АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Амаҵзураҿы ахәыҷы ашә ааиртыр
Амаҵзураҿы ахәыҷы ашә ааиртыр, иҭаацәа дрыԥхьарц иаҳҳәар ауп. Убас ала ҳара аҭаацәа рхадарахьы апатуқәҵара ааҳарԥшуеит (Еф. 6:1). Ахәыҷы аҩныҟа ҳааиԥхьозар, мап ҳкыроуп. Аҭаацәа аҩны иҟамзар, даҽазны ҳааир еиӷьуп.
Ашә аазыртыз дыхбыџзар, иаҳҳәап, аиҳабыратә классқәа рҿы дтәазар, иҭаацәа ааиԥхьарц ҳиҳәар ауп. Урҭ аҩны иҟамзар, ҳиазҵаар ауеит дзыԥхьар ауа ихала алхра иҭаацәа азин ирҭоу-ирымҭоу. Ирҭозар, ҳпубликациақәа идаҳгалар, мамзаргьы асаит jw.org иҳарбар ауеит.
Аинтерес аазырԥшыз ахбыџ даҽазны ҳаиҭаауазар, иҭаацәа ҳрабаирдырырц ҳиҳәар ауп. Усҟан ҳара иҳалшоит ҳзааз деилҳаркаар, насгьы Абиблиа аҭаацәарақәа ирнаҭо алабжьарақәа шаҟа ихәарҭоу дҳарбар (Аԥсал. 118:86, 138 [119:86, 138, АдҾ]). Аҭаацәа рахь иааҳарԥшуа абри аҩыза апатуқәҵареи азҿлымҳареи шаҳаҭра бзиахоит. Иара убас алшара ҳауеит аҭаацәара зегьы ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара (1 Пиотр 2:12).