Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 декабр ад. 27—30
  • Иҳақәиҭу ишьҭанеиразы, иаансыжьыз рацәоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иҳақәиҭу ишьҭанеиразы, иаансыжьыз рацәоуп
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИҲАҚӘИҬУ ИШЬҬАНЕИШЬА СҴОИТ
  • САЗХИОУП ДЫРҨЕГЬ АК МАП АЦӘКРА
  • АФИЛИППИНҚӘА ААНСЫЖЬУЕИТ, ГАЛААДТӘИ АШКОЛ АҾЫ АҴАРА СҴАЛАРЦ АЗЫ
  • АБЗИАРАЗ, АԤХАРРА ЗҴОУ АҚАЛАҚЬ!
  • ҨАԤХЬА ВЕФИЛЬҞА
  • Зегьы рзы зегьы сҽырхьысыгӡоит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иегова исыдыскылаз аӡбара меигӡарахда дазылԥхеит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 декабр ад. 27—30

АБИОГРАФИА

Иҳақәиҭу ишьҭанеиразы, иаансыжьыз рацәоуп

Еиҭеиҳәеит Феликс Фахардо

«Ажәабжьҳәара уцар, ухнымҳәыр ҟалоит. Ухынҳәыр, ушьапқәа уҵаԥысыҵәҵәоит — иҳәеит саб. Уи ашьҭахь иара иажәақәа еиҭа акыраамҭа слымҳа иҭыҩуан. Аха сара уеизгьы сцарц сыӡбеит. Убас ала, раԥхьаӡа акәны Иҳақәиҭу сишьҭанеиларазы ак мап ацәыскит. Усҟан сара 16 шықәса ракәын исхыҵуаз».

ИШԤАҞАЛЕИ абри аҩыза аҭагылазаашьа? Ишәзеиҭасҳәап сҭоурых. Сара сиит ииуль 9, 1929 шықәсазы. Схәыҷра схызгеит ақалақь инацәыхараны иҟаз ақыҭа хәыҷ Булакан (Афилиппинқәа) аҟны. Ҳара ҳӷарны ҳанхон, избанзар аҳәынҭқарраҿы аекономикатә кризис ыҟан. Саныхәыҷыз иапониатәи ар Афилиппинқәа ирыжәлеит, аибашьрагьы иалагеит. Аха ҳқыҭа даара ихаран, убри аҟынтә аибашьра уиаҟара анырра ҳанамҭеит. Ҳара арадио, ателевизор, насгьы агазеҭқәа ҳамамызт, убри аҟынтә ауаа еиҭарҳәоз ала акәын ажәабжьқәа шеилаҳкаауаз.

Ҳара ҳҭаацәараҿы ааҩык ахшара ыҟан, урҭ рахьтә, сара аиҳабы ишьҭанеиуаз сакәын. Сара аашықәса анысхыҵ сандуи сабдуи нхара дара рахь сыргеит. Ҳара ҳкатоликцәан, аха сабду егьырҭ адинқәа рахьгьы аинтерес ааирԥшуан. Иара иҩызцәа ирҭоз адинқәа ирызкыз апубликациақәа еизигон. Исгәалашәоит атагалтә бызшәала иҟаз аброшиурақәа «Защита», «Безопасность», «Раскрытие»,a насгьы Абиблиа анысирбоз. Сара Абиблиа аԥхьара сгәаԥхон, еиҳараӡак Аевангелиеқәа. Уи абзоурала сара Иисус иеиԥш сҟаларц сҭаххеит (Иоанн 10:27).

ИҲАҚӘИҬУ ИШЬҬАНЕИШЬА СҴОИТ

Иапониа иҟалаз ақәылара 1945 шықәсазы инҵәеит. Убри аамҭазы сҭаацәа аҩныҟа схынҳәырц исыҳәеит. Сабдугьы дақәшаҳаҭын. Убри аҟынтә сара урҭ сырзыӡырҩит.

Уи ашьҭахь дук мырҵыкәа, декабр 1945 шықәсазы Ангат ақалақь аҟынтә иааз Иегова ишаҳаҭцәа ргәыԥ ҳқыҭаҿы ажәабжь рҳәон. Ҳара ҳахь дааит зықәрахь инеихьаз жәабжьҳәаҩык, насгьы «аҵыхәтәантәи амшқәа» рганахь ала Абиблиа иаҳәо ҳзеиҭеиҳәеит (2 Тим. 3:1—5). Ҳааигәара иҟаз ақыҭахь, Абиблиа ҳҵаларц азы, ааԥхьара ҳаиҭеит. Сҭаацәа уахь ацара рҭахымхеит, аха сара сцеит. Уа 20-ҩык раҟара еизеит, шьоукы Абиблиа аганахь ала азҵаарақәа ықәдыргылон.

Сара уа ирҳәоз рацәак исӡеилкаауамызт, убри аҟынтә аҩныҟа ацара сгәы иҭаскит. Аха иаалырҟьаны зегьы Аҳра ашәа аҳәара иалагеит, уи убриаҟара сгәаҵанӡа инеит, саангыларц сыӡбеит. Ашәеи анцәаиҳәареи рышьҭахь зегьы ааԥхьара рырҭеит амҽыша ақалақь Ангата имҩаԥысран иҟаз аиԥыларахь.

Шьоукы ақьырсиантә еизарахь инеирц азы аа-километрак шьапыла ицар акәын. Уи аиԥылара аҭаацәара Крус рыҩнаҿы имҩаԥысуан. Уа 50-ҩык раҟара ауаа еизеит. Сара уамашәа избеит ахәыҷқәаҵәҟьагьы иуадаҩыз абиблиатә зҵаарақәа рҭак ахьыҟарҵоз. Сара еизарақәак сырҭааит, нас заамҭа зегь амаҵзура иазызкуаз зықәрахь инеихьаз аиашьа Дамиан Сантос, сасра ауха иара иҿы саангыларц азы ааԥхьара сиҭеит. Аухантәарак ишаанӡа ҳара Абиблиа ҳалацәажәон.

Усҟан аӡәырҩы абиблиатә ҵабырг иазкыз рдыррақәа шырацәамызгьы, дара анаҩстәи ашьаҿақәа рыҟаҵара иазхиан. Даҽа еизарақәак рышьҭахь аишьцәа сара, насгьы егьырҭ Абиблиа зҵоз шьоук рахь инеины, «Аҽӡаахра шәҭахума?» ҳәа иҳазҵааит. Сара «Ааи» ҳәа расҳәеит. Сара исҭахын Иҳақәиҭу Христос итәы иеиԥш имаҵ аура (Кәал. 3:24). Февраль 15, 1946 шықәсазы сареи даҽа иашьаки ааигәа иҟаз аӡиас аҟны аӡы ҳаҽӡааҳхит.

Ҳара, иӡааху ақьырсианцәа реиԥш еилаҳкаауан, еиԥмырҟьаӡакәа ажәабжьҳәара шҳахәҭаз, избанзар Иисусгьы ус ҟаиҵон. Аха саб уи игәаԥхаӡомызт. Иара иҳәеит: «Уара макьана уқәыԥшцәоуп, ажәабжь уҳәаларц азы. Насгьы аӡиас уӡааршьит ҳәа, уи ужәабжьҳәаҩны уҟанамҵаӡеит». Сара иеилсыркааит Анцәа ус шиҭаху. Иара игәҭакы инақәыршәаны, ҳара Аҳра иазку ажәабжь бзиа ҳҳәалар ауп (Матф. 24:14). «Анцәа исҭаз ажәа насыгӡароуп» — сҳәеит сара. Уи ашьҭахь саб астатиа алагамҭаҿ иаагаз ажәақәа сеиҳәеит. Иара ажәабжь сымҳәаларц азы, дысԥырхагахарц иҭахын. Убас ала раԥхьаӡа акәны сдоуҳатә хықәкқәа рынагӡаразы ак мап ацәыскыр акәхеит.

Ангат инхоз Крус рҭаацәара срыдыркылеит. Сареи дара рыԥҳа еиҵбы Нореи ҳгәазҭарҵон, апионертә маҵзура алагара. Ҳара ҳҩыџьагьы апионертә маҵзура ҳалагеит ноиабр 1, 1947 шықәсазы. Нора даҽа қалақьк ахь амаҵзура диасит, сара Ангат аҿы ажәабжьҳәара иацысҵеит.

САЗХИОУП ДЫРҨЕГЬ АК МАП АЦӘКРА

Зны Ангата иҟоу ашҭа ду аҿы, афилиал аҟынтә иқәгылоз аиашьа Ерл Стиуарт иажәахә иазыӡырҩырц азы 500-ҩык инареиҳаны ауаа еизеит. Уи аамҭазы сара пионерс амаҵ зуеижьҭеи хышықәса ҵуан. Аиашьа Стиуарт англыз бызшәала дцәажәон, сара иажәахә атагалтә бызшәахьы ииазгон. Сара быжь класск роуп сзылгахьаз, аха ҳарҵаҩцәа лассы-лассы англыз бызшәала ицәажәон. Абызшәа иҵегь аиӷьтәра исыцхрааз атагалтә бызшәала апубликациақәа маҷны иахьҳамаз ауп. Уи иахҟьаны англыз бызшәала ирацәаны саԥхьон. Убас ала, аиашьа Стиуарт иажәахә еиҭазгартә еиԥш абызшәа бзианы издыруан.

Аиашьа Стиуарт иажәахә анеиҭазгоз аҽны, иара аҭыԥантәи аизарахь ихы нарханы иреиҳәеит, афилиал ишаҭаху аӡәык-ҩыџьак пионерс амаҵ зуа аишьцәа. Урҭ аҭахын 1950 шықәсазы Ниу-Иорк (Еиду Аштатқәа) имҩаԥысуаз «Рост теократии» ҳәа хьӡыс измаз аконгресс амиссионерцәа ахьынӡаҭаауаз Вефиль ацхыраара арҭарц азы. Ааԥхьара зырҭаз рхыԥхьаӡараҿы саргьы сыҟан. Сзышьцылахьаз сҭагылазаашьақәа еиҭа рыԥсахра сықәшәеит, Вефиль амаҵ зуларц азы.

Ииун 19, 1950 шықәсазы вефильтәи амаҵзура салагеит. Усҟан Вефиль иажәыз ҩн дук аҿы акәын иахьыҟаз. Уи иаакәыршаны аҵла ҳаракқәа гылан. Вефиль гектарк аҟара адгьыл аҵанакуан. Уа жәаҩык иреиҳамкәа аишьцәа амаҵ руан. Шьыжьла сара акҿыҩраҿы сыцхыраауан, нас асааҭ жәба шыҟаз инаркны амаҭәақәа суанҭон. Амш аҩбатәи азбжазгьы абарҭ аусқәа ракәын иҟасҵоз. Амиссионерцәа жәларбжьаратәи аконгресс аҟынтә ианыхынҳәгьы, сара вефильтәи смаҵзура иацысҵеит,— ажурналқәа аԥошьҭала адәықәҵаразы еиқәсыршәон, анапаҵаҩрақәа еилысхуан насгьы адкыларҭаҿы амаҵ зуан. Иарбан усзаалак снапы ианырҵоз насыгӡон.

АФИЛИППИНҚӘА ААНСЫЖЬУЕИТ, ГАЛААДТӘИ АШКОЛ АҾЫ АҴАРА СҴАЛАРЦ АЗЫ

1952 шықәсазы сара, насгьы даҽа фҩык аишьцәа Афилиппинқәа рҟынтә Галаад ашкол 20-тәи акласс аҿы аҵаразы ааԥхьара ҳарҭеит. Еиду Аштатқәа рҿы ҳара ҳзы иҿыцыз даара ирацәан. Ара иҟаз зегьы сқыҭаҿы сзышьцылахьаз еиԥшымызт.

Галаад ашкол аҿы аҵара сыцызҵози сареи

Иаҳҳәап, акҿыҩраҿы рхы иадырхәоз, ахаан ҳнапы иамкыцыз амыругақәа рхархәашьа аҵара ҳақәшәеит. Насгьы аҳауа ара даҽакын. Шьыжьымҭанк санаадәылҵ зегь ҟәашкакараӡа сыла ихҩан! Убас сара раԥхьаӡа акәны асы сыбла иабеит — уи даара иԥшӡан. Анаҩс еилыскааит, иара шыхьшәашәаз, даара ишыхьшәашәаз!

Аха Галаад ашкол аҿы сызхысуаз аҵара уи зегь уханаршҭуан. Уаҟа аҵара даара исгәаԥхон. Арҵаҩцәа ахәарҭа узаазгоз арҵаратә знеишьақәа рхы иадырхәон. Ҳара еилаҳкааит иҵаулоу аҭҵаареи аҵареи шымҩаԥгалатәу. Ҳәарада, галаадтәи ашкол ашьҭахь сара еиҳа доуҳала ишәу уаҩны сҟалеит.

Уи саналга ашьҭахь Ниу-Иорк ақалақь аҿы иҟоу аҳабла Бронкс ахь аамҭала иҷыдоу пионерс амаҵ аура срышьҭит. Ииуль мза 1953 шықәсазы Бронкс аҿы имҩаԥысуаз «Общество нового мира» ҳәа хьӡыс измаз аконгресс саҭааит. Аконгресс ашьҭахь сыҩныҟа, Афилиппинқәа рахь маҵзура срышьҭит.

АБЗИАРАЗ, АԤХАРРА ЗҴОУ АҚАЛАҚЬ!

Афилиал аҟынтә аишьцәа исарҳәеит: «Уара раионтә хылаԥшҩыс амаҵ уулоит». Убас ала, сара Иҳақәиҭу ишьҭра схыланы ацаразы иҿыцу алшара соуит. Иаргьы, Иегова иуасақәа дрыцхрааларц азы, ажәабжь ҳәауа, ақалақьқәа дырхысуан (1 Пиотр 2:21). Зегь реиҳа идуу адгьылбжьаха Афилиппинқәа рҿы иҟоу Лусонтәи адгьылбжьаха ихадоу хәҭа дук ахылаԥшра азысуларц сыдырҵеит. Уахь иаҵанакуан ақалақь хәыҷқәа Булакан, Нуева-Есиха, Тарлак, иара убас Самбалес. Қалақьқәак рахь анеиразы сара Сьерра-Мадретәи ашьхақәа сырхысыр акәын. Ауаа еицырзеиԥшыз атранспорт уахь иныҟәомызт, убри аҟынтә ақыдқәа ныҟәызгоз амашьына дуқәа рныҟәцаҩцәа срыҳәон, ақыдқәа срықәыртәаны сыргарц. Дара мап ркӡомызт, аха ус еиԥш иҟаз аиҭанаиааира маншәалан ҳәа узҳәомызт.

Еиҳараӡак аизарақәа ара иҿыцын, насгьы уиаҟара идумызт. Аизарақәеи ажәабжьҳәаратә маҵзуреи алҵшәа ааргартә еиԥш реиҿкаара аишьцәа санрыцхраауаз, дара аџьшьара аадырԥшуан.

Ԥыҭрак ашьҭахь сара даҽа ҳаблак ахь амаҵзура сдәықәырҵеит, уахь Бикольтәи арегион зегь аҵанакуан. Ара еиҳарак иҟаз, раԥхьаӡа акәны уи аҭыԥаҿы ажәабжь рылазҳәоз иҷыдоу апионерцәа хазы-хазы еиҿыркааз агәыԥқәа ракәын. Ҩнык аҿы шьышьмаҭрас иҟаз ажра акәын, уи агәҭа ҩ-қдык алганы иган. Урҭ ақыдқәа санрықәгыла ихжәан ажра инҭаҳаит, саргьы урҭ снарышьҭалеит! Уи ашьҭахь, сҽеиҿкааны шьыжьхьа афара сцарц азы аамҭа маҷымкәа исҭаххеит.

Уа амаҵ анызуаз, лассы-лассы Нора слызхәыцуан, лареи сареи апионертә маҵзура ҳаицалагеит. Лара уажәы ақалақь Думагет аҿы иҷыдоу пионерс амаҵ луан. Сара дызбарц азы уахь сцеит. Анаҩс аамҭақәак рыҩныҵҟа лареи сареи асаламшәҟәқәа еимаҳдон. Аҵыхәтәаны 1956 шықәсазы ҳаибагеит. Ҳанеибага ашьҭахь аԥхьатәи амчыбжь азы ҳара адгьылбжьаха Рапу-Рапу аҿы иҟаз аизара ҳаҭааит. Ҳара ашьхақәа ҳрылсны, акыр шьапыла ҳныҟәон. Нореи сареи агәырӷьара ҳзаанагон, ихараны инхо аишьцәеи аиаҳәшьцеи рыцхраара.

ҨАԤХЬА ВЕФИЛЬҞА

Ҳара ԥшьышықәса аизарақәа ирҭаауа хылаԥшыҩцәаны ҳаҟан, нас афилиал ахь ааԥхьара ҳарҭеит. Ианвар мза 1960 шықәсазы ҳазлагаз амаҵзураҿы уажәгьы ҳаҟоуп. Ари аамҭа иалагӡаны аџьабаа збоз аишьцәа ирҿысҵааз рацәоуп. Нора лзы насыԥ дуун Вефиль еиуеиԥшым аҟәшақәа рҿы амаҵ аура.

Аконгресс аҿы ажәахә сҳәоит. Аиашьа асебуан бызшәахьы еиҭеигоит

Вефиль сара исыман зеиԥшыҟам алшара Афилиппинқәа доуҳала ишеизҳауаз абара. Сара раԥхьаӡа арахь санааи — сқәыԥшын, аҭаацәара саламлацызт — атәыла зегь аҿы 10 000 раҟара ажәабжьҳәаҩцәа ыҟан. Уажәы араҟа 200 000 Иегова ишаҳаҭцәа ыҟоуп, насгьы шәҩыла Вефиль амаҵ зуа ақьырсианцәа ажәабжьҳәаратә ус ацхыраара арҭоит.

Иегова ишаҳаҭцәа рхыԥхьаӡара еизҳацыԥхьаӡа Вефиль аҭыԥ ҳзымхо иалагеит. Убасҟан Анапхгаратә хеилак еиҳа идуу иҭбаау аргыларақәа рзы ианаало адгьыл ҭыԥ ҳаԥшаарц иҳаҳәеит. Акьыԥхьра ахылаԥшра азҭоз аиашьеи ҳареи, агәылацәа — урҭ рыбжьара иҟан акитаицәагьы — адгьыл аҭира аӡәгьы иҭахӡами ҳәа ҳразҵаауан. Аӡәгьы иҭахӡамызт, уи инеиҳангьы хаҵак иҳаиҳәеит: «Акитаицәа ирҭиӡом. Ҳара иааҳхәоит».

Аиашьа Альберт Шриодер иажәахә еиҭазгоит

Аха иаалырҟьаны гәылак иҳаиҳәеит, иара Еиду Аштатқәа рахь анхара аиасра игәы ишҭоу, убри аҟынтә идгьыл ааҳхәарц ҳадигалеит. Анаҩс иҟалаз агәрагара уадаҩын. Даҽа гәылакгьы идгьыл иҭиирц иӡбеит, егьырҭгьы ус ҟарҵарц ргәазҭеиҵеит. Уи адагьы акитаицәа акгьы рҭиӡом ҳәа шьақәзырӷәӷәоз ахаҵагьы идгьыл аахәара ҳалшеит. Иаарласны афилиал иаҵанакуаз адгьыл хынтә еиҳахеит! Сара агәра ганы сыҟоуп Иегова убасҵәҟьа ҟаларц шиҭахыз.

1950 шықәсазы сара Вефиль аҿы зегь реиҳа сқәыԥшын. Аха уажәы сыԥҳәыси сареи қәрала зегьы ҳреиҳабуп. Сара Иҳақәиҭу сахьиишьҭуазаалак ишьҭра схыланы сахьцоз, зынӡаскгьы сахьхәӡом. Сҭаацәа аҩны сдәылырцеит, аха Иегова ибзоурала исырҳаит схаҵара сыцеиҩызшоз сашьцәеи саҳәшьцәеи рыла ишьақәгылоу аҭаацәара ду. Сара аҵыхәтәанынӡа агәраганы сыҟоуп Иегова имаҵ ахьаҳуазаалакгьы иара дышҳаиҷаҳало. Нореи сареи Иегова иқьиаразы аџьшьара ааҳарԥшуеит, егьырҭгьы Иегова дԥыршәарц ргәазҭаҳҵоит (Мал. 3:10).

Ҽнак зны Иисус Матфеи Левии зыхьӡыз ҳазалхҩык иеиҳәеит: «Усышьҭаланы уаала». Ишԥақәҿиҭи иара? Абиблиаҿы иануп: «Иаргьы, зегьы ааныжьны, дҩагыланы Иара днаишьҭалт» (Лука 5:27, 28). Убасҵәҟьа аҟаҵара ансықәшәоз аҭагылазаашьақәа рацәан. Сара гәык-ԥсык ала егьырҭ ргәазҭасҵоит убас ҟарҵаларц. Ари, азылԥхарақәа рацәаны иахьышәзыԥшу мҩоуп!

Гәырӷьарыла Афилиппинқәа рҿы смаҵзура насыгӡоит

a Иегова ишаҳаҭцәа рҭыжьымҭа, уаҳа иркьыԥхьӡом.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра