Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • bhs ад. 207—223
  • Ацҵа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ацҵа
  • Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иаашәыртла Анцәа Иажәа амч амаҵзураҿы
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2015
  • Мессиа иаара иазку Даниил иԥааимбаражәа
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Иисус Христос — Анцәа изкыу адырра ацаҧха
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
  • Џьанаҭ аазгараны иҟоу аиҳабыра
    Џьанаҭ аазгараны иҟоу аиҳабыра
Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
bhs ад. 207—223

АЦҴА

1. ИЕГОВА

Анцәа Иегова ихьӡуп, уи ихьӡ иаанагоит «Иара иҟалартә иҟаиҵоит». Иегова Зегьзымчу Анцәа иоуп, насгьы зегь зшаз иара иоуп. Иара игәы иҭеикыз зегь анагӡаразы амч имоуп.

Ауриа бызшәаҿы Анцәа ихьӡ ԥшь-нбанк рыла ишьақәгылоуп. Аԥсуа бызшәаҿы урҭ анбанқәа ИХВХ, мамзаргьы ИГВГ роуп. Ауриа бызшәала иҩу Ажәытә Уасиаҭ аҿы Анцәа ихьӡ 7 000-​нтә раҟара иануп. Еиуеиԥшым абызшәақәа рҿы Иегова ихьӡ еиуеиԥшымкәа ирҳәоит.

▸ Ахы 1, абз. 15

2. АБИБЛИА АНЦӘА ИДОУҲА АЦХЫРААРАЛА ИҨУП

Абиблиа автор Анцәа иоуп, аха уи иҩырц азы иара ауаа ихы иаирхәон. Иааҳгап аҿырԥштәы. Иаҳҳәап, аиҳабы иусуҩы асаламшәҟәы иҩырц иеиҳәоит. Аха асаламшәҟәы иану аиҳабы ихәыцрақәа роуп. Убас еиԥш Анцәа иԥшьоу идоуҳа ихы иархәаны Абиблиа зыҩуаз ауаа ихәыцрақәа рыҩларц ргәазҭеиҵон. Иара уи ҟаиҵон еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла, зны-зынла абарақәа дирбон, зны-зынла — аԥхыӡқәа, анаҩс дара ирбоз ашәҟәы ианырҵон.

▸ Ахы 2, абз. 5

3. АПРИНЦИПҚӘА

Апринципқәа Абиблиа иану ихадоу аҵабыргқәа ҳаилдыркаауеит. Иаҳҳәап, апринцип «иҽеим аиҿцәажәара аҟазшьа бзиақәа бжьнахуеит» иҳаилнаркаауеит аҩызцәа ма ибзиоу ма ицәгьоу анырра шҳарҭо (1 Коринфаа рахь 15:33, АдҾ). Иара убас апринцип «ауаҩы илаиҵаз ауп иааирыхуа» иаҳнарбоит иҳадаҳкыло аӡбарақәа зегьы алҵшәақәа шаарго, насгьы урҭ ҳашрызцәымцо (Галаҭаа рахь 6:7).

▸ Ахы 2, абз. 12

4. АԤААИМБАРАЖӘА

Аԥааимбаражәа — ари Анцәа иҟынтә иҳауа аацҳара ауп. Уи иҳаилнаркаауазар алшоит Анцәа игәҭакы, насгьы ацәгьеи-абзиеи закәу. Мамзаргьы Анцәа изакәан ма иқәыӡбара иадҳәалазар ауеит. Иара убас уи ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу иазкызар алшоит. Абиблиа иану аԥааимбаражәақәа реиҳарак наӡахьеит.

▸ Ахы 2, абз. 13

5. МЕССИА ИЗКУ АԤААИМБАРАЖӘАҚӘА

Мессиа изку хыԥхьаӡара змам аԥааимбаражәақәа зегьы Иисус иҿы инаӡеит. Шәахәаԥш арамка «Мессиа изку аԥааимбаражәақәа».

▸ Ахы 2, абз. 17, албаага

МЕССИА ИЗКУ АԤААИМБАРАЖӘАҚӘА

АХҬЫС

АԤААИМБАРАЖӘА

УИ ШЫНАӠАЗ

Иуда иеимшьҭра датәхоит

Аҟазаара 49:10

Лука 3:23—33

Хаҵа имцац аԥҳәызба длыхшоит

Исаиа 7:14

Матфеи 1:18—25

Аҳ Давид ихылҵшьҭра датәхоит

Исаиа 9:7

Матфеи 1:1, 6—17

Иегова ихаҭа иҳәоит Иисус иара дшиԥоу

Аԥсалом 2:7

Матфеи 3:17

Аӡәырҩы Иисус Мессиа шиакәу агәра ргаӡом

Исаиа 53:1

Иоанн 12:37, 38

Аҽада дақәтәаны Иерусалим далалоит

Захариа 9:9

Матфеи 21:1–9

Иҩыза гәакьа диҭиуеит

Аԥсалом 41:9

Иоанн 13:18, 21—30

30 раӡны ҳәа дырҭиуеит

Захариа 11:12

Матфеи 26:14—16

Ахара анидырҵало ҿиҭӡом

Исаиа 53:7

Матфеи 27:11—14

Аҵәы ҭаԥсаны имаҭәа ршоит

Аԥсалом 22:18

Матфеи 27:35

Ашьаҟаҿы даныкнаҳазаауа ихыччалоит

Аԥсалом 22:7, 8

Матфеи 27:39—43

Ибаҩ цыракгьы ԥҵәаӡом

Аԥсалом 34:20

Иоанн 19:33, 36

Амал змаз дрыцыржуеит

Исаиа 53:9

Матфеи 27:57—60

Иԥсы ҭаҵахоит

Аԥсалом 16:10

Аусқәа 2:24, 27

Иԥсы анҭалалак ашьҭахь ажәҩан аҿы Анцәа иарӷьараҿ диватәоит

Аԥсалом 110:1

Аусқәа 7:55, 56

6. ИЕГОВА АДГЬЫЛ АЗЫ ИГӘЫ ИҬЕИКЫЗ

Иегова адгьыл џьанаҭны ишеит, уа бзиа дызбо ауаа нхаларц азы. Иара игәҭакы имԥсахӡеит. Иаарласны Анцәа ацәгьара ықәигоит, насгьы ижәлар наунагӡатәи аԥсҭазаара риҭоит.

▸ Ахы 3, абз. 1

7. АҨСҬАА АЏЬНЫШ

Аҩсҭаа раԥхьа дмаалықьын, аха нас Анцәа диҿагылеит. Убри нахыс иара «Аҩсҭаа» ихьӡхеит, уи иаанагоит «Аҿагылаҩ», избанзар иара Иегова диҿагылоуп. Иара убас уи ихьӡуп Аџьныш, уи иаанагоит «Ацәгьаҳәаҩ». Иара уи ахьӡ иоуит, избанзар Анцәа изкны амц иҳәоит, насгьы ауаа ижьоит.

▸ Ахы 3, абз. 4

8. АМААЛЫҚЬЦӘА

Иегова адгьыл ишаанӡа акыр шыбжьаз, амаалықьцәа ишеит. Дара ажәҩан аҿы инхаларц азы ишан. Урҭ рхыԥхьаӡара шә-миллионк иреиҳауп (Даниил 7:10). Амаалықьцәа зегьы рхатәы хьыӡқәа, насгьы рхатә ҟазшьақәа рымоуп. Дара Анцәа изиашоуп, ахынраалара аадырԥшуеит, насгьы ауаа рымҵахырхәаларц рҭахӡам. Урҭ еиуеиԥшым аҭакԥхықәрақәа нарыгӡоит, насгьы еиуеиԥшым адҵақәа рыдуп. Абар урҭ инарыгӡо усқәак: Иегова итәарҭа ҭыԥ аҿы амаҵ руеит, иаацҳарақәа ауаа ирыларҳәоит, Анцәа имаҵзуҩцәа рыхьчоит, насгьы имҩақәырҵоит, Анцәа иӡбарақәа нарыгӡоит, ажәабжьҳәаратә ус иахылаԥшуеит (Аԥсалом 34:7; Аатра 14:6; 22:8, 9). Ҳаԥхьаҟа иаарласны дара Иисус ивагыланы Армагеддон аҿы еибашьуеит (Аатра 16:14, 16; 19:14, 15).

▸ Ахы 3, абз. 5; ахы 10, абз. 1

9. АГӘНАҲА

Агәнаҳа — ари Иеговеи иара игәҭаки ирҿагылоу ацәаныррақәеи, ахәыцрақәеи, аусқәеи роуп. Агәнаҳа Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьнахуеит, убри аҟынтә Анцәа агәнаҳа ҟаҳамҵарц иҳацхраауа азакәанқәеи апринципқәеи ҳаиҭеит. Аханатә инаркны Иегова ишамҭақәа зегь наӡан, грак рымамызт, аха Адами Евеи Иегова иҳәатәы ианахыԥа агәнаҳа ҟарҵеит, анаӡарагьы рцәыӡит. Дара ажәит, анаҩс иԥсит. Адам игәнаҳа ҳара ҳахь ииасит аҟынтә, ҳаргьы ҳажәуеит, насгьы ҳаԥсуеит.

▸ Ахы 3, абз. 7; ахы 5, абз. 3

10. АРМАГЕДДОН

Ари Анцәа иеибашьра ауп. Уи аибашьраҿы иара Аҩсҭаа идунеии ацәгьареи ықәигоит.

▸ Ахы 3, абз. 13; ахы 8, абз. 18

11. АНЦӘА ИАҲРА

Анцәа Иаҳра ари Иегова ажәҩан аҿы ишьақәиргылаз ҳәынҭқарроуп. Уи аҳас дахагылоуп Иисус Христос. Ҳаԥхьаҟа Иегова уи Аҳра ихы иархәаны ацәгьара зегь ықәигоит. Анаҩс Анцәа Иаҳра адгьыл зегь напхгара азнаулоит.

▸ Ахы 3, абз. 14

12. ИИСУС ХРИСТОС

Анцәа ашамҭақәа зегь ишаанӡа Иисус дишеит. Иара Иисус адгьыл ахь дааишьҭит, ауаатәыҩса зегьы иԥсы рыхҭниҵарц азы. Иисус даныршь ашьҭахь Иегова уи иԥсы ҭеиҵеит. Уажәы Иисус ажәҩан аҿы Анцәа Иаҳра Аҳас дахагылоуп.

▸ Ахы 4, абз. 2

13. 70 МЧЫБЖЬЫ ИРЫЗКУ АԤААИМБАРАЖӘА

Абиблиаҿы иануп Мессиа даараны даныҟаз узырбо аԥааимбаражәа. Уи 69 мчыбжьы ҳәа изышьҭоу аамҭа анҵәамҭазы даар акәын. Уи алагеит 455 шықәса ҳ. ҟ., инҵәеит 29 шықәса ҳ. ҳ. азы.

Иабантәиаадыруеи урҭ амчыбжьқәа 29 шықәса ҳ. ҳ. азы ишынҵәаз? 69 мчыбжьы алагеит 455 шықәса ҳ. ҟ. Уи ашықәсан Неемиа Иерусалим аиҭашьақәыргылара далагеит (Даниил 9:25; Неемиа 2:1, 5—8). Ҳара иаҳдыруеит мчыбжьык бжьымшы шамоу. Аха аԥааимбаражәатә ԥҟара «мышказы шықәсык» инақәыршәаны ара мчыбжьык иаҵанакуа бжьымшы ракәымкәа, бжьышықәса роуп (Ахыԥхьаӡарақәа 14:34; Иезекииль 4:6). Ус анакәха, мчыбжьык бжьымшы ракәымкәа бжьышықәса ицон, убри аҟынтә 69 мчыбжьы 483 шықәса ираҟароуп (69 x 7). 455 шықәса ҳ. ҟ. 483 шықәса агҳархар, 29 шықәса ҳ. ҳ. ахь ҳнеиуеит. Убри ашықәс азы ауп Иисус аӡы иҽанӡааих, насгьы Мессиа иакәны даныҟала! (Лука 3:1, 2, 21, 22).

Мессиа изку аԥааимбаражәаҿы иара убас иҳәан быжьшықәса ицо даҽа мчыбжьык аҩныҵҟа иҟалараны иҟаз ахҭысқәа рыӡбахә. Уи аамҭа аҩныҵҟа, 33 шықәса ҳ. ҳ. азы Мессиа дыршьыр акәын, 36-тәи ашықәс алагамҭазы Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауриацәа рымацара рыдагьы ажәларқәа зегьы рылаҳәара иалагар акәын (Даниил 9:24—27).

▸ Ахы 4, абз. 7

Асхема: Даниил ишәҟәы 9-тәи ахы иануп бжьымчыбжьык ирызку аԥааимбаражәа, уи иаҳнарбоит Мессиа даараны даныҟаз аамҭа

14. АНЦӘА Х-ХАҾРАК ИМОУП ҲӘА АУАА ИРЫЛАҴӘО АМЦҴАРА

Абиблиа иануп Иегова зегь зшаз Анцәа шиакәу, насгьы егьырҭ ашамҭақәа зегь раԥхьа иара Иисус дшишаз (Кәаласаа рахь 1:15, 16). Иисус Зегьзымчу Анцәа иакәӡам. Иара ахаангьы иҳәомызт Анцәа сиаҟароуп ҳәа. Уи аҭыԥан иара иҳәеит: «Саб Сара саҵкыс деиҳауп» (Иоанн 14:28; 1 Коринфаа рахь 15:28). Аха динхаҵарақәак Анцәа х-хаҿрак имоуп ҳәа ауаа иддырҵоит. Дара ирҳәоит Абгьы, Аԥагьы, иԥшьоу адоуҳагьы иара иоуп ҳәа. Аха Абиблиаҿы ажәа «х-хаҿрак» џьаргьы иуԥылаӡом. Уи амцҵара ауп.

Иԥшьоу адоуҳа — ари Анцәа имч ӷәӷәа ауп. Уи амч ихы иархәаны иара игәҭакқәа наигӡоит. Абиблиаҿы иануп Анцәа уи амч ихы ишаирхәо. Иаҳҳәап, раԥхьатәи ақьырсианцәа «иԥшьоу адоуҳа роуит», уи адагьы, Иегова иҳәеит: «Сара сдоуҳа ауаа зегьы ирысҭоит» (Аусқәа 2:1—4, 17, АдҾ).

▸ Ахы 4, абз. 12; ахы 15, абз. 17

15. АЏЬАР

Избан ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа Анцәа ианимҵахырхәо аџьар рхы изадмырхәо?

  1.  Аџьар амцдинхаҵарақәа рҿы акыраамҭа рхы иадырхәон. Ажәытәан аџьар рхы иадырхәон аԥсабаратә мчқәа ианрымҵахырхәоз, иара убас иламысдараз амурҭаҭтә ҵасқәа рҿы. Иисус даныԥсы 300 шықәса рышьҭахьгьы ақьырсианцәа аџьар рхы иадырхәомызт. Аха ԥыҭрак ашьҭахь римтәи аимператор Константин аџьар ақьырсианра иалеигалеит. Убас ала иара зегьы ақьырсианра ргәаирԥхар иҭахын. Аха Иисус дкыдҵан дахьыршьыз аџьар аҿы акәӡам. Хыҵхырҭак иануп Иисус адгьыл ахь даанӡагьы ауаа аџьар рхы ишадырхәоз, иара убас Христос игәра зымгоз ауаагьы уи рхы ишадырхәоз.

  2.  Хыхь ишҳәаз еиԥш, Иисус аџьар дкыдрымҵаӡеит. «Аџьар» ҳәа еиҭаго абырзен ажәа иаанагоит «ашьаҟа», «ақды», «аҵла». Хыҵхырҭак аҿы иануп: «Бырзен бызшәала иҩу [Ауасиаҭ Ҿыц] аҿы акгьы иунарбом уи ҩбаны еидчаԥалаз ақыдқәа шракәыз» (The Companion Bible). Иисус ашьаҟаҿы ауп дахькыдырҵаз.

  3.  Иегова иҭахӡам еиуеиԥшым асахьақәеи аныхачаԥақәеи ҳхы иаҳархәаларц (Ақәҵымҭа 20:4, 5; 1 Коринфаа рахь 10:14).

▸ Ахы 5, абз. 12

16. ХРИСТОС ИԤСРА АГӘАЛАРШӘАРА АХӘЫЛԤАЗ

Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит иԥсра ргәаладыршәаларц. Дара уи есышықәса нисан 14 азы иазгәарҭоит, уи Израильаа Мшаԥы аназгәарҭоз амш ауп. Ахәылԥаз аан еизо ауаа зегьы ачеи аҩи еимырдоит, урҭ Христос ицәеижьи ишьеи аадырԥшуеит. Аха ача зфо, насгьы аҩы зжәуа ажәҩан аҿы Иисус напхгара ицзуло рымацара роуп. Адгьыл аҿы наӡаӡа анхара иақәгәыӷуа ракәзар, даргьы ари аиԥыларахь инеиуеит, аха ача рфаӡом, насгьы аҩы ржәӡом.

▸ Ахы 5, абз. 21

17. ИНХОМА АУАҨЫ ИԤСЫ ИАРА ДАНЫԤСЛАК АШЬҬАХЬ?

Аӡәырҩы ауаа ргәы иаанагоит ауаҩы даныԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит, насгьы уаанӡа иԥсхьаз иуацәа рыԥси иара иԥси еиқәшәоит ҳәа. Иара убас шьоукы ргәы иаанагоит ауаҩы иԥсы зыԥсы ҭоу ирԥырхагахар ма ирыцхраар алшоит ҳәа. Аха Иԥшьоу Аҩыра иҳаилнаркаауеит ауаҩы данԥслак ашьҭахь иԥсы шнымхо. Абиблиа иаҳнарҵоит ауаҩы данԥслак ашьҭахь акгьы шилымшо. «Зыԥсы ҭоу ишыԥсуа рдыруеит, аха иԥсхьоу акгьы рыздыруам, уаҳа аҳамҭа роуам, избанзар урҭ ргәалашәарагьы ыӡхьеит. Иӡит урҭ ирымаз абзиабарагьы, ацәымӷрагьы, ахыбаарагьы, ажәҩан аҵаҟа иҟало дара уаҳа ахаангьы иалахәхом» (Екклезиаст 9:5, 6, 10). Абиблиаҿы иануп ауаҩы «анышә ахь дхынҳәуеит», насгьы «игәҭахәыцрақәа ыӡуеит» ҳәа (Аԥсалом 146:4; Аҟазаара 3:19). Абиблиаҿы џьаргьы ианӡам ауаҩы даныԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа, насгьы уи аӡәы иԥырхагоуп, мамзаргьы ихәоит ҳәа.

Уи адагьы, ажәа «аԥсы» ауаа ражәа иалоуп, иаҳҳәап, ауаҩы ак игәарԥханы ианыҟаиҵо «гәык-ԥсыкала» ма «гәыла-ԥсыла» даҿуп рҳәоит (Матфеи 22:37; Ҩынтәзакәан 6:5). Иара убас ажәа «аԥсы» рхы иадырхәоит ауаҩы иҟазшьа ианахцәажәо, иаҳҳәап, ауаа ирҳәоит: ауаҩы иԥсы цәгьоуп, мамзаргьы иԥсы ҭәӡом. Иԥсыз ауаҩгьы аԥсы ҳәа изырҳәоит (Ахыԥхьаӡарақәа 6:6; Ажәамаанақәа 23:2; Исаиа 56:11; Аггеи 2:13). Еиҭа ажәа «аԥсы» иаанарԥшуеит ауаҩы иԥсҭазаара ма аԥстәқәа рыԥсҭазаара. Иаҳҳәап, Иисус адгьыл аҿы даныҟаз иҳәеит: «Иҟам зыԥсы зҩызцәа ирықәызҵаз ибзиабара иеиҳау даҽакы» (Иоанн 15:13).

▸ Ахы 6, абз. 4; ахы 15, абз. 17

18. ГЕЕНА

Абиблиа аиҭагақәа жәпакы рҿы абырзен ажәа «геена» џьаҳаным ҳәа еиҭагоуп. Аха геена захьӡыз Иерусалим азааигәара иҟаз аҭыԥ акәын. Уа агәамсам рбылуан. Иисус ихаан уа аԥстәқәеи ауааи рыԥсы шҭаз ирбылуан ҳәа ҳазҳәо ашьақәырӷәӷәарақәа ыҟам. Убри аҟынтә геена — ари иԥсыз ауаа наӡаӡа иахьгәаҟуа, насгьы иахьыбылуа ҭыԥӡам. Иисус геена иарҭоз ауаа рыӡбахә аниҳәоз, дызлацәажәоз урҭ наунагӡа ишықәгахо акәын (Матфеи 5:22; 10:28).

▸ Ахы 7, абз. 20

19. ИИСУС ҾЫРԤШЫС ИАҲЗЫНИЖЬЫЗ АНЦӘАИҲӘАРА

Иисус иҵаҩцәа Анцәа иҳәашьа андирҵоз, Анцәа изызиҳәалаша реиҳәеит:

  • «Хьӡи-ԥшеи амазааит Уара ухьӡ»

    Ҳара Иегова ҳиҳәоит идырцәгьаз ихьӡ ирыцқьарц азы. Усҟан ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы зегьы Анцәа ихьӡ ҳарарклоит, насгьы ҳаҭыр ақәырҵалоит.

  • «Иааиааит Уара Уԥсҳара»

    Ҳара Анцәа ҳиҳәоит Иаҳра Аҩсҭаа идунеи ықәнагарц, адгьыл зегь напхгара азнауларц, насгьы уи џьанаҭны иҟанаҵарц.

  • «Иҟалааит угәаԥхара... адгьыл аҿгьы»

    Ҳара Анцәа ҳиҳәоит адгьыл аганахь ала имаз игәҭакы наигӡарц, насгьы изыӡырҩуа, гәнаҳа змам ауаа наӡаӡа џьанаҭ дгьыл аҿы инхаларц. Убри ауп иара раԥхьаӡа ауаа анишаз ииҭахызгьы.

▸ Ахы 8, абз. 2

20. ИИСУС ИҾЫХРАТӘ ԤСХҬЫНҴАРА

Иегова ауаа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә рхы иақәиҭитәырц азы Иԥа ишьала иҿихит. Аҿыхра — ари Адам ицәыӡыз инаӡоу аԥсҭазаара архынҳәразы, насгьы ауааи Иеговеи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргыларазы ишәаз ахә ауп. Анцәа адгьыл ахь Иисус дааишьҭит агәнаҳа иаҵоу зегьы иԥсы рыхҭниҵарц азы. Иисус иԥсы ауаа иахьрыхҭниҵаз абзоурала анаӡареи наӡаӡатәи аԥсҭазаареи роур рылшоит.

▸ Ахы 8, абз. 21; ахы 9, абз. 13

21. ИЗБАН 1914-ТӘИ АШЫҚӘС АҴАК ДУ ЗАМОУ?

Аԥааимбар Даниил ишәҟәы 4-тәи ахы иҳаилнаркаауеит 1914 шықәсазы Анцәа Иаҳра шышьақәиргылаз.

Аԥааимбаражәа: Иегова аҳ Навуходоносор аԥааимбаражәатә ҵакы змаз аԥхыӡ иирбеит. Уи аԥхыӡ аҿы иара ибеит аҵла ду хҵәаны ишкарыжьыз. Анаҩс аҵла «бжь-аамҭак» рыҩныҵҟа иазымҳаларц азы ахџыџ аихац акәдыршеит. Уи ашьҭахь аҵла еиҭах аизҳара иалагар акәын (Даниил 4:1, 10—16).

Уи ҳара ҳзы ҵакыс иамоу: Аҵла иаанарԥшуеит Анцәа инапхгара. Иегова Израильаа напхгара рзиуларц азы акыршықәса рыҩныҵҟа ихы иаирхәон Иерусалим аҳра зуаз аҳцәа (1 Ашықәсынҵа 29:23). Аха урҭ аҳцәа Анцәа иахь азиашара аарԥшра иаҟәыҵит, убри аҟынтә Анцәа урҭ аҳра рымихит. 607 шықәсазы ҳ. ҟ. Иерусалим ықәыргеит. Убасҟан иалагеит аԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәаз «бжь-аамҭак» (2 Аҳцәа 25:1, 8—10; Иезекииль 21:25—27). Иисус иҳәеит: «Иерусалимгьы Анцәа ҵабырг дыззымдыруа иршьаҟьалараны иҟоуп, Анцәа ҵабырг дыззымдыруа раамҭа ииасаанӡа» (Лука 21:24). Иара зыӡбахә иҳәоз «бжь-аамҭак» ракәын. Ус анакәха Иисус адгьыл аҿы даныҟаз «бжь-аамҭак» макьана инымҵәаӡацызт. Иегова иҳәахьан «бжь-аамҭак» рынҵәамҭазы Аҳ дшалихуа. Уи Аҳ ҿыц Иисус Христос иоуп. Иара инапхгара адгьыл зегь иқәынхо Анцәа ижәлар наунагӡа азылԥхарақәа рзаанагалоит (Лука 1:30—33).

Шаҟаамҭа ицози «бжь-аамҭак»? «Бжь-аамҭак» 2 520 шықәса ицон. 607 шықәса ҳ. ҟ. инаркны 2 520 шықәса ҳаԥхьаӡар, 1914 шықәса рҿы ҳнеиуеит. Убри ашықәс азы ауп Иегова ажәҩан аҿы иҟоу Иаҳра Иисус — Мессиа — Аҳас данахаиргыла.

Иабантәиааҳгеи ҳара ахыԥхьаӡара 2 520? Абиблиаҿы иануп х-аамҭаки бжаки 1 260 мшы ишраҟароу (Аатра 12:6, 14). Ус анакәха, «бжь-аамҭак» 2 520 мшы ираҟароуп. Аԥааимбаражәатә ԥҟара «мышказы шықәсык» инақәыршәаны 2 520 мшы 2 520 шықәса ираҟароуп (Ахыԥхьаӡарақәа 14:34; Иезекииль 4:6).

▸ Ахы 8, абз. 23

Асхема: Навуходоносор иԥхыӡ аҿы иибаз ахҭысқәа анынаӡаз, насгьы ишынаӡаз

22. АРХАНГЕЛ МИХАИЛ

Ажәа архангел иаанагоит «амаалықьцәа реиҳабы». Абиблиаҿы архангел ҳәа зыӡбахә ҳәоу аӡәы заҵәык иоуп. Уи ихьӡуп Михаил (Даниил 12:1; Иуда 9).

Михаил азиашара аазырԥшуа амаалықьцәа рыла ишьақәгылоу Анцәа ир дахагылоуп. Аатра 12:7 аҿы иануп: «Ганкахьала аибашьра иалахәын Михаил Имаалықьцәеи иареи, егьи аганахь — агәылшьап, иара амаалықьцәа аваргыланы». Аатра ашәҟәы иҳаилнаркаауеит Анцәа ир иахагылоу Иисус шиакәу, ус анакәха, Михаил Иисус ихьӡқәа руак ауп (Аатра 19:14—16).

▸ Ахы 9, абз. 4

23. АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА

Аҵыхәтәантәи амшқәа — ари Аҩсҭаа идунеи иазынхаз аамҭа ауп. Анцәа Иаҳра Аҩсҭаа идунеи ықәнахуеит. Абиблиаҿы ианын уи аамҭазы адгьыл аҿы аҵак ду змоу ахҭысқәа шыҟало. «Аамҭа аиасра», иара убас «Ауаҩытәыҩса Иԥа иаара» ҳәа Абиблиаҿы иану ажәақәагьы зҵанакуа аҵыхәтәантәи амшқәа роуп (Матфеи 24:3, 27, 37). «Аҵыхәтәантәи амшқәа» алагеит 1914 шықәсазы, усҟан Анцәа Иаҳра ажәҩан аҿы аҳра аура иалагеит. Урҭ амшқәа нҵәоит Армагеддон аҿы Аҩсҭаа идунеи анықәгахо (2 Тимофеи иахь 3:1; 2 Пиотр 3:3).

▸ Ахы 9, абз. 5

24. АԤСҬАЛАРА

Аԥсҭалара — ари иԥсыз ауаҩы Анцәа ҿыц иԥсы анҭеиҵо ауп. Абиблиаҿы аԥсҭалара иазку жә-хҭыск ануп. Илиа, Елисеи, Иисус, Пиотр, Павел ауаа рыԥсы ҭарҵон. Урҭ аџьашьахәқәа зыбзоураз Анцәа имч акәын. Иегова ажәа ҳаиҭоит «ииаша-ҵабыргу рнаҩсангьы, агәнаҳа змоу иреиуоугьы иԥсхьоу рахьтә» иширгыло (Аусқәа 24:15). Абиблиаҿы иара убас иануп жәҩантәи аԥсҭалара аӡбахә. Анцәа уи азы иалихыз ауаа ажәҩан аҿы Иисус аҳра ицруларц азы рыԥсы ҭеиҵоит (Иоанн 5:28, 29; 11:25; Филиппаа рахь 3:11; Аатра 20:5, 6).

▸ Ахы 9, абз. 13

25. АДЕМОНЦӘА РЫҼРЫДҲӘАЛАРА

Ауаа амагиа зхы иазырхәо ахәышәтәцәа рахь ианцо, мамзаргьы рхаҭа амагиа иадҳәалоу ак аныҟарҵо рхы адемонцәа ирырҭоит. Иара убас дара аԥсцәа рацәажәара ҳалшоит ҳәа зҳәо ауаа рахь ицоит, избанзар ргәы иаанагоит ауаҩы данԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа, аха уи мцуп. Уи амц рхы иархәаны адемонцәа ауаа Анцәа иҿадыргыларц рҭахуп. Иара убас ауаа рхы адемонцәа даҽакалагьы ирыдырҳәалоит. Дара раԥхьаҟа ирзыԥшу еилыркаарц азы аеҵәақәа рыла иԥшуеит, агороскопқәа рыгәра ргоит, адыргақәа ирыхәаԥшуеит, амаца ала иԥшуеит, ауаҩы инапаҵа ианыԥшылоит, акаҳуа ала иԥшуеит, аԥхыӡқәа рыгәра ргоит. Адемонцәа рыҽрыдҳәалара шәарҭамшәа, насгьы аинтерес аҵоушәа аазырԥшуа ашәҟәқәеи, ажурналқәеи, афильмқәеи, ахәмаррақәеи, ашәақәеи рацәоуп. Иара убас аԥсрақәа ирызку ақьабзқәа жәпакы адемонцәа ирыдҳәалоуп. Иаҳҳәап, ауаа аишәа дыргылоит, аԥсхәрақәа ҟарҵоит, аԥсы изы аԥсаҭатә наргоит, ацәашьқәа адыркуеит, уҳәа убас иҵегьы. Лассы-лассы ауаа адемонцәа рҟынтә амч роурц азы анаркотикқәа рыдыркылоит (Галаҭаа рахь 5:20; Аатра 21:8).

▸ Ахы 10, абз. 10; ахы 16, абз. 4

26. ИЕГОВА ИМЧРА

Иегова Зегьзымчу Анцәа иоуп, иара адунеи зегь ишеит (Аатра 15:3). Убри аҟынтә зегьы иара итәуп, насгьы имчра аҵаҟа иҟоуп, иара ишамҭақәа напхгара рыҭара азин имоуп (Аԥсалом 24:1; Исаиа 40:21—23; Аатра 4:11). Анцәа ишамҭақәа зегьы рзы азакәанқәа аԥиҵеит. Иара убас Иегова ишамҭақәа амчра рыҭара азин имоуп. Ҳара Анцәа ҳаизыӡырҩуазар, насгьы бзиа даҳбозар, имчра ҳадгылоит (1 Ашықәсынҵа 29:11).

▸ Ахы 11, абз. 10

27. ИМИЦ АХӘЫҶЫ ИШЬРА

Зцәазтәымкәа иҟало аҳәса шьоукы рцәа иалашәаз ахшара дыршьырц рыӡбоит. Аха аԥҳәыс лцәа даналашәалак инаркны лымгәарҭа иҭоу ахшара Анцәа изы дуаҩуп. Убри аҟынтә имиц ахәыҷы ишьра гәнаҳа дууп.

▸ Ахы 13, абз. 5

28. АШЬАЛАҴАРА

Ашьалаҵара ари ашьа, мамзаргьы уи злашьақәгылоу ихадоу ԥшь-хәҭак рҟынтә руак ауаҩы ианиларҵо ауп. Ауаҩы иларҵар ауеит иара ихатә шьа, мамзаргьы даҽаӡәы ишьа. Ашьа шьақәгылоуп ихадоу абарҭ ԥшь-хәҭак рыла: аплазма, аеритроцитқәа, алеикоцитқәа, атромбоцитқәа.

▸ Ахы 13, абз. 13

29. АБЖЬАРА

Абиблиаҿы ажәа «а́бжьара» иаҵанакуа ахьырхәра мацара акәӡам. Абжьара иаҵанакуеит амҩа ақәҵара, арҵара, ариашара. Иегова аӡә даниибжьо ахаан дыхжәаӡам, насгьы дыџьбараӡам (Ажәамаанақәа 4:1, 2). Иегова аҭаацәа аҿырԥш бзиа дирбоит. Иара ҳаниибжьо ахәарҭа ду ҳзаанагоит аҟынтә, ауаҩы уи бзиа ибаргьы алшоит (Ажәамаанақәа 12:1). Иегова имаҵзуҩцәа бзиа ибоит аҟынтә аҵара дирҵоит. Иара иҳаиҭо анапхгара ҳацхраауеит ииашам ҳхәыцшьа ариашара, насгьы ҳхәыцшьеи ҳхымҩаԥгашьеи рыла иргәырӷьара. Аҭаацәа, шәхәыҷқәа анышәыбжьо идеилшәыркаала шәҳәатәы харҵалар зрыхәҭоу. Ахәыҷқәа рыбжьара иара убас иаанагоит Иегова иахь абзиабара рылааӡара, Анцәа Иажәа агәыбылра дыркра, насгьы абиблиатә принципқәа деилыркаара.

▸ Ахы 14, абз. 13

30. АДЕМОНЦӘА

Урҭ иумбо, ицәгьоу адоуҳатә шамҭақәа роуп. Дара амч ду рымоуп. Адемонцәа — ари ибжьысыз амаалықьцәа роуп. Дара Анцәа иахьизымӡырҩыз азы ибжьысит, насгьы иаӷацәа ракәхеит (Аҟазаара 6:2; Иуда 6). Даргьы Иегова иҿагылан, Аҩсҭаа идгылеит (Ҩынтәзакәан 32:17; Лука 8:30; Аусқәа 16:16; Иаков 2:19).

▸ Ахы 16, абз. 4

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра