Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 март ад. 26—28
  • Аԥааимбарцәа иаадырԥшуаз ахамеигӡара шәаҿыԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥааимбарцәа иаадырԥшуаз ахамеигӡара шәаҿыԥшла
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ДАРА АХАМЕИГӠАРА ААДЫРԤШУАН
  • ДАРА АГӘКАҲАРА ИАҾАГЫЛАН
  • ДАРА ИҼЕИМ АЦӘАНЫРРАҚӘА ИРИААИУАН
  • Аԥааимбарцәа рҟынтә аҿырԥшы жәгала. Осиа
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
  • Иегова ҳмаҵзура анагӡара дышҳацхраауа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 март ад. 26—28
Иезекииль иармажәҩа дықәиоуп. Иаԥхьа ишьҭоуп Иерусалим ахьҭыху ақьырмыт

Ахамеигӡара аарԥшуа Иезекииль символ ҳасабла Иерусалим ишакәшоз ааирԥшуан

Аԥааимбарцәа иаадырԥшуаз ахамеигӡара шәаҿыԥшла

ШӘЫЗЛАРЕИԤШУЗЕИ шәара ажәытәан инхоз аԥааимбарцәа? Аенциклопедиа «Понимание Писания» аҿы иануп аԥааимбар — ари «Анцәа игәҭаки игәаԥхареи зыла иаатуа ауаҩ иоуп» ҳәа; иара «Анцәа ицҳаражәҳәаҩыс дыҟоуп, уи аԥхьаҟа иҟало адагьы, Иегова иҵарақәеи, идҵақәеи, иқәыӡбарақәеи рылеиҳәоит». Шәаргьы Анцәа ихьӡала ауаа ирылашәҳәоит иара Иажәа иану ажәабжь (Матф. 24:14).

Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп Анцәа Иегова иӡбахә, насгьы уи ауаа рзы игәы иҭоу егьырҭ рзеиҭаҳәара. Уи аус Аатра 14:6 аҟны зыӡбахә ҳәоу «ажәҩан агәы иалаланы инеиуа» амаалықьи ҳареи ҳаицалахәуп. Аха ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, уи ҳхашҭыр ҟалоит. Иарбан уадаҩрақәоу зыӡбахә ҳамоу? Иаҳҳәап, ааԥсара, агәкаҳара, акгьы уаԥсамшәа ухы абара. Ажәытәан инхоз аԥааимбарцәагьы арҭ ауадаҩрақәа ирықәшәон, аха ргәы карыжьуамызт. Дара рыдҵақәа Иегова ицхыраарала инарыгӡон. Шәааи ҿырԥштәқәак ҳарзааҭгыланы еилҳаргап, Иегова изиашаз иԥааимбарцәа ҳарҿыԥшлар шҳалшо.

ДАРА АХАМЕИГӠАРА ААДЫРԤШУАН

Зны-зынла есыҽнытәи аусқәа даараӡа ҳдырааԥсоит аҟынтә, ажәабжьҳәара ацара ҳалымшошәа ҳбоит (Марк 6:31). Шәааи ҳазхәыцып аԥааимбар Иезекииль Вавилон иоуз адҵа. Уаҟа инхон итҟәаны иргаз иерусалимаа. Ҽнак зны Анцәа аԥааимбар адҵа ииҭеит ақьырмыт аҿы ақалақь Иерусалим ҭихырц. Иезекииль символ ҳасабла ақалақь ишакәшоз ааирԥшыр акәын: 390 мшы иарма ган дықәиазар акәын, анаҩс 40 мшы — иарӷьа ган. Иегова иеиҳәеит: «Уарӷьажәҩа аҟынтәи уармажәҩахь узымааҳәуа шахала уҿасҳәоит, иукәшаны ианыҟоу амшқәа нҵәаанӡа» (Иез. [Иез.] 4:1—8). Ҳәарада, уи итҟәаны иҟаз израильаа аинтерес рызцәырнагеит. Иезекииль имариамыз ари адҵа шықәсык инеиҳаны инаигӡалар акәын. Ишԥаилшеи уи иара?

Иезекииль еиликаауан ԥааимбарс дзынашьҭыз. Анцәа адҵа анииҭоз, иеиҳәеит: «[Израильаа] ӡырҩыргьы, имӡырҩыргьы... рыбжьара аԥааимбар дшыҟаз рдыруазаалоит» (Иез. [Иез.] 2:5). Иезекииль идыз адҵа иамаз ахықәкы игәалашәон, убри аҟынтә Иерусалим ишакәшоз символны аарԥшра дазхиан. Иара дышԥааимбарҵәҟьаз шьақәирӷәӷәеит. Иаарласны итҟәаны иҟаз ауриацәеи иареи ажәабжь раҳаит: «Ақалақь ықәхуп!» Усҟан израильаа еилыркааит рыбжьара аԥааимбар дшыҟаз (Иез. [Иез.] 33:21, 33).

Ҳара иахьа ауаа ирылаҳҳәоит Аҩсҭаа ицқьам идунеи иаарласны ишықәгахо. Зны-зынла ҳшааԥсогьы, Анцәа Иажәа иану ауаа ирзеиҭаҳҳәоит, изныкымкәа ҳарҭаауеит, насгьы абиблиатә ҵарақәа мҩаԥаҳгоит. Ари асистема аҵыхәтәа иазку аԥааимбаражәақәа наӡацыԥхьаӡа, ҳаигәырӷьоит Анцәа ҳара ҳала игәҭакқәа ахьааиртуа.

ДАРА АГӘКАҲАРА ИАҾАГЫЛАН

Ҳара хамеигӡарала аџьабаа ҳбоит, насгьы Иегова ицхыраара ҳныруеит, аха ауаа иаҳҳәо ажәабжь иахьақәҿырымҭуа иахҟьаны, зны-зынла ҳгәы каҳалар ауеит. Уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы Иеремиа иҿырԥшы ҳгәалашәалар бзиахоит. Аԥааимбар израильаа Анцәа иажәабжь ахьрылеиҳәоз ихыччон, насгьы дладырҟәуан. Зны Иеремиа иагьиҳәеит: «Уаҳа иӡбахә салацәажәаӡом, ихьӡалагьы акгьы сҳәаӡом». Иеремиа ҳара иҳаиԥшыз уаҩын, иҳамоу ацәаныррақәа иаргьы иман. Аха уеизгьы иара Анцәа иажәабжь аҳәара даҟәымҵӡеит. Избан? Аԥааимбар иҳәеит: «Аха сгәаҿы иара [Иегова] иажәа сыбаҩқәа рҿы иҭаку амца иаҩызан, сааԥсеит ишысҵәахуаз, уаҳа исзычҳауамызт» (Иер. [Иер.] 20:7—9).

Ауаа ирызнаҳго ажәабжь ишазнеиуа ҳгәы анканажьуа, иаҳҳәо Анцәа иажәабжь ахаҭа ҳазхәыцлар, ҳцәаныррақәа ҳариааир ҳалшоит. Уи ҳабаҩқәа рҿы иҭаку амца иаҩызазар ауеит. Ҳара уи амца ҳарцәаӡом, есыҽны Абиблиа аԥхьара ҳҽаҳаршьцылозар.

ДАРА ИҼЕИМ АЦӘАНЫРРАҚӘА ИРИААИУАН

Зны-зынла дҵак анҳауа, аха уи шыҟаҵатәу анҳзеилымкаауа, агәҭынчымра ҳазцәырҵыр алшоит. Иҟалап аԥааимбар Осиа уи аҩыза дақәшәазар. Иегова идиҵеит: «Уцаны, акаҳԥы ԥҳәысс дга, ацәыбзахшацәагьы уоуеит» (Ос. [Ос.] 1:2). Шәазхәыц Осиа иҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы шәхы шыжәбарыз. Аха иара Анцәа дизыӡырҩын, Гомерь ԥҳәысс дигеит. Уи иара иҟынтәи аԥа длоуит. Анаҩс лара аԥҳа длоуит, нас еиҭа аԥа. Иҟалап лыԥҳаи лԥа аиҵби цәыбзахшаразҭгьы. Иегова аԥааимбар иеиҳәахьан ԥҳәысс иигараны иҟаз «лцәыбзацәа дыҩуа дрышьҭалоит» ҳәа. Иазгәашәҭ Иегова ишиҳәаз «лцәыбзацәа» ҳәа, «лцәыбза» акәымкәа. Иара убас Анцәа иҳәеит аҵыхәтәаны лара Осиа иахь дгьежьырц шылҭаххо. Дшәыдышәкыларызма шәара уи лҩыза аԥҳәыс? Убри ауп Иегова Осиа дҵас ииҭаз! Аԥааимбар уи имаҷымкәа аԥарагьы лыхҭниҵар акәхеит (Ос. [Ос.] 2:7; 3:1—5).

Иҟалап Осиа ари адҵа ҵакыс иамоу изеилымкаауазҭгьы. Аха иара азиашара аарԥшны уи ахьынаигӡаз абзоурала, ҳара иҳалшоит Израиль Зегьзымчу Анцәа данаанрыжь имаз ацәаныррақәа реилкаара. Аха згәы цқьаз израильаа шьоукы уеизгьы Анцәа иахь ихынҳәит.

Иахьа Анцәа аӡәгьы идиҵаӡом акаҳԥы ԥҳәысс лгара. Иаҳҵозеи Осиа ари адҵа анагӡара дахьазхиаз аҟынтәи? Зегь раԥхьа иргыланы ҳара иҳалшоит Аҳра иазку ажәабжь бзиа «ҩнык аҟнытә даҽа ҩнык ахь» гәахәарыла анагара, уи цәгьоушәа ҳбозаргьы (Аус. 20:20). Иҟалап маҵзура хкқәак рыҽрылархәра ҳцәыцәгьазар. Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа здырҵоз аӡәырҩы еилыркаауаз аҵабырг шыргәаԥхозгьы, ирҳәон ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара ахаан ҳцаӡом ҳәа. Аха ԥыҭрак ашьҭахь урҭ рахьтә аӡәырҩы уаанӡа рхаҿы ирзаамгоз аус рҽазыркит. Убас, Осиа иҿырԥшы ҳаргьы ахәарҭа ҳзаанагар алшоит.

Осиа ихҭыс даҽа урокк алҳкаар ҳалшоит. Иара илшон Иегова ус еиԥш иҟаз адҵа иимҭарц азы диҳәар. Иаҳдыруазма ҳара уи адҵа атәы, Осиа иара ишәҟәаҿы уи аӡбахә анимҵазҭгьы? Ҳаргьы Иегова иӡбахә аҳәара алшара анҳауа аҭагылазаашьа ҳақәшәар ҳалшоит, аха уи аҭагылазаашьа атәы аӡәгьы ианизымдыруа. Убас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьа дақәшәеит аиҳабыратә классқәа рҿы итәоу Еиду Аштатқәа рҿы инхо Анна. Арҵаҩы ахәыҷқәа еиҳарак ргәы иҵхо атема иазкны ахыҭҳәаа рҩырц адҵа рылҭеит. Анаҩс акласс зегьы аҿаԥхьа ргәаанагара шьақәдырӷәӷәар акәын. Ҳәарада, Анна шаҳаҭра аҟаҵара алшара лаҩлыжьыр лылшон. Аха илыӡбеит ари алшара лызҭаз Анцәа иоуп ҳәа. Лара еилылкаауан аҵара лыцызҵоз иахырҳәаар рылшоз, убри аҟынтә Иегова иҳәара далагеит. Уи даараӡа илҭаххеит зыгәра лго аиҭаҳәара. Лара лусумҭа темас иаман: «Аеволиуциа. Афактқәа ирҳәо».

Аиаҳәшьа қәыԥш лыкласс аҿаԥхьа лыгәрахаҵара лыхьчоит

Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ажәытәан инхоз аԥааимбарцәа ирҿыԥшны гәымшәарыла Иегова Ҳазшаз шиакәу еиҭарҳәоит

Анна илҩыз ахыҭҳәаа акласс аҿаԥхьа данаԥхьа, аҵара лыцызҵоз аеволиуциа даара агәра згоз ӡӷабк азҵаарақәа лықәлыԥсо далагеит. Анна урҭ азҵаарақәа рҭак ишахәҭаз еиԥш аҟаҵара лылшеит. Арҵаҩы даара иџьалшьеит Анна абас еиԥш ибзианы дахьықәгылаз, насгьы уи азы аҳамҭа лылҭеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Аннеи азҵаарақәа лызҭоз аӡӷаби изныкымкәа адунеи ашара иазкыз атемақәа ирылацәажәеит. Лҵшәас иаанагазеи Анна Иегова иҟынтә «адҵа» ахьлыдылкылаз? Лара илҳәоит: «Уажәшьҭа амаҵзураҿы еиҳа схы сақәгәыӷуеит, ажәабжьҳәарагьы сацәшәаӡом».

Ажәа аԥааимбар иамоу аҵакы инагӡаны ҳара иҳаҵанакӡом, аха ажәытәан инхоз Иезекииль, Иеремиа, Осиа реиԥш иҟаз Анцәа имаҵзуҩцәа иаадырԥшуаз ахамеигӡара ҳаҿыԥшлар, насгьы азиашара аарԥшуа Иегова игәаԥхара наҳагӡалар ҳалшоит! Изҭаҳамҵаарызеи аҭаацәаратә мҵахырхәараан, ма ҳхатәы ҭҵаараан егьырҭ аԥааимбарцәа рҿырԥшы? Ҳара урҭ ҳарҿыԥшлар шҳалшо ҳазхәыцлар ауеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра