АХӘҬА 13
Иҟаҳҵарц ҳахәҭозеи Анцәа игәы ҳақәшәарц азы?
Уҽацәыхьчала иҽеим ахымҩаԥгашьа. 1 Коринфаа рахь 6:9, 10
Ҳара Иегова бзиа даҳбозар, иара ицәымӷу ҟаҳҵалаӡом.
Иегова иҭахӡам ҳара ҳӷьычуазар, арыжәтә ҳҽаҳаршьуазар, ма анаркотик ҳхы иаҳархәозар.
Анцәа ицәымӷуп ауаҩшьра, аҽԥыргара, насгьы ахаҵеи ахаҵеи, ма аԥҳәыси аԥҳәыси цәеижьла реизааигәахара. Иара иҭахӡам ҳара ҳҳарамзар, насгьы ауаа ҳреисуазар.
Ҳара аныхақәа ҳрымҵахырхәалар ҟалаӡом, насгьы аԥшрақәеи аҟрақәеи рҽалархәра.
Ԥхьаҟатәи Џьанаҭ дгьыл иақәшәаӡом ацәгьа ҟазҵо ауаа.
Иҟаҵала аус бзиақәа. Маҭфеи иҟнытә 7:12
Анцәа игәы ҳақәшәарц азы, иара ҳаиҿыԥшлароуп.
Иаарԥшла абзиабара ауаа рахь, ақьиареи агәыҭбаареи рыла.
Уламыс цқьаз.
Агәрыцҳашьара умаз, насгьы уазхиаз агхақәа ранажьра.
Ирзеиҭаҳәала егьырҭ Иегова дазусҭоуи иара имҩақәеи (Римаа рахь 10:13—15).