АУРОК 1
Изусҭцәада Иегова ишаҳаҭцәа?
Даниа
Таивань
Венесуела
Индиа
Ижәдыруада шәара Иегова ишаҳаҭцәа рҟынтә? Иҟалап урҭ шәара ишәгәылацәазар, аус шәыцыруазар, ма аҵара шәыцырҵозар. Мамзаргьы урҭ Абиблиа шәзырҵо ракәзар ауеит. Изусҭцәада нас Иегова ишаҳаҭцәа, насгьы избан урҭ рыгәрахаҵара атәы егьырҭ изырзеиҭарҳәо?
Ҳара иубац уаауп. Иегова ишаҳаҭцәа — еиуеиԥшым амилаҭқәа, акультурақәа, аилазаара ахәҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Ҳара ҳҟынтә шьоукы уаанӡа даҽа динхаҵарақәак ныҟәыргон, егьырҭ зынӡаск Анцәа дхарҵомызт. Аха Шаҳаҭцәас ҳҟалаанӡа ҳара зегьы хшыҩзышьҭрала Абиблиа ҭаҳҵааит (Аусқәа 17:11). Ҳара еилаҳкааз агәра ҳнаргеит, насгьы ҳазхәыцны аӡбара ҳадаҳкылеит Анцәа Иегова ҳаԥсҭазаара изаҳкырц.
Ҳара абиблиатә дыррақәа рыхә ҳаракны иаҳшьоит. Егьырҭ ауаа зегь реиԥш, ҳаргьы иҳамоуп ҳхатәы проблемақәеи агхақәеи. Аха ҳара абиблиатә принципқәа ирықәыршәаны анхара ҳҽахьазаҳшәо иабзоураны, ҳаԥсҭазаара акырӡа еиӷьхеит, насгьы еиҳа насыԥ ҳауит (Ԥсалом 128:1, 2). Ари амзыз ҳара Абиблиа аҟынтә еилаҳкааз егьырҭ изырзеиҭаҳҳәо амзызқәа ируакуп.
Ҳара Анцәа инормақәа рыла ҳанхоит. Арҭ анормақәа Абиблиаҿы иануп. Урҭ ҳара ҳдырманшәалоит, егьырҭ пату шрықәҵатәу, ламысцқьарала ахымҩаԥгара шаҭаху, ақьиара шаарԥшлатәу ҳнарҵоит. Дара ауаа ирыцхраауеит аилазаара иаԥсоу уааны аҟалара, аҭаацәеи агәаԥхашәареи дырӷәӷәоит. «Анцәа еилых-еилаҵа» имам, убри аҟынтә ҳара ҳхы ҳақәиҭуп арасатә, насгьы аполитикатә ԥынгыларақәа рҟынтә. Иегова ишаҳаҭцәа — зегьы адоуҳатә мазара ахә ахьыршьо, ииашаҵәҟьоу жәларбжьаратәи аиашьара ауп. Ҳара иубац ауаа шҳакәугьы, ҳааизакны даҽа жәларк ҳаиԥшым (Аусқәа 4:13; 10:34, 35).
Избан иаҳҳәар зҳалшо Иегова ишаҳаҭцәа иубац уаауп ҳәа?
Аҽшԥаԥсахи Иегова ишаҳаҭцәа рыԥсҭазаара абиблиатә дыррақәа ирыбзоураны?