АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ишԥеизырҳатәу абзиабара Анцәа иахь, насгьы иаҳзааигәоу рахь?
Ақьырсианцәа Моисеи изакәан аҵаҟа иҟам, аха иреиҳаӡоу ҩ-ԥҟарак — Анцәеи иаҳзааигәоу ауааи бзиа рбара — иҳаилдыркаауеит Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу (Матф. 22:37—39). Ус еиԥш иҟоу абзиабара ахала еизҳауам. Нас ишԥаҳалшо уи аизырҳара? Есыҽны Абиблиа аԥхьара уи азы ихадоу ашьаҿақәа ируакуп. Абиблиа аҟынтә еиуеиԥшым Анцәа иҟазшьақәа анеилаҳкаауа, «иԥшӡара» абара ҳалагоит (Аԥсал. 26:4 [27:4, АдҾ]). Уи абзоурала иара иахь ҳабзиабара еизҳауеит, ҳхәыцшьагьы иара ихәыцшьа еиҳа иеиԥшхоит. Уи Анцәа иԥҟарақәа рықәныҟәара ҳгәазҭанаҵоит, гәык-ԥсыкала егьырҭ рахь абзиабара аарԥшрагьы уахь иналаҵаны (Иоанн 13:34, 35; 1 Иоанн 5:3). Абар Абиблиа аԥхьараан агәахәара аиура иуцхраауа х-лабжьарак:
Ухаҿы аагара алшареи уцәаныррақәеи ухы иархәала. Узыԥхьо ахҭыс ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы уҟоушәа ухаҿы иааг. Иарбан цәаныррақәоу уи ахҭыс иалахәыз ирымаз?
Еиуеиԥшым азнеишьақәа ухы иархәала. Абар знеишьақәак. Убжьы ҭыганы уаԥхьала, мамзаргьы аудионҵамҭа аҿакны ухатә Библиа ала аԥхьара уацклаԥшла. Узыԥхьаша ахқәа алхла, иаҳҳәап, аӡәы хаҭала иӡбахә ахьаҳәо, мамзаргьы еиҳа иуҭаху атема атәы ахьану. Иаҳҳәап, Иисус изкны уаԥхьарц уҭахызар, ухы иаурхәар улшоит аброшиура «Слово Бога в картах и схемах», Ацҵақәа 4 (4-А, 4-Б, 4-В, 4-Г, 4-Д, 4-Е, 4-Ж, 4-З), 16 (16-А, 16-Б). Уаԥхьа амш иазалху ажәеинраала ахьынтәиаагоу ахы шеибгоу. Абиблиа аԥхьара уалага раԥхьа иҩыз абиблиатә шәҟәқәа рыла.
Узыԥхьо инарҵауланы уазхәыцла. Мышк аҩныҵҟа хык уаԥхьар, насгьы узыԥхьаз уазхәыцыр еиҳа еиӷьуп, баша ирацәаны ахқәа урыԥхьар аасҭа. Уазхәыцла аконтекст, иара убас аҭоурыхтә аамҭа. Акәамаҵамарақәа ухы рзышьҭла. Ухы иархәала ахсаалақәа, урыхәаԥшла албаагақәа, насгьы егьырҭ ажәеинраалақәа рахь иаагоу азхьарԥшқәа. Иҭҵаа иузеилымкааз зҵаарак иадамзаргьы. Иалшозар, аԥхьара шаҟа аамҭа азалухуа аҟара азхәыцразгьы иалхла.