Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • bh ахы 1, ад. 8—17
  • Анцәа изку аиаша

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа изку аиаша
  • Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ХЬААС ҲИМАМКӘА ДГӘЫМБЫЛЏЬБАРАНЫ ДЫҞОУМА?
  • ДЫШԤАЗЫҞОУ АНЦӘА АИАШАМРА?
  • АНЦӘА ИҬАХУП ИАРА ҲИАБАДЫРЫРЦ
  • ИАЛШОМА ИЕГОВА ИЗААИГӘАХАРА?
  • Дызусҭада Анцәа?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Ишәҭахума шәара еилышәкаарц аҵабырг?
    Ишәҭахума шәара еилышәкаарц аҵабырг?
  • Анцәа иаша — дарбан уи?
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
  • Иҟаҳҵар акәзеи Анцәа ҳаизааигәахарц азы?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
Шәахәаԥш еиҳаны
Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
bh ахы 1, ад. 8—17

АХЫ 1

Анцәа изку аиаша

  • Бзиа уибома уара Анцәа?

  • Дызусҭада Анцәа, насгьы имоума иара ахьӡ?

  • Иалшома Анцәа изааигәахара?

1, 2. Изаҭахузеи азҵаарақәа рықәыргылара?

ИГӘОУҬАХЬОУМА уара ахәыҷқәа азҵаарақәа рацәаны ишықәдыргыло? Аарлаҳәа ацәажәашьа шаарҵалак, азҵаарақәа урҭо иалагоит. Уара еилукаауеит рызҵаарақәа рҭак роуаанӡа ишуҟәамҵуа. Дара зегьы рзы аинтерес рымоуп: избан ажәҩан зиаҵәоу? Излыхузеи аеҵәақәа? Идзырҵада аҵарақәа ашәаҳәашьа? Зны-зынла арҭ азҵаарақәа рҭак аҟаҵара аиҳабацәа ирцәыуадаҩуп, избанзар егьа ибзианы аҭак ҟауҵаргьы, еснагь иашьҭанеиуеит азҵаара: избан?

2 Аха ахәыҷқәа мацара ракәӡам азҵаарақәа ықәзыргыло. Иҳазҳацыԥхьаӡа ҳаргьы ҳазҵаарақәа еиҳа ирацәахоит. Избанзар, ҳара ҳаԥсҭазааратә мҩа алхра ҳашьҭоуп, ашәарҭара ҳҽацәаҳахьчарц, ма иҿыцу ак еилаҳкаарц. Аха аамҭа анҵлак, еиҳараҩык ауаа азҵаарақәа рыҟаҵара иаҟәыҵуеит, еиҳарак зегь реиҳа ихадоу азҵаарақәа. Ажәакала, дара урҭ азҵаарақәа рҭак аԥшаара иаҟәыҵуеит.

3. Избан аӡәырҩы ауаа заҟәыҵыз еиҳа ихадоу азҵаарақәа рҭак аԥшаара?

3 Уазхәыц ари ашәҟәы ахьӡ, иара убас аԥхьажәаҿы, насгьы ашәҟәы актәи ахы алагамҭаҿы иҟоу азҵаарақәа. Урҭ ҳара ҳаԥсҭазаараҿы еиҳа ихадоу зҵаарақәоуп. Аха еиҳараҩык ауаа урҭ рҭак аԥшаара иаҟәыҵит. Избан? Иаҳнаҭома Абиблиа арҭ азҵаарақәа рҭак? Шьоукы ргәы иаа́нагоит Абиблиа зеилкаара уадаҩу шәҟәуп ҳәа. Егьырҭ ауаа азҵаарақәа рыҟаҵара иацәыԥхашьоит. Даҽа шьоукы ргәы иаа́нагоит урҭ реиԥш иҟоу атемақәа рылацәажәара аԥшьаҩцәеи арҵаҩцәеи роуп изыхәҭоу ҳәа. Уара угәы ишԥаанаго?

4, 5. Иарбан зҵаарақәоу аԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадоу, насгьы избан урҭ рҭак аԥшаара захәҭоу?

4 Иҟалап уара еилукаар уҭахызар ҳаԥсҭазаараҿы ихадоу азҵаарақәа рҭак. Ҳәарада, уара изныкымкәа аԥсҭазаара ҵакыс иамоузеи ҳәа ухы уазҵаахьеит. Иҟоума аԥсра ашьҭахь аԥсҭазаара? Дызусҭада Анцәа? Ихадоуп абарҭ реиԥш иҟоу азҵаарақәа рықәыргылара, насгьы ииашоу аҭак уашьҭымҵыкәа аԥшаара. Арҵаҩ Ду Иисус Христос иҳәеит: «Шәаҳәала, шәызҳәауагьы шәоуп; шәыԥшаала, ишәоуп ишәыԥшаауа; шәасла, шәзысуа шәзаадыртып» (Матфеи 7:7).

5 Уара ихадоу аԥсҭазааратә зҵаарақәа рҭак аԥшаара уаҿызар, хымԥада, уара уԥшаарақәа рҿы азылԥхарақәа уоуеит (Ажәамаанақәа (Притчи) 2:1—5). Ауаа егьа уарҳәаргьы, агәра ганы уҟаз: аҭак аиура улшоит, насгьы урҭ Абиблиаҿы иҟоуп. Урҭ реилкаара уадаҩӡам. Убри инеиҳангьы, Абиблиа аҟынтә адыррақәа агәыӷреи агәырӷьареи ҳарҭоит. Урҭ аԥсҭазаараҿы ииашаҵәҟьоу анасыԥ аиура иуцхраауеит. Раԥхьа ҳалацәажәап аӡәырҩы ауаа хьаас ирымоу азҵаара.

АНЦӘА ХЬААС ҲИМАМКӘА ДГӘЫМБЫЛЏЬБАРАНЫ ДЫҞОУМА?

6. Избан аӡәырҩы ауаа Анцәа хьаас ҳимам ҳәа зырыԥхьаӡо?

6 Абасҵәҟьоуп аӡәырҩы ауаа Анцәа изы агәаанагара шрымоу. «Иара бзиа ҳаибозҭгьы, адунеи даҽакала иҟазаарын»,— рҳәоит дара. Иахьа адунеи аҿы иҟоуп аибашьрақәа, ацәымӷра, насгьы аӷарра. Ауаа чмазаҩхоит, игәаҟуеит, ирзааигәоу ауаа рцәыӡуеит. «Анцәа бзиа ҳаибозҭгьы, насгьы дҳацхраарц иҭахызҭгьы, ари аҩыза ҟаломызт»,— рҳәоит еиҳараҩык.

7. а) Ишԥарылшеи адиннапхгаҩцәа Анцәа дгәымбылџьбароуп ҳәа ауаа ирыԥхьаӡартә аҟаҵара? б) Иаҳнарҵозеи Абиблиа аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо аԥышәарақәа рганахь ала?

7 Аԥшьаҩцәеи адинрҵаҩцәеи ауаа Анцәа дгәымбылџьбароуп ҳәа иазыҟарҵоит, убри ауп зегь реиҳа еицәоу. Рыцҳарак аныҟалалак, адиннапхгаҩцәа ишьақәдырӷәӷәоит ари Анцәа игәаԥхара ауп ҳәа. Уи ала дара ацәгьарақәеи арыцҳарақәеи зегьы Анцәа ихарарҵоит. Аха уи ус иҟоума? Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа? Иаков 1:13 аҟны иҳәоуп: «Аԥсҭазаара шәаныԥнашәо, шәзеилаҳауа шәанацныҟәо ишәымҳәан: „Анцәа иоуп сԥызшәо“ ҳәа; Анцәа цәгьаҟаҵарала иҽԥишәаӡом, уи аҩыза ирҟаҵангьы уаҩ дԥишәом». Анцәа ахаангьы адунеи аҿы иҟоу ацәгьара дахыҵхырҭамызт. (Шәаԥхьа Иов [Иов] 34:10—12.) Иара иаҩижьуеит агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи. Аха акы аҩжьреи, насгьы убри ахаратәреи — зынӡа еиԥшым.

8, 9. а) Иарбан ҿырԥшу иҳаилзыркаауа акы аҩжьреи, насгьы уи ахаратәреи шеиԥшым? б) Избан изиашам Анцәа ихараҳҵар ауаа ииашам амҩа аналырхуаз иахьаанимкылаз?

8 Ҳахәаԥшып ҿырԥшык. Иҟәыӷоу, абзиабара злоу аб димоуп зықәра наӡоу, макьана зҭаацәа рыҩны инхо ԥак. Аԥа иаб дизымӡырҩуа даналагалак, насгьы аҩны ааныжьны сцоит ҳәа аниӡбалак, аб уи дааникылом. Аԥа иҽеим аԥсҭазаара амҩаԥгара далагоит, ауадаҩрақәагьы дрықәшәоит. Аб ихараҳҵар ҟалома аԥа ауадаҩрақәа дахьрықәшәаз? Ҳәарада, мап! (Лука 15:11—13). Анцәагьы ауаа аанимкылаӡеит ииашам амҩа аналырх, аха иара ихараӡам урҭ агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи иахьрықәшәаз. Убри аҟынтә адунеи аҿы асҟак ацәгьара ахьыҟоу Анцәа ихараҵара иашаӡам.

9 Анцәа акрызҵазкуа амзызқәа имоуп, убри азоуп изиаҩижьыз ауаатәыҩса ииашам амҩала ицаларц. Иҟәыӷоу, амч дуӡӡа змоу Зегьзшаз, ҳәара аҭахума, иуалым урҭ амзызқәа ҳара ҳзеиҭаҳәара. Аха иара бзиабарала иҳаилиркаауеит убас зыҟаиҵаз. Уи аҵакы уара еилукаар улшоит 11-тәи ахаҿы. Агәра ганы уҟаз Анцәа ишихарам ҳара ҳгәаҟрақәеи ҳрыцҳарақәеи. Иара заҵәык иоуп изылшо урҭ ҳарцәнырхара (Исаиа [Исаия] 33:2).

10. Избан агәра ҳгар зҳалшо Анцәа ацәгьара иахылҿиааз зегь шаԥихуа?

10 Убри инеиҳангьы, Анцәа дыԥшьоуп (Исаиа [Исаия] 6:3). Уи иаа́нагоит иара дыцқьоуп, насгьы диашоуп ҳәа. Иара зынӡа илам ацәгьара. Убри аҟынтә ҳара инагӡаны игәра ҳгалар ҳалшоит. Ауаа рзы ус узҳәом, избанзар дара рыуаҩра рҭиуеит, насгьы ииашамкәа рхы мҩаԥыргар рылшоит. Дарбанзаалак ауаҩы аиҳабыраҿы зыламыс цқьоу ҳәа дырдыруазаргьы, зегь акоуп ацәгьауаа иҟарҵо аԥырхага зегь аԥыхра иара имчым. Анцәа имоуп ҳәаа змам амч. Иара илшоит ацәгьара иахылҿиааз зегь аԥыхра, насгьы хымԥада ус иагьыҟаиҵоит. Аамҭа анааилак, Анцәа наунагӡа ауаа ирԥыригоит агәырҩеи агәаҟреи. (Шәаԥхьа Аԥсалом 36:9—11 [37:9—11, АдҾ].)

ДЫШԤАЗЫҞОУ АНЦӘА АИАШАМРА?

11. а) Дышԥазыҟоу Анцәа аиашамра? б) Дышԥарзыҟоу Анцәа аԥсҭазаараҿы узықәшәо ауадаҩрақәа?

11 Дышԥазыҟоу Анцәа иахьа адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа? Дышԥарзыҟоу иара аԥсҭазаараҿы узықәшәо ауадаҩрақәа? Абиблиа иаҳнарҵоит Анцәа «аиаша бзиа ибоит» ҳәа (Аԥсалом 36:28 [37:28, АдҾ]). Иара даараӡа хьаас имоуп ацәгьеи абзиеи рызҵаарақәа. Иара ицәымӷуп изеиԥшразаалак аиашамра. Абиблиаҿы иаҳәоит Анцәа «игәы шинархьыз» ажәытәан адгьыл цәгьарала ианҭәы (Аҟазаара [Бытие] 6:5, 6). Анцәа иҽимԥсахӡеит (Малахиа [Малахия] 3:6). Иахьагьы иара игәы инархьуеит адунеи аҿы иҟоу агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи. Иара ицәымӷуп ацәгьара. Абиблиа излаҳәо ала, иара гәҭыха-хьаас ҳимоуп. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:7.)

Абиблиа иаҳнарҵоит Иегова — Адунеи Зегьзшаз иоуп ҳәа. Иара бзиабарала дҭәуп

12, 13. а) Избан ҳара изааҳарԥшуа абзиабара еиԥш иҟоу иссиру аҟазшьақәа, насгьы ишԥаныруеи абзиабара ҳхәаԥшышьа адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа аганахьала? б) Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Анцәа адгьыл аҟынтә ацәгьара шаԥихуа?

12 Иабантәаадыруеи Анцәа ишиҭахым ауаа ргәаҟрақәа? Абиблиа иаҳнарҵоит ауаҩы Анцәа ихаҿра иҭаны дшан ҳәа (Аҟазаара [Бытие] 1:26). Ҳара аҟазшьа бзиақәа ҳамоуп, избанзар Анцәа урҭ аҟазшьақәа имоуп. Уазхәыц: иарбан цәаныррақәоу иузцәырҵуа, акгьы зхарам ауаа шгәаҟуа анубо? Аӡәы ирыцҳарақәа угәы удырхьуазар, Анцәа урҭ арыцҳарақәа еиҳагьы игәаҟынӡа инеиуеит, избанзар иара ицәаныррақәа ҳара ҳтәқәа раасҭа иӷәӷәоуп.

13 Абзиабара — ауаҩы илоу иссиру аҟазшьақәа ируакуп. Абри аҿгьы ҳара Анцәа ҳиеиԥшуп. Абиблиа иаҳнарҵоит «Анцәа — дыбзиабароуп» ҳәа (1 Иоанн 4:8). Ҳара абзиабара ааҳарԥшуеит, избанзар ари аҟазшьа Анцәа илоуп. Иуҭахума уара адгьыл аҿы иҟоу агәырҩеи аиашамреи рҵыхәтәа аԥҵәара? Иҟауҵозма уи уара иулшозҭгьы? Ҳәарада! Убри аҟынтә ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Анцәа агәаҟрақәеи аиашамрақәеи хымԥада рҵыхәтәа шԥиҵәо. Аԥхьажәаҿы зыӡбахә ҳәоу ақәыргәыӷрақәа гәыхәтәы мацарам. Урҭ хымԥада иҟалоит! Аха Анцәа иқәыргәыӷрақәа рыгәра угаларц азы, уара уи иааигәаны уиабадырроуп.

АНЦӘА ИҬАХУП ИАРА ҲИАБАДЫРЫРЦ

Аӡәы ҳаниабадыруа, ҳара еснагь ҳахьӡ ҳҳәоит. Иегова Абиблиаҿы иара ихьӡ ҳзааиртуеит

14. Ихьӡузеи Анцәа, насгьы избан ихьӡ ҳхы иаҳархәалар зҳахәҭоу?

14 Излалагозеи аибадырра? Ишаԥу еиԥш, раԥхьа ауаҩы ухьӡ иоуҳәоит. Имоума нас Анцәа ахьӡ? Аӡәырҩы адинхаҵаҩцәа ирыԥхьаӡоит иара ихьӡуп «Анцәа», ма «Иҳақәиҭу» ҳәа. Аха урҭ хьыӡқәаӡам. Урҭ титулқәоуп, «аҳ» ма «апрезидент» реиԥш. Абиблиа аҟынтә иаҳбоит Анцәа атитулқәа рацәаны ишимоу. Урҭ рахьтә «Анцәа», ма «Иҳақәиҭу» титулқәак роуп. Аха Абиблиа иаҳнарҵоит Анцәа ихатәы хьӡы шимоу — Иегова. Аԥсалом 83:18 (АдҾ) аҟны иаҳәоит: «Уара, Иегова ҳәа ахьӡ змоу, Аӡәык уоуп адгьыл аҿы Зегьирхаку» (Уахәаԥш иара убас Ақәҵымҭа [Исход] 15:3). Уара Анцәа ихьӡ зным Абиблиа ухы иаурхәозар, уаԥхьар улшоит Ацҵа «Анцәа ихьӡ ахархәареи аҵаки», уаҟа иануп Анцәа ихьӡ еиҭагақәак рҿы изыҟам. Ажәытәтәи абиблиатә напылаҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ зқьынтә иаҳԥылоит. Излаҳбо ала, Иегова иҭахуп уара ихьӡ удырырц, насгьы ухы иаурхәаларц. Иара Абиблиаҿы ихьӡ ҳзааиртуеит.

15. Иаа́нагозеи ахьӡ Иегова?

15 Анцәа ихазы иалихит даара иҵаулоу аҵакы змоу ахьӡ. Ахьӡ Иегова иаа́нагоит Анцәа иажәақәа зегь шынаигӡо, насгьы игәы иҭеикыз зегь шыҟаиҵоa. Анцәа ихьӡ здаҟам хьӡуп. Ари ахьӡ иаԥсоу Анцәа заҵәык иоуп. Иегова аӡәгьы дузидкылом. Избан?

16, 17. Иаҳзаадыртуазеи ҳара Иегова изкны иара ититулқәа: а) «Зегьзымчу»? б) «Наӡаӡатәи Аҳ»? в) «Зегьзшаз»?

16 Аԥсалом 83:18 (АдҾ) аҟынтә ишеилаҳкааз ала, Иегова «Аӡәк адгьыл аҿы Зегьирхаку» иоуп. Ииашаҵәҟьаны, Иегова заҵәык иоуп «Зегьзымчу» ҳәа изышьҭоу. Аатра 15:3 (АдҾ) аҟны иаҳәоит: «Иҳаракуп, иагьыссируп уусқәа, Анцәа Иегова, Зегьзымчу. Иқьиоуп, иагьиашоуп умҩақәа, наӡаӡатәи Аҳ». Атитул «Зегьзымчу» иаҳнарбоит Иегова зегь реиҳа амч дуӡӡа шимоу. Анцәа имчраҿы иаҟароу дыҟам. Алшара дуӡӡа имоуп. Атитул «Наӡаӡатәи Аҳ» иаҳзаанартуеит Анцәа ихаҭара даҽа ганк. Иара имамызт алагамҭа, дыҟан еснагь. Аԥсалом 89:3 (90:2, АдҾ) аҟны иҳәоуп: «Азқьышықәсқәа инадыркны азқьышықәсқәа рҟынӡа, наунагӡа Уара уакәын Анцәа». Ари азхәыцра уаршәаӡыӡоит!

17 Убри инеиҳангьы, Иегова заҵәык иоуп Зегьзшаз. Аатра 4:11 аҟны иҳәоуп: «Уара, Иҳақәиҭу, абри аҩыза ахьӡ-аԥша, аҳаҭыр, амч-алшара рыдкылара уаҭәоуп, избанзар уара уоуп зегь аԥызҵаз, угәаҳәарала ауп зегь шыҟоу, ишшоу». Амала уазхәыц: иумбо адоуҳатә шамҭақәа, еҵәала ихҩоу уахынлатәи ажәҩан, ибарақьаҭу ашәырҵлақәа, ухаҿы иузаамго аӡиасқәеи амшынқәеи зырҭәуа аԥсыӡ рацәа,— арҭ зегь Ҳазшаз, Иегова, ишамҭоуп!

ИАЛШОМА ИЕГОВА ИЗААИГӘАХАРА?

18. Избан шьоукы ауаа Анцәа уизааигәахар алшом ҳәа изхәыцуа, аха иаҳнарҵозеи Абиблиа?

18 Џьоукы Иегова иҳаракыра аӡбахә ианаԥхьо, уи аҵакы аилкаара рцәыцәгьоуп. Дара хәыцуеит Анцәа иҟынӡа узынаӡом, насгьы иара изааигәахара алшаӡом ҳәа. Урҭ ргәы иаанагоит Анцәа убысҟак дҳаракуп, ҳара ахаангьы дҳахәаԥшуам ҳәа. Аха уи ус аума? Абиблиа иаҳнарҵо зынӡа даҽакуп. Уаҟа иаҳәоит Иегова «ҳара даҳцәыхарам» ҳәа (Аусқәа 17:27). Абиблиа иара убас ҳгәазҭанаҵоит: «Шәизааигәаха Анцәа — усҟан Иаргьы дышәзааигәахоит» (Иаков 4:8).

19. а) Иарбан раԥхьатәи шьаҿоу иҟаҳҵар ҳахәҭоу, Анцәа ҳаизааигәахарц азы, насгьы иарбан зылԥхарақәоу уи иаҳзаанаго? б) Иугәаԥхозеи уара зегь реиҳа, Анцәа иҟазшьақәа рҟынтә?

19 Ҳашԥаизааигәахари Анцәа? Зегь раԥхьа иргыланы уара уааҟәымҵӡакәа Анцәа иӡбахә еилукаалароуп. Иисус иҳәеит: «Наӡаӡатәи ԥсҭазаарас иҟоу Уара, иаӡәу Анцәа иаша удырреи, Уара Иааушьҭыз Иисус Христос идырреи рауп» (Иоанн 17:3). Ааи, Абиблиа иаҳнарҵоит Иеговеи Иисуси ҳдырлар, «наӡаӡатәи аԥсҭазаара» ҳаур шҳалшо! Ишаҳҳәахьоу еиԥш, «Анцәа — дыбзиабароуп» (1 Иоанн 4:16). Иегова иара убас имоуп иҵегь аҟазшьа бзиақәа рацәаны. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иҳәоуп Иегова — «Ауаҩ бзиа дызбо, арыцҳашьара злоу, акыр зычҳауа, рацәа иразу, насгьы ииашоу» иоуп ҳәа (Ақәҵымҭа [Исход] 34:6). Иегова изы иҳәоуп: «Уара иуашьапкуа, Ухьӡ зҿаку зегь рзы уқьиоуп, уразуп» (Аԥсалом 85:5 [86:5, АдҾ]). Анцәа ачҳара имоуп (2 Пиотр 3:9). Иара гәыкала дыҟоуп (Аатра 15:4). Абиблиа уанаԥхьо, уара еилукаауеит Иегова абарҭ, насгьы егьырҭ зеиԥшыҟам аҟазшьақәа шааирԥшуа.

20—22. а) Ҳара Анцәа ибара ҳалшаӡом, аха иаанагома уи иара изааигәахара ҳалшом ҳәа? Иҳаилыркаа. б) Иҟарҵар рылшозеи џьоукы уара узыҳәан абзиа рҭахны, аха ушԥазыҟазар ахәҭоу уи уара?

20 Анцәа ибара ҳалшом, избанзар иара иаҳамбо доуҳауп (Иоанн 1:18; 4:24; 1 Тимофеи иахь 1:17). Аха Абиблиа иара иеилкаараҿы иҳацхраауеит, избанзар уи Анцәа ихаҭара ҳзаанартуеит. Аԥсалом излаҳәо ала, ҳара «Иегова иразра абара» ҳалшоит (Аԥсалом 27:4 [АдҾ]; Римаа рахь 1:20). Иегова еиҳаны деилукаалар, уара узы иара иҟаҵәҟьоу аӡәы иакәхоит. Убзиабара Анцәа иахь иазҳауеит, насгьы иара еиҳа уизааигәахалоит.

Аб бзиа ибзиабара иаанарԥшуеит акырӡа еиҳау жәҩантәи ҳ-Аб ибзиабара

21 Аамҭак ашьҭахь уара еилукаауеит Абиблиаҿы Иегова Аб ҳәа ихьӡ зҳәоу (Матфеи 6:9). Иара аԥсҭазаара ҳаиҭеит, аха уи адагьы игәы азыҳәоит зегь иреиӷьу аԥсҭазаара ҳаурц, абзиабара злоу аб ихәыҷқәа анасыԥ риҭарц шиҭаху еиԥш (Аԥсалом 35:10 [36:9, АдҾ]). Уи адагьы, Абиблиа иаҳнарҵоит ауаа Иегова иҩызцәахар шрылшо (Иаков 2:23). Ухаҿы иааг: Адунеи Зшаз уара дуҩызахар алшоит!

22 Џьоукы Абиблиа аҵара уаҟәыҵырц азы уацәажәара иалагар ҟалоит. Уара аханатә иумаз адинхаҵара аанужьыр ҳәа ишәар рылшоит. Аха аӡәгьы илумыршан дуԥырхагахарц зегь иреиӷьу Аҩыза ирҳара.

23, 24. а) Избан азҵаара аҭара уацәыԥхашьар захәҭам? б) Еилаҳкаауазеи анаҩстәи ахаҿы?

23 Ҳәарада, зныкала зегь узеилымкаар ҟалоит. Убри аҟынтә уацәыԥхамшьан ацхыраара аҳәара. Убри азы маҷк ахынраалара аҭахуп. Иисус иҳәеит ахәыҷқәа ахынраалара рҿаҳҵааларц (Матфеи 18:2—4). Ахәыҷқәа, ишаҳдыруа еиԥш, азҵаарақәа рацәаны иурҭоит. Анцәа иҭахуп узҵаарақәа рҭак уԥшаарц. Абиблиа ирҽхәаны рыӡбахә аҳәоит Анцәа иеилкаара зҭахыз ауаа. Дара инарҵауланы Аҩыра ҭырҵаауан, насгьы рҽазыршәон иддырҵоз зегь шыҵабыргыз аилкаара. (Шәаԥхьа Аусқәа 17:11.)

24 Иегова иеилкааразы зегь иреиӷьу азнеишьа — ари Абиблиа аҵароуп. Уи здаҟам шәҟәуп, насгьы егьырҭ ашәҟәқәа зегьы ирылукаауеит. Изла? Уи анаҩстәи ахаҿы ҳалацәажәоит.

a Анцәа ихьӡ аҳәашьеи аҵаки ртәы еиҳаны еилукаар улшоит Ацҵа «Анцәа ихьӡ ахархәареи аҵаки» аҿы.

ИАҲНАРҴОЗЕИ АБИБЛИА

  • Анцәа уара гәҭыха-хьаас уимоуп (1 Пиотр 5:7).

  • Анцәа ихьӡ — Иегова (Аԥсалом 83:18, АдҾ).

  • Иегова ааԥхьара ҟаиҵоит иара ҳаизааигәахарц (Иаков 4:8).

  • Иегова абзиабара ааирԥшуеит, игәы разуп, насгьы арыцҳашьара илоуп (Ақәҵымҭа [Исход] 34:6; 1 Иоанн 4:8, 16).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра