Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 март ад. 23—25
  • Ишәылшома шәара шәеизара шәацхраар?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишәылшома шәара шәеизара шәацхраар?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШӘЕИЗАРАҾЫ МИССИОНЕРС ШӘЫҞАЗ
  • ЕГЬЫРҬ ШӘРЫЦХРААЛА
  • Аизараҿы дасу инаигӡо аус ахә шәшьала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Аизараҿы инашәыгӡо аус Иегова изы ахә ҳаракуп!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • «Аӡәи-аӡәи... шәеибарӷәӷәала»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Аизара ҿыц ахь аиасра иадҳәалоу ауадаҩрақәа шәыриааир шәылшоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 март ад. 23—25
Хаҵеи-ԥҳәыси реизараҿы ацхыраара зҭаху дгәарҭоит

Шәҽазышәшәала аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аус аҿы, насгьы адоуҳаи аемоциеи рганахь ала иарбан цхыраароу ирҭаху аилкаара

Ишәылшома шәара шәеизара шәацхраар?

АЖӘҨАН АХЬ дхалаанӡа Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәарҭ... адгьыл зегьы аҟны шаҳаҭцәас шәысзыҟалоит» (Аус. 1:8б). Ишԥарылшоз раԥхьатәи ақьырсианцәа имариамыз ари адҵа анагӡара?

Оксфордтәи ауниверситет апрофессор Мартин Гудмен ишазгәеиҭо ала, «ақьырсианцәа агәра ганы иҟан иҷыдоу адҵа шрыҭоу, уи Римтәи аимпериаҿы иҟаз егьырҭ адинқәа, аиудеиаагьы уахь иналаҵаны, ирылнакаауан». Иисус Аҳра иазку ажәабжь рылаҳәо, акыр дныҟәон. Ииашоу ақьырсианцәа уи иҿыԥшуан. Дара еилыркаауан «Аҳра ажәабжь рылаҳәара» иаанаго Аҩыра иану аҵабырг аилкаара зҭаху ауаа рыԥшаара шакәу (Лука 4:43, АдҾ). Ари раԥхьатәи ақьырсианцәа реизараҿы апостолцәа зыҟаз амзызқәа ируакуп. Ажәа апостол ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «ирышьҭуа» (Лука 6:13; Марк 3:14). Иисус ишьҭанеицәа иреиҳәеит: «Шәцаны... ажәларқәа зегьы... идшәырҵала» (Матф. 28:18—20).

Иахьа адгьыл аҿы апостолцәа рҟынтә аӡәгьы дыҟаӡам, аха Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы амиссионерцәа ргәазыҟашьа аадырԥшуеит. Амаҵзура арҭбааразы ааԥхьара анраҳауа, дара аҭак ҟарҵоит: «Абар сахьыҟоу! Сышьҭы сара» (Ис. [Ис.] 6:8). Шьоукы, иаҳҳәап зықьҩыла Галаад ашкол аушьҭымҭацәа, атәыла харақәа рахь ииасит. Иҟоуп иахьынхо атәыла иаҵанакуа даҽа ҭыԥк аҿы амаҵ аура иалагаз. Ирацәаҩуп даҽа бызшәак ала иҟоу аизарақәеи агәыԥқәеи рҿы амаҵ ауразы абызшәа зҵаз. Ацхыраара ахьаҭаху ииасыз, мамзаргьы атәым бызшәа зҵо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еснагь зегь рзымариам. Дара Иеговеи ирзааигәоуи рахь ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аадырԥшуеит. Дара ибзианы иазхәыцны, зегь шәаны-изаны, рхы иамеигӡаӡакәа егьырҭ ирыцхраауеит (Лука 14:28—30). Урҭ иҟарҵо ииашаҵәҟьаны даара ахә ҳаракуп.

Аха зегьы рҭагылазаашьақәа еиԥшым. Иегова ишаҳаҭцәа зегьы ирылшаӡом ацхыраара ахьаҭаху аиасра, мамзаргьы тәым бызшәак аҵара. Иҳалшома ҳара ҳаизараҿы амаҵ уа амиссионерцәа ргәазыҟашьа аҿыԥшра?

ШӘЕИЗАРАҾЫ МИССИОНЕРС ШӘЫҞАЗ

Ҳаҵеи-ԥҳәыси зықәрахь инеихьоу аиашьа шьыжьхьа ицырфоит

Шәҭагылазаашьаҿы ишәылшо ҟашәҵала...

Иубаратәы иҟоуп раԥхьатәи ақьырсианцәа амиссионерцәа ргәазыҟашьа шаадырԥшуаз. Аха реиҳараҩык џьаргьы имиасызар ҟалап. Ус акәзаргьы, Тимофеи иахь ирхаз ааԥхьара даргьы ирыҵанакуан: «Инагӡала ууаз ажәа [«аевангелие рылазҳәо иус», АдҾ], ишаҭәоу аиԥш умаҵура бала» (2 Тим. 4:5). Арҭ ажәақәа Анцәа имаҵзуҩцәа зегь рахь иурхар ауеит. Ииашаҵәҟьаны, иахьынхозаалакгьы ақьырсианцәа зегьы Аҳра ажәабжь рыларҳәалар ауп, насгьы аҵаҩцәа азыҟарҵалароуп. Ҳара ҳаизара имаҷымкәа ахәарҭа азааҳгоит, амиссионерцәа ргәазыҟашьа аарԥшуа уа амаҵ ҳуазар.

Аҳәаанырцә амаҵ зуа амиссионерцәа аҭагылазаашьа ҿыцқәа рыҽрықәдыршәалароуп. Зны-зынла дара ахаан изқәымшәац аҭагылазаашьақәа ирықәшәоит. Аха иҟаҵатәузеи, ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь аиасра ҳалымшозар? Иахәҭоума ахәыцра ҳаизара иаҵанакуа атерриториа ибзиаҵәҟьаны иаҳдыруеит ҳәа? Иҳалшарызма ажәабжьҳәараҿы иҿыцу аметодқәа ҳхы иаҳархәар? Иаҳҳәап, 1940 шықәсазы ҳпубликациақәа рҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ргәазҭарҵон мчыбжьык ахь знык амҩадуқәа рҿы ажәабжьҳәаразы аамҭа алырхларц. Ишәылшарызма шәара ари алабжьара ақәныҟәара? Ишәылшома шәара ҳсаит аҟынтәи авидеороликқәа амаҵзураҿы рхархәара? Ажәакала, шәазхәыцхьоума шәара иҿыцу амаҵзура ахкқәа рыҽрылархәра?

Еиҳа иқәыԥшу аиашьа зықәрахь инеихьоу ажәабжь ициҳәоит

егьырҭ «аевангелие рылазҳәо иус» анагӡара ргәазҭаҵо

Агәазыҟашьа бзиа ҳацхраауеит ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәареи азыҳаҵҳаҵареи раарԥшра. Ацхыраара ахьаҭаху ииасуа, мамзаргьы даҽа бызшәак ала ицәажәо ауаа ажәабжь разҳәо ишдыру еиԥш зус бзианы издыруа жәабжьҳәаҩцәоуп. Убри аҟынтә урҭ амаҵ рыцызуа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирҿырҵаар рылшо рацәоуп. Лассы-лассы амиссионерцәа аизара еиҷаҳауеит, уа ианаало аҭыԥантәи аишьцәа ҟалаанӡа. Аӡы зыҽӡаазххьоу аишьцәа, шәҽазышәшәома шәара аизараҿы аҭакԥхықәрақәа роура, шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо еиҳа шәрыцхрааларц азы? (1 Тим. 3:1).

ЕГЬЫРҬ ШӘРЫЦХРААЛА

Аиаҳәшьа ҩыџьа ахәыҷқәа змоу даҽа иаҳәшьак ажәабжьҳәараҿы длыцхраауеит

аус аҿы ацхыраара рыҭо

Ҳара аизара ҳазлацхраауа гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәара ҳҽахьалаҳархәуа, насгьы аҭакԥхықәрақәа ргара ҳахьазхиоу мацарала акәӡам. Ҳара зегьы — иқәыԥшу, зықәрахь инеихьоу, аишьцәагьы, аиаҳәшьцәагьы — згәы рҭынчтәу рыцхраара ҳалшоит (Кәал. 4:11).

Ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхрааларц азы, урҭ ибзианы иаҳдыруазар ауп. Абиблиа ҳаанаԥхьоит аизараҿы аӡәи-аӡәи ҳагәцареибакларц (Аур. 10:24). Ҳәарада, ҳара иаҳусым ҳалацәажәаӡом. Аха ари абиблиатә ааԥхьара ҳанықәныҟәо, ҳашьцәа рҭахрақәа реилкаара ҳҽазаҳшәоит. Урҭ иалкаау уск аҿы, ма адоуҳатә, насгьы аемоциатә цхыраара рҭахызар алшоит. Егьырҭ рыцхыраара аҭакԥхықәра зду аизара аиҳабацәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи рымацара ракәӡам, ҭагылазаашьақәак рҿы ацхыраара урҭ иҟарҵар шрыхәҭоугьы (Гал. 6:1). Ҳара зегьы зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, насгьы ауадаҩрақәа змоу аҭаацәарақәагьы ҳрыцхраалар ҳалшоит.

Аиашьа даҽа иашьак аемоциатә цхыраара ииҭоит

аԥсҭазаараҿы изықәшәо ауадаҩрақәа ирыхҟьаны згәы каҳаз ргәы шьҭыхуа

Ҿырԥштәыс даҳгап Сальваторе зыхьӡу аиашьа. Уи афинанстә уадаҩра ӷәӷәақәа иман. Иара ибизнес, иҩны, имазара аиҳарак иҭиир акәхеит. Иара даара гәҭыхас иман уи зегьы иҭаацәа ишырныруа. Усҟан иеизара аҟынтәи ҭаацәарак ицхраарц рыӡбеит. Урҭ Сальваторе иҭаацәеи иареи зықәшәаз ауадаҩрақәа анырба, иԥҳәыси иареи аусура аԥшаара ирыцхрааит, иара убас изныкымкәа хәылбыҽхала итәаны ирзыӡырҩуан, насгьы ргәы шьҭырхуан. Уи дара еизааигәанатәит, насгьы еиҩызцәа бзиахеит. Арҭ аҭаацәарақәа ауадаҩра ишеизааигәанатәызгьы, уажәы рышьҭахьҟа ианхьаԥшуа еицырхыргаз аамҭа гәахәарыла иргәалашәоит.

Ииашоу ақьырсианцәа рзы Анцәа ихаҵара́ — зылацәажәара ҟамло ак акәым. Ҳара иаҳҭахуп, Иисус иеиԥш, агәыӷра узҭо ажәабжь бзиа ауаа зегьы рзеиҭаҳәара. Ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥқәа рахь аиасра ҳалша-иҳалымша, ҳара зегьы иҳалшоит ҳаизараҿы егьырҭ рыцхраара (Гал. 6:10). Ус аныҟаҳҵо, аҭара иаанаго агәырӷьара ҳауеит, насгьы ҳус қьиақәа зегь рҿы алҵшәа ҳамазаауеит (Кәал. 1:10; Аус. 20:35).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра