АШӘА 87
Уааи, иагьуоуп агәыраҳаҭра!
- 1. Гьангьашла иҭәыми иахьа адунеи, - Иаздыруам Нцәа имҩа бзанҵы. - Хырхарҭак изаҭом аӡәгьы ишьаҿа, - Ихшыҩла дзынхом ауаҩы. - Агәҭынчроуп иҳарҭо ҳа ҳаизарақәа, - Иҭынчу рхы ԥхьаркуеит убра. - Иқьиоу аусқәа ҳгәазҭарҵоит дара, - Мыч ҳарҭоит, ҳаихартә еиԥш ԥхьаҟа. - Ҳанымшәо ҳанызаап Ҳаб имҩа еснагь, - Ҳхаҵара мшызҳа еизҳаларц. - Ҳанеиԥыло ҵабыргла нхашьа ҳамҵои, - Анцәа игәыблыраҿ ҳаанхарц. 
- 2. Иҳамам зда ԥсыхәа имдыруеи Ҳазшаз, - Уи иабжьгара ҟәыш урҳала. - Уиқәгәыӷ иара, инапы уҽанҵа, - Нас аизараз аамҭа ԥшаала. - Ацхыраара ҳаҭара ҳашьцәа азхиоуп, - Доуҳала ҳара ҳадмырӷәӷәои. - Ианумоу абас згәы былуа аҭаацәа, - Наҟ азаҵәра бналан имцои. - Игәырӷьахәу амш ааигәахацыԥхьаӡа, - Есааира ҳаидҳәалан ҳҟалап. - Ҳа ҳаизара ӷәӷәалаҵәҟьа бзиа иаҳбап, - Иегова иҟәышрагь ҳахьчап.