Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 март ад. 18—22
  • Иегова ижәлар ԥсҭазааратә мҩала игоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ижәлар ԥсҭазааратә мҩала игоит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ИМАҴЗУҨЦӘА АХАНАТӘ АНАПХГАРА РИҬОН
  • АЖӘЛАР ҾЫЦ — ИҾЫЦУ АМҨАҚӘҴАРАҚӘА
  • АДОУҲАТӘ ИЗРАИЛЬ АЗЫ АНАПХГАРА
  • АНЦӘА ИНАПХГАРА ИАХЬА, НАСГЬЫ ҲАԤХЬАҞА
  • Ишԥааирԥшуеи Иегова абзиабареи аиашареи ақьырсиантә еизараҿы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Иегова инапхгара еснагь агәра жәгала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 март ад. 18—22
Хаҵеи-ԥҳәыси аихамҩа аихысырҭаҿы иаангылеит

Иегова ижәлар ԥсҭазааратә мҩала игоит

«Абар амҩа, убри шәаныланы шәцала» (ИС. [ИС.] 30:21).

АШӘАҚӘА: 65, 48

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан напхгароу Иегова Ноии Моисеии рхаан ижәлар ириҭоз?

  • Иарбан иҿыцу мҩақәҵарақәоу Анцәа ақьырсианцәа ириҭаз?

  • Ишԥаҳалшо Анцәа инапхгара ҳшашьҭоу аарԥшра?

1, 2. а) Иарбан гәҽанҵароу аӡәырҩы ауаа рыԥсы еиқәзырхаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иарбан напхгароу Анцәа ижәлар ириҭо?

«УААНГЫЛ, УНАԤШЫ, УААӠЫРҨЫ». Арҭ ажәақәа аӡәырҩы еиқәдырхахьеит. 100 шықәса инареиҳаны раԥхьа абарҭ ажәақәа зныз адыргақәа Аҩадатәи Америка аихамҩа ахысырҭақәа рҿы ишьақәыргылан. Избан? Амашьынақәа иццакны иаауа адәыӷба иаҿамҳарц азы. Ииашаҵәҟьаны, ари агәҽанҵара иазҿлымҳаз ауаа рыԥсы еиқәдырхар рылшон.

2 Иегова ҳгәаҳҽанызҵо адыргақәа кнеиҳаӡом. Уи иҟаиҵо еиҳагьы еиҳауп. Анцәа ижәлар наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа дирбоит. Иегова аиҷаҳара аазырԥшуа ахьча иеиԥш игәарҭа иатәу ауасақәа амҩа иашала игоит, насгьы ишәарҭоу амҩахәасҭақәа ирцәихьчоит. (Уаԥхьа Исаиа [Исаия] 30:20, 21.)

ИЕГОВА ИМАҴЗУҨЦӘА АХАНАТӘ АНАПХГАРА РИҬОН

3. Ишԥанылеи ауаа аԥсрахьы иназго амҩа?

3 Жәытә-натә аахыс Иегова ауаа иалкаау амҩақәҵарақәеи анапхгареи риҭон. Иаҳҳәап, Едемтәи абаҳчаҿы раԥхьатәи хаҵеи-ԥҳәыси еилыкка иҟаз амҩақәҵарақәа риҭеит. Дара, насгьы ирхылҵуаз урҭ ирықәныҟәозҭгьы, насыԥ рыманы наӡаӡа анхара рылшон (Аҟаз. [Быт.] 2:15—17). Адами Евеи Иегова изыӡырҩызҭгьы, рыԥсҭазаара зынӡа даҽакала иҟалон — дара ирылшон хьаада-баада, ԥсра рзымдыруа анхара. Аха Анцәа изыӡырҩра аҭыԥан, Ева амаҭ илнаҭеит ҳәа лгәы иаанагаз алабжьара дықәныҟәеит. Адам иакәзар, иԥҳәыс Ева лҳәатәы хеиҵеит. Убасала, Анцәа раԥхьа иишаз ауаа бзиа избоз жәҩантәи Раб инапхгара мап ацәкны ицәхьаҵит. Аҵыхәтәаны ауаатәыҩса зегьы аԥсрахьы иназго амҩа ианылеит.

4. а) Избан Аӡхыҵра ашьҭахь анапхгара ҿыц заҭаххаз? б) Ишԥаадырԥши аҭагылазаашьа ҿыцқәа Анцәа ихәаԥшышьа?

4 Нои ихаан Анцәа имҩақәҵарақәа аԥсҭазаара ахьчара иацхраауан. Аӡхыҵра ашьҭахь Иегова ижәлар ашьа рыдрымкылаларц рыдиҵеит. Избан ус заҭаххаз? Избанзар аҭагылазаашьа ҿыцқәа цәырҵит: Иегова ауаа акәац афара азин риҭеит. Убри аҟынтә абас иҟаз анапхгара ҿыц аҭаххеит: «Аха ацәеижь аԥсы шахоу — ашьа шалоу — ишәымфан» (Аҟаз. [Быт.] 9:1—4). Ари амҩақәҵара Иегова иитәу аԥсҭазаара ахаҭа дшахәаԥшуа аныԥшуан. Иегова Ҳазшаз иоуп. Иара аԥсҭазаара ҳаиҭеит, убри аҟынтә аԥсҭазаара ҳшазыҟазар акәу аӡбара азин имоуп. Иаҳҳәап, иара ауаҩы ишьра ҟалаӡом ҳәа адҵа ҟаиҵеит. Иегова иҿаԥхьа ашьеи аԥсҭазаареи ԥшьоуп, убри аҟынтә урҭ пату рықәзымҵо зегьы иара иахьирхәуеит (Аҟаз. [Быт.] 9:5, 6).

5. Еилҳаргозеи ҳара уажәы, насгьы избан?

5 Шәааи еилҳаргап Анцәа имаҵзуҩцәа анаҩстәи ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа анапхгара шриҭоз узырбо ҿырԥштәқәак. Уи еиҳагьы иҳацхраауеит адунеи ҿыц ахь анеиразы иаҭаху Анцәа имҩақәҵарақәа рықәныҟәара.

АЖӘЛАР ҾЫЦ — ИҾЫЦУ АМҨАҚӘҴАРАҚӘА

6. Избан израильаа Моисеи Изакәан иазыӡырҩлар зрыхәҭаз, насгьы ишԥазыҟазар акәыз дара уи?

6 Моисеи ихаан ахымҩаԥгареи Анцәа имҵахырхәареи рганахь ала иаҭаххеит еилыкка иҟаз амҩақәҵарақәа. Уи еиҭа изыхҟьаз ицәырҵыз аҭагылазаашьа ҿыцқәа роуп. Иаков ихылҵшьҭра 200 шықәса инареиҳаны Мысра инхон. Уа даара ирылаҵәан аԥсцәа рымҵахырхәара, аныхақәа рырҳаракра, иара убас Анцәа ихьӡ лазырҟәуаз егьырҭ аҵарақәеи аҵасқәеи. Ауриацәа мысратәи ахәура аҟынтәи рхы ианақәиҭха, амҩақәҵара ҿыцқәа рҭаххеит. Тәцәас иҟаз ажәлар уажәшьҭа ахақәиҭра роуит, насгьы Иегова Изакәан иаҳәоз мацара ала инхалар акәын. Хыҵхырҭақәак ишырҳәо ала, ажәытә уриатә бызшәаҿы ажәа «азакәан» ашьагәыҭ иаанагоит «амҩақәҵара, арҵара». Убас Моисеи изакәан Анцәа ижәлар рзы абаагәара иаҩызахеит, аныхамҵахырхәареи рааигәа-сигәа инхоз ажәларқәа игәаԥхашәадоу рҵас бааԥсқәеи рҟынтә изыхьчоз. Израильаа Анцәа ианизыӡырҩуаз, меигӡарахда азылԥхарақәа риҭон. Аха имҩақәҵарақәа ианрызхьамԥшуаз, алҵшәа бааԥсқәа рзаанагон. (Уаԥхьа Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 28:1, 2, 15.)

7. а) Иҳаилшәыркаа Анцәа ижәлар иҿыцу амҩақәҵарақәа еиҭа изырҭаххаз. б) Ишԥаҟалеи Азакәан израильаа зааӡоз акәны?

7 Иҿыцу амҩақәҵарақәа заҭаххаз даҽа мзызкгьы ыҟоуп. Азакәан израильаа Анцәа игәҭакы анагӡараҿы акрызҵазкуаз ахҭыс иазыҟанаҵон — Мессиа, Иисус Христос, иаара. Моисеи изакәан израильаа шынаӡам еилыкка иднарбон, иара убас иаанарԥшуан аҿыхра шырҭахыз — рыгәнаҳақәа зегь хызҩоз инаӡоу аԥсхҭынҵара (Гал. 3:19; Аур. 10:1—10). Убри адагьы, Азакәан Мессиа дираны дахьыҟаз абшьҭра ахьчон, насгьы уи дызусҭахо аанарԥшуан. Убас, Анцәа израильаа ириҭаз Азакәан изааӡоз, рнапы ианкны Христос ицәырҵрахь иназгоз акәын (Гал. 3:23, 24).

8. Избан Моисеи изакәан шьаҭас ирымоу апринципқәа ринтерес зҳамазар акәу?

8 Анцәа израильаа ириҭаз азакәанқәа ҳаргьы, ақьырсианцәа, ахәарҭа ҳзааргар ауеит. Ишԥа? Ҳара иҳалшоит ҳаангыланы, урҭ шьаҭас ирымоу апринципқәа ҳрыхәаԥшыр. Иахьа ҳара израильаа ирыҭаз азакәанқәа ҳрықәныҟәаӡом. Аха иҟоуп урҭ рахьтә имаҷымкәа азакәанқәа, иахьатәи ҳаԥсҭазаареи иԥшьоу Анцәа Иегова имҵахырхәареи рҿы иҳахәо анапхгара ҳаԥшаар ахьҳалшо. Иара игәаԥхарала арҭ азакәанқәа Абиблиаҿы иануп. Анцәа иҭахуп урҭ шьаҭас ирымоу апринципқәа ҳхы иаҳархәаларц, насгьы иҳараку ақьырсиантә нормақәа еиҳагьы рыхә ҳшьаларац. Шәырзыӡырҩы Иисус иажәақәа: «Шәарҭ ишәаҳахьеит ажәытә уаа ирҳәаз: „укалҭ уашьҭамныҟәан [укалҭшьҭамныҟәан]“. Сара ишәасҳәоит: згәы хыҭ-хыҭуа аԥҳәыс илыхәаԥшуа дарбанзаалакь, гәыла-ԥсыла уи лҿы дкалҭшьҭаныҟәеит ҳәа» (Матф. 5:27, 28). Убасала, ҳара акалҭшьҭаныҟәара мацара акәӡам ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу, аха игәаԥхашәадоу ахәыцрақәагьы ҳхаҿы иааиларц алҳмыршалар ауп.

9. Изаҭаххазеи Анцәа инапхгара ҿыц?

9 Мессиа иаҳасабала Иисус данаа ашьҭахь, иаҭаххеит Иегова игәҭакы шынаигӡо аазыртуаз имҩақәҵара ҿыцқәа. Уи зыхҟьаз еиҭа зҽызыԥсахыз аҭагылазаашьақәа роуп. 33 шықәса ҳ. ҳ. Иегова ацәеижьтә Израиль мап ацәикит, насгьы ижәлар раҳасабала ақьырсиантә еизара алихит.

АДОУҲАТӘ ИЗРАИЛЬ АЗЫ АНАПХГАРА

10. Избан ақьырсианцәа иҿыцу амҩақәҵарақәа зрыҭаз, насгьы излареиԥшымзеи урҭ ажәытәан Израиль ирыҭаз Азакәан?

10 Актәи ашәышықәсазы Анцәа иҿыцу жәларны иалихит адоуҳатә Израиль, мамзаргьы ақьырсиантә еизара. Уи ажәлар рҿы ауасиаҭ ҿыц бжьаҵан. Урҭ ирыҭан Анцәа имҵахырхәареи ахымҩаԥгареи ирызкыз еиҳа инарҭбааз иҿыцу амҩақәҵарақәа. Анцәа Моисеи ила Азакәан зиҭаз жәларк, ацәеижьтә Израиль, ауп. Аха адоуҳатә Израиль шьҭралеи милаҭлеи еиԥшымыз ауаа рыла ишьақәгылан. Ииашаҵәҟьаны, Анцәа еилых-еилаҵа змам аӡә иоуп, «уи иарбан милаҭзаалакь иреиуоу идикылоит, урҭ ауаа Иара дхарҵозар, иаша-ҵабыргла иныҟәозар» (Аус. 10:34, 35). Ажәытәан израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл аҿы анхаразы ирыҭаз Моисеи изакәан аԥҟарақәа ахаҳә аҿы ианын. Адоуҳатә Израиль ахь иаҵанкуа ирыҭаз «Христос изакәанԥҟара» зегь раԥхьа иргыланы апринципқәа шьаҭас ирымоуп, насгьы ргәаҿы ауп иахьану. Ари азакәан ақьырсианцәа зегьы ирыҵанакуеит, насгьы иахьынхозаалакгьы ахәарҭа рзаанагоит (Гал. 6:2).

11. Иарбан ганқәоу ақьырсианцәа рыԥсҭазаараҿы «Христос изакәанԥҟара» ахьырныруа?

11 Адоуҳатә Израиль Анцәа Иԥа ила ириҭаз анапхгара даара ахәарҭа рзаанагеит. Ауасиаҭ ҿыц аус аура иалагаанӡа, Иисус акрызҵазкуаз ҩ-дҵак риҭеит. Актәи адҵа ажәабжьҳәара иазкын, аҩбатәи Христос иҵаҩцәа рхы шымҩаԥыргалаша, насгьы рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо ишрызныҟәалаша иазкын. Арҭ адҵақәа ақьырсианцәа зегь рахь ирхан, убри аҟынтә иахьа ииашоу Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы урҭ нарыгӡалар ауп иарбан гәыӷроу ирымазаалакгьы, жәҩантәи акәу ма адгьыл аҿтәи акәу.

12. Иарбан ԥсахроу иҟалаз ажәабжьҳәаратә ус аҿы?

12 Ҳазааҭгылап ажәабжь бзиа аларҵәара иазкыз Иисус идҵа. Ари аус иҿыцу азнеишьақәа рыла имҩаԥгатәын, насгьы амҽхак ырҭбаатәын. Ажәытәан Иегова имаҵ аура зҭахыз егьырҭ ажәларқәа рҟынтәи ауаа Израиль ицар акәын (1 Аҳ. [1 Цар.] 8:41—43). Аха уажәшьҭа Иисус Матфеи 28:19, 20 (уаԥхьа) иану адҵа ҟаиҵеит. Иисус иҵаҩцәа ргәазҭеиҵон егьырҭ ажәларқәа рахь ицаларц. Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәса ҳ. ҳ. иҟалаз ахҭысқәа иаадырԥшит Иегова даҽа знеишьак ихы иаирхәарц, насгьы адунеизегьтәи ажәабжьҳәаратә ус хациркырц шиӡбаз. Анцәа идоуҳа зауз ажәлар ҿыц ирыҵанакуаз 120-ҩык ауаа џьашьахәыла еиуеиԥшымыз абызшәақәа рыла ацәажәара иалагеит, ауриацәеи апрозелитцәеи шаҳаҭра рырҭарц азы (Аус. 2:4—11, АдҾ). Анаҩс ажәабжьҳәара аус Самарианӡа инаӡеит. 36 шықәса ҳ. ҳ. аан заԥхьатә хсамыз егьырҭ ажәларқәа рҟынтәи ауаа ажәабжь бзиа аилкаара алшара роуит. Уажәшьҭа ақьырсианцәа Аҳра иазку ажәабжь ауаатәыҩса зегьы ирзеиҭарҳәалар акәын.

13, 14. а) Иарбан «иҿыцу ԥҟароу» Иисус иҵаҩцәа ириҭаз? б) Иаҳнарҵозеи ҳара Иисус иҿырԥшы?

13 Уажәшьҭа ҳазааҭгылап ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашрызныҟәалаша иазку адҵа. Иисус ишьҭанеицәа «аԥҟара ҿыц» риҭеит. (Уаԥхьа Иоанн 13:34, 35.) Уи аԥҟара инақәыршәаны, ҳара бзиа аибабара мацара адагьы, иаҭаххар ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳаԥсҭазаара рыхҭынҵара ҳазхиазар ауп. Иазгәаҭатәуп ари аҩыза аԥҟара Моисеи изакәан аҿы ишыҟамыз (Матф. 22:39; 1 Иоанн 3:16).

14 Уи аҿы Иисус иаҳирбеит зеиԥшыҟам аҿырԥш бзиа. Иара ахамеигӡара аарԥшуа иҵаҩцәа бзиа ибон, насгьы иԥсҭазаара рыхҭниҵеит. Иисус уи ишьҭанеицәа зегь рҟынтә дазыԥшуп, ҳаргьы уахь ҳналаҵаны. Даараӡа бзиа иаҳбо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы ҳара агәаҟра ахгара, мамзаргьы аԥсра ҳақәшәар ауеит (1 Фес. 2:8).

АНЦӘА ИНАПХГАРА ИАХЬА, НАСГЬЫ ҲАԤХЬАҞА

15, 16. Иарбан иҷыдоу аамҭоу ҳара ҳазҭагылоу, насгьы ишԥаҳаиҭо Анцәа инапхгара?

15 Иисус игәрагоу, иҟәышу атәы далихит, уи ишьҭанеицәа ианаамҭоу адоуҳатә фатәы риҭаларц (Матф. 24:45—47). Ари адоуҳатә фатәы ахь иара убас иаҵанакуеит зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьақәа ирыдҳәалоу изаамҭанытәу анапхгара.

16 Ҳара ҳанхоит Абиблиаҿы «аҵыхәтәантәи амшқәа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу аамҭазы. Уи адагьы, ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшуп ахаан иҟамлацыз агәырҩа ду (2 Тим. 3:1; Марк 13:19). Насгьы Аҩсҭаа идемонцәеи иареи ажәҩан аҟынтәи адгьыл ахь илбаашьҭын, уи ауаа агәырҩа рзаанагеит (Аат. 12:9, 12). Иара убас ҳара иҳаҭәашьоуп зеиԥшыҟам аус аҽалархәра: адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ауаа зегьы ажәабжь бзиа рызнагара. Ари ажәабжь иахьа еиԥш бызшәа рацәала ахаангьы ирыларымҳәацызт!

17, 18. Ҳашԥазыҟазар ҳахәҭоу аизарақәа рҿы иҳауа анапхгара?

17 Даара ихадоуп Иегова иорганизациа ала амаҵзуразы иҳаиҭо амыругақәа зегьы рхархәара. Шәҽазышәшәома шәара уи аҟаҵара? Шәрызҿлымҳаума шәара аизарақәа рҿы арҭ амыругақәа еиҳа алҵшәа аманы ҳхы ишаҳархәаша иазкны иҳауа алабжьарақәа? Ишәыдышәкылома ари анапхгара Анцәа иҟынтә еиԥш?

18 Ииашаҵәҟьаны, Иегова анаҩсгьы даҳзылԥхаларц азы, аизараҿы иҳауа амҩақәҵарақәа зегьы ҳрызҿлымҳазар ауп. Ҳара уажәнатә урҭ гәахәарыла ҳрықәныҟәозар, уи агәырҩа ду аан Аҩсҭаа исистема аҵыхәтәанынӡа ианықәгахо, Анцәа инапхгара ацныҟәара иҳацхраауеит (Матф. 24:21). Уи ашьҭахь Аҩсҭаа инырра ахьыҟамло адунеи ҿыц аҿы анхара иазку иҿыцу амҩақәҵарақәа аҭаххоит.

Ажәҩан аҿы аикәарҳә аартуп

Џьанаҭ дгьыл аҟны адунеи ҿыц аҿы анхара иазку амҩақәҵарақәа зну аикәарҳәқәа аартхоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 19, 20.)

19, 20. Иарбан еикәарҳәқәоу адунеи ҿыц аҿы иаартхо, насгьы иалҵшәахозеи уи?

19 Израильаа иҿыцу анапхгара анырҭахыз, Моисеи изакәан рыҭан. Аамҭа анца, ақьырсиантә еизара «Христос изакәанԥҟара» рыҭан. Абиблиа аҟынтәи ҳара еилаҳкаауеит адунеи ҿыц аҿы ашәҟә ҿыцқәа, мамзаргьы аикәарҳәқәа шаартхо. (Уаԥхьа Аатра 20:12.) Иҟалап урҭ аикәарҳәқәа рыла Иегова ауаатәыҩса изаамҭанытәу анапхгара риҭар. Урҭ рҟынтәи ауаа зегьы, зыԥсы ҭалогьы уахь иналаҵаны, Анцәа дара рҟынтә дыззыԥшу еилыркаауеит. Урҭ аикәарҳәқәа анҭаҳҵаауа ҳара, ҳәарада, Иегова еиҳагьы ҳаизааигәахоит. Абиблиа еиҳа инарҵауланы аилкаареи аикәарҳәқәа рҟынтәи ироуа адыррақәеи рыбзоурала, џьанаҭ дгьыл аҿы инхало ауаа зегьы бзиа еибабалоит, насгьы пату еиқәырҵалоит (Ис. [Ис.] 26:9). Шәхаҿы иаажәг изакәытә рҵаратә усу Аҳ Иисус Христос инапхгара аҵаҟа имҩаԥысло!

20 «Ашәҟәқәа рҿы ишарбаз аиԥш ала» инхало наӡаӡатәи аԥсҭазаара рзыԥшуп. Аҵыхәтәантәи аԥышәара аан Иегова изиашаны иаанхо ауаа рыхьӡқәа наунагӡа «аԥсҭазааратә шәҟәы» ианылоит. Уа ҳара ҳахьӡқәагьы анылар алшоит! Убри аҟынтә ҳара Анцәа Иажәа азхәыцразы ҲААНГЫЛОЗАР, уи аҵакы аилкааразы ҲНАԤШУАЗАР, насгьы Анцәа инапхгара ҳацныҟәо ҲӠЫРҨУАЗАР, агәырҩа ду ахгара, насгьы адунеи ҿыц ахь анеира ҳалшоит. Уа аҟәыӷара злоу, бзиа ҳазбо ҳ-Нцәа Иегова есҽны еиҳа еиӷьны деилаҳкаалоит! (Еккл. 3:11; Рим. 11:33).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра