Џьанаҭ аазгараны иҟоу аиҳабыра
Иисус адгьылаҿы даныҟаз, уи ишьҭанеицәа идирҵон Анцәа Иԥсҳара ааиразы аныҳәара: «Иааиааит Уԥсҳара; иҟалааит Угәаԥхара хахь ажәҩан аҟны еиԥш, ҵаҟа адунеи аҿгьы» (Маҭфеи 6:9, 10). Уи, иара убас, еснагь далацәажәон «аԥсҳара иазкыз ажәабжь бзиа» (Маҭфеи 4:23, АҾ). Аԥсҳара аиԥш, уи абысҟак ирацәаны даҽакы аӡбахә иҳәомызт. Избан? Избанзар Аԥсҳара ихы иархәаҵәҟьаны ауп Анцәа иахьа аԥсҭазаара абасеиԥш уаҩы изымчҳаратәы иҟазҵаз ауадаҩрақәа зегьы шиӡбуа. Анцәа Иԥсҳарала иаарласны рҵыхәа ԥиҵәоит аибашьрақәеи, амлакреи, ачымазарақәеи, ацәгьоуреи, иагьышьақәиргылоит аҭынчреи акзаареи.
Ишәҭахӡами шәара абри аҩыза адунеи аҟны шәынхалозарц? Ааи анакәха, шәаԥхьароуп абри аброшиура. Уи ишәеилнаркаауеит, Аԥсҳара — шеиҳабыроу, амала уи аамҭала ауаа ирхагылахьоу аиҳабрақәа зегьы ишреиӷьу. Иара убасҵәҟьа ижәдырырц шәыҟоуп иссиру аҭоурых: Анцәа имаҵуцәа шьаҿа-шьаҿала ишырзааиртуаз игәҭакы — Аԥсҳара азы игәҭакы. Аҵыхәтәаны еилышәкаауеит, Аԥсҳара шәыцхраарц шалшо иара абыржәгьы.
Аиашазы, шәара иахьаҵәҟьагьы Анцәа Иԥсҳара анапаҵаҟа шәҟаларц шәылшоит. Аха уи аганахь шәгылаанӡа, еиҳа инарҵауланы еилышәкаароуп уи закәу. Убри аҟнытә ҳара шәааҳаԥхьоит, абри аброшиура хәыц-хәыц иҭышәҵаарц. Уи аҵакы шынеибакәу шьаҭас иамоуп Абиблиа.
Аха, шәааи, зны еилаҳкаап, избан Анцәа Иԥсҳара убас изаҳҭаху.
Ауаҩытәыҩса иҭоурых ахы ыҵнахуеит Анцәа раԥхьатәи ауаҩы днаӡаны данишеи џьанаҭ данынирхеи рынахыс. Уи аамҭазы Аԥсҳара аҭахымызт.
Аха ҳара ҳазхылҵыз ауаа, Адами Евеи, аилаҩынтра аԥшьызгаз амаалықь — Аҩсҭаа иҳәатәы харҵеит. Иара Анцәа дырџьаны, урҭ Анцәа иҿагыларатәы агәаԥхара риҭеит. Убри азы дара аԥсра рхы ақәдыршәеит, избанзар «агәнаҳара иақәнагоу — аԥсроуп» (Римаа рахь 6:23).
Инаӡам ауаҩы инаӡоу ахшаара ихылҵны изыҟалом. Убри аҟнытә Адами Евеи ирхылҵыз зегьы анамӡареи, агәнаҳареи, аԥсреи иргәылиааит (Римаа рахь 5:12).
Уинахыс ауп ауаа Аԥсҳара ада, ԥсыхәа рымамкәа ианыҟала, аԥсреи агәнаҳареи рышәииԥхьыӡ иацәыхьчахарц азы. Иара убасгьы, ари Аԥсҳара Аҩсҭаа ирхәашьыз Анцәа ихьӡ арыцқьар акәын.
Анцәа Иегова ҳшақәиргәыӷыз ала, иирц ахәҭоуп «ажәла» (ма ахылҵ), ауаатәыҩса агәнаҳара аҟынтә иҿызхша (Аҟазаара 3:15). Ари «ажәла» Анцәа Иԥсҳара Ԥсҳас иахагылароуп.
Дызусҭахарыдашь ари Ажәла ҳәа иҟалаша?
Адам агәнаҳа данаҵала ашьҭахь 2 000 шықәса раҟара ааҵуанеиԥш, адгьылаҿы дынхон Абраам ҳәа даара иуаҩқьиаз хаҵак. Иегова уи идиҵеит иқалақь гәакьа ааныжьны, палестинатәи адгьыл аҟны ашьаԥақәа дрыҵанхаларц.
Абраам инеигӡон Иегова иааидиҵоз зегьы, ҷыдала иуадаҩыз ускгьы. Иегова Абраам идиҵеит акәырбан нагарҭа аҿы дықәиҵарц иԥа Исаак.
Аиашазы, Иегова иҭахымызт ауаҩы иԥсыҭбара. Иара иҭахын еиликаарц, Абраам уи иахь имаз абзиабара шаҟа иӷәӷәаз. Абраам уажәшьҭа Исаак дишьырц иҽааирмазеихьан еиԥш, Иегова уи дааникылеит.
Абраам ахаҵара ӷәӷәа ахьааирԥшыз азы, Иегова аҿаҭахьа иуит, уи ихылҵ ишриҭо палестинатәи адгьыл, насгьы дызқәиргәыӷыз Ажәла иара иабшьҭрала — Исаак ила ишааишьҭуа ала (Аҟазаара 22:17, 18; 26:4, 5).
Исаак иман ҩыџьа еициз аԥацәа: Исави Иакови. Иегова идирбеит, изқәиргәыӷыз Ажәла Иаков иҟынтә иааираны ишыҟаз (Аҟазаара 28:13—15).
Иаков, Анцәа Израил ҳәа аҩбатәи ахьӡ зхиҵаз, иман 12-ҩык аԥацәа. Нас, ҳамҭакы ашьҭахь, иԥацәагьы ироуит ахшаара. Абасала, еиҳа-еиҳа ирацәаҩхон Абраам ихшаара (Аҟазаара 46:8—27).
Уи аҳабла аҟны амлакра бааԥс аныҟала, Иаков иҭаацәа иманы Мсырҟа диасуеит, мсыртәи аҳәынҭқар, афараон, иааԥхьарала (Аҟазаара 45:16—20).
Мсыр еилкаахеит, изықәыргәыӷыз Ажәла Иаков иԥацәа руаӡәы — Иуда — ихылҵ шиакәхо (Аҟазаара 49:10).
Иаков данԥсы ашьҭахь ихылҵ есааира ирызҳауан, аҵыхәтәангьы урҭ еизаку жәларыкны иаақәгылеит. Усҟан мсыраа уи иаршәан, урҭ тәыс иҟарҵеит (Ақәҵымҭа 1:7—14).
Ус ишааиуаз, Анцәа даара иуаҩқьиаз Моисеи дишьҭуеит усҟантәи аамҭазы аҳра зуаз афараон иахь, уи Израил иԥацәа ауижьразы (Ақәҵымҭа 6:10, 11).
Афараон ари аус анагӡара мап ахьацәикыз аҟнытә, Анцәа мсыраа жәантә иахьирхәит. Аҵыхәтәаны уи урҭ ахьирхәит, аԥхьа ирхылҵыз рыҷкәнцәа рышьразы аԥсра амаалықь дырзынашьҭны (Ақәҵымҭа, 7—12-тәи ахқәа).
Ауриацәа ракәзар, Анцәа иреиҳәеит, урҭ уаххьафаразы асыс ахәда хҵәаны, ашьа рышәқәа рыбжьындақәа ирхьыршьыр, аԥсра амаалықь рыҩнқәа дышрывсуаз. Абасала иагьеиқәырхан ауриацәа рыԥхьахшаақәа (Ақәҵымҭа 12:1—35).
Ари афараон ауриацәа Мсыр аанрыжьырц рыдҵара агәаԥхара инаҭеит. Аха ашьҭахь уи деиҭахьхәын, урҭ аԥҟацаҳәа днарышьҭалеит рырхынҳәразы.
Иегова еиқәирхеит ауриацәа, Амшын Ҟаԥшь ала амҩа рзаартны.. Афараон ируааи иареи урҭ ирышьҭаларц рҽаныназыршәа, рызынтәыкгьы уаҟа инӡааҟәрылеит (Ақәҵымҭа 15:5—21).
Иегова Израил иԥацәа ацәҳәыра илганы, ашьха Синаи ахь инеигон. Уаҟа урҭ Иара иҟынтә ироуит Азакәан, ажәагьы рыҭан, уи иқәныҟәалар, аԥшьауаа рыԥсҳареи иԥшьоу жәлари ракәны ишыҟалоз ала. Ари иаанагоз ауриацәа Анцәа Иԥсҳараҿы ихадоу аҭыԥ ааныркыларатә алшара анроушаз аамҭа шааиуаз акәын (Ақәҵымҭа 19:6; 24:3—8).
Шықәсык иназынаԥшуа Синаи ашьха ашьапаҿы ианырхарга, ауриацәа Анцәа инапхгарала Палестинаҟа рхы дырхеит,— Анцәа урҭ рышьаҭакҩы Абраам дзықәиргәыӷыз адгьылахь.
Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Палестина Анцәа ауриацәа аԥсҳацәа напхгара рырҭаларц азин риҭеит. Абасала, Анцәа адгьылаҿы аԥсҳара иман.
Давид — Иуда ихылҵ — Израил аҩбатәи ԥсҳас дыҟан. Давид Израил аӷацәа зегьы дыриааины, Иерусалим иԥсҳара иаҳҭнықалақьны иҟаиҵеит.
Давид ԥсҳас даныҟаз аамҭазтәи ахҭысқәа иаҳдырбоит, аԥсҳа Иегова ихаҭа данивагылоу, адгьыл аҳәынҭқарцәа рҟынтә аӡәгьы уи ииааира имч шақәымхауа.
Иегова ауаа агәра диргеит, изықәиргәыӷыз Ажәла Давид ихылҵуа дшыруаӡәкхоз ала (1 Ашықәсынҵа 17:7, 11, 14).
Давид иаамышьҭахь напхгара иуан иара иԥа Соломон. Уи иҟәшыз ԥсҳан, убри аҟнытә иаҳра ианаамҭаз ажәлар шәҭыкакаҷуан.
Иара убас, Соломон Иегова ихьӡала Иерусалим ақалақьаҿы иргылеит иссирыз аныҳәарҭа. Соломон напхгара аниуаз аамҭазы Израил иҟаз аԥсҭазаашьа ганкахьала иаҳнарбоит, закәытә зылԥхарақәоу ауаатәыҩса ирзаанаго иааираны иҟоу Анцәа Иԥсҳара (3 Аԥсҳарақәа 4:24, 25).
Аха Соломон иаамышьҭахь иҟаз аԥсҳацәа аӡәырҩы қьиарала рхы рзаамырԥшит.
Аха уеизгьы, Давид ихылҵыз Иерусалим аҳра аныруаз аамҭазгьы Иегова аԥааимбар Исаиа ила иааицҳаит, наҟ-наҟ адгьыл зегьы напхгара шазиуло Давид иԥа иаша. Убри иакәҵәҟьахоит ҳазқәыргәыӷу Ажәла (Исаиа 9:6, 7).
Аԥааимбар Исаиа заа иҳәеит, Уи инапхгара ахьӡ-аԥша иаиуа еиҳагьы ишыҳаракхо, Соломон инапхгара аасҭа (Исаиа, ахқәа 11, 65).
Уажәшьҭа, ахаан ишыҟамлацыз еиԥш, Анцәа имаҵуҩцәа рхы иазҵаауан: дызусҭахарыдашь абри Ажәла?
Аха Ажәла дааиаанӡа ауриа ԥсҳацәа убысҟак рхы пату рзақәымҵеит, ҳера ҟалаанӡа 607 шықәсазы Иегова вавилонаа ижәлар еибашьрыла рнапаҿы иааганы, реиҳараҩыкгьы ҭҟәаны Вавилонҟа ргара иақәиҭитәыртә еиԥш. Аха Анцәа ихамышҭӡеит иҿаҭахьа. Давид иабшьҭрала иаар шахәҭац иахәҭан Ажәла (Иезекииль 21:25—27).
Израил аҿырԥштәала иаабоит, иҟәшыз, иҵабыргыз аԥсҳа хәарҭак ааигарц шилшозгьы, уи ҳәаак шамаз. Ауаа иашақәа рыԥсҭазаара иалҵуеит, аха урҭ зыԥсахуа урықәгәыӷыртә иҟамлар алшоит. Ԥсыхәас иҟоузеи? Ҳазқәыргәыӷу Ажәлоуп.
Абар, аҵыхәтәаны, азқьышықәсақәа рышьҭахь иааит Ажәла. Дызусҭадаз ари Ажәла?
Ари азҵаара аҭак амаалықь иҟынтә илоуит хаҵа имцацыз Мариа захьӡыз ауриа ӡӷаб. Уи илзынаицҳаит, Иисус ҳәа ахьӡ зауша аԥа длоураны дшыҟаз. Абар, уи ииҳәаз:
«Уи ддухашт, Зегьирхаку Иԥа ҳәагьы ихьыӡхашт, Иҳақәиҭу Анцәа ииҭашт иаб Давид иқәтәарҭа; дагьԥсҳахашт» (Лука 1:32, 33).
Убас, ҳазқәыргәыӷыз Ажәла, аҵыхәтәангьы Анцәа Иԥсҳара Аԥсҳа иакәны дҟалоит Иисус. Аха дызларыламҩашьозеи Иисус иара даанӡа инхоз ауаа иашақәа?
Иисус иира џьашьахәун. Уи иан дыӡӷабын, ауаҩытәыҩсатә абгьы димамызт. Абри аԥхьа Иисус ажәҩанаҿы дынхон, ашьҭахь Анцәа иԥшьоу идоуҳала — аус зуа имчала — Мариа лымгәарҭахьы диаган. Убри аҟнытә иара Адам иҟынтә шьҭрала агәнаҳа имоуӡеит. Иисус иԥсахьынӡаҭаз знызаҵәыкгьы агәнаҳа ҟаимҵеит (1 Пиотр 2:22).
Иисус 30 шықәса данырҭагылаз аӡы дӡаахын.
Уи ауаа Анцәа Иԥсҳара атәы рзеиҭеиҳәон, ҳамҭакы ашьҭахьгьы идирдырит, ари Аԥсҳара Аԥсҳа шиакәу (Маҭфеи 4:23; 21:4—11).
Иара убасгьы, уи аџьашьахәқәа рацәаны ирҿиауан.
Ачымазаҩцәа ихәышәтәуан (Маҭфеи 9:35).
Ссирла амлашьцәа акрырҿеиҵон (Маҭфеи 14:14—22).
Иԥсхьоугьы иргылон (Иоанн 11:38—44).
Абарҭ аџьашьахәқәа иҳаилдыркаауеит, уи ауаатәыҩса рзы иҟаиҵараны иҟоу, Анцәа Иԥсҳара Ԥсҳас данаиулак.
Ишәгәалашәома, аԥсҳа Давид Иерусалим иԥсҳара иаҳҭнықалақьны ишыҟаиҵаз? Иисус ауаа идеилиркаауан, Анцәа Иԥсҳара ажәҩанаҿы ишыҟало, адгьылаҿы акәымкәа (Иоанн 18:36). Убри азоуп Аԥсҳара «жәҩантәи Иерусалим» ҳәа захьӡугьы (Ауриацәа рахь 12:22, 28).
Иисус дрыхцәажәеит ари Аԥсҳара анапаҵаҟа иҟоу рзы ихымԥадатәиу азакәанқәа. Уажәы арҭ азакәанқәа Абиблиа иагәлоуп. Урҭ рахьынтә еиҳа ихадароуп — ауаа Анцәа иахьи дара-дара рыбжьареи ирымазааша абзиабара азакәанқәа (Маҭфеи 22:37—39).
Иисус убасеиԥш иаартны иҳәеит, иара аӡәы заҵәык шиакәымхо Аԥсҳара аҟны ҳәынҭқарс иҟало. Уи напхгара ицҟарҵалоит ажәҩанахь ицаразы Анцәа иалихуа ауаа (Лука 12:32; Иоанн 14:3). Шаҟаҩы ыҟазаауадашь урҭ? Аартра 14:1 аҟны иарбоуп аҭак: 144 000-ҩык.
144 000-ҩык рымацара ракәзар ажәҩанахь ицо, Христосгьы напхгара ицҟазҵало, нас, иаанхаз егьырҭ ауаа зегьы гәыӷрас ирымазаауеи?
Абиблиаҿы иаҳәоит: Аиаша ҟазҵо ауаа адгьыл иазынхоит, иагьықәынхалоит уи наунагӡа» (Ԥсалом 36:29).
Наӡаӡа адгьылаҿы инхало ауаа «егьырҭ ауасақәа» ҳәа рыхьыӡҵоуп (Иоанн 10:16).
Убас, иҟоуп ҩ-гәыӷрак. Шәи ҩынҩажәи ԥшьба нызқь-ҩык Анцәа Иегова ажәҩанахь дрыԥхьоит, урҭ уахьынтәи Иисус Христос напхгара ицҟарҵаларц. Егьырҭ миллионҩыла иаанхаз ари Аԥсҳара анапаҵаҟа иҟоу раҳасабала наӡаӡа адгьылаҿы анхаразы агәыӷра ӷәӷәа рымоуп (Аартра 5:10, «Ажәабжь Бзиа»).
Аҩсҭаа Иисус дицәымӷын, излауалагьы диԥышькласуан. Иисус иажәабжьҳәаратә усура хышықәсеи бжаки ахыҵхьаны еиԥш, Аҩсҭаа ауаа азыҟаиҵеит уи иҭакреи, нас ашьаҟа ҵәымӷла даларҟаца дыкнаҳаны ишьреи. Избан Анцәа урҭ абри аҩыза изақәиҭитәыз?
Иаҳгәалаҳаршәап: ҳара Адам ҳаихылҵит аҟнытә, зегьы агәнаҳа ҟаҳҵоит, иҳақәнагоугьы аԥсроуп (Римаа рахь 6:23).
Иаҳгәалаҳаршәап: Иисус иира џьашьахәун — уи дуаҩынаӡан, убри аҟнытә аԥсра иқәнагамызт. Аха уеизгьы, Анцәа Аҩсҭаа ‘Иисус ишьхәа ацҳара’ — ишьра дақәиҭитәит. Аха Анцәа Иисус ԥсра зқәым адоуҳатә шамҭа иакәны ҩаԥхьа аԥсҭазаарахь дирхынҳәит. Уи ԥыхьеиԥш инаӡоу ауаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара дызлақәиҭыз ала, илшон ауаа изтәызтәхьаз агәнаҳа аҟынтә рҿыхра (Аҟазаара 3:15; Римаа рахь 5:12, 21; Маҭфеи 20:28).
Иисус иԥсра ҵакыс иамоу нагӡаны ҳхаҿы иааҳгарацы, Абиблиа уи атәы ҳанаҳәоит ахаҿырԥшқәа рыла.
Ишәгәалашәома, ҿырԥштәыс иаагозар, Иегова, Абраам ибзиабара ԥышәауа, иԥа кәрбанс дизнеигарц шидиҵаз?
Ари Иисус иԥсра иахаҿырԥшын. Убриала иаарԥшын, Иегова ауаа рахь имаз ибзиабара убысҟак ишыӷәӷәаз, Иԥа — Иисус — ҳара ҳзы аԥсра дақәиҭитәыртә еиԥш (Иоанн 3:16).
Ишәгәалашәома, Иегова ауриацәа Мсыр ишалигаз, урҭ раԥхьахшаақәа шеиқәирхаз, аԥсра амаалықь дрывсырц идҵаны? (Ақәҵымҭа 12:12, 13).
Ари хаҿырԥшыс иԥхьаӡоуп. Асыс ашьа ауриацәа раԥхьахшаақәа рзы ишеиқәырхагаз еиԥшҵәҟьа, Иисус икеиҭәаз ишьагьы ԥсҭаҵагоуп уи хазҵо рзы. Иара убас, уи аҵх азы имҩаԥысуаз ахҭысқәа ауриацәа рзы ишхақәиҭраз еиԥшҵәҟьа, убас Иисус ишьагьы ауаа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра рзаанагоит.
Убри азоуп Иисус «Анцәа Рсыс, аԥсабара [«адунеи», АЕ] агәнаҳа иаҵагыло» ҳәа изишьҭоугьы (Иоанн 1:29).
Уи адагьы, Иисус адгьылаҿы даныҟаз, аҵаҩцәа еизганы Аԥсҳара иазку ажәабжь бзиа ауаа ишрылаҳәатәу дирҵон, уи данԥсы ашьҭахьгьы ари аус анагӡара дшаҿыц даҿын (Маҭфеи 10:5; Лука 10:1).
Арҭ аҵаҩцәа Иисус Иԥсҳараҿы напхгара ицҟарҵаларц Анцәа раԥхьаӡа акәны иалихыз уаан (Лука 12:32).
Иаҳгәалаҳаршәап: Анцәа ауриацәа ақәиргәыӷит, урҭ Азакәан иқәныҟәалар, «аԥшьауаа рыԥсҳара» ракәны ишыҟалоз ала. Дара Иисус дрыдыркылазҭгьы, Анцәа Иԥсҳара аҟны абар уажәшьҭа рҭыԥ ааныркыларатәы, ажәҩанаҿы иԥшьауаангьы иҟаларатәы алшара рзаатуан. Аха урҭ реиҳараҩык Иисус дрыдрымкылеит.
Убри аҟнытә уинахыс уаҳа ауриацәа Анцәа иалихыз жәларны иԥхьаӡамызт; Палестина уажәшьҭа Изқәыргәыӷыз дгьылмызт (Маҭфеи 21:43; 23:37, 38).
Иисус ихаан аахыс ҳара ҳаамҭанӡагьы Иегова Иисус аҳра ицызуша ауаа жәҩантәи аиҳабырахь реидкылара даҿуп. Иахьатәи аамҭазы адгьылаҿы инхоит урҭ рахьтә зықьқәак рымацара. Ҳара урҭ «иԥшьоу рахьтә иаанхаз» ҳәа ҳрышьҭоуп (Аартра 12:17).
Уажәы ҳаиасып иара Аԥсҳара ахаҭа ахәаԥшрахьы. Ари — жәҩан иҟоу еиҳабыроуп, уи Ԥсҳас дамоуп Иисус Христос, иара ицуп Адгьыл аҿынтә иалху 144 000-ҩык. Ари аиҳабыра Адгьыл ақәынхаҩцәа иашақәа напхгара рынаҭалоит, иагьалшоит Адгьыл аҭынчра азаагара.
Иисус данԥсы ашьҭахь иԥсы ҭаҵаны ажәҩанахь дхагалан. Уаҟа уи Анцәа Аԥсҳара Аԥсҳа иаҳасабала иара изы анапхгара аҟаҵара аамҭа шааиз атәы аниеиҳәауа дазыԥшын (Ԥсалом 109:1). Ианбаҟаларишь ари ахҭыс?
Зны-зынла, Иегова Аԥсҳара иазкны ауаа акы деилиркаарц аниҭахыз, урҭ аԥхыӡқәа дирбон.
Даниил ихаан Иегова Вавилон аԥсҳа Навуходоносор иирбеит убарҭ иреиуаз ԥхыӡк. Ари аԥхыӡ ҵла дук иазкын (Даниил 4:7—34).
Аҵла аахырҵәан, иаанхаз ашьапы ашьамҭлаҳә ахадыршәит, бжьышықәса ҿҳәарас инаҭаны.
Уи Навуходоносор символра изнауан. Иаанхаз аҵла ашьапы бжьышықәса ҳәа ашьамҭлаҳә шахаршәыз еиԥш, убасҵәҟьа Навуходоносоргьы бжьышықәса ҳәа хшыҩла дычмазаҩхеит. Уи ашьҭахь игәы бзиахеит.
Абарҭқәа зегьы хаҿырԥшын. Навуходоносор Иегова адунеизегьтәи иаҳра дахаҿышьаран. Аханатә уи нагӡара аиуан аԥсҳа Давид ихылҵыз рыла Иерусалим. Ҳера ҟалаанӡа 607 шықәсазы вавилонаа еибашьрыла Иерусалим рнапаҿы ианаарга, аԥсҳацәа рхылҵшьҭра ҿахҵәеит. Уаҳа Давид иабшьҭрала аԥсҳацәа ҟалар ахәҭамзт, «уи закәанла иақәиҭыз даанӡа» (Иезекииль 21:27, АҾ). Уи Иисус Христос иакәхеит.
Шаҟа аамҭа бжьысырц ахәҭазеи ҳера ҟалаанӡа 607 шықәса инаркны Иисус инапхгара алагамҭанӡа? Аԥааимбаражәа аҟны иарбоу «бжьышықәса». Урҭ 2 520 шықәса ираҟароуп (Аартра 12:6, 14). Ҳера ҟалаанӡа 607 шықәса инаркны ҳара ҳера аҟынӡа 2 520 шықәса ҳара ҳера 1914 шықәса ахь ҳкылыргоит.
Ус анакәха, Иисус ажәҩанаҿы напхгара иуа далагеит 1914 шықәсазы. Ари ҵакыс иамази?
Абиблиа ари азҵаара аҭак ҳанаҭоит апостол Иоанн иибаз ала.
Уи ибеит, ԥҳәыск ажәҩанаҿы ахаҵарԥыс дышлоуз (Аартра 12:1—12).
Ари аԥҳәыс ажәҩан аҟны Анцәа имаҵ зуа амаалықьцәа зегь рыла ишьақәгылоу Анцәа жәҩан иҟоу иорганизациа дахаҿышьароуп. Ихаҵарԥысу асаби хаҿышьарас дызмоу Анцәа Иԥсҳароуп. Ари Аԥсҳара 1914 шықәсазы «иит».
Иҟалазеи абри ашьҭахь? Раԥхьа иргыланы, Ԥсҳак иаҳасабала, Иисус Аҩсҭаа аҿагылара ицҟазҵаз имаалықьцәеи иареи ажәҩан аҟынтә адгьыл ахь илбааишьҭит (Аартра 12:9).
Абиблиа иаанарԥшуеит, уи анаҩс иҟалаз: «Шәгәырӷьала, ажәҩани уи иаланхои! Гәырҩа шәымоуп, адгьыли амшыни ирықәынхо, избанзар дышәзылбааит аџьныш ӷәӷәала игәаӷ еилашны, изыԥҵәоу аамҭа шкьаҿхаз дырны!» (Аартра 12:12).
Убри аҟнытә, Иисус ажәҩанаҿы аҳра иуа даналага, иара иаӷацәа еиҳагьы ӷәӷәала рыҽдырцәгьеит. Абиблиа заа ишаҳәахьаз еиԥш, уи иаӷацәа рыгәҭа аҳра иуа далагеит (Ԥсалом 109:1, 2).
Ауаатәыҩса абри аҩыза рныԥшырц шԥалшоз?
Иисус иаҳирдырит: иҵысышт аибашьрақәа, иҟалашт афатә азымхара, ачымазарақәеи адгьылҵысрақәеи (Маҭфеи 24:7, 8; Лука 21:10, 11).
Излаабо ала, абарҭ ахҭысқәа мҩаԥысуеит 1914 шықәса раахыс,— абригьы ишьақәнарӷәӷәоит, Аԥсҳара уи аамҭа инаркны напхгара аура ишалагаз.
Аартрашәҟәы аҟны иаҳәоит, ауаа ‘адгьыл аԥхасҭатәра’ ишаҿызаауа (Аартра 11:18). Убасеиԥш ҳара ари аҩыза еиҳараӡак ианаабауа 1914 шықәса раахыс ауп.
Апостол Павел иациҵеит, ауаа «рхы рымабзиацәаны, аԥара рыԥсы азыцәгьаны... рҭаацәа ирзымӡырҩуа... хынраалашьак рыламкәа, ицәгьаҳәаҩцәаны, ҽынкылашьак рымамкәа» ишыҟалоз (2 Тимофеи иахь 3:1—5).
Уажәшьҭа еилкаауп, иахьа аԥсҭазаара абысҟак уаҩы изымчҳаратәы изхаҟалаз. Аҩсҭаа митәыла аус иуеит. Аха, даҽа ганкахьала, активла аус ауеит Анцәа Иԥсҳарагьы.
1914 шықәса ашьҭахь дук хара имгакәа иаанхаз, ажәҩанаҿы Иисус аҳра ицызурц агәыӷра змоу, Аԥсҳара напхгара аҟаҵара ишалагаз иазкыз ажәабжь бзиа ауаа ирыладырҵәо иалагеит. Иисус иԥааимбаражәа инақәыршәаны, ари ажәабжьҳәара адунеи зегьы иахаҵәеит (Маҭфеи 24:14).
Хықәкы хадас иамоузеи ари ажәабжьларҵәаратә ус?
Акыс: ауаа Анцәа Иԥсҳара атәы дырҳара.
Ҩбагьы: урҭ ари Аԥсҳара анапаҵаҟа аҟалара аӡбра аус аҿы ацхыраара рыҭара.
Иисус заа иҳәахьан, ҳаамҭазы ауаатәыҩса зегьы шеиҟәшахо, нас аамҭала уаҩы ибаратәы ишыҟало ауаса иеиԥшуи аџьма иеиԥшуи ауаа (Маҭфеи 25:31—46).
«Ауасақәа» — арҭ, иареи иашьцәеи бзиа избоз ракәын. «Аџьмақәа» иаргьы иашьцәагьы бзиа ирбомызт.
«Ауасақәа» ироуеит наӡаӡатәи аԥсҭазаара, «аџьмақәа» — мап.
Аԥсҳара иазку ажәабжь бзиа аларҵәара иабзоураны, ауаа алшара роуеит, урҭ ауасақәа иреиԥшу, мамзаргьы аџьмақәа иреиԥшу аадырԥшырц.
Абар, аԥааимбар Исаиа заа ииҳәаз:
«Иҟалашт аҵыхәтәантәи амшқәа рзы, Иҳақәиҭу иҩны ашьхара ашьхақәа инархагылоит, иагьынархыҳәҳәалашт ахәы ҳаракқәа, ажәларқәа зегьы уахь рҿагьынархашт» (Исаиа 2:2).
Уажәы ауаатәыҩса «аҵыхәтәантәи амшқәа» ирыниоит.
Иегова иахьиеихырхәауа «аҩны» амцдинхаҵарақәа зегьы «инархыҳәҳәауеит».
«Ажәларқәа шьарда еицны рҿынархашт, иагьырҳәашт: шәааи, ҳхалап Иҳақәиҭу ишьхарахь, Иаков и-Нцәа иҩныҟа, иагьҳирҵап Уи имҩақәа; ҳагьырнызаап Имҩақәа» (Исаиа 2:3).
Абри инақәыршәаны, иахьа ажәларқәа зегь рахьынтә ауаа рацәа Иегова иеихырхәарц иааиуеит, егьырҭгьы убас ҟарҵаларц ааԥхьара рырҭоит. Рхымҩаԥгашьала дара ирҵоит Иегова игәыҟаҵашьа.
«Урҭ раҳәақәагьы ирылаӡдрыжәышт ақәаҭанақәа, раԥсақәагьы — амаганақәа; жәлари жәлари ҳәаҭыхла еиҿагыларым, аибашьышьагьы уаҳа ирҵаларым» (Исаиа 2:4).
Иегова иеихырхәаҩцәа — зҳәоу еибыҭоу, аҭынчрагьы змоу жәларуп.
Анцәа Иԥсҳара имҩаԥнаго аус иабзоураны, адунеи зегь аҟны ицәырҵит миллионҩыла ари Аԥсҳара анапаҵаҟа иҟазаауа.
Урҭ «иаанхаз» — ажәҩанаҿы Христос аҳра ицуразы агәыӷра змоу ауаа — рыкәша-мыкәша рҽеизыргоит.
Урҭ Анцәа иорганизациа аҟынтә ироуеит адоуҳатә фатәы (Маҭфеи 24:45—47).
Урҭ ишьақәдыргылоит жәларбжьаратәи ақьырсиантә ешьара, абзиабара иашаҵәҟьа ахьышәҭуа (Иоанн 13:35).
Урҭ ргәаҿы ирымоуп аҭынчра — ԥхьаҟазы агәыӷра (Филиппаа рахь 4:7).
Дук хара имгакәа ажәабжь бзиа аларҵәара аус хыркәшахоит. Еилкаахоит «ауасақәа» зегьы зусҭцәоу. Иҟанаҵарызеи Аԥсҳара уи анаҩс?
Ишәгәалашәома, аԥсҳа Давид Анцәа иуаажәлар раӷацәа зегьы дшыриааиз? Аԥсҳа Иисус убасҵәҟьа ҟаиҵараны дыҟоуп.
Ҽнак-зны аԥсҳа Навуходоносор ԥхыӡ ибеит ауаҩы исахьа змаз хаҳәчаԥа дук, иара ианиаамҭаз инаркны ҳаамҭанӡа иҟалахьоу адунеи аҳәынҭқаррақәа зегьы ирсимволыз.
Нас уи ибеит: хаҳәык ашьха илаҿаҩрын, ауаҩы исахьа змаз ахаҳәчаԥа ԥыххааса иқәнаҵеит. Ари ахаҳә символтә ҵакыс иамоу Анцәа Иԥсҳароуп.
Ари зегьы иаанаго иахьа иҟоу адунеи бааԥсы аҭахароуп (Даниил 2:44).
Абар, ҿырԥштәыс иаагозар, Аԥсҳара иаԥырнахуа.
Иршәны амшын иаларыжьыз алу еиԥш, ииаӡаауеит амцдинхаҵара (Аартра 18:21).
Убри азоуп Анцәа бзиа дызбо зегьы ИАХМЫРԤАӠАКӘА амцдинхаҵара аанрыжьырц ааԥхьара зырзыҟаҵоу (Аартра 18:4).
Абри ашьҭахь Аԥсҳа Иисус ‘ажәларқәа дыриааины, урҭ еихатәы лабашьала дырхагылазаауеит’ (Аартра 19:15).
Убри азоуп Иегова Ишаҳаҭцәа ашәахтәқәа шыршәогьы, аҳәынҭқарратә закәанқәа ишрықәныҟәауагьы, урҭ аполитика рхы заладмырхәуа.
Аҵыхәтәаны Аҩсҭаа ихаҭа — «агәылшьаԥ» ду — ҵа змаӡам атыша дынҭарыжьуеит (Аартра 20:2, 3).
Ари агәрҩара иацәынхо «ауасақәа» — Иисус Ԥсҳак иаҳасабала иҳәатәы хазҵо ауаа — рымацара роуп (Маҭфеи 25:31—34, 41, 46).
Апостол Иоанн ибеит агәрҩара иацәынхо «ауасақәа».
«Санынаԥш, абар, сыбла иаахгылеит шьарда ауаа рацәа, уаҩы изымԥхьаӡаратәы, амилаҭқәеи, ахылҵшьҭрақәеи, ажәларқәеи, абызшәақәеи рҟынтә иааз, ақәтәарҭеи Асыси рҿаԥхьа игылаз, амаҭәа шкәакәақәа зшәыз, апальма-ҵла амахәқәагьы знапаҿы изкыз» (Аартра 7:9).
«Шьарда ауаа рацәа» шьақәдыргылоит ирыларҳәахьаз ажәабжь бзиа зыбжьы ақәзыргаз зегьы.
Урҭ «агәрҩара ду иацәынханы иааит» (Аартра 7:14).
«Апальма-ҵла амахәқәа» иаҳдырбоит, урҭ Иисус асалам ширҭауа, уи р-Ԥсҳа иеиԥш дыԥхьаӡаны.
Урҭ «рымаҭәа шкәакәақәа» шаҳаҭра руеит, дара Иисус иԥсы шрықәиҵаз шхарҵауа.
«Асыс» ҳәа иԥхьаӡоу Иисус Христос иоуп.
Иарбан зылԥхарақәоу урҭ ираҭәашьахо? Ишәгәалашәома, Израил иқәынхоз закәытә насыԥыз ирымаз, аԥсҳа иаша Соломон атәыла напхгара аназиуаз? Усҟан ирымаз анасыԥ — Аԥсҳа Иисус аҳра аниуло аамҭазы Адгьыл иқәынхало ргәы зырҭәло иреиҳаӡоу анасыԥ иацырҟьоу акоуп.
Исаиа иԥааимбаражәа ала, ауааи-ауааи, иара убас ауааи аԥстәқәеи рыбжьара ишьақәгылоит аҭынчра иашаҵәҟьа (Ԥсалом 45:10; Исаиа 11:6—9).
Иисус адгьылаҿтәи имаҵураан ачымазаҩцәа шихәышәтәуаз еиԥш, убас ҳаԥхьаҟазгьы рҵыхәа ԥиҵәоит ауаатәыҩса рцәа иалоу ачымазарақәа зегьы (Исаиа 33:24).
Уи гәыԥла ауаа рацәа рызхара шырҿеиҵоз еиԥш, убас ауаатәыҩса рыҩнуҵҟа афатә азымхарагьы наҟ иаԥырихуеит (Ԥсалом 71:16).
Уи аԥсцәа ширгылоз еиԥш, убас Анцәа Иԥсҳара анапаҵаҟа аҟаларазы алшара змауз аԥсцәагьы иргылоит (Иоанн 5:28, 29).
Шьаҿа-шьаҿала иара ауаатәыҩса Адам ицәыӡыз анаӡара аҟынӡа инеигоит.
Аԥеиԥш ссир ҳзыԥшыми, аиашазы? Ишәҭахӡами уи аҩыза жәбарц? Ааи анакәха, шәымԥшыкәа аус жәуы: Анцәа Иԥсҳара шәаҵагыла, шәагьыруаӡәкха «ауасақәа».
Ишәҵала Абиблиа, Иеговеи Иисус Христоси ирызку адыррагьы шәырҳала (Иоанн 17:3).
Шәрыҿцаала ари Аԥсҳара анапаҵаҟа иҟоу ауаа (Ауриацәа рахь 10:25).
Еилышәкаа Аԥсҳара азакәанқәа, насгьы урҭ шәрықәныҟәала (Исаиа 2:3, 4).
Шәыԥсҭазаара Иегова имаҵура иазкны, аӡы шәыҽӡаашәха (Маҭфеи 28:19, 20).
Анцәа Иегова игәамԥхо ацәгьа шәхацәыжәгала, иаҳҳәап: аӷьычра, амц, аламысдара, нас амцхә аҩыжәра (1 Коринфаа рахь 6:9—11).
Шәҽалашәырхәла Аԥсҳара иазку ажәабжь бзиа аларҵәара аус (Маҭфеи 24:14).
Убысҟан ауп шәара ианыжәбо иеиҭашьақәыргылахаз Џьанаҭ, аамҭала Адам ихылҵшьҭра рзы ицәыӡыз, нас иагьыжәбашт ишынагӡахауа аԥааимбаражәа: «Исаҳаит сара ажәҩан аҟынтә абыжь ду, абас зҳәауаз: абар, Анцәа инхарҭа, ауаа зыҩноу, Иаргьы дара дрыцынхалоит; урҭ Иара ижәлар ракәзаауеит, Анцәа Ихаҭагьы урҭ дрыцҟазаауеит, р-Нцәа иакәны; иагьирыцқьоит Анцәа урҭ рылабжышқәа, аԥсрагьы уаҳа иҟалом; аҵәыуарагьы, аҳәҳәарагьы, ачымазарагьы уаҳа иҟалаӡом; избанзар ииасхьеит ажәытәра» (Аартра 21:3, 4).
[Атаблица, адаҟьа 20]
(Атекст ихарҭәааны ишеиқәыршәоу шәахәаԥш апубликациаҿы)
607 ш. ҳ. ҟал. 1914 ш. ҳ. ҿыц.
ҳ. ҟал. | ҳ. ҿыц.
500 1 000 1 500 2 000 2 520
[Асахьақәа, адаҟьа 11]
Абраам
Исаак
Иаков
Иуда
Давид
[Асахьа, адаҟьа 14]
144 000-ҩык
[Асахьақәа, адаҟьа 16]
Адам
Иисус