Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 март ад. 29—ад. 32, абз. 8
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иеиԥшу аматериал
  • Алашьцараҟынтә ааԥхьара роуит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Дара амцдинхаҵара атҟәара аҟынтә рхы иақәиҭхеит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 март ад. 29—ад. 32, абз. 8

АԤХЬАҨЦӘА РЫЗҴААРАҚӘА

Ианбаҭашәеи Анцәа ижәлар Вавилон Ду атҟәара?

Анцәа ижәлар доуҳала итҟәан II ашәышықәсазы ҳ. ҳ., насгьы уи аҟынтә ахақәиҭра роуит 1919 шықәсазы. Избан ари аилкаара ариашара заҭаххаз?

Ашьақәырӷәӷәарақәа зегьы иаадырԥшуеит Анцәа ижәлар адоуҳатә тҟәара аҟынтәи 1919 шықәсазы рхы ишақәиҭхаз, усҟан Анцәа идоуҳала иалхыз рыла ақьырсиантә еизара шьақәыргылан. Шәазхәыц: 1914 шықәсазы ажәҩан аҿы Анцәа Иаҳра анышьақәыргылаз инаркны Анцәа ижәлар ашықәсқәа рыҩныҵҟа иԥышәан, насгьы ирыцқьан (Мал. [Мал.] 3:1—4)a. Анаҩс, 1919 шықәсазы Иисус игәрагоу, иҟәышу атәы далихит, иԥшьоу Анцәа ижәлар дреиҷаҳаларц, насгьы ианаамҭоу адоуҳатә фатәы риҭаларц азы (Матф. 24:45—47). Убри ашықәс азоуп Анцәа ижәлар ириҭаз адоуҳатә мазарақәа рахь ахынҳәра ианалага, усҟан ауп исимволтәу Вавилон Ду атҟәара аҟынтәигьы рхы ианақәиҭха (Аат. 18:4). Аха ианбаҭашәеи Анцәа ижәлар атҟәара?

Ашықәсқәа рыҩныҵҟа ҳпубликациақәа рҿы иҳаилыркаан Анцәа ижәлар 1918 шықәсазы атҟәара иҭашәеит, насгьы аамҭа кьаҿк иалагӡаны Вавилон Ду амчра аҵаҟа иҟалеит ҳәа. Иаҳҳәап, март 15, 1992 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня» аҿы иҳәан ажәытәан Анцәа ижәлар аамҭа кьаҿк иалагӡаны вавилонтәи атҟәара ишҭашәаз еиԥш, 1918 шықәсазы Иегова имаҵзуҩцәа Вавилон Ду атҟәара иҭашәеит ҳәа. Аха еиҳа инарҵауланы ари азҵаара аҭҵаара иаанарԥшит Анцәа ижәлар адоуҳатә тҟәара ишҭашәаз 1918 шықәса ҟалаанӡа акыр шықәса раԥхьа.

Ҿырԥшыс иааҳгап Иезекииль (Иезекииль) 37:1—14 иану аԥааимбаражәа. Уа иҳәан Анцәа ижәлар тҟәаны ишыргоз, насгьы рхы ишақәиҭыртәуаз. Абараҿы Иезекииль абаҩқәа рацәаны иахькаԥсаз акаршәраҿы днанагеит. Иегова иеилиркаауеит урҭ абаҩқәа «Израиль аҩны зегь» шаанарԥшуа. Аиҭашьақәыргылара иазку аҵыхәтәанынӡа ари аԥааимбаражәа «Анцәа дызмоу-дхазҵо Израильаа» рҿы инаӡоит (Гал. 6:16; Аус. 3:21). Анаҩс Иезекииль абаҩқәа рыԥсы шҭало, насгьы ар ду шышьақәдыргылаз ибеит. Шаҟа ибзианы иаанарԥшуазеи ари 1919 шықәсазы ихыркәшаз Анцәа ижәлар реиҭашьақәыргылара! Аха иҳанаҳәозеи уи адоуҳатә тҟәара аамҭа иазкны?

