АШӘА 34
Ацқьара хьчала
(Аԥсалом 26)
- 1. Иегова, Саб, сус уахәаԥшырц сгәырҩоуп. - Са сыцқьара сыхьчон, сзықәгәыӷуаз уара уоуп. - Нас, сԥышәала, ишаҭаху сыҭҵаа, - Ирыцқьа сгәы, сыхшыҩ, азылԥхарагь сырба. - АХАПА - Сара схаҭа исымам гәыҩбара: - Сыԥсҭазаара цқьаны аныҟәгашьа сырҵа. 
- 2. Ихнахыз амц са срыдымтәалаӡеит, - Аиаша зцәымӷызгьы хара сырцәыбналеит. - Са срыцҭамхароуп ацәгьа злоу ауаа, - Наӡаӡа срыцумшьын гьангьашра зырҿиауа. - АХАПА - Сара схаҭа исымам гәыҩбара: - Сыԥсҭазаара цқьаны аныҟәгашьа сырҵа. 
- 3. Гәык-ԥсыкала сазхьыбылуеит уҩны, - Убасгьы умаҵ зуып, са сымчқәа еизганы. - Уа умҭанагарҭа сахыкәшалап. - Иусҭап ахьӡ-аԥша, еснагь усырҽхәалап. - АХАПА - Сара схаҭа исымам гәыҩбара: - Сыԥсҭазаара цқьаны аныҟәгашьа сырҵа. 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 25:2.)