АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа доуҳала улахҿыхны уаанхала, насгьы амаҵзураҿы агәацԥыҳәара аарԥшла
Аԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа узрыцәцом, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы урҭ еиҳагьы ирацәоуп (1 Кор. 7:31). Аԥсахрақәа зеиԥшразаалакгьы — узықәгәыӷуаз ракәу, мамзаргьы уззыԥшымыз, ибзиоу ибзиаму,— урҭ ҳагәрахаҵара ма Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ирнырыр рылшоит. Иуцхраар алшозеи уҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа доуҳала улахҿыхны аҟазаара, насгьы амаҵзураҿы агәацԥыҳәара аарԥшра? Уахәаԥш авидеонҵамҭа «Даҽаџьара аиасра угәрахаҵара аԥышәара иҭанаргылоит», анаҩс абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҵа:
Иарбан лабжьароу иашьак аҭаацәара ахада ииҭаз?
Рхы ишԥадырхәеи аҭаацәара Матфеи 7:25 иану апринцип?
Рышԥаҽазыҟарҵеи аҭаацәара даҽаџьара ииасырц, насгьы иарбан лҵшәақәоу уи иаанагаз?
Ирыцхраазеи аҭаацәара аизареи иҿыцу аҭыԥи рышьцылара?
Иарбан ԥсахра дуқәоу сыԥсҭазаараҿы ааскьа иҟалаз?
Ишԥасылшо ари авидеонҵамҭаҿы иаагоу алабжьарақәа схы иасырхәар?