Актәи, иазгәашәҭ абаҩқәа «даара иҩан» ҳәа шрызҳәаз (Иез. [Иез.] 37:2, 11). Ус анакәха, арҭ абаҩқәа зтәыз ԥсижьҭеи даара акыр ҵуан. Аҩбатәи, аиҭашьақәыргылара иаразнак акәӡам ишыҟалаз, хәыҷы-хәыҷла ауп. Раԥхьа бжьык геит, анаҩс уи абжьы еиҳагьы ицәгьахеит. Уи ашьҭахь «абаҩқәа еидыло иалагеит, абаҩи абаҩи». Анаҩс урҭ «адашқәа рылалеит, ацәеижь рықәлеит», «ацәа рхалеит». Уи ашьҭахь аԥсцәа «аԥсы рхалан, рыԥсы ҭалеит, насгьы ршьапы иқәгылеит». Аҵыхәтәаны Иегова зыԥсы ҭалаз ауаа рыдгьыл аҿы инирхеит. Уи зегьы аамҭа аҭахын (Иез. [Иез.] 37:7—10, 14).

Ажәытәан израильаа акыр шықәса атҟәара иҭан. Раԥхьа 740 шықәса ҳ. ҟ. жәа-еимшьҭрак рыла ишьақәгылаз аҩадатәи аҳра еилаҳаит, уахь иаҵанакуаз аӡәырҩы мчыла иахыргеит. Анаҩс, 607 шықәса ҳ. ҟ. Иерусалим анықәгаз, аладатәи аҳра Иуда инхоз тҟәаны иргеит. 537 шықәса ҳ. ҟ. ауп ауриацәа рҟынтә инхаз атҟәара аҟынтәи рхы ианақәиҭыртә, насгьы Иерусалимтәи аныҳәарҭеи ицқьоу амҵахырхәареи реиҭашьақәыргыларазы рыдгьыл гәакьахь ианыхынҳәыз.

Абарҭ зегьы иҳаилдыркаауеит Анцәа ижәлар адоуҳатә тҟәараҿы ианыҟаз 1918 шықәса инаркны 1919 шықәсанӡа ицоз апериод аасҭа акырӡа ишеиҳаз. Уи аамҭа адаҳкылар ҳалшоит Иисус иажәамаанаҿы исимволтәу амыркаџьы, насгьы ачарыц иеиԥшыз «Аԥсҳара аԥацәа» ианеицеизҳауаз аамҭа (Матф. 13:36—43). Усҟан амцқьырсианцәа раасҭа Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа акырӡа еиҵан. Иаҳҳәар ҳалшоит ақьырсиантә еизара Вавилон Ду итҟәаны иаман ҳәа. Убасала, атҟәара апериод II ашәышықәса ҳ. ҳ. шыҟаз иалагеит, насгьы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы адоуҳатә ныҳәарҭа рыцқьахаанӡа иҟан (Аус. 20:29, 30; 2 Фес. 2:3, 6; 1 Иоанн 2:18, 19).

Арҭ ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа адиннапхгаҩцәа аполитикцәа рыҽрыдкыланы ауаа рнапаҵаҟа иҟазарц рҽазыршәон, насгьы ауаа Анцәа Иажәа рымазарц азин рырҭомызт. Ауаа еилыркаауаз абызшәала Абиблиа аԥхьарагьы цәгьоуроуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Уи аҟаҵара згәаӷьыз шьоукы ашьаҟа иадҿаҳәаланы ирблит. Ауахәама иднарҵоз иақәшаҳаҭмыз зегьы гәымбылџьбарала иахьдырхәуан. Аҵабырг алашара аларҵәаразы иҟарҵоз аҽазышәарақәа зегьы иаразнак иааныркылон.

Иаҳҳәар ҳалшозеи аиҭашьақәыргылара иазкны? Ианба, насгьы ишԥамҩаԥысуаз уи? Адоуҳатә еиҭашьақәыргылара хәыҷы-хәыҷла ицон. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа ааиаанӡа шәышықәсақәак шыбжьаз, инықәырԥшны иаҳҳәозар, «абжьы цәгьа» уаҳауан. Иаарыкәыршаны амцхаҵарақәа шырацәазгьы, иҟан ицқьоу амҵахырхәара иадгылаз ииашаз ауаа шьоукы, урҭ иахьынӡарылшоз рхаҵара рыхьчон. Урҭ рахьтә шьоукы ажәлар еилыркаауаз абызшәала Абиблиа аҭыжьра рҽазыршәон. Иҟан Анцәа Иажәа аҟынтә еилыркааз аҵабырг егьырҭ ирзеиҭазҳәоз.

Аамҭа цон. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы Чарлз Теиз Рассел иҩызцәеи иареи абиблиатә ҵабыргқәа инҭырҳәыцааны иҭырҵаауа иалагеит. Уи Иезекииль иоуз абараҿы абаҩқәа ацәеижьи ацәеи шырхалаз иеиԥшуп. Ажурнал «Сионская сторожевая башня», иара убас икьыԥхьыз егьырҭ аҭыжьымҭақәа гәыкала иҟаз ауаа адоуҳатә ҵабыргқәа реилкаара ирыцхраауан. Ԥыҭрак ашьҭахь 1914 шықәсазы иҭыҵыз «Фотодрама творения», насгьы 1917 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәы «Завершенная тайна» Анцәа ижәлар рыгәрахаҵара дырӷәӷәон. Аҵыхәтәаны, 1919 шықәсазы, инықәырԥшны иуҳәозар, Анцәа ижәлар аԥсы рхаланы, рыԥсы ҭалеит, насгьы адоуҳатә дгьыл ҿыц аҿы анхара иалагеит. Аамҭақәа анца, адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу ауаа доуҳала иалхыз рыҽрыдыркылеит. Урҭ аҩ-гәыԥк «ар ду» шьақәдыргылоит (Иез. [Иез.] 37:10; Зах. [Зах.] 8:20—23)b.

Абас, еилкаауп Анцәа ижәлар Вавилон Ду атҟәара ишҭашәаз ахьаҵра амҽхак анарҭбаа II ашәышықәсазы ҳ. ҳ. Усҟан ақьырсиантә ҭоурых аҿы иалагеит ажәытәан израильаа итҟәаны ианыҟаз ашықәсқәа угәалазыршәоз имариамыз апериод. Шаҟа гәахәара дуузеи акыр аамҭа ицоз адоуҳатә лашьцара аҵыхәтәа ахьыҟалаз, насгьы «ажәҩан шеилаарцыруа еиԥш» аилкаара змоу анеилаарцыруа, иара убас аӡәырҩы адоуҳа аганахь ала ианрыцқьахо аамҭазы ҳахьынхо! (Дан. [Дан.] 12:3, 10).

II ашәышықәсазы ҳ. ҳ. Анцәа ижәлар Вавилон Ду атҟәара ишҭашәаз узырбо аамҭарбагатә ҵәаӷәа
1919 шықәсазы Анцәа ижәлар атҟәара аҟынтәи рхақәиҭра иадҳәалоу ахҭысқәа ахьарбоу аамҭарбагатә ҵәаӷәа

Аҩсҭаа Иисус данԥишәоз, дықәиргылаҵәҟьама уи аныҳәарҭа аҭӡамц?

Иааркьаҿны иаҳҳәозар, ҳара иҳаздырӡом Иисус аныҳәарҭаҵәҟьа аҭӡамц дықәгылазу, мамзаргьы уи баша абара акәзу. Ҳпубликациақәа рҿы аҩгәаанагарак еилырган.

Раԥхьа еилҳаргап уи аганахь ала Абиблиа иаҳәо. Анцәа идоуҳа ацхыраарала апостол Матфеи урҭ ахҭысқәа абас дрыхцәажәеит: «Абри ашьҭахь аҩысҭаа Уи [Иисус] даашьҭыхны ақалақь ԥшьа ашҟа дигоит, уаҟа аныҳәарҭа амҵәыжәҩа дҩықәыргыланы иеиҳәоит абас: „Уара Анцәа Уиԥазар, алада уҽалырҩры“» (Матф. 4:5, 6). Уи ахҭыс иазкны Лука иҟынтә Аевангелие аҿы иануп «абри ашьҭахь дигоит Иерусалимҟа, аныҳәарҭа амҵәыжәҩа дықәыргыланы» иеиҳәоит ҳәа (Лука 4:9).

Уаанӡа ҳпублиакациақәа рҿы ианын Аҩсҭаа Иисус данԥишәоз, аныҳәарҭа аҭӡамц дықәимыргылаӡаҵәҟьеит ҳәа. Март 1, 1961 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Сторожевая башня» аҿы иҳәан: «Иахәҭам Иисус ацәҳәыраҿы дзықәшәаз ахҭыс аганқәа зегьы ишыҟаҵәҟьоу рыхәаԥшра. Ҳәарада, „адунеи аԥсҳарақәа, урҭ рыхьӡ-рыԥша зегьы“ ахьынтәиубарҭоу ашьха ыҟаӡам. Убри азоуп иаҳҳәар зҳалшо Аҩсҭаа Иисус ииашаҵәҟьаны даашьҭыхны „ақалақь ԥшьа“ ашҟа димгаӡеит, уаҟа аныҳәарҭа аҭӡамц дықәимыргылаӡеит ҳәа. Аԥышәара уи адагьы ицәгьан». Аха анаҩстәи ажурнал «Сторожевая башня» аҭыжьымҭақәа рҿы иҳәан Иисус Аҩсҭаа ииҳәаз ҟаҵаны иҽалирҩызҭгьы, уи аҽшьра иаҩызахар ауан ҳәа.

«Аныҳәарҭа аҭӡамц» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанарԥшуеит ахықәцә, мамзаргьы акы ахьынҵәо, насгьы иаанагар алшоит аныҳәарҭа хыхьтәи ахәҭа. Шьоукы ирҳәоит Иисус аныҳәарҭа аԥшьаҭыԥ ахыб аҿы дықәгылазар залшомызт, избанзар иара длевитӡамызт ҳәа. Убри аҟынтә алкаа ҟаҵан абарала ауп уахь дышнагаз ҳәа. Иезекиильгьы убасшәа акы дақәшәахьан (Иез. [Иез.] 8:3, 7—10; 11:1, 24; 37:1, 2).

Аха Иисус иԥышәара абара ҳасабала мацара акәызҭгьы ишыҟаз, ицәырҵуеит анаҩстәи азҵаарақәа:

  • Ииашаҵәҟьаны иҟазма уи аԥышәара, мамзаргьы уи баша ихаҿы иааигаз ак акәу?

  • Егьырҭ аԥышәарақәа раан Аҩсҭаа гызмалрыла Иисус ииашаҵәҟьаны ак иирҟаҵар иҭахын, иаҳҳәап, ахаҳәҵәҟьақәа ача рылихырц, мамзаргьы Аҩсҭаа димҵахырхәарц. Нас димыҳәаӡози ус анакәха Иисус ииашаҵәҟьаны Иерусалимтәи аныҳәарҭа иҽалирҩырц?

Аха Иисус аныҳәарҭа аҭӡамц дықәгылаҵәҟьазҭгьы, уигьы азҵаарақәа цәырнагоит.

  • Дыҟаҵәҟьазма Иисус аныҳәарҭа аԥшьаҭыԥ аҿы, насгьы еилеигама уи ала азакәан?

  • Дышԥананагеи Иисус ацәҳәыраҟынтәи Иерусалимҟа?

Еиҳа инарҵаулоу аҭҵаара арҭ аҩ-зҵаарак рҭак еиӷьны аилкаара иҳацхраауеит.

Аҵарауаҩ-адиндырҩы Доналд Карсон иазгәеиҭеит Аевангелиеқәа рыҩбагьы рҿы «аныҳәарҭа» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа хиеро́н «аԥшьаҭыԥ акәымкәа, аныҳәарҭа зегьы аҵанакуазар ҟаларын» ҳәа. Убри аҟынтә Иисус аныҳәарҭа ахыб дықәгыламзаргьы ауан. Иара дықәгылазар алшон аныҳәарҭа алада-мрагыларатә кәакь аҿы. Уа амаакыра змаз ахыб ҟьаҟьа ыҟан. Ари аныҳәарҭа ахыбра Кедрон аԥшаҳәа аҟынтәи 140-ҟа метра иҳаракын. Ари аныҳәарҭа атерриториаҿы зегь раасҭа иҳаракыз ҭыԥын. Ажәытә ҭоурыхҭҵааҩ Иосиф Флави иҩуан уи аҭыԥ аҿы игылоз зегьы аҳаракыра иахҟьаны «рыхлахаҵ гьежьуан» ҳәа. Иисус дышлевитмызгьы, уи аҭыԥ аҿы дгылазар илшон. Уи аӡәгьы азҵаара изцәырнагомызт.

Аха ишԥаилшоз Аҩсҭаа Иисус аныҳәарҭа аҭӡамц ахь игара, Иисус ацәҳәыраҿы дыҟазҭгьы? Ара иалкааны акгьы ҳазҳәаӡом. Абиблиа иану аҟынтәи еилкааӡам Иисус иԥышәарақәа шаҟа аамҭа рыбжьаз, насгьы ацәҳәыраҿы дахьыҟаҵәҟьаз аҭыԥ. Иҟалап иара шьапыла Иерусалимҟа даазар, уи аамҭа агар шалшозгьы. Абиблиаҿы иҳәаӡам аԥышәарақәа раан Иисус ацәҳәыра аҟынтәи џьаргьы дымцаӡеит ҳәа. Уа Аҩсҭаа уи Иерусалимҟа дигеит ҳәа мацара ауп иҳәоу.

Иаҳҳәар ҳалшозеи Аҩсҭаа «адунеи аԥсҳарақәа» зегьы Иисус ианиирбоз аԥышәара иазкны? Еилкаауп урҭ аԥсҳарақәа зегьы ииашаҵәҟьаны рбара шилымшоз, избанзар урҭ зегьы ахьынтәиубарҭоу ашьха ыҟаӡам. Иҟалап уи Иисус абара ииҭазар, иахьа еиуеиԥшым адгьыл аҭыԥқәа рсахьақәа раарԥшразы апроектори аекрани рхы ишадырхәо еиԥш. Аха уи абара акәзар шауазгьы, Аҩсҭаа Иисус ак ҟаиҵаҵәҟьарц диҳәеит — дшьамхышгыланы димҵахырхәарц (Матф. 4:8, 9). Убри азоуп иаҳҳәар зҳалшо Аҩсҭаа Иисус данԥишәоз, ииашаҵәҟьаны аныҳәарҭа аҭӡамц аҟынтәи иҽалирҩырц зиеиҳәаз, уи алҵшәа бааԥс аанагар алшон. Аԥышәара уиаҟара иӷәӷәахаӡомызт, уи абара мацара акәызҭгьы.

Абасала, ари астатиа алагамҭаҿы ишҳәаз еиԥш, иалкааны ак узышьақәырӷәӷәом. Иҟалап Иисус ииашаҵәҟьаны Иерусалим днеизар, насгьы аныҳәарҭа аҭӡамц дықәгылазҭгьы. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит арҭ аԥышәарақәа зегьы шыҟаҵәҟьаз, насгьы Иисус Аҩсҭаа дшиҿагылаз.

a Шәахәаԥш аброшиура «Скажи нам, когда это будет?» (bw536), адаҟьақәа 10—12, абзацқәа 5—8, 12.

b Иезекииль (Иезекииль) 37:1—14 аҿы, насгьы Аатра 11:7—12 аҿы 1919 шықәсазы иҟалаз адоуҳатә еиҭашьақәыргылара аӡбахә ануп. Иезекииль иԥааимбаражәаҿы иҳәан Анцәа ижәлар зегьы акыр шықәса изҭаз атҟәара аҟынтәи рхы ианақәиҭхалак, доуҳала ишышьақәыргылахо. Аатра ашәҟәаҿы Анцәа ижәлар рус напхгара азҭоз доуҳала иалхыз ргәыԥ маҷ доуҳала ишышьақәыргылахо аӡбахә ануп. Ари аиҭашьақәыргылара ҟалеит акгьы аҟаҵара аналымшоз икьаҿыз апериод ашьҭахь.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра