Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ауаа аус ахьыруа аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара шаҭаху
Уи зхадоу. Ирацәаҩны ауаа хәлаанӡа аус руеит, убри аҟынтә урҭ Аҳра иазку ажәабжь рызнагара знеишьас иамоу — аус ахьыруа анеира ауп. Ауаа аус ахьыруа ажәабжьҳәара иаанаго́ит ирацәаны агәырӷьареи алҵшәа бзиақәеи, избанзар ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара иаҿурԥшуазар, аусура ҭыԥқәа рҿы еснагь аӡә дыҟоуп, насгьы уаҟа ауаа патуқәҵарала рхы мҩаԥыргоит, избанзар ҳара акы аазхәо реиԥш иҳахәаԥшуеит. Ақәҿиара аиуразы ажәабжьҳәаҩцәа иаадырԥшлароуп агәеилых бзиа, насгьы ишахәҭоу еилаҳәазароуп (2 Кор. 6:3). Амаҵзуратә хылаԥшҩы дацклаԥшлароуп ажәабжьҳәаҩцәа шаҟа лассы-лассы ажәабжь рыларҳәо ауаа аус ахьыруа аҭыԥқәа рҿы, насгьы уи амаҵзура ахкы зҽалазырхәуа ажәабжьҳәаҩцәа зусҭцәоу.
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Имҩаԥысраны иҟоу шәҭаацәаратә мҵахырхәара аан уҽазыҟаҵа икьаҿу адгалара, ауаа аус ахьыруа аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара иазку, ус еиԥш иҟоу амаҵзура уҽалаурхәуазар.