АЦҴА
Ҳашԥаизыҟазар ахәҭоу аизара иалцоу ауаҩы
Еицәоу хьаа ыҟаӡам ҳҩыза гәакьа, ма ҳауа аизара даналырцо, дызхьымхәуа агәнаҳа иахҟьаны. Ҳара аизара иалцоу ауаҩы изкны абиблиатә дҵа ҳшазыҟоу иаанарԥшуеит шаҟа иӷәӷәаны Анцәа бзиа даҳбо, насгьы зиашарала ҳшадгылоу ишьақәиргылаз аиҿкаараa. Убри инадҳәаланы еилҳаргап зҵаарақәак.
Ҳашԥаизыҟазар акәу аизара иалцоу ауаҩы? Абиблиа иҳанаҳәо «сшәашьоуп ҳәа иажәа хыркуа, арахь аҳалира, акалшьҭаныҟәара, аҳаҭырдара ирхамшәало, иԥсымҭәу, амурҭаҭцәа рныхақәа ирымҵахырхәо, мыцла еибарку, аҩыжәра иаанахәаз, мамзаргьы аҵарҭышагацәа шәырҿымцаалан ҳәа ауп. Ус еиԥш иҟақәоу — акыррыцфараҵәҟьагьы иаԥсам» (1 Коринфаа 5:11). «Христос дзакәу аилкаара мап ацәкны» иҟоу ауаҩы изкны ҳаԥхьоит: «Шәыҩны дшәыдшәымкылароуп, аԥсшәа иашәымҳәароуп; абас еиԥш иҟоу ауаҩы дыздызкыло, аԥсшәа иазҳәо иара ииуа ацәгьара иалахәхо аӡә иакәхоит» (2 Иоанн 9—11). Ҳара аизара иалцоу адоуҳатә зҵаарақәа шьҭыхны ҳрацәажәаӡом. 1982 шықәса март 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә Бааш», адаҟьа 17 аҟны иазгәаҭан, ус баша аԥсшәаҳәара аиҿцәажәараз раԥхьатәи шьаҿахар ауеит, иҟалап аиҩызахарахьгьы инанагар ҳәа. Анаҩс иқәыргылан азҵаара, иаԥсоума актәи ашьаҿа аҟаҵара аизара иалцоу ауаҩы изааигәахаразы?
Мап ацәктәума иарбанзаалак аиҿцәажәара? Ааи, уи азгьы иҟоуп мзызқәак. Акы, уахь иаҵанакуеит Анцәеи иара Иажәеи рызиашара. Ҳара Иегова ҳанизыӡырҩуа ианаҳзыманшәалоу мацара акәӡам, аха даараӡа ианаҳцәыцәгьоугьы. Анцәа иахь абзиабара ҳгәазҭанаҵоит иԥҟарақәа зегь рынагӡара, избанзар ҳара ҳақәшаҳаҭуп иара дышиашоу, дшыбзиабаҩу, насгьы изакәанқәа абзазара ду шаҳзаарго (Исаиа 48:17; 1 Иоанн 5:3). Ҩбагьы, иахьымхәуа агәнаҳаҟаҵаҩ иҿцәажәара ҳҽацәыхьчо, ҳара ҳхы, насгьы аизара зегьы ҳахьчоит адоуҳатә, насгьы агәаԥхашәатә ҟьашьра аҟынтә, абасала аизара ахьӡ бзиа ацәыӡуам (1 Коринфаа 5:6, 7). Хԥагьы, хьаҵрада абиблиатә принципқәа рыдгылара ӡбаны иахьҳамоу, аизара иалцоу ахәарҭа изаанагар ауеит. Азинтә комитет аӡбара ҳахьадгыло, иҟалап уи уаанӡа аизара аиҳабацәа рыцхыраара иақәҿызымҭуаз агәнаҳаҟаҵаҩ игәы арҿыхар. Бзиа иибоз ауаа рыҿцәажәара алшара ахьицәыӡыз, иҟалап, иара «ихахьы ихшыҩ» ааир, насгьы еиликаар игәнаҳа шаҟа иӷәӷәоу, анаҩс Иегова иахь дхынҳәырц ашьаҿақәа ҟаиҵар (Лука 15:17).
Иҟаҵатәузеи иҳауоу аӡәы аизара далцазар? Ус анакәха Анцәа изиашара аԥышәара ӷәӷәа иақәшәоит, избанзар аҭаацәараҿ аиуаратә еизыҟазаашьақәа ӷәӷәоуп. Ҳашԥаизыҟазар акәу аизара иалцоу ҳауа? Аҭагылазаашьақәа зегьы реилыргара алшом, аха уааи ҳрыхәаԥшып еиҳа лассы-лассы иуԥыло.
Ҭагылазаашьақәак рҿы, аҭаацәара аҟынтә аӡәы аизара иалцоу, уаанӡа еиԥш изааигәоу иуацәа дрыцынхоит. Аҭаацәараҿы зегьы еилыркаауеит рыуа аизара далцазар, уи аҭаацәара иалцара шаанамго, убри аҟынтә дара аҩнтәи аусқәа уаанӡа еиԥш еицыҟарҵоит. Аха агәнаҳаҟаҵаҩ агәнаҳа мҩа иалихыз иуацәеи иареи рдоуҳатә еизыҟазаашьақәа бжьнахит. Убри аҟынтә Анцәа ицәшәо иҭаацәара уаҳа адоуҳатә темақәа рыла иацәажәара азин рымаӡам. Иаҳҳәап, аҭаацәаратә мҵахырхәара аан иалцоу дрылатәазар, ахцәажәараҿ иҽалаирхәыр ҟалаӡом. Аха аизара иалцоу ахәыҷы иқәра наӡамзар, иҭаацәа иара имҩақәҵареи иааӡареи аҭакԥхықәра шрыдыц ирыдуп. Убри аҟынтә аҭаацәа рхәыҷ иахь абзиабара аарԥшуа, иҟалап ирыӡбар Абиблиа аҵара изымҩаԥыргаларц (Ажәамаанақәа 6:20—22; 29:17)b.
Даҽа ҭагылазаашьақәак рҿы аҭаацәара аҟынтә аӡәы аизара иалцоу хазы дынхоит. Аамҭа-аамҭала ҭагылазаашьақәак цәырҵлар ауеит аҩнтәи аусқәа рыӡбара анаҭаху, ус иҟоу аицәажәарақәа иахьынӡазалшо ала ирмаҷтәуп. Анцәа ицәшәо аҭаацәа аизара иалцоу хазы инхо рыуа иацәажәаразы, ирыԥшааӡом аҽыҵгақәа, ма ахыриашарақәа. Уи ахаҭыԥан, Иеговеи иара иорганизациеи рызиашара дара ргәазҭанаҵоит Абиблиа иану аиҿкаара аизара алцара иазкны, адгылара. Ари аҩыза апозициа ӷәӷәа аанкыло, дара агәнаҳаҟаҵаҩ ибзазара ишеиҷаҳауа аадырԥшуеит, насгьы иҟалап, уи ахьырхәра аҟынтә алкаа аҟаҵара ицхраар (Ауриацәа 12:11)c.
a Ара иаагоу абиблиатә принципқәа аизара мап ацәызкуагьы ирыҵанакуеит.
b Аизара иалцоу зықәра наӡам ахәыҷқәа зҭаацәа ирыцынхо ишырзыҟазаатәу иазку аинформациа еиҳаны ишәыԥшаар шәылшоит «Ахьчаратә Бааш» 2001 шықәса октиабр 1, адаҟьақәа 16—17 рыҟны, насгьы 1989 шықәса сентиабр 15, адаҟьа 17 аҟны.
c Аизара иалцоу ауацәа ишырзыҟазаатәу иазку аинформациа еиҳаны ишәыԥшаар шәылшоит «Ахьчаратә Бааш» 1988 шықәса сентиабр 15, адаҟьақәа 18—23 рыҟны, насгьы 1982 шықәса март 1, адаҟьақәа 18—23 рыҟны.