АШӘА 54
«Абар, амҩа»
(Исаиа 30:20, 21)
- 1. Ари аҭынчра мҩоуп, - Иудыруаз уи уара. - Ҳанылт Ҳаб иажәала - Уи амҩа жәытә ҳара. - Христос убри дирҵон, - Зегь рыла уи дҿырԥшуп. - Аиаша ҳбеит уажәшьҭа, - Ҳагьықәныҟәарц ҳаҿуп. - АХАПА - Ииашоу мҩоуп, хақәиҭра ҳазҭо мҩоуп, - Умхьаҵроуп шьҭа, хаҵарала уӷәӷәоуп! - Анцәа ибжьы ҳмаҳауеи иахьа: - «Мҩа иашоуп уи. Ԥхьаҟа уара уеиха!». 
- 2. Уи бзиабара мҩоуп. - Ухьамԥшлароуп шьҭахьҟа. - Умшәан, цәгьарак уаниар, - Иӡбоит зегьы Анцәа. - Ибзиабара цқьоуп. - Мраҵас иԥхоит иара! - Абзиабаразы - Иҳаут аԥсҭазаара. - АХАПА - Ииашоу мҩоуп, хақәиҭра ҳазҭо мҩоуп, - Умхьаҵроуп шьҭа, хаҵарала уӷәӷәоуп! - Анцәа ибжьы ҳмаҳауеи иахьа: - «Мҩа иашоуп уи. Ԥхьаҟа уара уеиха!». 
- 3. Аԥсҭазаара мҩоуп уи, - Уанымҵын, нас, зынӡа. - Ишыҟам иеиӷьу мҩак - Агәра ҳиргоит Анцәа. - Аҭынчра уа иҳауп, - Аԥсҭазаарагь ҳаԥшаап. - Зегьирхаку дырҽхәо, - Гәык-ԥсыкала ҳшәаҳәап. - АХАПА - Ииашоу мҩоуп, хақәиҭра ҳазҭо мҩоуп, - Умхьаҵроуп шьҭа, хаҵарала уӷәӷәоуп! - Анцәа ибжьы ҳмаҳауеи иахьа: - «Мҩа иашоуп уи. Ԥхьаҟа уара уеиха!». 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 32:8; 139:24; Ажәам. 6:23.)