АХЫ 17
Уҽырӷәӷәала иԥшьоу угәрахаҵара шьаҭас иҟаҵаны
«Шәҽырӷәӷәауа иԥшьоу шәыгәрахаҵара шьаҭас иҟаҵаны... Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» (ИУДА 20, 21, АдҾ).
1, 2. Иарбан ргылароу уара узҿу, насгьы избан изхадоу уи шургыло?
УАРА угәы ақәкны аҩны аргылара уаҿуп. Аргылара цоижьҭеи акрааҵуеит, макьанагьы иаанкылахом. Аусура цәгьоуп, аха агәахәара узаанагоит. Убри аҟынтә, иҟалалакгьы угәы каҳаӡом, аангыларагьы угәы иҭам, избанзар убри аусура шынаугӡо аҟынтә уара уԥсҭазаареи уԥеиԥши ахьыԥшызаауеит. Избан? Избанзар зыргылара уаҿу аҩны — уара уоуп!
2 Иуда, Иисус иҵаҩы, ҳхы аус адулара шаҭаху азгәеиҭон. Иара ақьырсианцәа Анцәа ибзиабараҿ иаанхаларц ргәаназҭеиҵоз, уи ацыԥҵәахаҿ иааирԥшит уи шыҟаҳҵалар акәу: «Шәҽырӷәӷәауа иԥшьоу шәыгәрахаҵара шьаҭас иҟаҵаны» (Иуда 20, 21). Ишԥаулшо уара аҽырӷәӷәара, насгьы угәрахаҵара арӷәӷәара Анцәа ибзиабараҿ уаанхаларц азы? Уааи ҳарзааҭгылап удоуҳатә ргыларахь иаҵанакуа х-ганк.
ИЕГОВА ИИАШОУ ИҬАХРАҚӘА РАХЬ УГӘРАХАҴАРА РӶӘӶӘАЛА
3—5. а) Иарбан ииашам гәаанагароу Иегова иҭахрақәа ирызкны Аҩсҭаа иҳадицаларц ииҭаху? б) Ҳашԥарзыҟазар акәу ҳара Анцәа иҭахрақәа, насгьы ишԥаҳнырыр акәу уи ҳара? Иаага аҿырԥшы.
3 Раԥхьаӡа иргыланы, ҳара Анцәа изакәан ахь агәрахаҵара иҳамоу ҳарӷәӷәалароуп. Ари ашәҟәы ҭҵаауа, уара урыхәаԥшит ҳхымҩаԥгашьа иаҵанакуа, имаҷымкәа ииашоу Иегова иҭахрақәа. Ушԥарзыҟоу урҭ уара? Аҩсҭаа иҭахуп амц ужьаны, Иегова изакәанқәеи, ипринципқәеи, инормақәеи џьбароуп, насгьы игәымбылџьбароуп ҳәа ухәыцларц. Иара ари азнеишьа ихы иаирхәоит Едемтәи абаҳчаҿы ақәҿиара иоуижьҭеи (Аҟазаара 3:1—6). Илшома уи уаргьы ужьара? Еиҳарак зхьыԥшу уара уи ушазыҟоу ауп.
4 Ухаҿы иааг уара апарк ԥшӡа аҟны улеиҩеиуашәа, иаалырҟьаны апарк ахәҭак хызкаауа иҳараку иӷәӷәоу аанда убоит. Уа даара иԥшӡоуп, уаргьы уахь уцар уҭахуп. Раԥхьа уара угәы иаанагоит аанда уԥырхагоушәа, ухақәиҭра ҳәаақәнаҵошәа. Аха цқьа уанахәаԥшлак, аанда анхыҵ иубоит зыҽӡаны зԥыхьашәа иазааигәахо алым! Уажәшьҭа уара еилукаауеит аанда ушахьчо. Иушьҭашәарыцома уара ишәарҭоу агыгшәыг? Анцәа Иажәа агәҽанызаара ҳнаҭоит: «Шәҟәышыз, шәлахҿыхыз, избанзар аҩысҭаа, шәара шәаӷа, шәыкәша-мыкәша алым аиԥш дыцхлымуеит, шәахьылбааидаша дашьҭоуп» (1 Пиотр 5:8).
5 Аҩсҭаа — ицхлымуа гыгшәыгуп. Иегова иҭахӡам Аҩсҭаа ҳаиԥыхьашәахарц, убри аҟынтә Иара ишьақәиргылеит азакәанқәа, Ацәгьа ицәгьахәыцра рацәақәа рҟынтә ҳзыхьчо (Ефесаа 6:11). Ҳара Анцәа изакәанқәа ҳрызхәыцлацыԥхьаӡа, урҭ жәҩантә Ҳаб ибзиабара рнаҳбаалозар ауп. Ҳара Анцәа изакәанқәа абасҵәҟьа ҳарзыҟазар, усҟан дара ҳрыхьчалоит, насгьы агәырӷьара иахыҵхырҭахоит. Иаков иҩуан: «Аха зегь рыла иеиқәшәоу, ак згым, ахақәиҭра узҭо азакәан наӡа иазыӡырҩуа... ауаҩы — дызҿу иусқәа рҿы лыԥха иоуеит» (Иаков 1:25).
6. Ишԥеиӷьу Анцәа ииашоу изакәанқәеи ипринципқәеи рахь агәрахаҵара арӷәӷәара? Иаага аҿырԥшы.
6 Анцәа идҵақәа рыла анхара — еиӷьу знеишьоуп Азакәанԥҵаҩи, насгьы изакәанқәа рҟәыӷареи рахь ухаҵара арӷәӷәаразы. Иаҳҳәап, «Христос изакәанԥҟара» иаҵанакуеит аԥҟара Иисус иҳадиҵаз зегьы ауаа дырҵара (Галаҭаа 6:2; Матфеи 28:19, 20). Иара убас ақьырсианцәа зҿлымҳарала иазнеиуеит адҵа аизарахь аныҟәара, Анцәа имҵахырхәареи агәышьҭибахреи рзы (Ауриацәа 10:24, 25). Анцәа иԥҟарақәа иара убас ирыҵанакуеит Иегова иҳәара иааиԥмырҟьаӡакәа, лассы-лассы, насгьы гәык-ԥсыкала (Матфеи 6:5—8; 1 Фессалоникаа 5:17). Арҭ аԥҟарақәа рыла ҳанынхо, ҳара еиҳа иаҳбарҭахоит иарбан абзиабара злоу мҩақәҵароу урҭ ирныԥшуа. Ҳара урҭ ҳанрықәныҟәо агәырӷьареи агәахәареи ҳзааргоит, ари иҭынчым адунеиаҿ ахаангьы иаҳзымԥшаауа. Уара Анцәа изакәанқәа рықәныҟәара иузаанаго ахәарҭа уаназхәыцуа, иӷәӷәамхаӡои уара угәрахаҵара?
7, 8. Агәра шԥаднаргои Анцәа Иажәа рыԥсы ахьынӡаҭоу иаша мҩала ацара цәгьахоит ҳәа хьаазкуа ауаа?
7 Шьоукы зны-зынла ихьааркуеит Иегова изакәанқәа рыԥсы ҭанаҵы рықәныҟәара даара ирцәыцәгьахоит ҳәа. Дара уи рылымшар ҳәа ишәоит. Уара ус иҟоу ацәаныррақәа узцәырҵхьазар, иухоумыршҭын арҭ ажәақәа: «Сара, Иегова — уара у-Нцәа, уара ихәарҭоу узырҵо, узықәныҟәалаша амҩа ала уназго. О, уара сыԥҟарақәа урызҿлымҳазҭгьы! Уҭынчра аӡиас еиԥш иҟалон, уара уиашарагьы амшын ацәқәырԥақәа иреиԥшхон» (Исаиа 48:17, 18). Зыгәра удыргозеи уара арҭ ажәақәа?
8 Ара Иегова иаҳгәалаиршәоит иара изыӡырҩра ахәарҭа шаҳзаанаго. Ус ҳхы мҩаԥаҳгалар, иара агәра ҳиргоит ҩ-зылԥхарак шаҳзыԥшу. Актәи, ҳара ҳҭынчра идуу, инымҵәаӡо аӡиас еиԥшхоит. Аҩбатәи, ҳара ҳиашара амшын ацәқәырԥақәа ирҩызахоит. Уара амшын аҟәараҿы угыланы, ацәқәырԥақәа еишьҭаланы ишааиуа анубо, ҳәарада, еилукаауеит ари иаамҭалатәиу ацәырҵра шакәым. Уара агәра ганы уҟоуп урҭ ҵыхәаԥҵәарада аҟәара ишадсылало. Иегова уақәиргәыӷуеит уиашара — уара иашарала ахымҩаԥгара уҽазышәара — убасҵәҟьа иҟалар шалшо. Анцәа уахьынӡаизиашоу, иара еснагь дуцхраауеит. (Уаԥхьа Ԥсалом 55:22.) Иамырӷәӷәаӡо угәрахаҵара Иеговеи ииашоу иҭахрақәеи рахь угәы зырхыҭхыҭуа арҭ ақәыргәыӷрақәа?
«ИШӘХЬОУ, ИШЬАҚӘГЫЛАХЬОУ РЫХШЫҨ ЗЗЫРЫШЬҬЫШАХЬ ҲАИАСЫП»
9, 10. а) Избан ашәра — ари ақьырсианцәа зегьы изырхықәкы бзиоу? б) Ишԥеизнарҳауеи агәырӷьара адоуҳатә гәазыҟашьа?
9 Уара удоуҳатә ргылара даҽа ганк аартхоит анаҩстәи ажәақәа рҿы: «Ишәхьоу, ишьақәгылахьоу рыхшыҩ ззырышьҭышахь ҳаиасып» (Ауриацәа 6:1). Ашәра — ари ақьырсианцәа зегьы ирхықәкы бзиоуп. Ауаа макьана анаӡарахь изнеиуам, аха ишәхарц рылшоит. Уи адагьы, еиҳа ишәыцыԥхьаӡа, ақьырсианцәа Иегова имаҵураҿы агәырӷьара роуеит. Избан?
10 Ишәхьоу ақьырсиан — доуҳатә уаҩуп. Уи Иегова ихәаԥшышьа имоуп (Иоанн 4:23). Павел иҩуан: «Агәнаҳарақәа рцәаҩала иҟоу ауаа ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа ирызхьуеит, доуҳала иҟоу ракәзар, урҭ ргәы-рыԥсы адоуҳа аҭахрақәа ирзыркуеит» (Римаа 8:5). Цәеижьла иҟоу ауаа агәырӷьара маҷны ирымоуп, избанзар дара хыбзиабаҩцәоуп, хара иԥшуам, насгьы аматериалтә мазара рыхшыҩ азырышьҭуеит. Доуҳала инхо ауаа агәырӷьара рымоуп, избанзар дара «насыԥшара змоу Анцәа» Иегова рыхшыҩ изырышьҭуеит (1 Тимофеи 1:11). Адоуҳатә уаҩы Иегова игәы иахәо ҟаиҵалар иҭахуп, насгьы аԥышәараҵәҟьақәа рҿгьы агәырӷьара ирӡӡом. Избан? Аԥышәарақәа раан ицәырҵуеит алшара Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу ашьақәырӷәӷәара, насгьы жәҩантә Ҳаб дзыргәырӷьо ацқьара аизырҳара (Ажәамаанақәа 27:11; уаԥхьа Иаков 1:2, 3).
11, 12. а) Ииҳәазеи Павел ақьырсиан «иеилкаара» иазкны, насгьы иаанагозеи «иадырҵеит» ҳәа еиҭагоу ажәа? б) Иарбан рҵароу ацәеижь зхысуа, ишәны, иҳәатәхаҵаҩны иҟалаанӡа?
11 Адоуҳареи ашәреи, инықәырԥшны иуҳәозар, аҽазыҟаҵара иацааиуеит. Ҳахәаԥшып абри аҩыза ажәеинраала: «Зыфара уадаҩу афатә ишәхьоу рзы ауп, урҭ хархәарала ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа реилкаара иадырҵеит» (Ауриацәа 5:14, АдҾ). Павел ишәу ақьырсианцәа реилкаара «иадырҵеит» аниҳәоз, ихы иаирхәеит абырзен ажәа, уи Бырзентәыла I ашә. ҳ. ҳ. аспорттә залқәа рҿы рхы иадырхәозар ҟаларын, иара убас уи еиҭоугар ауеит «агимнаст иеиԥш иазыҟаҵоу» ҳәа. Уажәы уааи ҳазхәыцып, иаҵанакуазеи абри аҩыза арҵара.
Агимнаст ҟазарала ицәеижь ихы иаирхәоит аҽазыҟаҵарақәа ирыбзоураны
12 Ҳара ҳаниз, ҳцәеижь акгьы арҵамызт. Иаҳҳәап, аӡҟы ииашаны ихы изархәом инапхәыҷқәеи ишьапхәыҷқәеи. Убри аҟынтә, инапхәыҷқәа ҟьо, игәиҽанӡамкәа ихы-иҿы дасыр илшоит. Аха хәыҷы-хәыҷла ахәыҷы ицәеижь аус арушьа иҵоит. Раԥхьа иара дҳәазоит, нас дныҟәоит, анаҩс дыҩуеитa. Иаҳҳәарц иҳалшозеи ҳара агимнаст изкны? Агимнаст ирласны аҩада дышҩеиуа, нас аҳауаҿы даара иԥшӡаны, ишахәҭаҵәҟьоу еиԥш дшыҵәиуа анубо, уара мҩашьарада еилукаауеит уи ицәеижь ибзианы еиҿартәу амеханизм ишеиԥшу. Ари аҩыза аҟазара ахала иааӡом. Уи зегьы аҽазыҟаҵара ӷәӷәақәа ирылҵшәоуп. Аха Абиблиаҿы ишҳәоу еиԥш, ацәеижь аҽаршьцыларақәа «усҟак ихәарҭам». Шаҟа ахә ҳаракузеи ҳара ҳдоуҳатә еилкаара арҵара! (1 Тимофеи 4:8).
13. Ишԥаҳалшо ҳара ҳаилкаара иаҳарҵаларц?
13 Ари ашәҟәы аҿы ҳара имаҷымкәа ҳалацәажәеит Иегова изиашоу доуҳатә уаҩны уаанхаларц азы, уара уеилкаара арҵараҿы иуцхраауа. Уара есыҽны аӡбарақәа анудукыло, Анцәа иҳәарала ипринципқәеи изакәанқәеи урызхәыцла. Еснагь ухы уазҵаала: «Иарбан библиатә закәанқәоу ма принципқәоу ари азҵаара иаҵанакуа? Ишԥасылшо сара урҭ рхархәара? Иарбан ӡбароу жәҩантә Саб дзыргәырӷьо?» (Урыԥхьа Ажәамаанақәа 3:5, 6; Иаков 1:5.) Абас еиԥш аӡбарақәа удкыло, уара анаҩсгьы уеилкаара арҵара уаҿызаауеит. Ари аҩыза арҵара уара иуцхраауеит удоуҳатә уаҩыҵәҟьаны уҟаларц, насгьы ус уаанхаларц.
14. Ҳзызхьлар акәзеи ҳара доуҳала ҳаизҳаларц азы, аха иаҳгәалашәалар ҳахәҭоузеи ҳара?
14 Ҳара ҳашәны ҳҟаларгьы, еснагь иҳамоуп алшара анаҩсгьы доуҳала ҳаизҳаларц. Аха аизҳара афатә адкылара иадҳәалоуп. Убри аҟынтә Павел иазгәаиҭеит: «Зыфара уадаҩу афатә ишәхьоу рзы ауп». Агәрахаҵара арӷәӷәараҿы зегь реиҳа ихадоу — ари зыфара уадаҩу адоуҳатә фатәы адкылара ауп. Уара еилукаауа ииашаны ухы иаурхәозар, — ари ҟәыӷароуп ҳҳәар ҳалшоит, иара Абиблиаҿгьы иҳәоуп: «Ихадоу — аҟәыӷара ауп». Убри аҟынтә ҳара ииашаҵәҟьаны ҳрызхьлароуп Ҳаб иҳаиҭо зыхә ҳараку аҵабырграқәа (Ажәамаанақәа 4:5—7; 1 Пиотр 2:2). Ҳәарада, адыррақәеи Анцәа иҟәыӷареи рырҳара ҽыҵгам ахамабзиареи аԥагьареи раарԥшразы. Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа ҳхы ҭаҳҵаалароуп, аԥагьареи ма даҽа ԥсыҽраки ҳаламҽырц. Павел иҩуан: «Шәыҽԥышәшәа, шәхы-шәыԥсы гәашәҭ, агәрахаҵара шәзынханы шәыҟоу-шәыҟаму еилшәырга» (2 Коринфаа 13:5).
15. Избан доуҳала аизҳаразы абзиабара зхадоу?
15 Аҩны аргылара хыркәшахар ауеит, аха уи ала аусура нҵәом. Аҩны еиҿкаалатәуп, ирҽеилатәуп, ма иаҭахызар акы аҿаԥшьлатәуп. Аха иаҭахузеи ашәразы, насгьы ҳдоуҳара аизырҳаразы? Зегь раԥхьа иргылан, абзиабара. Ҳара Иеговеи ҳхаҵара ҳацеиҩызшои рахь иҳамоу абзиабара ҳааҟәымҵӡакәа еизҳарҳалароуп. Абзиабара ҳамамзар, ҳдыррақәеи ҳусқәеи зегь ус баша бжьык иаҩызоуп (1 Коринфаа 13:1—3). Абзиабара абзоурала ҳара ақьырсиантә шәра ҳауеит, анаҩс доуҳалагьы ҳаизҳалоит.
ИЕГОВА ИУИҬО АГӘЫӶРА УЛАԤШ АҚӘКЫЗ
16. Иарбан хәыцшьоу Аҩсҭаа ауаа ирызцәыриго, насгьы ҳашԥаихьчо ҳара Иегова?
16 Уааи ҳахәаԥшып уара ургылара иатәу даҽа ганк. Уара Христос ишьҭанеицәа уруаӡәкны уаанхарц азы, ухәыцшьа уацклаԥшлароуп. Ари адунеи анапхгара азызуа Аҩсҭаа қәҿиарала ауаа ирызцәыригоит иҵоурам ахәыцшьа, агәкаҳара, агәрамгара, насгьы алахьеиқәҵара (Ефесаа 2:2). Ус иҟоу ахәыцшьа ақьырсиан изы, зуасхыр баау амҿтәы ҩны еиԥш ишәарҭоуп. Насыԥны, Иегова иҳаиҭоит ахьчаразы ахархәага — агәыӷра.
17. Ишԥаарԥшу Анцәа Иажәаҿы агәыӷра шхадоу?
17 Абиблиаҿ еиқәыԥхьаӡоуп еиуеиԥшым адоуҳатә бџьармаҭәа, Аҩсҭааи ари адунеии ҳарҿагылаларц азы. Абџьармаҭәа ихадоу ахәҭа — уи акәалӡхылԥа, ма «агәыӷра еиқәырхага» ауп (1 Фессалоникаа 5:8). Абиблиатә аамҭақәа раан аибашьҩы идыруан кәалӡхылԥада хара дышзымнеиуаз. Лассы-лассы акәалӡхылԥа аметалл иалырхуан, уи аҵаҟа ирхарҵон ауапцәалых, ма асахҭан хылԥа. Уи абзоурала, еиҳарак ауаҩы ихы иаахоз уи аҟара аԥырхага инаҭомызт. Акәалӡхылԥа ухы шахьчо еиԥш, агәыӷра ухшыҩи ухәыцшьеи ахьчар алшоит.
18, 19. Иарбан ҿырԥшу Иисус иҳаиҭаз агәыӷра шыхьчалатәу аҿы, насгьы ҳаиҿыԥшыр шԥаҳалшо?
18 Иисус агәыӷра шыхьчатәу аазырԥшуа зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭеит. Иугәаларшәа иара ихигаз аҵыхәтәантәи аҵх аан адгьылаҿ. Иҩыза гәакьа аԥаразы диҭиит. Даҽаӡәы дсыздырӡом ҳәаны, Иисус мап ицәикит. Егьырҭ дааныжьны иҩны ицеит. Иисус тәылак аҿы ицынхоз ауаа иҿагылеит, урҭ ирҭахын римтәи аруаа иара дыргәаҟны дыршьырц. Ҳара агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит Иисус дзықәшәаз аԥышәара ӷәӷәақәа ахаангьы ҳашрықәымшәо. Ицхраазеи иара? Ауриацәа 12:2 аҿы иануп аҭак: «Уи иаҭәаз агәырӷьара ацынхәрас аџьар [«агәаҟратә шьаҟа», АдҾ] дахәхеит, убри ала дларҟәын, ицәа ԥҽын, аха уажәы Анцәа иарӷьараҿ дтәоуп». Иисус еснагь игәалашәон «уи иаҭәаз агәырӷьара».
19 Закәытә гәырӷьароузеи Иисус изыԥшыз? Иара идыруан аҵыхәтәанынӡа ичҳаны Иегова иԥшьоу ихьӡ аҭыгара иҽшалаирхәуаз, насгьы ишааигоз ҿагылашьа змам ашьақәырӷәӷәарақәа Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу. Иҟамызт даҽа гәыӷрак, еиҳау агәырӷьара Иисус изаазгоз! Иара убасгьы идыруан азиашара ахьихьчаз азы Иегова изылԥхарақәа дшырмеигӡо, насгьы аамҭа бзиа шизыԥшыз ҿыц Иаб иҿы даныҟалоз. Иисус игәалашәон ари игәырӷьароу агәыӷра иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ицәгьаз асааҭқәа раан. Ҳара убасҵәҟьа ҟаҳҵалароуп. Ҳаргьы иаҳзыԥшуп агәырӷьара. Иегова ҳара зегь ҳаҭырла иҳаҭәеишьеит ихьӡ ду арҳаракра. Аҩсҭаа — дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәоит, ҳара Иегова Зегьзымчу иакәны далҳхуазар, насгьы Ҳаб ибзиабараҿ ҳаанхалозар, иарбанзаалак аԥышәарақәа, ма ухызхуа акы шыҟоугьы.
20. Иуцхраауазеи уара ииашоу ахәыцшьа умазарц, насгьы агәыӷра уцәымӡырц азы?
20 Иегова агәаҳәара дуӡӡа имоуп иара изиашоу имаҵуҩцәа аҳамҭа рыҭара (Исаиа 30:18; уаԥхьа Малахиа 3:10). Иара урҭ ирымоу ииашоу ргәазыҳәарақәа гәахәарала инаигӡоит (Ԥсалом 37:4). Убри аҟынтә иуцәымӡын уаԥхьаҟа иузыԥшу агәыӷра. Ахаангьы уҽаумҭан иҽеим, игәаԥхашәадоу, ихәымгоу ахәыцшьа, Аҩсҭаа иажәхьоу идунеи иатәу. Уара игәоуҭозар ари адунеи адоуҳа угәи ухшыҩи ишрылаҽуа, Иегова уиҳәала «иарбанзаалак ахәыцра аасҭа акырӡа еиҳау Анцәа иҭынчра» азы. Усҟан Анцәа иуиҭо аҭынчра угәи ухшыҩи ахьчалоит (Филиппаа 4:6, 7, АдҾ).
21, 22. а) Иарбан гәыӷра ссиру ирымоу «ҵҩа змам» ажәлар? б) Иугәаԥхозеи уара зегь раасҭа ақьырсиантә гәыӷраҿы, насгьы иуӡбазеи уара?
21 Ишԥассиру агәыӷра, уара узызхәыцлар улшо! Уара «арыцҳара ду» зхызго «ҵҩа змам» ажәлар урыхәҭакзар, уазхәыц иарбан ԥсҭазаароу уара иаарласны иуоуа зеиԥшроу (Аатра 7:9, 14). Аҩсҭаа идемонцәеи иареи анықәгахалак ашьҭахь, уара уажәы ухаҿы иузаамго аԥсеивгара уоуеит. Изылшахьада уԥхасҭазтәуа Аҩсҭаа инырра ада анхара? Ари аҩыза анырра уаҳа ианыҟамло аамҭазы шаҟа гәырӷьарала адгьыл зегь ахьынӡанаӡааӡо џьанаҭны аҟаҵара ҳалагозеи Иисус, насгьы ажәҩанаҿ напхгара ицызуа 144 000-ҩык рнапаҵаҟа! Шаҟа ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшузеи ҳара рҵыхәтәа аныԥҵәахо ачымазарақәеи амчыдареи, насгьы иаҳзааигәоу иԥсхьоу ҳанырԥыло, Анцәа раԥхьа ҳара ҳзы игәы иҭеикыз аԥсҭазаарала ҳанынхало аамҭа! Анаӡара ҳазааигәахацыԥхьаӡа, ҳара ҳазааигәахоит аҳамҭа ду Римаа рахь 8:21 иану,— «Анцәа ихәыҷқәа ирымоу ахьӡ-аԥша [«рхақәиҭра», АдҾ]».
22 Анцәа Иегова уара ухаҿы иузаамго ахақәиҭра уоурц иҭахуп. Уи аҩыза ахақәиҭра уԥшаарц улшоит аҳәатәхаҵара мацара иабзоураны. Иаԥсаӡами уи уара Иегова иҳәатәы хоуҵаларц, есыҽны умчқәа уахьырмеигӡо? Уҽырӷәӷәала нас еснагь иԥшьоу угәрахаҵара шьаҭас иҟаҵаны, Анцәа ибзиабараҿ наунагӡа уаанхаларц!
a Аҵарауаа ирҳәоит ҳара ҳаҩныҵҟа ицәырҵуеит апроприоцепциа захьӡу иалкаау цәаныррак ҳәа, уи иаанаго ҳцәеижь ахәҭақәа реиҭаҵрақәа аҩныҵҟатәи ацәаныррақәа роуп. Иаҳҳәап, абри ацәанырра иабзоураны, ҳара ҳалақәа аркны ҳнапы еинаҳҟьар ҳалшоит. Зықәра шәу абри ацәанырра зцәыӡыз чмазаҩык дызгыломызт, дызныҟәомызт, дагьызтәомызт.