АХЫ 3
Игәы иҭеикзеи Анцәа ауаа рзы?
1. Игәы иҭеикзеи Анцәа ауаа рзы?
АНЦӘА ауаа рзы зеиԥшыҟам агәҭакы иман. Иара раԥхьатәи ахаҵеи аԥҳәыси, Адами Евеи, иблахкыгаз абаҳчаҿы инхаларц азы ишеит. Иара иҭахын дара ахшара роуларц, адгьыл зегь џьанаҭны иҟарҵарц, насгьы адгьыл иқәынхоз аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирхылаԥшларц. Иара игәҭакы аҽамԥсахӡеит (Аҟазаара 1:28; 2:8, 9, 15; шәахәаԥш Ацҵа 6).
2. а) Иабантәиаадыруеи Анцәа игәҭакы шынаигӡо? б) Ианузеи Абиблиа наӡаӡатәи аԥсҭазаара иазкны?
2 Шәгәы ишԥаанаго, ҳанхалома ҳара знымзар-зны џьанаҭ дгьыл аҿы? Иегова иҳәеит: «Сара уи сгәы иҭаскит, иагьыҟасҵоит» (Исаиа 46:9—11; 55:11). Иара игәҭакы хымԥада инаигӡоит, насгьы акгьы иԥырхагахом. Иегова иҳәеит адгьыл баша ишимшаз, уи хықәкык иман (Исаиа 45:18). Иара иҭахуп ауаа адгьыл зегь ықәдырҭәаарц. Аха изеиԥш уааузеи Иегова адгьыл аҿы инхаларц ииҭаху, насгьы шаҟаамҭа инхаларц иҭахузеи урҭ? Абиблиа иануп: «Ауаа иашақәа [Анцәа изыӡырҩуа] адгьыл рҭынхоит, иагьынхалоит уа наӡаӡа» (Аԥсалом 37:29; Аатра 21:3, 4).
3. Иарбан зҵаарақәоу иҳазцәырнагар алшо ауаа ахьычмазаҩхо, насгьы иахьыԥсуа?
3 Аха иахьа ауаа чмазаҩхоит, насгьы иԥсуеит. Аҭыԥқәа жәпакы рҿы дара еибашьуеит. Ҳәарада, Анцәа уи акәӡамызт ииҭахыз. Нас иҟалазеи, насгьы изыхҟьазеи уи? Абиблиа заҵәык ауп аҭак ҳазҭо.
АНЦӘА ИАӶА
4, 5. а) Дызусҭадаз Едемтәи абаҳчаҿы Ева амаҭ ала илацәажәоз? б) Далагар шԥалшо ауаҩы аӷьычра?
4 Абиблиаҿы иануп Анцәа аӷа дышимоу, уи Аҩсҭаа Аџьныш иоуп. Аҩсҭаа амаҭ ихы иархәаны Ева длацәажәеит. Уи Едемтәи абаҳчаҿы иҟалеит (Аатра 12:9; Аҟазаара 3:1). Ицәажәоз Аҩсҭаа ихаҭа иакәын, аха иара амаҭ цәажәозшәа иҟаиҵеит. (Шәахәаԥш Ацҵа 7.)
5 Анцәа иоума нас Аҩсҭаа дызшаз? Мап! Раԥхьа иара дмаалықьын. Анцәа Адами Евеи рзы адгьыл анишоз иара ажәҩан аҿы дыҟан, аха анаҩс дыбжьысит, насгьы Дыџьнышхеит (Иов 38:4, 7). Ишԥаҟалеи ари аҩыза? Иаҳҳәап, дышԥалагар алшо ауаҩы аӷьычра? Иара ус диӡом. Аха аӡә иитәу маҭәарк сымандаз ҳәа дхәыцуа далагоит. Иара уи азхәыцра даҟәыҵӡом, убри аҟынтә иҽеим игәаҳәара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Алшара аниоулак, уи иӷьычуеит. Убас ала иара дӷьычхоит, избанзар ихаҭа иоуп ус зыӡбаз. (Шәаԥхьа Иаков 1:13—15; шәахәаԥш Ацҵа 8.)
6. Дышԥаиаӷахеи амаалықь Анцәа?
6 Убри ауп уи амаалықьгьы ихьыз. Иегова Адами Евеи аниша ашьҭахь иреиҳәеит ахшара рааӡаларц, насгьы адгьыл зегь ықәдырҭәаарц (Аҟазаара 1:27, 28). Иҟалап уи амаалықь дхәыцзар: «Арҭ ауаа зегьы Иегова иакәымкәа сара исымҵахырхәалар рылшоит». Уи дазхәыццыԥхьаӡа, Иегова иитәыз иара итәхарц еиҳагьы иҭаххон. Уи амаалықь иҭахын ауаа зегьы иара имҵахырхәаларц. Убри аҟынтә Ева дижьеит. (Шәаԥхьа Аҟазаара 3:1—5.) Уи нахыс иара Аҩсҭаа Аџьныш иакәхеит, насгьы Анцәа диаӷахеит.
7. а) Изыԥсызеи Адами Евеи? б) Избан ҳара ҳзажәуа, насгьы ҳзыԥсуа?
7 Анцәа Адами Евеи иреиҳәеит абаҳчаҿы иҟаз ҵлак аҟынтә ашәыр рфар шыҟамлоз. Иара идеилиркааит уи ашәыр рфар ишыԥсуа. Аха дара Анцәа изымӡырҩӡакәа ашәыр рфеит (Аҟазаара 2:17; 3:6). Дара Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҟарҵеит, убри аҟынтә ишреиҳәахьаз еиԥш, ԥыҭрак ашьҭахь иԥсит (Аҟазаара 3:17—19). Адами Евеи рыхшарагьы агәнаҳа иаҵалеит, убри аҟынтә урҭгьы ԥсит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 5:12.) Адами Евеи рхәыҷқәагьы агәнаҳа изаҵалаз еилышәкаарц азы шәазхәыц абри аҿырԥштәы. Шәхаҿы иаажәг иҭаҽылоу адырган аҿы ача шәӡуашәа. Ишәӡыз ачагьы адырган еиԥш иҭаҽылазаауеит. Адам Анцәа данизымӡырҩы, агәнаҳа даҵалеит. Ҳара зегьы Адам ҳаихылҵит, убри аҟынтә ҳаргьы агәнаҳа ҳаҵоуп. Даҽакала иуҳәозар, иара иоуз «аҭаҽылара» аҩыза ҳамоуп. Агәнаҳа иахҟьаны ҳара зегьы ҳажәуеит, насгьы ҳаԥсуеит (Римаа рахь 3:23; шәахәаԥш Ацҵа 9).
8, 9. а) Зыгәра диргарц иҭахызи Аҩсҭаа Адами Евеи? б) Избан Иегова иҿагылаз иаразнак изимшьыз?
8 Аҩсҭаа Иегова диҿагылеит, Адами Евеи Анцәа изымӡырҩырц ргәы аназҭеиҵа. Иара иҳәеит Иегова урҭ ижьоит ҳәа, насгьы дара рзы бзиарак зҭахым ицәгьоу анапхгаҩ иоуп ҳәа. Иара иҭахын Адами Евеи уи агәра ргарц. Аҩсҭаа иҳәеит ауаа Анцәа ида инхалар рылшоит, насгьы Адами Евеи ацәгьеи абзиеи закәу рхала ирыӡбалар ауп ҳәа. Иҟаиҵар ихәҭази Иегова ари аҭагылазаашьаҿы? Иара илшон иҿагылаз зегь ишьыр, убри алагьы аҿагылара ааникылар. Аха ишьақәнарӷәӷәозма уи Аҩсҭаа амц шиҳәаз? Ҳәарада, мап.
9 Иегова аҿагылара шьҭызхыз иаразнак иқәимгаӡеит. Уи аҭыԥан ауаа иара ида инхаларц алшара риҭеит. Убас ала зегьы ирбарҭахон Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу, насгьы Иегова ауаа рзы зегь иреиӷьу шиҭаху. Уи иазкны еиҳаны еилышәкаауеит 11-тәи ахаҿы. Аха шәгәы ишԥаанаго, ииашазма Адами Евеи ирыдыркылаз аӡбара? Ииашазма Аҩсҭаа игәра агара, насгьы Анцәа изымӡырҩра? Адами Евеи иаарымаз зегь рызҭаз Иегова иакәын. Иара урҭ ириҭеит зеиԥшыҟамыз аԥсҭазаара, аҩны ԥшӡа, насгьы агәырӷьара рзаазгоз аус рыдиҵеит. Аҩсҭаа иакәзар, бзиарас ҳәа акгьы рзыҟаимҵеит. Адами Евеи рҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы, зыгәра жәгарыдаз шәара?
10. Иарбан ихадоу алхроу ҳара зегьы иҟаҳҵар ҳахәҭоу?
10 Иахьа ҳаргьы аӡбара ҳадаҳкылар ауп. Уи аӡбара ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш ахьыԥшуп. Ҳара Иегова иган аанкыланы Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәар ҳалшоит. Ма Аҩсҭаа ҳидгылар ауеит (Аԥсалом 73:28; шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:11). Иахьа Анцәа изыӡырҩуа ауаа маҷҩуп. Уи ишьақәнарӷәӷәоит адунеи напхгара азызуа иара шиакәым. Нас дызусҭада уи?
ИАХАГЫЛАДА АДУНЕИ?
Илшозма Аҩсҭаа аҳрақәа зегьы Иисус идигалар, урҭ иара итәымызҭгьы?
11, 12. а) Иҳаилнаркаауазеи Аҩсҭаа Иисус аҳрақәа ахьидигалаз? б) Иарбан библиатә жәеинраалақәоу иаҳзырбо адунеи напхгара азызуа Аҩсҭаа шиакәу?
11 Иисус ибзианы идыруан адунеи анапхгара азызуа дызусҭоу. Зны Аҩсҭаа Иисус «адунеи аҳрақәа, урҭ рыхьӡ-рыԥша зегьы» дрылаирԥшит. Анаҩс Аҩсҭаа Иисус иеиҳәеит: «Абарҭқәа зегьы Уара иусҭоит, асаара уҽкажьны усеихырхәозар» (Матфеи 4:8, 9; Лука 4:5, 6). Илшозма Аҩсҭаа арҭ аҳрақәа Иисус идигалар, урҭ иара итәымызҭгьы? Мап. Ус анакәха, аҳәынҭқарратә мчрақәа зегьы Аҩсҭаа иоуп изтәу.
12 Иҟалап шәара азҵаара шәызцәырҵыр: «Ишԥаилшо Аҩсҭаа адунеи напхгара азура? Зегьзымчу Анцәа иакәӡами адунеи зшаз?» (Аатра 4:11). Ааи, иара иоуп. Аха Иисус Аҩсҭаа «аԥсабара аҳ» ҳәа изиҳәеит (Иоанн 12:31; 14:30; 16:11). Апостол Павел иҩуан Аҩсҭаа Аџьныш «ари аамҭа анцәахәы» иоуп ҳәа (2 Коринфаа рахь 4:3, 4). Иара убас апостол Иоанн иҩит «адунеи зегь Ацәгьа инапаҿы иҟоуп» ҳәа (1 Иоанн 5:19, АдҾ).
ИШԤАҚӘГАХО АҨСҬАА ИДУНЕИ?
13. Избан ҳара адунеи ҿыц заҳҭаху?
13 Ари адунеи еиҳа-еиҳа еицәахоит. Ҳара иаҳбоит адунеи аҿы аибашьрақәа шцо, ауаа аҵарҭыша шырго, амц шырҳәо, ишгәымбылџьбарақәоу. Ауаа ирылшом арҭ ауадаҩрақәа зегь рыӡбара, уи даара рыҽшазыршәогьы. Аха иаарласны Армагеддон захьӡу аибашьраҿы Анцәа ицәгьоу ари адунеи ықәигоит. Уи аҭыԥан ацәгьара ахьыҟамло адунеи ҿыц ҟалоит (Аатра 16:14—16; шәахәаԥш Ацҵа 10).
14. Иахаиргылада Анцәа иара Иаҳра? Ианузеи Абиблиа Иисус изкны?
14 Иегова жәҩантәи Иаҳра аҳас Иисус Христос дахаиргылеит. Зқьышықәсақәа раԥхьа Абиблиа ианын Иисус «аҭынчра Аҭауад» шиакәхо, насгьы инапхгара наунагӡа ишыҟазаауа (Исаиа 9:6, 7). Иисус иҵаҩцәа идирҵон уи Аҳра ааирц азы Анцәа иҳәаларц. Иара иҳәеит: «Иааиааит Уара Уԥсҳара; иҟалааит угәаԥхара, хыхь, ажәҩан аҿ аиԥш, ҵаҟа адгьыл аҿгьы» (Матфеи 6:10, АҾ). 8-тәи ахы аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Анцәа Иаҳра ауаатәыҩсатә напхгарақәа шықәнахуа. (Шәаԥхьа Даниил 2:44.) Уи ашьҭахь Анцәа Иаҳра адгьыл зегь иблахкыгоу џьанаҭны иҟанаҵоит. (Шәахәаԥш Ацҵа 11.)
АДУНЕИ ҾЫЦ ДААРА ИААИГӘОУП!
15. Изакәызеи «адгьыл ҿыц»?
15 Абиблиаҿы иануп: «Ҳазыԥшуп аиашара ахьыҟазаауа ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци» (2 Пиотр 3:13, АдҾ; Исаиа 65:17). Зны-зынла Абиблиаҿы ажәа «адгьыл» иаҵанакуа уи иқәынхо ауаа роуп (Аҟазаара 11:1). Убри аҟынтә ари ажәеинраалаҿы аиашара ахьыҟазаауа «адгьыл ҿыц» иаҵанакуа Анцәа изыӡырҩло, насгьы уи дыззылԥхо ауаа роуп.
16. Иарбан зеиԥшыҟам ҳамҭоу Анцәа адунеи ҿыц аҿы инхало ириҭо, насгьы иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи уи ҳаурц азы?
16 Иисус иҳәеит Анцәа ишьақәиргыло адунеи ҿыц аҿы инхало наӡаӡатәи аԥсҭазаара шроуа (Марк 10:30). Иҟаҳҵар акәзеи ҳара уи аҳамҭа ҳаурц азы? Аҭак шәыԥшаарц азы шәаԥхьа Иоанн 3:16, насгьы 17:3. Шәааи ҳахәаԥшып џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо иазкны Абиблиа иаҳәо.
17, 18. Иабантәиҳдыруеи џьанаҭ дгьыл аҿы аҭынчра шыҟало, насгьы ҳзыршәо ҳәа ак шыҟамло?
17 Аибашьрақәеи, ацәгьарақәеи, ақәымчреи уаҳа иҟалом. Уаҳа иҟалаӡом ауаа цәгьақәа (Аԥсалом 37:10, 11). Анцәа «Адгьыл зегь аҿы аибашьрақәа ааникылоит» (Аԥсалом 46:9; Исаиа 2:4). Адгьыл иқәынхало ауаа зегьы Анцәа бзиа дырбалоит, насгьы изыӡырҩлоит. Адгьыл аҿы наӡаӡа аҭынчра ҟалоит (Аԥсалом 72:7).
18 Иегова имаҵзуҩцәа зыршәо ҳәа акгьы ҟалом. Абиблиатә аамҭақәа раан Израильаа Анцәа ианизыӡырҩуаз ргәы рҭынчны, акгьы иацәымшәаӡакәа инхон, избанзар Анцәа урҭ ихьчон (Алевит 25:18, 19). Џьанаҭ дгьыл аҿы ҳара акгьы, насгьы аӡәгьы ҳицәшәалаӡом. Ҳара наунагӡа ҭынч ҳанхалоит! (Шәрыԥхьа Исаиа 32:18; Михеи 4:4.)
19. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо адунеи ҿыц аҿы афатә меигӡарахда ишыҟало?
19 Афатә меигӡарахда иҟалоит. «Иҟалоит абарақьаҭра адгьыл аҿы, ашьха ахықәцәан ача меигӡарахда иҟазаауеит» (Аԥсалом 72:16). Иегова, «ҳара Ҳанцәа, даҳзылԥхоит», насгьы «адгьыл аҽаҩра ҳнаҭоит» (Аԥсалом 67:6).
20. Иабантәиҳдыруеи адгьыл зегь џьанаҭны ишыҟало?
20 Адгьыл зегь џьанаҭны иҟалоит. Ауаа аҩн бзиақәеи абаҳча ԥшӡақәеи роуеит. (Шәрыԥхьа Исаиа 65:21—24; Аатра 11:18.) Адгьыл зегь Едемтәи абаҳча еиԥш иԥшӡахоит. Иегова еснагь иаҳҭаху зегь ҳаиҭалоит. Абиблиаҿы Иегова изкны иануп: «Унапы аартны, зыԥсы ҭоу зегьы ргәазыҳәарақәа наугӡоит» (Аԥсалом 145:16).
21. Иабантәиҳдыруеи ауааи аԥстәқәеи ҭынч ишынхало?
21 Ауааи аԥстәқәеи ҭынч еицынхалоит. Агыгшәыгқәа ауаа уаҳа ирԥырхагахалаӡом. Асабиҵәҟьагьы иахьа ишәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡо агыгшәыгқәа дрыцәшәалаӡом. (Шәаԥхьа Исаиа 11:6—9; 65:25.)
22. Иҟаиҵозеи Иисус ичмазаҩцәоу рзы?
22 Аӡәымзар аӡәгьы дычмазаҩхаӡом. Иисус адгьыл аҿы даныҟаз имаҷҩымкәа ауаа ихәышәтәуан (Матфеи 9:35; Марк 1:40—42; Иоанн 5:5—9). Аха ҳаԥхьаҟа Анцәа Иаҳра иахагылоу Аҳ иеиԥш, Иисус ауаа зегь ихәышәтәуеит. Усҟан аӡәымзар-аӡәгьы иҳәом сара сычмазаҩуп ҳәа (Исаиа 33:24; 35:5, 6).
23. Иҟаиҵозеи Анцәа иԥсхьоу ауаа рзы?
23 Иԥсхьоу рыԥсы ҭаҵахоит. Анцәа агәра ҳиргоит хыԥхьаӡара змам иԥсхьоу ауаа рыԥсы шҭеиҵо. Абиблиа иануп ииашақәоугьы ииашамгьы рыԥсы шҭало. (Шәаԥхьа Иоанн 5:28, 29; Аусқәа 24:15.)
24. Ишәҭахума шәара џьанаҭ дгьыл аҿы анхара?
24 Ҳара зегьы алхра ҟаҳҵароуп. Ҳара иҳалшоит Иегова изку адыррақәа реизырҳареи имаҵ ауреи алаҳхыр, ма ишаҳҭаху ҳанхалоит ҳәа ҳаӡбар. Иегова имаҵ аура ҳаӡбар, зеиԥшыҟам аԥеиԥш ҳауеит. Иисус ицыкнаҳаз ахаҵа иеиҳәеит: «Џьанаҭ усыцҟалоит» (Лука 23:43). Шәааи Иисус Христос дызусҭоу, насгьы уи иссиру Анцәа игәҭакы шынаигӡо еиҳа еиӷьны еилаҳкаап.