АШӘА 73
Иҳаҭ агәымшәара
- 1. Аҳра аӡбахә ҳарҭ ианаҳҳәо, - Ҳаб дҳараҳкырц ауп ҳзышьҭоу. - Ҳахьыӡ дырцәгьоит уҳәан-сҳәанла, - Ҳарџьароуми зегьы зҿу. - Ҳазрыцәшәозеи, нас, ауаа? - Ҳаӷәӷәоуп, данҳацхраауа Ҳанцәа. - Удоуҳа цқьа ҳаҭ, Иегова, - Умч азы ҳаумыҳәои ҳара. - АХАПА - Уара ҳуҳәоит, умаҵ ҳуазар, - Ҳамшәаӡо, Ҳанцәа, ҳҟауҵарц. - Хаҵарадагьы ҳнумыжьын, - Адунеи ду иаҳаларц. - Анцәа иеибашьра ааигәахоит. - Ауаа реизгарагь аҭаххоит. - Уара ҳуҳәоит, ажәабжь ҳҳәозар, - Ҳамшәо ҳҟаҵа. 
- 2. Иҟалоит зны иаҳҳәо ҳҿамшәо, - Ҳарҭ ашәара ҳҿанаҳәар. - «Ҳаб идыруеит: ҳара ҳсабоуп»,— - Иалшоит ажәақәа ҳдырӷәӷәар. - Ҳдыршәарц иашьҭоуп ҳаӷацәа, - Аха рызҿымҭуа иҟаҵа. - Ҳиаша ҳадгылартә ҳа уҳацхраа, - Дара рҿаԥхьа ҳхьамҵырц зынӡа. - АХАПА - Уара ҳуҳәоит, умаҵ ҳуазар, - Ҳамшәаӡо, Ҳанцәа, ҳҟауҵарц. - Хаҵарадагьы ҳнумыжьын, - Адунеи ду иаҳаларц. - Анцәа иеибашьра ааигәахоит. - Ауаа реизгарагь аҭаххоит. - Уара ҳуҳәоит, ажәабжь ҳҳәозар, - Ҳамшәо ҳҟаҵа. 
(Уахәаԥш иара убас 1 Фес. 2:2; Аур. 10:35.)