Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 декабр ад. 3—8
  • «Издыруеит, дышгыло аԥсҭалараан»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Издыруеит, дышгыло аԥсҭалараан»
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲГӘЫӶРА ЗЫРӶӘӶӘО АФАКТҚӘА
  • АКТӘИ АШӘЫШЫҚӘСАЗЫ ИҞАЗ АԤСҬАЛАРА
  • АГӘЫӶРА ӶӘӶӘА
  • «Сара агәра згоит»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • «Башьа дгылоит»!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 декабр ад. 3—8

«Издыруеит, дышгыло аԥсҭалараан»

«Лазар, ҳара ҳҩыза, дыцәеит, Сара уи ирҿыхаразы сцоит» (ИОАНН 11:11).

АШӘАҚӘА: 142, 129

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан библиатә хҭысқәоу аԥсҭалара шыҟало Марфа агәра лзыргаз?

  • Избан ҳаԥхьаҟа аԥсҭалара шыҟало агәра заҳго?

  • Иарбан узыргәырӷьо хҭысу шәаргьы Марфа леиԥш шәыззыԥшу?

1. Зыгәра ганы дыҟази Марфа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

МАРФА ӷәӷәала дгәырҩон. Лашьа гәакьа Лазарь дыԥсит. Иалшозма акы лгәы арҭынчыр? Ааи. Иисус уи илеиҳәеит: «Башьа дгылоит». Ҳәарада, арҭ ажәақәа Марфа аҵыхәтәанынӡа лгәы дырҭынчуамызт, аха лара уеизгьы Иисус ииҳәаз дақәшаҳаҭхеит, насгьы илҳәеит: «Издыруеит, дышгыло аԥсҭалараан, аҵыхәтәантәи амш аҽны» (Иоанн 11:20—24). Марфа аԥхьаҟа уи шыҟало агәра ганы дыҟан. Анаҩс Иисус аџьашьахәы ҟаиҵеит: уи аҽныҵәҟьа Лазарь иԥсы ҭеиҵеит.

2. Избан ҳара зегьы аԥсҭалара аганахь ала Марфа илымаз агәрагара аҩыза ҳамазар зҳахәҭоу?

2 Ҳәарада, ҳара ҳақәгәыӷуам Иисус ма Иегова ус еиԥш аџьашьахәы иахьа иаҳзыҟарҵоит ҳәа. Аха иҳамоума Марфа илымаз агәрахаҵара аҩыза,— ҳаԥхьаҟа иаҳцәыԥсхьоу ҳҭынхацәа еиҭах ишаҳбо? Иҟалап шәхатә ҩыза, шәҭаацәа руаӡәк, шәанду, шәабду, мамзаргьы шәхәыҷы дыԥсызар. Ҳәарада, шәара шәгәы хыҭ-хыҭуа шәазыԥшуп ишәзааигәоу ауаҩы даншәгәыдшәыҳәҳәало, шәаниацәажәо, насгьы иччабжь аншәаҳауа аамҭа. Ҳара иҳамоуп амзыз Марфа леиԥш иаҳҳәарц: «Издыруеит, дышгыло аԥсҭалараан, аҵыхәтәантәи амш аҽны!» Аха ақьырсианцәа зегьы ирыхәҭоуп дара аԥсҭалара агәра зырго иазхәыцыр.

3, 4. Идырӷәӷәар шԥарылшоз Иисус иџьашьахәқәа Марфа лыгәрахаҵара аԥсҭалара аганахь ала?

3 Марфа Иерусалим азааигәара дынхон, убри аҟынтә Иисус Галилеиа иҟаз ақалақь Наин азааигәара аԥҳәысеиба лԥа иԥсы шҭеиҵаз лымбазар ҟалон. Аха лара уи ахҭыси, иара убас Иисус Иаир иԥҳа лыԥсы шҭеиҵази рыӡбахә лаҳахьазҭгьы ҟаларын. Лыҩны иҟаз ауаа уи дшыԥсыз рдыруан. Аха Иисус аӡӷаб лнапы хьшәашәа аашьҭихын иҳәеит: «Аԥҳәызба! Бгыл!» Лара иаразнак лыԥсы ҭалеит (Лука 7:11—17; 8:41, 42, 49—55). Марфеи лаҳәшьа Мариеи ирдыруан Иисус ачымазаҩцәа рыхәышәтәра шилшоз, убри аҟынтә Иисус еиҳа заа дааизҭгьы Лазарь дшымԥсуаз агәраганы иҟан. Аха уажәшьҭа иара дыԥсит. Иҟалозеи анаҩс? Ишәгәалашәома шәара Марфа агәра шылгоз Лазарь «аҵыхәтәантәи амш аҽны» иԥсы шҭало? Избан лара уи агәра зылгоз? Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо ҳаԥхьаҟа Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо, ҳара иаҳцәыԥсхьоугьы уахь иналаҵаны?

4 Ҳара уи азы зыгәра угартә иҟоу амзызқәа ҳамоуп. Шәааи урҭ рҟынтә мзызқәак еилҳаргап. Уи ашьҭахь иҟалап шәара аԥсҭалара шыҟало шьақәзырӷәӷәо, уаанӡа ишәызгәамҭоз абиблиатә жәеинраалақәа шәыԥшаар.

ҲГӘЫӶРА ЗЫРӶӘӶӘО АФАКТҚӘА

5. Избан Марфа Лазарь иԥсы шҭало агәра зылгоз?

5 Иаҳгәалаҳаршәап Марфа лажәақәа. Лара илымҳәаӡеит «Сашьа иԥсы ҭалоит ҳәа сақәгәыӷуеит», лара илҳәеит «Издыруеит, дышгыло». Иҟалап, Марфа убас еиԥш иҟаз агәрагара злымаз Иисус имаҵзура далагаанӡа иҟалахьаз аџьашьахәқәа рыӡбахә ахьылдыруаз акәызҭгьы. Лара уи атәы лаҳар лылшон даныхәыҷыз аҩны ма асинагогаҿы. Шәааи еилҳаргап, Иԥшьоу Аҩыраҿы зыӡбахә ҳәоу Марфа илаҳар алшоз аԥсҭалара иазку х-хҭыск.

6. Иарбан џьашьахәу Марфа зыӡбахә лаҳахьаз?

6 Раԥхьатәи ахҭыс ҟалеит Анцәа аԥааимбар Илиа аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы амч анииҭа. Израиль аҩадатәи аганахь, финикиатәи ақалақь Сарепта аҟны дынхон иӷарыз аԥҳәысеиба, уи аԥааимбар иахь асасдкылара аалырԥшит. Анцәа аџьашьахәы ҟаиҵеит: аԥҳәысеиба лчашылеи лыхәшеи нҵәомызт, уи абзоурала лԥеи лареи рыԥсы еиқәхеит (1 Аҳ. 17:8—16). Уи ашьҭахь лԥа дычмазаҩхеит, насгьы дыԥсит, аха Илиа длыцхрааит. Иара аҷкәын дилакьысын, Анцәа диҳәеит: «Иегова, суҳәоит, абри ахәыҷы иԥсы ҭалааит». Убас иагьыҟалеит. Анцәа Илиа иҳәара иаҳаит, насгьы ахәыҷы иԥсы ҭеиҵеит. Ари Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу раԥхьатәи аԥсҭалара ауп. (Уаԥхьа 1 Аҳцәа 17:17—24.) Марфа, ҳәарада, уи аџьашьахәы аӡбахә лаҳахьан.

7, 8. а) Иҟаиҵазеи Елисеи Сунем инхоз аԥҳәыс лгәы ирҭынчырц азы? б) Иҳанаҳәозеи Иегова изкны Елисеи иҟаиҵаз аџьашьахәы?

7 Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу аҩбатәи аԥсҭаҵара ҟазҵаз Илиа ишьҭрамдаҩ аԥааимбар Елисеи иоуп. Сунем дынхон ахшара дызмамыз пату зқәыз ԥҳәыск. Елисеи иахь асасдкылара ахьаалырԥшыз азы, Анцәа уи аԥҳәыс ибыргыз лхаҵеи лареи дырзылԥхеит, урҭ аԥа дроуит. Шықәсқәак рышьҭахь аҷкәын дыԥсит. Шәхаҿы иаажәг уи агәырҩа шаҟа иӷәӷәаз! Лара лхаҵа диазҵааны, Елисеи диԥыларц Кармил ашьхахь дцеит, уанӡа 30 километра бжьан. Аԥааимбар имаҵуҩы Гиези Сунемҟа дишьҭит, ихаҭагьы уи дишьҭаланы дцеит. Гиези ахәыҷы иԥсы аҭаҵара илымшеит. Анаҩс Сунем Елисеи дицны днеит игәырҩоз ан (2 Аҳ. 4:8—31).

8 Ԥсы зхамыз ауаҩ ицәеижь днадгылан, Елисеи анцәаиҳәара далагеит. Абар аџьашьахәы ҟалеит — аҷкәын иԥсы ҭалеит! Шаҟа дгәырӷьози уи иан! (Уаԥхьа 2 Аҳцәа 4:32—37.) Иҟалап лара Анна лажәақәа лгәалашәазар. Анна ахшара длоуамызт, аха нас аԥа Самуил, длоуит, насгьы иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ ауразы дрылҭеит. Лара Анцәа диҳәон: «Иегова... шеол ахь удәықәиҵоит, уантәигьы уиргылоит» (1 Сам. 2:6). Иаҳҳәар ҳалшоит Иегова аҷкәын дахьжыз аҟынтә дҭигеит ҳәа, уи ала ауаҩы иԥсҭазаарахь ирхынҳәра шилшо шьақәирӷәӷәеит.

9. Иаҳзеиҭашәҳәа дышԥалахәыз Елисеи Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ахԥатәи аԥсҭалара.

9 Аха уи Елисеи идҳәалаз аҵыхәтәантәи ԥсҭаларамызт. Иара ԥааимбарс амаҵ иуан 50 шықәса инареиҳаны, анаҩс ӷәӷәала дычмазаҩхеит, насгьы дыԥсит. Зны Елисеи дахьжыз аҭыԥ аҿы израильаа шьоукы ауаҩы дыржуан. Дара арҳәцәа анырба, ибналаны ицеит иржуаз аԥсы Елисеи дахьжыз анышәынҭра, мамзаргьы адамраҿы дҭажьны (уи аамҭазы уаҟа ибаҩқәа ракәын иаанханы иҟаз). Абиблиаҿы иануп: «Уи аԥсы Елисеи ибаҩқәа данрыдкьысла, иаразнак иԥсы ҭаланы дгылеит» (2 Аҳ. 13:14, 20, 21). Шәазхәыц аԥсҭалара иазкыз арҭ ахҭысқәа Марфа лзы шаҟа акраҵанакуаз: лара агәра лгон Анцәа аԥсра аиааира шилшоз. Уажәшьҭа шәазхәыц арҭ ахҭысқәа шәара шәзы ҵакыс ирымоу. Ҳәарада, урҭ агәра шәдыргоит Иегова ҳәаа змам амч шимоу.

АКТӘИ АШӘЫШЫҚӘСАЗЫ ИҞАЗ АԤСҬАЛАРА

10. Дышԥалыцхрааи Пиотр иԥсыз ақьырсианԥҳәыс?

10 Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿгьы Анцәа имаҵзуҩцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭарҵоз аӡбахә ануп. Иаир иԥҳа, насгьы Наин аҟынтә аԥҳәысеиба лԥа Иисус рыԥсы шҭеиҵаз аӡбахә ҳҳәахьеит. Апостол Пиотргьы ԥсҭаҵарак ҟаиҵеит: уи Дорка, мамзаргьы Тавифа зыхьӡыз ақьырсианԥҳәыс лыԥсы ҭеиҵеит. Пиотр уи лцәеижь ахьышьҭаз днеины, анцәаиҳәара далагеит. Анаҩс иара иҳәеит: «Шьабысҭа, [«Тавифа», АдҾ] бгыл!» Лара иаразнак дгылеит, насгьы Пиотр егьырҭ ақьырсианцәа ирызҿиҭит лыԥсы шҭоу дирбарц азы. Уи ашьҭахь «аӡәырҩыгьы Иҳақәиҭу дазхарҵеит». Иҿыцыз арҭ аҵаҩцәа Христос изку ажәабжь бзиа, насгьы Иегова иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵар шилшо егьырҭ ирзеиҭарҳәалар рылшон (Аус. 9:36—42).

11. Ихьзеи рԥыск Лука излеиҳәоз ала, насгьы ишԥарныри уи егьырҭ ауаа?

11 Егьи аԥсҭалара ҟалеит Троада, иахьатәи Ҭырқәтәыла аҩада-мраҭашәаратәи аганахь иҟаз ақалақь аҿы. Ҩнык аҿы ақьырсианцәа ахьеизаз хыхьтәи ауадаҿы аиԥылара мҩаԥысуан. Уа дыҟан апостол Павел, иара ажәахә иманы дықәгылеит, уи ҵхыбжьонынӡа иҳәон. Изыӡырҩуаз рыбжьара Евтих зыхьӡыз рԥыск дыҟан, уи аԥенџьыр дықәтәан. Иара дамхацәеит, насгьы ахԥатәи аихагыла аҟынтә далыбган дкаҳаит. Иҟалап раԥхьаӡа Евтих иахь инеиз аҳақьым Лука иакәызҭгьы. Иара данихәаԥш еиликааит арԥыс дышхәымыз, дшаламԥсыз — уи дыԥсит! Павел дылбаан, аԥсы дааигәыдиҳәҳәалан, зегьы иааџьаршьартә иҳәеит: «Уи иԥсы ҭоуп». Ари аџьашьахәы збоз зегьы уи даара ирнырит! Рыла ишабоз Евтих дыԥсит, анаҩс иԥсы ҭаҵан. Урҭ ргәырӷьара ҳәаа амамызт! (Аус. 20:7—12).

АГӘЫӶРА ӶӘӶӘА

12, 13. Иарбан зҵаарақәоу ицәырҵуа еилҳаргаз иадҳәаланы?

12 Еилҳаргаз афактқәа зегьы Марфа илымаз агәыӷра ҳаргьы аиура иҳацхраауеит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Зегьзшаз Ҳанцәа ишилшо иԥсхьоу ауаҩы иԥсы аҭаҵара. Иазгәаҭатәуп Иегова урҭ аԥсҭаҵарақәа аныҟаиҵоз, изиашоу имаҵзуҩцәа, иаҳҳәап, Илиа, Иисус ма Пиотр ихы ишаирхәоз. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ус еиԥш иҟаз аџьашьахәқәа аныҟамлоз аамҭақәа ирызкны? Ирылшозма урҭ аамҭақәа раан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа, аԥхьаҟа Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо ақәгәыӷра? Ирымазма урҭ Марфа илымаз агәыӷра аҩыза? Лара илҳәеит: «Издыруеит, дышгыло [сашьа] аԥсҭалараан, аҵыхәтәантәи амш аҽны». Аха избан уи агәра зылгоз? Насгьы избан шәаргьы уи агәра шәгалар зшәылшо?

13 Анцәа Иажәаҿы иану ахҭысқәа иаҳдырбоит, Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа аԥсҭалара шыҟало еснагь ишырдыруаз. Еилҳаргап уи шьақәзырӷәӷәо жәеинраалақәак.

14. Еилаҳкаауазеи аԥсҭалара иазкны Авраам иҭоурых аҟынтә?

14 Иаҳгәалаҳаршәап Анцәа Авраам ииҭаз адҵа, акыраамҭа дыззыԥшыз иԥа Исаак иганахь ала. Иегова иҳәеит: «Суҳәоит, зегь раҵкыс бзиа иубо уԥазаҵә, Исаак... амҭас дсызнаг» (Аҟаз. 22:2). Шәхаҿы иаажәг иарбан цәаныррақәоу Авраам иоуз арҭ ажәақәа аниаҳа. Иегова уи дақәиргәыӷхьан ихылҵшьҭра ила ажәларқәа зегьы азылԥхара шроуа (Аҟаз. 13:14—16; 18:18; Рим. 4:17, 18). Иара убас Иегова уи «Исаак ила» ишыҟаиҵо иҳәеит (Аҟаз. 21:12). Аха изалшозма уи, Авраам Исаак амҭас днаигазҭгьы? Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала Павел иҩит Авраам агәра шигоз Анцәа ишилшоз Исаак иԥсы аҭаҵара. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 11:17—19.) Аха Абиблиаҿы џьаргьы ианӡам Авраам иԥа иԥсы сааҭқәак, мышкы ма мчыбжьык ашьҭахь иҭалоит ҳәа дшазыԥшыз. Авраам издыруамызт Анцәа иԥа иԥсы анҭеиҵоз. Аха иара агәра ганы дыҟан Иегова уи хымԥада ишыҟаиҵо.

15. Иарбан гәыӷроу Иов имаз?

15 Анцәа изиашаз Иовгьы аԥхьаҟа аԥсҭалара дазыԥшын. Иара еиликаауан иԥырҟаз аҵлагьы еиҭа авҵиаа аунашьҭыр шалшо. Аха ауаҩы уи аҩыза алшара имам (Иов 14:7—12; 19:25—27). Данԥслак уи ҿыц дынхаларц азы анышәынҭра аҟынтә дызгылом (2 Сам. 12:23; Аԥсал. 88:49 [89:48, АдҾ]). Аха уи иаанагом Анцәа ауаҩы иԥсы аҭаҵара илшом ҳәа. Иов агәра игон Иегова ианаамҭоу дшигәалашәо. (Уаԥхьа Иов 14:13—15.) Иов издыруамызт уи аамҭа анааиуаз. Аха иара агәра игон Ҳазшаз ауаа зегь аԥсҭазаара риҭазар, иаргьы иԥсы аҭаҵара шилшо, насгьы уи хымԥада ишыҟаиҵо.

16. Игәы шԥашьҭихи амаалықь аԥааимбар Даниил?

16 Даниилгьы ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Анцәа дизиашаны имаҵ иуан, насгьы Иегова уи дицхрауаан. Зны амаалықь «акыр иаԥсоу ауаҩы» ҳәа Даниил изиҳәеит, насгьы иеиҳәеит: «Аҭынчра умаз. Уҽырӷәӷәа, уҽырӷәӷәа» (Дан. 9:22, 23; 10:11, 18, 19).

17, 18. Дызқәыргәыӷзи Даниил?

17 Иҟалап 100 шықәса зхыҵуаз Даниил иԥсҭазаара аҵыхәтәа анааигәаха, аԥхьаҟа изыԥшу идырыр иҭахызҭгьы. Иԥсы ҭалома Даниил? Ҳәарада. Даниил ишәҟәы аҵыхәтәаны иануп Анцәа иеиҳәаз ажәақәа: «Уҵыхәтәахьы уцала. Уара уԥсы ушьалоит» (Дан. 12:13). Ибыргыз Даниил идыруан иԥсхьоу, инықәырԥшны иуҳәозар, рыԥсы шыршьо, избанзар анышәынҭраҿы, «иҟам... агәҭакқәагьы, адыррагьы, аҟәышрагьы» (Еккл. 9:10). Иаарласны Даниилгьы уа дҟалон, аха иара изы уи ҵыхәтәамызт. Анцәа уи зеиԥшыҟам аԥеиԥш дақәиргәыӷит.

18 Анаҩс амаалықь Даниил иеиҳәеит: «Угылоит амшқәа рҵыхәтәаны ухәҭаа уоурц азы». Аха иара иналкааны уи аныҟало аамҭеи амши иеимҳәаӡеит. Даниил еиликаауан, дшыԥсуа, насгьы анышәынҭраҿы иԥсы шишьало. Аха «угылоит амшқәа рҵыхәтәаны ухәҭаа уоурц азы» ҳәа иҳәаз ажәақәа ҵакыс ирыман аԥхьаҟа «амшқәа рҵыхәтәаны» иԥсы ҭалар шакәыз. Иарбан аамҭоу ара зыӡбахә ҳәоу? «Заокский перевод» аҿы амаалықь иажәақәа абас еиԥш иаарԥшуп: «Уара угылоит адунеи амшқәа рҵыхәтәа анааилак».

Агәра жәгома шәара аԥсҭалара шыҟало, Марфа уи агәра шылгоз еиԥш? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 19, 20.)

19, 20. а) Ишԥеидҳәалоу еилҳаргаз афактқәеи Лазарь иԥсҭалара иазкны Марфа илҳәаз ажәақәеи? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

19 Убас ала, Марфа лыгәрахаҵара ашьаҭа ӷәӷәа аман, убри аҟынтә лара агәра ганы дыҟан лашьа Лазарь «дышгыло аԥсҭалараан, аҵыхәтәантәи амш аҽны». Иегова Даниил дзықәиргәыӷыз, иара убас Марфа лажәақәа ирныԥшуа агәрагара иахьатәи ақьырсианцәагьы арӷәӷәоит. Аԥсҭалара хымԥада иҟалоит.

20 Ҳара еилҳаргеит аԥсҭалара шыҟало шьақәзырӷәӷәо афактқәа,— иԥсхьоу ииашаҵәҟьаны рыԥсҭазаарахь ахынҳәра рылшоит! Ажәытәан Анцәа имаҵ зуаз аҳәсеи ахацәеи, агәра ганы иҟан раԥхьаҟа аԥсҭалара шыҟало. Аха ианбаҟало уи? Иҳамоума ҳара амзызқәа аԥсҭалара шыҟало агәрагаразы, уи шыҟало анҳәаз инаркны аамҭа рацәаны ишцахьоугьы? Ари азҵаара аҭак ҳацхраауеит ҳгәы хыҭ-хыҭуа аԥсҭалара азыԥшра, уи Марфа дшазыԥшыз еиԥш. Шәааи уи анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәап.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра