Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • T-36 ад. 1—4
  • Изакәызеи Анцәа Иаҳра?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Изакәызеи Анцәа Иаҳра?
  • Изакәызеи Анцәа Иаҳра?
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ишԥажәбо шәара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?
    Ишԥажәбо шәара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?
  • Знапаҿы иҟада ари адунеи?
    Знапаҿы иҟада ари адунеи?
  • Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?
    Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?
  • Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?
    Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?
Шәахәаԥш еиҳаны
Изакәызеи Анцәа Иаҳра?
T-36 ад. 1—4
Шьҭрала еиуеиԥшым ауаа Анцәа Иаҳра ааирц азы Анцәа иҳәоит

Изакәызеи Анцәа Иаҳра?

Ари...

  • агәы аҭагылазаашьа аума?

  • џьанаҭ гыларҭоума?

  • ажәҩан аҿы иҟоу напхгароума?

ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА?

«Жәҩан иҟоу Анцәа ишьақәиргылоит наӡаӡа ԥгара зқәымло аҳра» (Даниил 2:44, Адунеи ҿыц аиҭага).

«Ҳара аԥа дҳаҭоуп, Ижәҩахыр иқәҵахоит аҭауадратә напхгара» (Исаиа 9:6).

ИААНАГАР АЛШОЗЕИ АРИ ШӘАРА ШӘЗЫ?

  • Шәыԥсҭазаара еиӷьызтәуа ииашоу анапхгара (Исаиа 48:17, 18).

  • Ҳаԥхьаҟатәи адунеи ҿыц аҿы агәабзиара наӡеи анасыԥи (Аатра 21:3, 4).

Ауаа абаҳчаҿы аус руеит, насгьы Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара иалагәырӷьоит

ИҲАЛШОМА ҲАРА АБИБЛИА ИАҲӘО АГӘРА ҲГАР?

Ааи, уи азгьы ҩ-мзызк иадамзаргьы иҟоуп:

  • Иисус Христос Анцәа Иаҳра ауаа рзы иҟанаҵо дирбеит. Иисус ишьҭанеицәа анцәаиҳәашьа дирҵон Анцәа Иаҳра ааирц, насгьы адгьыл аҿы Анцәа игәаԥхара наӡарц азы (Матфеи 6:9, 10). Аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу уи Аҳра Анапхгаҩ иеиԥш, Иисус лабҿаба идирбеит ари анцәаиҳәара аҭак шаҭахо.

    Иисус адгьыл аҿы даныҟаз имлагоз ауаа акрырҿеиҵон, ичмазаҩыз ихәышәтәуан, иԥсхьоугьы рыԥсы ҭеиҵон! (Матфеи 15:29—38; Иоанн 11:38—44). Ари Анцәа Иаҳра аҵаҟа инхало ауаа ирзыԥшу аԥсҭазаара бзиа узырбо ак акәны иҟан (Аатра 11:15).

  • Адунеизегьтәи ахҭысқәа ишьақәдырӷәӷәоит Анцәа Иаҳра шааигәоу. Иисус заа иҳәахьан Аҳра адгьыл аҿы аҭынчра шьақәнаргылараны ианыҟоу аԥхьаҵәҟьа, ауаатәыҩса аибашьрақәеи, амлакреи, адгьылҵысрақәеи ишдыргәаҟло (Матфеи 24:3, 7).

    Убри ауп ҳаргьы иахьа иааҳакәыршаны иаҳбо. Убри аҟынтә ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иаарласны Анцәа Иаҳра арҭ ауадаҩрақәа зегь шаӡбо.

ШӘАЗХӘЫЦ

Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа иҟоу адгьыл ԥшӡа

Ишԥаҟало аԥсҭазаара Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа?

Абиблиаҿы ари азҵаара аҭак ҟаҵоуп АԤСАЛОМ 37:29 аҟны, насгьы ИСАИА 65:21—23 рҟынӡа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра