Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • fg аур. 3 азҵ. 1—4
  • Иабантәаадыруеи Абиблиа — Анцәа иҟынтә шакәу

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иабантәаадыруеи Абиблиа — Анцәа иҟынтә шакәу
  • Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абиблиа — Анцәа исаламшәҟәы ауп
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Абиблиа Анцәа иҳаиҭаз ҳамҭоуп
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Анцәа ииҭаху шеилкаатәу
    Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
  • Изакәызеи Абиблиа?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
Шәахәаԥш еиҳаны
Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
fg аур. 3 азҵ. 1—4

АУРОК 3

Иабантәаадыруеи Абиблиа — Анцәа иҟынтә шакәу

1. Дызусҭада Абиблиа Автор?

Абиблиа еиуеиԥшым аиҭагақәа, насгьы ажәытә напылаҩырақәа

Ауаа адгьылаҿ наӡаӡа ишынхало ажәабжь бзиа Абиблиа иануп (Ԥсалом 37:29). Абиблиа шьақәгылоуп 66 шәҟәы хәыҷқәа рыла. Уи рыҩуан 40-ҩык раҟара Анцәа изиашаз ахацәа. Раԥхьатәи хә-шәҟәык иҩит аԥааимбар Моисеи 3 500 шықәса раԥхьа. Аҵыхәтәантәи ашәҟәы иҩит апостол Иоанн 1 900 шықәса раԥхьа. Изтәыда Абиблиа иану ахәыцрақәа? Анцәа иԥааимбарцәа аинформациа риҭон иԥшьоу адоуҳа ихы иархәаны (2 Самуил 23:2). Дара рхатә хәыцрақәа ракәӡам ианырҵоз, аха Анцәа ихәыцрақәа роуп. Уи иаанаго, Иегова иоуп Абиблиа Автор. (Шәрыԥхьа 2 Тимофеи иахь 3:16; 2 Пиотр 1:20, 21.)

Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Дызусҭада Абиблиа автор?»

2. Иабантәаадыруеи Абиблиа — Анцәа иҟынтә шакәу?

Абиблиа — ари ашәҟәы Анцәа иҟынтә ауп, избанзар уа акы агмыжькәа, иҟалараны иҟоу зегьы заа иануп (Иисус Навин 23:14). Анцәа Зегьзылшо мацара иоуп акы агмыжькәа ауаатәыҩсатә ԥеиԥш заа аҳәара зылшо. (Шәаԥхьа Исаиа 42:9; 46:10.)

Хымԥада Анцәа иҟынтә ашәҟәы здаҟам шәҟәуп. Иахьа икьыԥхьуп миллиардла Абиблиа аекземплиарқәа, шәкы-шәкыла абызшәақәа рахь еиҭагоу. Ари даара ажәытәӡатәи ашәҟәы шакәугьы, уи аҭҵаарадырра инагӡаны иақәшәоит. Иазгәаҭатәуп, уи зыҩуаз 40-ҩык ауаа ирыҩуаз еиҿагыломызт. Абиблиаҿ иану зегьы Анцәа ибзиабарала иҭәуп, насгьы ари ашәҟәы иахьа уажәраанӡа ауаа рыԥсҭазаара еиӷьнатәыртә амч амоуп. Уи зегьы миллионҩыла ауаа агәра днаргоит Абиблиа — ари Анцәа Иажәа шакәу. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа 2:13.)

Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Иабантәиаадыруеи Абиблиа Анцәа иҟынтә шакәу?»

3. Иаҳәозеи Абиблиа?

Анцәа иишаз Џьанаҭ, Џьанаҭ ыӡит, Нои ихаан аӡхыҵра, Моисеи 10 ԥҟарак иманы, Иисус ауаа идирҵоит

Абиблиаҿы акрызҵазкуа аҭыԥ ааннакылоит Анцәа бзиабарала ауаа аԥеиԥш бзиа шрызирхиаз иазку ажәабжь бзиа. Абиблиаҿ иаҳәоит раԥхьаӡа адунеи иқәынхоз ауаа џьанаҭ аҿы анхара алшара шырцәыӡыз, насгьы аԥхьаҟа уи џьанаҭ шырхынҳәхо. (Шәаԥхьа Аатра 21:4, 5.)

Абиблиаҿы иара убас иануп азакәанқәеи, апринципқәеи, алабжьарақәеи. Уи адагьы, уа иануп Анцәа иҟазшьақәа ҳзаазыртуа имаҷымкәа аҭоурыхқәа. Ари зегьы Ҳазшаз еиӷьны иабадырра иҳацхраауеит. Абиблиа иҳаилнаркаауеит иара ҳаиҩызахар шҳалшо. (Шәрыԥхьа Ԥсалом 19:7, 11; Иаков 2:23; 4:8.)

4. Ишԥаулшо уара Абиблиа аилкаара?

Ари аброшиура Абиблиа аилкаара ишәыцхраауеит. Ара иаагоуп Иисус ихы иаирхәоз азнеишьа. Иара Иԥшьоу Аҩыра аҟынтә еиуеиԥшым ажәеинраалақәа ааганы дрыхцәажәон. (Шәаԥхьа Лука 24:27, 45.)

Анцәа иҟынтә ажәабжь бзиа аасҭа еиӷьу иҟоузеи! Ус ишыҟоугьы шьоукы уа иану хьаасгьы иркым, даҽа шьоукы зынӡа ргәы ԥнажәоит. Аха шәара уи шәааннамкылааит. Избанзар Анцәа изку адырра наӡаӡатәи шәыԥсҭазаара иахьыԥшуп. (Шәаԥхьа Иоанн 17:3.)

Еиҳаны аинформациа шәыԥшаарц шәылшоит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», 2-тәи ахаҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра