АУРОК 15
Иуҳәо агәра шуго аарԥшла
1 Фессалоникаа рахь 1:5
ИҞАҴАТӘУ Уажәақәа ирныԥшуазар ауп иуҳәо агәра шуго, насгьы уи шхадоу.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
- Ибзианы уҽазыҟаҵа. Аҭҵаара мҩаԥгала ихадоу азхәыцрақәа еилукаанӡа, насгьы Абиблиа урҭ шышьақәнарӷәӷәо убаанӡа. Уҽазышәа ихадоу азхәыцрақәа ырмарианы, ухатә ажәақәа рыла рҳәара. Иуҳәо аӡырҩцәа ишрыцхрааша ухы азышьҭла. Анцәа иԥшьоу адоуҳа уиҭарц уиҳәала. 
- Ухы иархәала иуҳәо агәра шуго аазырԥшуа ажәақәа. Ианҵаны иумоу ишаныҵәҟьо аԥхьара аҭыԥан, ухатә ажәақәа рыла еиҭаҳәала. Уцәажәашьа ианыԥшуазар ауп иуҳәо агәра шуго. 
- Гәыкала уцәажәала, насгьы иуҳәо шиашоу агәра дыргала. Убжьы мыцхәы ихәыҷымзар ауп. Шәҭыԥ аҿы иаԥызар, аӡырҩцәа рлакҭа уҭаԥшла.