Сентиабр 14 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
СЕНТИАБР 14 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 50, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 11, абз. 16—23 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 2 Аҳцәа 16—18 (8 мин)
№ 1: Матфеи 22:1—14 (3 мин ма еиҵаны)
№ 2: Иҟаҵатәузеи, Абиблиа аԥхьара еиҳа хәарҭа узаанагарц? (igw–U ад. 32) (5 мин)
№ 3: Агәымшәара улаз, насгьы пату рықәҵала Иегова имаҵзуҩцәа (it–U «Авдемелех») (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Шьаҭанкыла ажәабжь бзиа рылашәҳәала» (Аус. 20:24).
10 мин. Шьаҭанкыла ажәабжь бзиа рылашәҳәала. Ажәахә амза атема, насгьы 2008 шықәса декабр 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», ад. 16—18, абз. 3—9 (аурыс) шьаҭас измоу (Аус. 20:24). Иааркьаҿны урылацәажәа акы-ҩба хҭыс «Дара иазхианы амаҵзура рхы азыркит» ҳәа хьӡыс измоу изаамҭанытәу аброшиурақәа рҿы иаагоу астатиақәа рҟынтә.
20 мин. «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ауаа аус ахьыруа аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара шаҭаху». Ахцәажәара. Еиҿкаа ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылоу икьаҿу адемонстрациа. Раԥхьа ажәабжьҳәаҩ абизнесмен ажәабжь иеиҳәоит апатуқәҵара аамырԥшӡакәа. Анаҩс ажәабжьҳәаҩ уи аҭагылазаашьаҿы ажәабжь иҳәоит апатуқәҵара аарԥшуа. Уразҵаа аӡырҩцәа избан аҩбатәи адгалара еиҳа алҵшәа замоу.
Ашәа 96, анцәаиҳәара