АУРОК 3
Азҵаарақәа ухы иархәала
Матфеи 16:13—16
ИҞАҴАТӘУ Аӡырҩцәа аинтерес рызцәыругарц азы апатуқәҵара аарԥшны азҵаарақәа ықәыргылала, ргәазҭаҵала узацәажәо алкаақәа рыҟаҵара, насгьы ихадоу азхәыцрақәа ирыҵшьла.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
- Аинтерес еизырҳала. Иқәыргылала аӡырҩцәа ахәыцра ргәазҭазҵо, насгьы еиҳаны аилкаара ргәазырԥхо азҵаарақәа. 
- Аӡырҩцәа узлацәажәо атема иазырхәыцла. Азҵаарақәа ухы иархәаны аӡырҩцәа иуҳәо иазхәыцларц, насгьы ииашоу алкаа ҟарҵаларц урыцхраала. 
- Ихадоу азхәыцрақәа ирыҵшьла. Ихадоу азхәыцра уҳәаанӡа, аӡырҩцәа аинтерес рызцәырызго азҵаара ықәыргыл. Ихадоу азхәыцра уанахцәажәалак ашьҭахь, мамзаргьы ажәахә анхуркәшо аамҭазы иқәургылахьаз азҵаарақәа ргәаларшәа.