭазаара Иегова ианизукуа, ухы мап ацәукуеит. Уара Анцәа ажәа иуҭоит игәаԥхара анагӡара уԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ишыхадахо (Матф. 16:24). Ҳара ауаа ираҳҭо ажәа еснагь инаҳагӡар ҳҭахуп, аха Иегова иаҳҭо ажәа анагӡара еиҳагьы ихадоуп! (Матф. 5:33). Нас ишԥаулшо ухы мап шацәукыз, насгьы уажәшьҭа Иегова ушитәу ааурԥшыр? (Рим. 14:8).
16, 17. а) Аҿырԥшы шәхы иархәаны, ухы мап ацәкра иаанаго ҳаилшәыркаа. б) Иарбан ажәоу ауаҩы Иегова иҽанизикуа ииҭо?
16 Иааҳгап аҿырԥшы: ухаҿы иааг уҩыза амашьына ҳамҭас иуиҭазшәа. Иара амашьына адокументқәа унапы иаркны иуеиҳәоит: «Уажәшьҭа ари уара иутәуп!» Аха иаҳҳәап, иара иациҵоит: «Ацаԥха сара исымазаауеит, иныҟәызцалогьы уара уакәымкәа, сара сакәхоит». Ишԥоубарыз ари аҩыза «аҳамҭа»? Ихуҳәаарыз уи аҳамҭа узҭаз ауаҩы?
17 Уажәшьҭа уазхәыц Иегова зҽизызкырц зыӡбаз рҟынтә дыззыԥшу. Ажәакала урҭ Иегова ус иарҳәеит: «Сыԥсҭазаара уара иусҭоит. Шьҭа сара уара сутәуп». Аха иҟалозеи ауаҩы ҩ-ԥсҭазаашьак амҩаԥгара далагар, иаҳҳәап, маӡала игәрахаҵара ицеиҩызымшои иареи еиқәшәо иалагар? Мамзаргьы Анцәа имаҵ ауреи аизарақәа рҭаареи иԥырхагахо аусура дақәшаҳаҭхар? Ари иеиԥшхоит ацаԥха уара уҿы иааныжьны амашьына аӡәы ҳамҭас иҭара. Ауаҩы Анцәа иҽанизикуа, «сыԥсҭазаара уара еиҳа иутәуп сара саасҭа, насгьы сгәаҳәара угәаԥхара ианақәымшәало, сара еснагь уара иуҭаху ауп иҟасҵало» иҳәозар иаҩызоуп. Убри аҩыза агәазыҟашьа ауп Иисус имаз. Уи иҳәеит: «Сара ажәҩан ахьтә сзылбааз сгәаҳәара анагӡаразы акәӡам, Сара саазышьҭыз Саб игәаҳәара анагӡаразы ауп» (Иоанн 6:38).
18, 19. а) Ишԥаадырԥшуеи Роузи Кристофери ражәақәа иӡааху маҵзуҩны аҟазаара шҳаҭыр дуу, насгьы уи азылԥхарақәа шаанаго? б) Шәышԥазыҟоу шәара аҽӡаахра?
18 Еилкаауп, аӡы аҽӡаахра — ари акрызҵазкуа шьаҿоуп, уи ишабалак азнеира иашам. Аха уи аамҭазгьы, Анцәа зҽизызкхьоу, зыҽӡаазххьоу имаҵзуҩны аҟазаара даараӡа ҳаҭыр дууп. Иегова бзиа дызбо, насгьы аҽазкра иаанаго еилызкаауа арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аҽӡаахразы аамҭа ргаӡом, ирыдыркылаз аӡбара иахьхәӡом. «Сара Иегова бзиа дызбоит, имаҵ аура еиԥш агәырӷьара сзаазго акгьы ыҟам,— лҳәоит Роуз зыхьӡу иқәыԥшу аиаҳәшьа.— Сара аҽӡаахразы исыдыскылаз аӡбара шиашоу агәра ганы сыҟан».
19 Иаҳҳәар ҳалшозеи хыхь зыӡбахә ҳәаз Кристофер изкны? Дазхәыцызма иара ибзианы аҽӡаахразы идикылаз аӡбара? Иара иҽизкреи иҽӡаахреи анигәалаиршәо, агәахәара иоуеит. 17 шықәса анихыҵуаз апионертә маҵзура далагеит, уи нахыс шықәсык ашьҭахь маҵзуратә цхырааҩыс дҟалеит. Уажәы Кристофер Вефиль амаҵ иуеит. Иара иҳәоит: «Аҽӡаахразы исыдыскылаз аӡбара иашан. Сыԥсҭазаара аҵакы амоуп, насгьы Иегова иорганизациеи иареи рзы аџьабаа абара сара сзы гәахәара дууп». Уара аҽӡаахра уазхәыцҵәҟьозар, ишԥаулшо акрызҵазкуа ари ашьаҿа аҽазыҟаҵара? Уи анаҩстәи астатиаҿы еилыргахоит.