Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 декабр ад. 21—26
  • Ақәыԥшцәа, ахеиқәырхара шәазықәԥала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ақәыԥшцәа, ахеиқәырхара шәазықәԥала
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ХАҬАЛА ИУДУ АҬАКԤХЫҚӘРА
  • АБИБЛИА АҴАРА
  • АНЦӘАИҲӘАРА
  • УХАТӘ ԤЫШӘА
  • АХЕИҚӘЫРХАРА ШӘАЗЫҚӘԤАЛА!
  • Аҿар, ишԥашәылшо аҽӡаахра шәҽазыҟашәҵар?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Аҿар, шәазхиоума шәара аҽӡаахра?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Аӡӡаахреи Анцәа иҩызахареи
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Шәазхиоума шәара аҽӡаахра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 декабр ад. 21—26

Ақәыԥшцәа, ахеиқәырхара шәазықәԥала

«Шәарҭ... ианакәзаалакь аҳәатәхаҵара аашәырԥшуан... ҭакԥхықәрала, шәаӡыӡарала ишәылшо зегьы ҟашәҵала шәхы злеиқәшәырхашазы» (ФЛП. 2:12).

АШӘАҚӘА: 133, 135

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан аӡӡаахра изацәшәатәым, уи ихадоу ашьаҿа шакәугьы?

  • Ишԥашәылшо ахеиқәырхара азықәԥара?

  • Избан шәара шәзазыгәдуу шәыԥсҭазаара Иегова иахьизышәкыз?

1. Избан аӡӡаахра — ари ихадоу ашьаҿа закәу? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

ЕСЫШЫҚӘСА Абиблиа зҵо зықьҩыла ауаа аӡы рыҽӡаархуеит. Урҭ рахь иаҵанакуеит ахәыҷқәа, иара убас иқәыԥшу. Шьоукы Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы ирызҳаит. Иҟалап, уаргьы урҭ уреиуазар, уи арҽхәара иаԥсоуп. Аӡӡаахра — ари ихадоу шьаҿоуп. Уи ада уқьырсианны аҟалара, насгьы аиқәырхара аиура залшом (Матф. 28:19, 20; 1 Пиотр 3:21).

2. Избан Анцәа иҽизкра изацәшәатәым?

2 Аӡӡаахра алшарақәа рацәаны ишузаанартызгьы, иухоумыршҭлароуп уажәшьҭа уара аҭакԥхықәра ду шуду. Иарбан уи? Аӡы уҽанӡааухыз аҽны иурҭеит азҵаара: «Урыхьхәыма уара агәнаҳақәа Иисус Христос иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны, насгьы уҽизукма уара Иегова иара игәаԥхара анагӡаразы?». Уи аҭак «ааи» ҳәа иҟауҵеит. Аӡӡаахра ала уара зегьы рҿаԥхьа ишьақәурӷәӷәеит Иегова уҽшизукыз, даҽакала иуҳәозар уара зегьы агәра дургеит иара бзиа дшубало, насгьы игәаԥхара анагӡара уԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихаданы ишыҟазаауа. Уара ухахьы иугеит аҵакы ӷәӷәа змоу аҭакԥхықәра. Иахьхәтәума нас уи? Ҳәарада мап! Иегова инапы ҳҽанҵара — ари ауаҩы идикылар илшо аӡбарақәа зегьы иреиӷьуп. Иарбан вариантқәоу еиҭа иҟазар алшо? Ауаҩы Иегова дизымӡырҩуазар, ус анакәха иара Аҩсҭаа инапхгара аҵаҟа дыҟоуп! Аҩсҭаа уара уеиқәхарц иҭахӡам. Иара еиҳагьы деигәырӷьоит наӡаӡа анхаразы агәыӷра уцәыӡыр, насгьы Иегова иҿагылараҿы иара иган аанукылар.

3. Иарбан зылԥхарақәоу ҳара иҳауз, Иегова ҳҽахьизаҳкыз абзоурала?

3 Уажәшьҭа уазхәыц, уанқьырсианха закәытә зылԥхарақәоу иуоуз. Уара уԥсҭазаара Иегова изукит, убри аҟынтә агәраганы иуҳәар улшоит: «Нцәа дсымоуп сара, сагьшәаӡом: исзиурызеи сара ауаҩы?» (Аԥсал. 117:6 [118:6, АдҾ]). Иегова иган аанкылара, насгьы уи дшузыразу адырра — ари ҳаҭыр дууп! Уи акгьы иузадкылом.

ХАҬАЛА ИУДУ АҬАКԤХЫҚӘРА

4, 5. а) Избан доусы хаҭала Анцәа ииҭаз ажәа азы аҭакԥхықәра зиду? б) Изықәшәозеи иқәыԥшым ақьырсианцәагьы?

4 Уара — аӡы иӡааху қьырсиануп, насгьы Иеговеи уареи шәеизыҟазаашьақәа аҩны иумоу, уҭаацәа зыхә ршәаз, аха зегьы рхы иадырхәалар рылшо аинтернет еиԥшым. Ухеиқәырхара уара уоуп изхьыԥшу, уҭаацәа урыцынхозаргьы. Избан уи ҳхамышҭлар зҳахәҭоу? Избанзар аԥхьаҟа узықәшәо ахаан иуздырӡом. Иаҳҳәап, уара уанқәыԥшыз аӡы уҽӡааухзар, шықәсқәак рышьҭахь уаанӡа узқәымшәацыз ауадаҩрақәеи агәырҩақәеи узцәырҵыр алшоит. Ӡӷабк уи абас дахцәажәеит: «Сгәы иаанагом амшира иазку ачысхаа ҿаҵақәак рзы, аӡәы Иегова ишаҳаҭ иакәны дахьыҟалаз дахьхәып ҳәа. Аха шықәсқәак рышьҭахь арԥыс, ма аҭыԥҳа ацәеижьтә гәеизцара рызцәырҵыр алшоит, убасҟан Иегова имҩа — ари еснагь зегь иреиӷьу амҩа шакәу агәрагара ӷәӷәа аҭахуп».

5 Ҳәарада аҿар рымацара ракәӡам аҭагылазаашьа ҿыцқәа рышьцылара зықәшәо. Зықәра наӡаны зыҽӡаазхызгьы изқәымгәыӷуаз ауадаҩрақәа ирықәшәар ауеит. Урҭ ауадаҩрақәа аҭаацәалалара, агәабзиара, мамзаргьы аусура иадҳәалазар алшоит. Хаҭала ҳара зегьы, шаҟа ҳхыҵуазаалакгьы Иегова иахь иҳамоу азиашара ԥызшәо аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәар алшоит (Иак. 1:12—14).

6. а) Избан иаҳҳәар зҳалшо Иегова ҳаҽизкра ԥсахра зқәым ак ауп ҳәа? б) Зыгәра ҳдыргозеи Филиппаа рахь 4:11—13 аҟны иану ажәақәа?

6 Иуцхраауазеи Иегова уизиашаны аанхара еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы? Еснагь иугәаларшәала Анцәа уҽизкра ԥсахра зқәым ак шакәу. Избанзар уара Жәҩантәыла Ирхаку ажәа иуҭахьан узықәшәозаалакгьы имаҵ шууло, уҩызцәеи уҭаацәеи уи аҟаҵара иаҟәыҵыргьы (Аԥсал. 26:10 [27:10, АдҾ]). Иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы узықәшәо Иегова уиҳәала иуҭаз ажәа анагӡаразы амч уиҭарц. (Уаԥхьа Филиппаа рахь 4:11—13.)

7. Иаанагозеи «ҭакԥхықәрала, шәаӡыӡарала» аиқәхара аиуразы иҳалшо зегь аҟаҵара?

7 Иегова шәиҩызахар иҭахуп. Аха уи аиҩызара ахьчаразы, насгьы аиқәхара аиуразы аџьабаа батәуп. Филиппаа рахь 2:12 аҿы иануп, ахеиқәырхара «ҭакԥхықәрала, шәаӡыӡарала» азықәԥара аҭахуп ҳәа. Арҭ ажәақәа иҳаилдыркаауеит иарбан уадаҩразаалакгьы ҳзықәшәо Иегова ҳаиҩызаны аанхара ишазхәыцлатәу. Мыцхәы ахақәгәыӷра шәарҭоуп, избанзар акыршықәса Анцәа имаҵ зухьазгьы шьоукы, аҵыхәтәаны аҵабырг мҩа аанрыжьит. Иарбан шьаҿақәоу иуцхраауа ахеиқәырхара азықәԥара?

АБИБЛИА АҴАРА

8. Избан Абиблиа аҵара зхадоу, насгьы иаҵанакуазеи уи?

8 Иегова ҳаиҩызахарц азы, ҳиацәажәалароуп, аиҿцәажәара — ари ҩ-ганк рыла ишьақәгылоу еицәажәароуп. Ишԥаҳалшо Иегова иҳаиҳәо азыӡырҩра? Раԥхьаӡа иргыланы — уи Абиблиа аҵара ала ауп. Ҳара уи ҭаҳҵаауеит, Анцәа Иажәа, насгьы абиблиатә публикациақәа ҳанрыԥхьо, иара убас ҳанрызхәыцуа. Абиблиа аҵара — уи ашкол аҿы узхысуа ашәҟәы аԥхьара иузаҿырԥшуам, мамзаргьы аԥышәара уҭиаанӡа зегь ҿырҳәала иануҵо еиԥшӡам. Аҭҵаара аинтерес зҵоу аеқспедициа еиԥшуп, уи абзоурала ҳара еилаҳкаауеит Иегова ихаҭара иҿыцу аганқәа. Уи ацхыраарала уара Анцәа уизааигәахоит, иаргьы уара дузааигәахоит (Иак. 4:8).

Шаҟа еизааигәоузеи Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—11.)

9. Иарбан хархәагақәоу шәхы иашәырхо Абиблиа анҭышәҵаауа?

9 Иегова иорганизациа абзоурала уара уҭҵаара апрограмма бзианы ишьақәургыларц азы иаҭаху зегь ыҟоуп. Иаҳҳәап, асаит jw.org аҿы иҟоу «Библейские задания» (аҟәша «Ахбыџқәа»), уцхраауеит абиблиатә ҭоурыхқәа рҟынтә хәарҭа злоу аурокқәа ралкаара. Иара убас ҳсаит аҿы иҟоуп «Мои убеждения» ҳәа хьӡыс измоу аусуратә тетрадқәа. Урҭ рыцхыраарала уара зыгәра уго шиашаҵәҟьоу еилукаауеит, насгьы уи иунарҵоит угәрахаҵара аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәашьа. Азхәыцра бзиақәа иара убас, иуԥшаар улшоит 2009 шықәса апрель мзазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы, арубрика «Вопросы молодежи» аҟны иаагаз астатиа «Как сделать чтение Библии занимательным?» аҿы. Аҭҵаареи азхәыцреи даара ихадоуп ахеиқәырхара азықәԥара уҭахызар. (Уаԥхьа Аԥсалом 118:105 [119:105, АдҾ].)

АНЦӘАИҲӘАРА

10. Избан зыҽӡаазххьоу ақьырсианцәа Иегова иҳәалар зрыхәҭоу?

10 Абиблиа анҭаҳҵаауа, ҳара Иегова ибжьы ҳаҳауеит, ҳаниҳәо — уи ҳиацәажәоит. Ақьырсиан анцәаиҳәарақәа ҵакы змам аритуал, мамзаргьы ақәҿиара узаазго ажәа «џьашьахәы» еиԥш дазыҟамзароуп. Анцәаиҳәара — ари Ҳазшаз иацәажәаразы ииашаҵәҟьаны иҳамоу лшароуп, насгьы иара иҭахуп уара уиацәажәаларц. (Уаԥхьа Филиппаа рахь 4:6.) Уара ӷәӷәала ак угәы иҵхозар иҟәыӷоу абиблиатә лабжьара уқәныҟәала: «Уусқәа зегьы Анцәа инапы ианҵа» (Аԥсал. 54:23 [55:22, АдҾ]). Агәра угома уи аус шауа? Миллионҩыла аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхатә ԥышәала агәра ргеит арҭ ажәақәа шиашоу. Ари алабжьара дара ишрыцхрааз еиԥш уаргьы иуцхраауеит.

11. Избан Иегова иахь аџьшьара аарԥшра еснагь изхадоу?

11 Анцәаиҳәара — ари Иегова ацхырааразы иҳәара мацара акәӡам лшарас иаҳнаҭо. Абиблиаҿы иануп аџьшьара аарԥшлатәуп ҳәа (Кәал. 3:15). Зны-зынла ауадаҩрақәа мыцхәы ҳхы рзаҳашьҭуеит, насгьы иҳамоу абзиарақәа ҳазгәаҭаӡом. Хықәкыс иқәҳаргылар ҳалшоит есыҽны х-мзызк иадамзаргьы Иегова ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәаша аԥшаара, анаҩс уи азы Анцәа ҳаниҳәо ҭабуп ҳәа иаҳәара. 12 шықәса анылхыҵуаз аӡы зыҽӡаазхыз Абигеил зыхьӡу илҳәоит: «Сара сгәы иаанагоит Жәҩантәылаҿы иҟоу зегь раасҭа Иегова шиаку ҳаџьшьара иаԥсоу. Алшара ҳауцыԥхьаӡа иҳаиҭо аҳамҭақәа рзы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп. Зны сара аинтерес зҵоу зҵаарак саҳаит: ҳара шьыжьымҭан ҳанааԥшуа Иегова уи аԥхьа ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәаз мацара ҳзаанхозҭгьы, ҳхы шԥаҳбарыз ҳара?»a

УХАТӘ ԤЫШӘА

12, 13. Избан ҳазхәыцлар зхадоу Иегова хаҭала ҳара ҳахь ақьиара шааирԥшуа?

12 Ажәытәан Иегова изныкымкәа Давид дицхраахьан, аԥышәара ӷәӷәақәа рыхгара. Давид Аԥсалом иҩит, абас ҳәауа: «Иԥышәшәа, иагьыжәбап Нцәа Ҳазшаз ибзиарақәа заҟароу; лԥха имоуп... Уи иқәгәыӷуа, инапы зҽанызҵаз ауаҩы» (Аԥсал. 33:9 [34:8, АдҾ]). Арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит ҳхатә ԥышәара заҟа ихадоу. Абиблиеи егьырҭ апубликациақәеи уанрыԥхьо, насгьы ақьырсиантә еизарақәа уанырҭаауа, уара еилукаауеит Анцәа егьырҭ ауаа дышрыцхраауаз изиашаны иаанхаларц азы, уи даара угәы шьҭнахуеит. Аха Иеговеи уареи шәеиҩызара ӷәӷәахарц азы, иубароуп Иегова уара хаҭала дышуцхраауа. Иҟалахьоума уԥсҭазаараҿы аҭагылазаашьақәа Иегова иқьиара анунырыз?

13 Ақьырсианцәа зегьы уи аҿы еицырзеиԥшу ак рымоуп. Иегова хаҭала зегь ҳахь ақьиара ааирԥшит, иԥеи иареи рахь ааԥхьара анҳаиҭа. Иисус иҳәеит: «Сара сҿы аӡәымзар аӡәы дзааираны дыҟаӡам, Сара саазышьҭыз Саб ааԥхьара иимҭакәа» (Иоанн 6:44). Еилукаауама уара арҭ ажәақәа уаргьы ишузку? Иҟалап уара угәы иаанагозар: «Иегова ааԥхьара зиҭаз сара сакәӡам, сҭаацәа роуп. Сара ус баша урҭ срышьҭалеит». Аха, Иегова уԥсҭазаара изкреи уҽӡаахреи рыла, уара иааурԥшит иареи уареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа шшәыбжьоу. Абиблиа агәра ҳнаргоит: «Аха Анцәа бзиа дызбо ауаҩԥсы уи Иара иахьтә адырра иоуеит» (1 Кор. 8:3). Иегова иорганизациаҿы иаанукыло аҭыԥ еснагь ахә ҳаракны ишьала.

14, 15. Ишԥалшо ажәабжьҳәара ҳагәрахаҵара арӷәӷәар?

14 Ишԥаулшо еиҭа Иегова иқьиара уԥсҭазаараҿы иубар? Уазхәыц иара дышуцхраауа угәрахаҵара аӡбахә ажәабжьҳәараҿы, ма ашкол аҿы егьырҭ ианырзеиҭауҳәо. Шьоукы ирцәыцәгьоуп аҵара рыцызҵо ажәабжь рзеиҭаҳәара, ус изыҟоугьы еилкаауп. Ахаан иуздырӡом дара уи ишақәҿырҭуа. Зны-зынла аҵара уцызҵо хаҭала аӡәы ҳагәрахаҵара ицалацәажәара мариамзар алшоит, убри аҟынтә гәыԥҩык аныҟоу уи еиҳагьы ицәгьоуп. Ишԥаиааитәу нас ашәара?

15 Зегь раԥхьаӡа уазхәыц ухәаԥшышьақәа шиашаҵәҟьоу агәраганы узыҟоу. Ара уара иухәоит асаит jw.org аҿы иҟоу аусуратә тетрадқәа. Дара еиқәыршәоуп уара зыгәра уго, агәра зуго, насгьы угәрагара егьырҭ реилыркаара шулшо азхәыцра иуцхраартә еиԥш. Уара агәрагара ӷәӷәа анумоу, насгьы иуҳәо анудыруа, Иегова изку аиаша аиҭаҳәара хымԥада иуҭаххоит (Иер. 20:8, 9).

16. Ишԥаҳалшо ҳагәрахаҵара иазкны егьырҭ рацәажәара иаҳԥырхагахо ашәара аиааира?

16 Аҽазыҟаҵара бзиа умазаргьы иҟалап уара иуцәыцәгьазар угәрахаҵара иазку ацәажәара алагара. 13 шықәса анылхыҵуаз аӡы зыҽӡаазхыз, уажәы 18 шықәса зхыҵуа аҭыԥҳа, илҳәоит: «Сара ибзианы издыруеит зыгәра зго, аха сгәы иҭоу аҳәара сцәыцәгьоуп». Дышԥаиааиуеи лара уи ауадаҩра? «Сара сҽазысшәоит ҭынч ахымҩаԥгара,— еиҭалҳәоит лара.— Сара аҵара сыцызҵо иҟарҵо аӡбахә еиҭарҳәоит. Нас избан сара ус зысзыҟамҵо?! Убри аҟнытә сажәа абас налаҵаны исҳәалоит: „Сара ааигәа Абиблиа иазкны ауаа срацәажәон...“ — анаҩс сзықәшәаз ахҭыс аиҭаҳәара салагоит. Исҳәо ажәабжь Абиблиа иадҳәалам, аха аӡәырҩы аинтерес рымоуп ауаа Абиблиа шыдсырҵо. Зны-зынла дара уи шыҟасҵо иазҵаауеит. Срацәажәацыԥхьаӡа, ус аҟаҵара еиҳагьы исзымариахоит. Урҭ реиԥш иҟоу ацәажәарақәа рышьҭахь сара есымша агәырӷьара соуеит!»

17. Иарбан хәаԥшышьоу агәрагара аганахьала иҳамазар ҳахәҭоу, имарианы ауаа рацәажәара иҳацхраауа?

17 Узацәажәо ауаа пату рықәуҵозар, ргәаанагара уазхәыцуазар, агәраганы иаҳҳәар ҳалшоит даргьы ҳаҭырла иузыҟазаауеит ҳәа. «Ауаа санрацәажәоз Абиблиа аӡбахә аҳәара есымша сацәшәон,— еиҭалҳәоит дышхәыҷыз аӡы зыҽӡаазхыз 17 шықәса зхыҵуа Оливиа — Сара афанат леиԥш срыԥхьаӡар ҳәа сшәон». Аха нас уи даҽа ганкахьала дахәаԥшит. Илымаз ашәарақәа рызхәыцра аҭыԥан, лара илыӡбеит: «Аӡәырҩы аҿар, Иегова ишаҳаҭцәа зынӡагьы ирыздырӡом. Ҳара ҳада Иегова ишаҳаҭцәа рҟынтә аӡәгьы дрыздырӡом. Убри аҟынтә ҳхымҩаԥгашьа иабзоуроуп дара ҳара ишаҳзыҟазаауа. Иҟалозеи ҳара иаҳзымгәаӷьуазар ма ҳаԥхашьозар, насгьы ҳхаҵара иазку ацәажәара ҳацәцозар? Ма ҳанцәажәо иаҳҳәо узеилмыргозар, агәҭынчымра ҳазцәырҵуазар? Дара ргәы иаанагар алшоит ҳагәрахаҵара ҳацәыԥхашьошәа. Ҳалакҩакра иахҟьаны ихжәаны иҳацәажәар ауеит. Аха ҳара ҳгәаанагара ирмарианы еиҭаҳҳәозар, насгьы егьырҭ атемақәа ҳанрылацәажәо еиԥш ҭынч ҳцәажәозар усҟан даргьы ҳаҭырла иаҳзыҟазаауеит».

АХЕИҚӘЫРХАРА ШӘАЗЫҚӘԤАЛА!

18. Иаанагозеи ахеиқәырхара азықәԥара?

18 Ишаҳбаз еиԥш ҳара аҭакԥхықәра ду ҳадуп. Дарбанзаалакь ақьырсиан ахеиқәырхара дазықәԥалароуп. Иаҳҳәап, уи азы иаҭахуп Анцәа Иажәа аԥхьара, насгьы азхәыцра, Иегова иҳәара, иара убас хаҭала иаҳзыҟаиҵо азы ҭабуп ҳәа иаҳәара. Уи зегь уара иуцхраауеит Иегова уҩыза шиаку агәрагара, насгьы уи угәазҭанаҵоит угәаанагара егьырҭ рзеиҭаҳәара. (Уаԥхьа Аԥсалом 72:28 [73:28, АдҾ].)

19. Избан ахеиқәырхаразы ақәԥараҿы ҳхы ҳамеигӡалар зҳахәҭоу?

19 Иисус иҳәеит: «Сара сышьҭаныҟәара зҭаху ухы мап азҳәа, уџьар [ашьаҟа] аашьҭыхны усышьҭала» (Матф. 16:24). Уқьырсианны уҟаларц азы уара Анцәа уҽизукроуп, насгьы уҽӡааухроуп. Ари азылԥхарақәа рацәаны иахьузыԥшу амҩа алагамҭоуп. Аҵыхәтәаны ари амҩа Анцәа ҳзықәиргәыӷыз адунеи ҿыц аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго ауп. Убри аҟынтә анаҩсгьы ахеиқәырхара уазықәԥала!

a Еиҳаны алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит астатиа «Вопросы молодежи. Почему нужно молиться Богу?» аҿы, насгьы асаит jw.org аҿы иаагоу аусуратә схема аҟны.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра