Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 март ад. 13—17
  • Ишԥаҳалшо ҳқьырсиантә акзаара арӷәӷәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥаҳалшо ҳқьырсиантә акзаара арӷәӷәара?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • АЖӘАБЖЬ БЗИА ЕИЦАҲҲӘОИТ
  • АИЗАРАҾЫ АУС ЕИЦАҲУЕИТ
  • АҬААЦӘАРАҾЫ АКЗААРА
  • «ИЕГОВА ИШЬХАХЬ ҲХАЛАП»
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 март ад. 13—17
Иегова ишаҳаҭцәа реизараҿы акзаареи аусеицуреи ыҟоуп

Ишԥаҳалшо ҳқьырсиантә акзаара арӷәӷәара?

«Иара иоуп ацәеижь цәеижькны иҟазҵаз, ахәҭақәа зегьы еидызкылаз, еимаздаз, доусы рус рыманы ишьақәзыргылаз» (ЕФ. 4:16).

АШӘАҚӘА: 53, 107

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ҳашԥеиднакыло ажәабжьҳәаратә ус?

  • Ишԥаҳалшо ҳаизараҿы акзаара ҳацхраар?

  • Ишԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәалазаара дырӷәӷәалар?

1. Иаҭахызи аханатә инаркны Анцәа игәҭакы анагӡаразы?

АХАНАТӘ инаркны Иегова раԥхьатәи ишамҭа Иисуси иареи акзаара рыбжьан. Абиблиаҿы иаагоуп аҟәыӷара ахаҿра змоу Анцәа ихшаазаҵәу Иԥа иажәақәа: «Иара [Иегова] иҿы сара зус бзиаӡаны издыруа ҟазаны сыҟан, есыҽны агәахәара изаазгон» (Ажәам. [Прит.] 8:30). Аби Аԥеи аус еицуа, аԥсҭазаараҿы хкы рацәала иҟоу зегьы ршеит. Анаҩс Анцәа игәҭакы анагӡаразы имаҵзуҩцәагьы рҳәоу еиқәшәаны аус еицырулар акәын. Иаҳҳәап, Нои иҭаацәеи иареи аковчег еицдыргылон; Анцәа ижәлар ацәҳәыра ианықәыз аамҭазы иԥшьоу ақьала аргылараҿы, аимыхраҿы, насгьы аиҭагараҿы еицхыраауан; иара убас Иерусалимтәи аныҳәарҭаҿы ашәа еицырҳәон, насгьы амузыкатә инструментқәа адырҳәон, ашәа ԥшӡала Иегова ирҳаракразы. Аус еицырмуазҭгьы, уи зегь залшомызт (Аҟаз. [Быт.] 6:14—16, 22; Ахыԥхь. [Чис.] 4:4—32; 1 Аш. [1 Лет.] 25:1—8).

2. а) Егьырҭ ирылызкаауази актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа? б) Иарбан зҵаарақәоу ҳара еилҳарго?

2 Иисус Христос напхгара ззиуаз актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәагьы акзаареи аусеицуреи рыла егьырҭ ирылукаартә иҟан. Апостол Павел иҳәеит Анцәа идоуҳала иалху еиуеиԥшым аҳамҭақәа шрымазгьы, излахәыз амаҵзура ахкқәа шырацәазгьы, насгьы Анцәа иус аҿы еиуеиԥшым аусқәа шынарыгӡозгьы, дара «цәеижьк» ишахәҭакыз. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 12:4—6, 12.) Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳаамҭақәа рзы? Ишԥаҳалшо ҳара ҳҳәоу еиқәшәаны ажәабжь бзиа рылаҳәо аусеицура? Ишԥахьчалатәу акзаара аизараҿы, насгьы ҳҭаацәараҿы?

АЖӘАБЖЬ БЗИА ЕИЦАҲҲӘОИТ

3. Иарбан бароу Иоанн иоуз?

3 Актәи ашәышықәса анҵәамҭазы ҳ. ҳ. апостол Иоанн абара иоуит. Иара ибеит абыкьқәа зкыз быжьҩык амаалықьцәа. Ахәбатәи амаалықь ибыкьбыжь анга, Иоанн «адгьыл ахь зҿыназхаз, инықәҳаз аеҵәа» днахьыԥшит. Уи аеҵәа атымитыша злаанартуаз ацаԥха аман. Уаантәи алҩа хаччылеит, уи алҩа аҟынтәи ҵҩа змам ама́ҵа рҿаархеит. Инықәырԥшны зыӡбахә ҳәоу ари амаҵа аҳаскьын ԥхасҭанамтәит, аха «зылахь Анцәа имҳәыр аархамыз ауаа» ирыжәлеит (Аат. 9:1—4). Ҳәарада, Иоанн идыруан амаҵа иааргоз аԥхасҭа зеиԥшрахар алшоз. Моисеи иаамҭазы амаҵа Иегова Мысра иазишьҭыз жәа-рыцҳарак ируакын (Ақәҵ. [Исх.] 10:12—15). Иоанн иибаз амаҵа Иегова иқәыӡбарақәа рылазҳәо Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ирсимволуп. Иахьа адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу миллионҩыла ауаа Анцәа идоуҳала иалху ирыцхраауеит, ажәабжьҳәаратә ус нагӡо. Ари аус аӡәырҩы амц динхаҵара ааныжьра ирыцхраауеит, насгьы уи иабзоураны Аҩсҭаа рырҩашьара илшом.

4. Иарбан усу Анцәа ижәлар ирыду, насгьы ианбаҳалшо уи анагӡара?

4 Иегова ижәлар аус ду рыдуп — ари асистема аҵыхәтәа ааиаанӡа адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ажәабжь бзиа зегьы рылаҳәара (Матф. 24:14; 28:19, 20). Ҳара «аӡба иакуа-иӡышуа» зегьы ааԥхьара раҳҭоит «аԥсҭазааратә ӡыхь зҭаху хәыда-ԥсада» иргарц (Аат. 22:17). Ишԥаҳалшо ари аус аҿы ақәҿиара ҳамазарц? Ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшои ҳареи ҳҽеидкыланы, акзаара аарԥшны аус еицаҳулар (Еф. 4:16).

5, 6. Ҳашԥеиднакыло ҳара ажәабжьҳәаратә ус?

5 Ажәабжь бзиа иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа ираҳарц азы, ажәабжьҳәара аус ибзианы еиҿкаазар ауп. Убри аҟынтә уи еиӷьны иҟаҳҵаларц азы, амҩақәҵарақәа ҳауеит. Адунеи зегь аҿы аизарақәа рҟны иҳауа анапхгара ари аус ҳҳәоу еиқәшәаны анагӡара иҳацхраауеит. Ажәабжьҳәаразы аиқәшәарақәа рышьҭахь, ҳара ауаа рахь ҳцаны Аҳра иазку ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит. Иара убас миллионла Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа ҳшоит. Шәхы рылашәырхәуама шәара ажәабжьҳәаразы иҷыдоу акампаниақәа? Убасала шәара амаалықьцәа ажәабжь бзиа рыцызҳәо миллионҩыла ауаа шәыҽрыдышәкылоит (Аат. 14:6).

6 Шаҟа агәахәара ҳзаанагозеи, «Ежегодник» аҿы еицыҟаҳҵаз аихьӡарақәа ртәы ҳанаԥхьо! Иара убас ҳгәы иахәоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳаҽрыдкыланы арегионалтә, иҷыдоу, насгьы жәларбжьаратәи аконгрессқәа рахь ааԥхьарақәа ахьаҳшо. Арҭ адоуҳатә ныҳәақәа рҿы иҳалшоит ҳгәы шьҭызхуа абиблиатә ажәахәқәа ҳаҳар, аинтерес зҵоу адемонстрациақәеи атеатртә қәыргыларақәеи ҳбар. Арҭ апрограмма ахәҭақәа зегьы иаҳдырбоит Иегова гәык-ԥсык ала имаҵ аура шаҟа ихадоу. Иара убас ҳара ҳаиднакылоит Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз азгәаҭара. Ҳзыԥсам Анцәа иқьиаразы иааҳарԥшуа аџьшьара ҳгәазҭанаҵоит Иисус идҵа анагӡара. Есышықәса, нисан 14 рзы, амра анҭашәалак ашьҭахь ҳара ҳаиқәшәоит акрызҵазкуа ари ахҭыс азгәаҭаразы (1 Кор. 11:23—26). Уахь анеира зылшо Иегова ишаҳаҭцәа рымацара ракәӡам. Ахәылԥаз азгәаҭара мчыбжьқәак шагу ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳаизара атерриториаҿы инхо ауаа зегьы уи Ахәылԥаз ахь ааԥхьара рыҭара.

7. Иалыршахозеи Анцәа ижәлар рҽеидкыланы иаадырԥшуа аҽазышәарақәа рыбзоурала?

7 Амаҵа рацәамзар, ак ахала иалшо маҷуп. Убри еиԥш, ҳара хаҭала иаҳбо аџьабаа маҷушәа ҳбар ауеит. Аха ҳара зегьы ҳҽеидкыланы иааҳарԥшуа аҽазышәарақәа ирыбзоураны, хьӡи-ԥшеи ирыԥсоу Иегова иӡбахә миллионҩыла ауаа ирзеиҭаҳҳәар ҳалшоит. Аха Анцәа ижәлар еидызкыло ажәабжьҳәара аус мацара акәӡам. Шәааи еилҳаргап аусеицура ахьҳалшо даҽа ганқәак.

АИЗАРАҾЫ АУС ЕИЦАҲУЕИТ

8, 9. а) Иарбан ҿырԥштәу апостол Павел ихы иаирхәаз, ақьырсианцәа рыбжьара акзаара ыҟазар шахәҭоу ааирԥшырц азы? б) Ишԥаҳалшо аизараҿы аусеицура?

8 Ефесаа рахь Павел ииҩыз асаламшәҟәаҿы аизара шеиҿкаау, насгьы Христос иҿы аизҳа-зыӷьара шаҭаху далацәажәоит. (Уаԥхьа Ефесаа рахь 4:15, 16.) Иҳацхраауазеи ари ахықәкахьы ацара? Павел ауаҩы ицәеижь ҿырԥштәыс иааигеит, Иисус Христос дызхагылоу аизара акзаара аманы иҟазар шахәҭоу ааирԥшырц азы. Иара далацәажәон ахәҭақәа зегьы шеидкылоу, ишеимадоу, досу рус рыманы ишышьақәыргылоу. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара зегьы — иқәыԥшу, зықәрахь инеихьоу, иӷәӷәоу, иԥсыҽу — ҳаизара доуҳала иӷәӷәазарц, насгьы акзаара ҳахьчаларц азы?

9 Ҳара аизара аиҳабацәа пату рықәаҳҵалар, рҳәатәы ҳацныҟәалар ауп, избанзар дара рыла Иисус аизара напхгара азиуеит (Аур. 13:7, 17). Уи еснагь имариамзар ҟалоит. Аха ҳара Иегова ацхыраара ҳаиҭарц азы ҳиҳәалар ҳалшоит. Анцәа идоуҳа ҳацхраар ауеит аизара аиҳабацәа ирыдыркыло аӡбарақәа гәык-ԥсык ала адкылара. Убри аҟынтә аишьцәа иҳарҭо амҩақәҵарақәа зны-зынла иаҳгәамԥхозаргьы, иааҳарԥшуа ахынраалареи аусеицуреи аизараҿы акзаара ишацхраауа ҳазхәыцыр ҳалшоит. Уи адагьы, аусеицура ҳахьазхиоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еиҳа бзиа рбара иҳацхраар ауеит.

10. Ишԥацхраауеи амаҵзуратә цхырааҩцәа аизараҿы акзаара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

10 Амаҵзуратә цхырааҩцәа аизараҿы акзаара ыҟазарц азы иҟарҵо маҷӡам. Арҭ аишьцәа рықәра зеиԥшразаалакгьы, рхы иамеигӡаӡакәа егьырҭ ирыцхраарц азы аџьабаа рбоит. Урҭ аизара аиҳабацәа ирыцхраауеит, иаҳҳәап аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ажәабжьҳәаразы алитература рымоу-ирымаму иахылаԥшуеит. Уи адагьы, дара иааиԥмырҟьаӡакәа Аҳратә зал аилыргареи ахылаԥшреи иалахәуп, насгьы аизарахь инеиуа ирԥылоит. Амаҵзуратә цхырааҩцәа аус анрыцаҳуа, аизараҿы зегьы акзаара аарԥшра ҳрыцхраауеит. (Иаҿшәырԥш Аусқәа 6:3—6.)

11. Ишԥарылшо иқәыԥшу аишьцәа реизараҿы акзаара иацхраар?

11 Аизара аиҳабацәа аӡәырҩы шықәсы рацәала реизара иеиҷаҳауеит. Аха рықәра цацыԥхьаӡа, уаанӡа ирылшоз аҟара рылымшозар ауеит, убри аҟынтә иқәыԥшу аишьцәа даара ирыцхраар рылшоит. Иҟалап урҭ иқәыԥшу аишьцәа уиаҟара аԥышәа рымамзар, аха ироуа аҵара иабзоураны, анаҩс еиҳа аҭакԥхықәра змоу адҵақәа роур ауеит. Ҳгәы иахәоит амаҵзуратә цхырааҩцәа аизара аиҳабацәа рзы иҟоу аҭахрақәа рыҽрықәыршәара рҽаназыршәо (1 Тим. 3:1, 10). Иқәыԥшу аизара аиҳабацәа шьоукы раионтә хылаԥшыҩцәас амаҵ аура рыдырҵеит, аизарақәа жәпакы рҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирыцхрааларц азы. Шаҟа ҳгәы иахәозеи иқәыԥшу гәахәарыла Анцәа имаҵ аура иахьазхиоу! (Уаԥхьа Аԥсалом 109:3 [110:3, АдҾ], 70:17 [71:17, АдҾ].)

АҬААЦӘАРАҾЫ АКЗААРА

12, 13. Ирыцхраауазеи аҭаацәарақәа еиҳа аизааигәахара?

12 Шәааи еилҳаргап ҳҭаацәараҿы акзаара ыҟазарц иҟаҳҵар ҳалшо. Аӡәырҩы иазгәарҭеит аҭаацәарақәа есымчыбжьа аинтерес зҵоу, алҵшәа аазго аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥыргозар, уи аиҳабацәеи аҿарацәеи реизыҟазаашьақәа шарӷәӷәо. Узырлахҿыхуа адоуҳатә темақәа ирызку ари аамҭа аҭаацәара еиҳагьы еиднакылоит. Иаҳҳәап, ажәабжьҳәараҿы изықәшәар алшо ахҭысқәа хәыцны иқәдыргылозар, уи аҭаацәараҿы зегьы қәҿиарала ажәабжьҳәара ирыцхраауеит. Абиблиа алацәажәара аҭаацәара еиднакылоит, избанзар зегьы Иегова бзиа дырбоит, насгьы игәаԥхара анагӡара рҭахуп.

Зықәрахь инеихьоу аҭаацәареи аҭаацәара қәыԥши Иегова ишаҳаҭцәа ртелехәаԥшра еицахәаԥшуеит

Аҭаацәаратә мҵахырхәара аиҳабацәеи аҿари реизыҟазаашьақәа арӷәӷәоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 15.)

13 Ишԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси иаадырԥшуа акзаарала Иегова ирҳаракра? Хаҵеи-ԥҳәыси Иегова изиашаны имаҵ анеицыруа, уи дара ӷәӷәала еиднакылоит. Авраами Сарреи, Исааки Ревеккеи, Елканеи Аннеи бзиа ишеибабоз аадырԥшуан. Шәара аҭаацәара шәалазар, убасҵәҟьа ҟашәҵалар ауп (Аҟаз. [Быт.] 26:8; 1 Сам. [1 Сам.] 1:5, 8; 1 Пиотр 3:5, 6). Уи шәхатә ҩызеи жәҩантәи Шәаби еиҳа рзааигәахара ишәыцхраауеит. (Уаԥхьа Екклезиаст 4:12.)

14. Ишԥашәылшо шәҭаацәараҿы акзаара ахьчара, шәхатә ҩыза Иегова имаҵ имуазаргьы?

14 Ҳәарада, ақьырсианцәа «агәрахаҵара змам ауаа руӷә» рҽаҵарымҳәароуп (2 Кор. 6:14). Аха Анцәа имаҵзуҩцәа шьоукы аҭаацәара иалалахьан аҵабырг анеилыркаа, рхатә ҩызагьы Иегова ишаҳаҭны дҟамлаӡеит. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи уеизгьы рҭаацәарақәа рҿы анасыԥ аизырҳара рылшоит, абиблиатә принципқәа рхы иадырхәозар. Даара ихадоуп иахьынӡазалшо аҭаацәараҿы акзаара ахьчара, аха уи аамҭазгьы угәрахаҵара ӷәӷәала уадгылазар ауп. Ҳәарада, уи мариам. Аха шәрызхәыц уи лҵшәас иаанагар алшо. Абиблиатә принципқәа рықәныҟәара мариам ахатә ҩызцәа рҟынтәи аӡәы аизара анаанижьуагьы. Убри аҩыза дақәшәеит Мери зыхьӡу аиаҳәшьа. Лхаҵа Деивиди лареи 25 шықәса раҟара Иегова изиашаны имаҵ руан. Аха анаҩс Деивид аизарақәа рҭаара даҟәыҵит. Мери азиашара аарԥшуа, анаҩсгьы аизарақәеи аконгрессқәеи дырҭаауан, абиблиатә принципқәа дрықәныҟәон, насгьы фҩык лхәыҷқәа Абиблиа иану длырҵон. Ахәыҷқәа ианрызҳа, насгьы хазы ианца, Мери даараӡа дзаҵәны лхы лбон. Усҟан Деивид Мери изаанлыжьуаз ажурналқәа рыԥхьара далагеит. Аамҭақәак рышьҭахь иара Аҳратә зал ахь днеиуа далагеит. Уа фышықәса зхыҵуаз имаҭа аҭыԥ изааникылон. Деивид данымнеиуаз, ԥыҭрак ашьҭахь аҷкәын иҳәон: «Даду, узыҟамзи иахьа? Сара угәхьаазгон!» Иахьа Деивид дгәырӷьаҵәа Иегова имаҵ иуеит, Меригьы даараӡа дгәырӷьоит лҭаацәа ҿыц рҽеидкыланы Иегова имаҵ ахьыруа.

15. Ишԥарылшо аԥышәа змоу хаҵеи-ԥҳәыси иқәыԥшу ирыцхраар?

15 Иахьа Аҩсҭаа аҭаацәарақәа дырҿагылоит аҟынтә, аҭаацәара иалоу Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы рҭаацәалазаара дырӷәӷәалар ауп. Аҭаацәара шәалоижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы, шәазхәыц шәажәақәеи шәусқәеи рыла шәҭаацәараҿы анасыԥи акзаареи ыҟазарц азы иҟашәҵар шәылшо. Аизараҿы иҟоу еиҳа аԥышәа змоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аҭаацәара қәыԥшцәа ирыцхраар рылшоит. Иаҳҳәап, рҭаацәаратә мҵахырхәарахь иаарыԥхьалар ауеит. Шықәсы рацәала аҭаацәара иалоу ианрыхәаԥшуа, дара игәарҭоит ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара абзиабареи акзаареи даара ишхадоу, еибагеижьҭеи акыр ҵуазаргьы (Тит 2:3—7).

«ИЕГОВА ИШЬХАХЬ ҲХАЛАП»

16, 17. Иззыԥшузеи ргәы хыҭ-хыҭуа акзаара аарԥшуа Анцәа имаҵ зуа зегьы?

16 Шәхаҿы иаажәг ажәытәан израильаа аныҳәақәа раан Иерусалимтәи аныҳәарҭаҿы Иегова дшыҳараркуаз. Уахь инеирц азы, дара заа амҩа хара рҽазыҟарҵар, насгьы амҩан еихылаԥшлар акәын. Дара уи азы акзаара аадырԥшлар рыхәҭан (Лука 2:41—44). Иахьа адунеи ҿыц ахь ҳназго амҩа ҳақәуп аҟынтә, ҳаргьы акзаареи аидгылареи ҳамазар ахәҭоуп. Уи азы ҳааҟәымҵӡакәа аџьабаа балатәуп. Убри аҟынтә ҳара зегьы ҳҽеиӷьаҳтәыр ахьҳалшо ҳазхәыцыр ауп.

17 Изакәытә зылԥхарақәоузеи иаҳзыԥшу! Ҳара ҳаигәырӷьоит акзаара змам ари адунеи ҳахьатәым. Аԥааимбарцәа Исаиеи Михеии заа ирҳәаз шынаӡо ҳаблала иаҳбоит: Анцәа ижәлар акзаара аарԥшуа, «Иегова ишьхахь» ихалоит (Ис. [Ис.] 2:2—4; уаԥхьа Михеи [Михей] 4:2—4). Ааи, «аҵыхәтәантәи амшқәа раан» Анцәа ижәлар акзаара аарԥшуа имҵахырхәалоит. Ҳаԥхьаҟа ауаа зегьы абзиабареи акзаареи еидыркылоит. Ҳара уи аамҭа ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра