Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • yc аур. 12, ад. 26—27
  • Арԥыс гәымшәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Арԥыс гәымшәа
  • Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иеиԥшу аматериал
  • Акгьы шәацәымшәан — Иегова шәыцхырааҩ иоуп!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Агәаӷьра злоу ауаҩы
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
yc аур. 12, ад. 26—27
Павел иаҳәшьаԥа ар реиҳабы диацәажәоит

АУРОК 12

Арԥыс гәымшәа

Уааи заншьа иԥсы еиқәзырхаз арԥыс ҳиабадырып. Уи арԥыс ианшьа апостол Павел иакәын. Ҳара ари арԥыс ихьӡ ҳаздыруам, аха ҳара иаадыруеит уск аҿы агәымшәара шааирԥшыз. Иуҭахума уара уи иҟаиҵаз еилукаар?~

Апостол Павел Иерусалим абахҭа дҭакын. Уи уахь дзақәшәаз Иисус изкны ажәабжь ахьиҳәоз азоуп. Ауаа бааԥсқәа Павел дырцәымӷын, убри аҟынтә ацәгьа изырурц ргәы иҭаркит. Дара ус еибырҳәеит: «Шәааи ар реиҳабы иаҳҳәап ируаа ирыдиҵарц Павел аӡбарҭа ҭыԥ ахь днаргарц. Ҳара уи аамҭазы ҳҽаҳҵәахуеит, Павел даниасуагьы даҳшьуеит!»

Абахҭа иҭаку апостол Павел иаҳәшьаԥа изеиҭаиҳәо дазыӡырҩуеит

Апостол Павел ацәгьа изырурц шырҭахыз уи иаҳәшьаԥа ар реиҳаби Павели ирзеиҭеиҳәеит

Арҭ ргәы иҭаз апостол Павел иаҳәшьаԥа иаҳаит. Иҟаиҵазеи иара? Уи абахҭа иҭакыз ианшьа иахь дцан, зегь изеиҭеиҳәеит. Павел иаҳәшьаԥа идиҵеит иаразнак аруаа реиҳабы иахь дцаны, урҭ ргәы иҭаркыз изеиҭеиҳәарц. Угәы ишԥаанаго, изымариазма Павел иаҳәшьаԥа аруаа реиҳабы иацәажәара?~ Ҳәарада, изымариамызт, избанзар ар реиҳабы аҭыԥ ду ааникылон. Аха арԥыс дымшәаӡакәа, ар реиҳабы зегь изеиҭеиҳәеит.

Ар реиҳабы иҟаҵатәу идыруан. Иара 500-ҩык раҟара аруаа еизигеит апостол Павел дрыхьчаларц азы, насгьы ирыдиҵеит убри аухаҵәҟьа Кеса́риаҟа дыргарц. Деиқәырхазма Павел?~ Ааи. Ауаа цәгьақәа иқәлара иацәшәеит. Урҭ рыгәҭакы рзынамыгӡеит.

Иунарҵозеи уара ари ахҭыс?~ Уаргьы апостол Павел иаҳәшьаԥа иеиԥш агәымшәара ааурԥшлар улшоит. Ҳара агәымшәара ҳҭахуп, ауаа Иегова иӡбахә анырзеиҭаҳҳәо. Иуҳәалома уара умшәаӡакәа Иегова иӡбахә?~ Ааи акәзар, иҟалап аӡәы иԥсҭазаара узеиқәырхаргьы.

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ

  • Аусқәа 23:12—24

  • Матфеи 24:14; 28:18—20

  • 1 Тимофеи иахь 4:16

АЗҴААРАҚӘА:

  • Ирҭахызи ауаа цәгьақәа апостол Павел изырурц?

  • Иҟаиҵазеи Павел иаҳәшьаԥа? Избан иҟаиҵаз згәымшәараз?

  • Ишԥаулшо уара ари арԥыс иҿыԥшра?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра