«Арҭ ажәақәа „угәаҿы иҟазароуп“»
Аҭаацәа ахьчацәа иреиԥшуп. Урҭ рхәыҷқәа ибзианы иреиҷаҳалароуп, избанзар дара мҩахҟьар ҟалоит, насгьы аӡәы иԥыхьашәар рылшоит (Ажәам. 27:23). Ишԥарылшо аҭаацәа ари аҭакԥхықәра анагӡара? Дара рхәыҷқәа рацәажәаразы, рхы-ргәы иҭоу аилкааразы есҽны аамҭа азалырхлароуп (Ажәам. 20:5). Уи адагьы, дара рхәыҷқәа рыгәрахаҵара дырӷәӷәарц азы, аҭаацәа амца зычҳауа амаҭәарқәа рыла аргылара рыхәҭоуп (1 Кор. 3:10—15). Афильм «Арҭ ажәақәа „угәаҿы иҟазароуп“» инаҵшьны иунарбоит аҭаацәаратә мҵахырхәара иааиԥмырҟьаӡакәа амҩаԥгара шхадоу. Ҭаацәашәала ари афильм шәахәаԥш, насгьы анаҩстәи азҵаарақәа шәрыхцәажәа.
1) Ишԥаиаси Роуманаа рҭаацәараҿы адоуҳара аҩбатәи аҭыԥ ахь? 2) Избан аиашьа Роуман иҭаацәаратә мҵахырхәара деиҭалагарц иҟаиҵаз раԥхьатәи иҽазышәара хәарҭа заанамгаз?3) Иарбан знеишьоу зегь реиҳа иуцхраауа ахәыҷқәа рааӡараҿы? (Ҩынтә. 6:6, 7). 4) Ишԥалшо аҭаацәараҿы аиҿцәажәара аиӷьтәра? 5) Иарбан усқәоу аҭаацәа рҟынтә ахәыҷқәа ззыԥшу? 6) Ишԥарыцхрааи Берроу зыжәлаз аиашьеи аиаҳәшьеи Роуманаа рҭаацәара? (Ажәам. 27:17). 7) Заа иҟаиҵар ахәҭоузеи аҭаацәара ахада аҭаацәаратә мҵахырхәара хәарҭа аанагарц азы? 8) Иарбан ԥсахрақәоу аиашьа Роуман иҟаиҵаз иҭаацәа еидикыларц азы? 9) Избан аҭаацәаратә мҵахырхәара ииаиԥмырҟьаӡакәа амҩаԥгара зхадоу? (Ефес. 6:4). 10) Иҟаҵатәузеи аҭаацәаратә мҵахырхәара аинтерес аҵазарц азы? 11) Ишԥаилшеи аиашьа Роуман ҭынч, аха инақәырӷәӷәаны Маркус еилыркаара ииашаны ахымҩаԥгара шхадоу? (Иер. 17:9). 12) Ишԥалыцхрааи Ребекка лҭаацәа Джастин ҩызас ишьҭыхра аганахьала ииашоу аӡбара лыдылкыларц азы? (Мар. 12:30; 2 Тим. 2:22). 13) Ишԥаадырԥши аиашьеи аиаҳәшьеи Роуманаа рыԥсҭазааратә ԥсахрақәа рыла агәрахаҵара шрымаз? (Матф. 6:33). 14) Ишԥаанарԥшуеи ари афильм аҭаацәара ахадацәа рҭаацәа еснагь доуҳала иреиҷаҳалар шхадоу? (1 Тим. 5:8). 15) Иҟауҵарц угәы иҭоузеи аҭаацәара ахада иаҳасабала?
АҬААЦӘАРА АХАДАЦӘА РЗЫ АЗГӘАҬА. Ари иахьатәи атеатыртә қәыргылара дырбан 2011 шықәсазы арегионалтә конгресс аҿы. Еилукаама уара усҟан шәҭаацәаратә мҵахырхәара аиӷьтәра шаҭаху? Уажәы? Ааи акәзар, Анцәа уиҳәала аҽыԥсахразы — уҭаацәара наӡаӡа уи хәарҭа рнаҭаларц азы (Еф. 5:15—17).