АУРОК 3
Азҵаарақәа ухы иархәала
Матфеи 16:13—16
ИҞАҴАТӘУ Аӡырҩцәа аинтерес рызцәыругарц азы апатуқәҵара аарԥшны азҵаарақәа ықәыргылала, ргәазҭаҵала узацәажәо алкаақәа рыҟаҵара, насгьы ихадоу азхәыцрақәа ирыҵшьла.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Аинтерес еизырҳала. Иқәыргылала аӡырҩцәа ахәыцра ргәазҭазҵо, насгьы еиҳаны аилкаара ргәазырԥхо азҵаарақәа.
Аӡырҩцәа узлацәажәо атема иазырхәыцла. Азҵаарақәа ухы иархәаны аӡырҩцәа иуҳәо иазхәыцларц, насгьы ииашоу алкаа ҟарҵаларц урыцхраала.
Ихадоу азхәыцрақәа ирыҵшьла. Ихадоу азхәыцра уҳәаанӡа, аӡырҩцәа аинтерес рызцәырызго азҵаара ықәыргыл. Ихадоу азхәыцра уанахцәажәалак ашьҭахь, мамзаргьы ажәахә анхуркәшо аамҭазы иқәургылахьаз азҵаарақәа ргәаларшәа.