АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Идеилуркаар улшома ауаа Анцәа зегь шишаз агәра зуго?
Ишԥаҟауҵарыз аҭак, Анцәа зегь шишаз агәра зугозеи ҳәа аӡә дуазҵаар? Уара иҟауҵо аҭак агәра угартә иҟазаауеит: актәи, уара ухаҭа агәра ганы уҟазар аԥсҭазаара Анцәа ишишаз (Рим. 12:1, 2), аҩбатәи, уара ибзианы уазхәыцзар угәаанагара егьырҭ идеилуркаар шулшо (Ажәам. 15:28).
УРЫХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬАҚӘА «АХИРУРГ-АОРТОПЕД ЛЫГӘРАХАҴАРА АТӘЫ ЕИҬАЛҲӘОИТ», НАСГЬЫ «АЗООЛОГ ИГӘРАХАҴАРА АТӘЫ ЕИҬЕИҲӘОИТ», ИАРА УБАС ЕИЛКАА ШЬОУКЫ АГӘРА ЗЫРГО АНЦӘА ЗЕГЬ ШИШАЗ. АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Избан Ирен Хоф Лорансо агәра зылго Анцәа зегь шишаз, аеволиуциа акәымкәа?
Избан Иарослав Довганич агәра зиго Анцәа зегь шишаз, аеволиуциа акәымкәа?
Ишԥаулшо егьырҭ идеилуркаар Анцәа зегь шишаз уара агәра зуго?
Ухы иаурхәар улшозеи Иегова иорганизациа иҳаднагало аҟынтә, Анцәа зегь шишаз ухаҭа агәра угарц, егьырҭгьы идеилуркаарц азы?