АШӘА 50
Иегова сҽизыскырц азы сиҳәоит
- 1. Сгәаҵа ҵабыргла ирҭәла, - Саб, уҟәышра сырҳала. - Ашәаны сыбжьы галааит, - Уҽхәаԥхьыӡ, Сынцәа, исҳәааит. 
- 2. Иашала ирӷәӷәа сшьапқәа, - Амчқәа рылаҵа снапқәа. - Смал уа узы сшамеигӡара, - Уи ҳаҭырс исшьоит сара! 
- 3. Сашьҭоуп схы еиҿыскааларц, - Уи угәы азнарҳаларц. - Шьарда бзиа убаны, - Са сҽанысҵеит унапы. 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 40:8; Иоанн 8:29; 2 Кор. 10:5.)