Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 ииуль ад. 26—30
  • Иегова аԥсҭазаараҿы сымҩақәиҵалартә алшара исҭоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова аԥсҭазаараҿы сымҩақәиҵалартә алшара исҭоит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • АТӘЫЛА ЕИҚӘАҴӘА АҞЫНТӘ АМРА ХАА АХЬЫҞОУ АХЬ
  • ААМҬА ЦӘГЬАҚӘА РААН МАЛАВИ АНЦӘА АМАҴ ҲУЕИТ
  • ИҾЫЦУ АДҴА: ЗИМБАБВЕНТӘИ МАЛАВИ ҲАХЫЛАԤШУЕИТ
  • МАЛАВИҞА ҲХЫНҲӘУЕИТ
  • ИЕГОВА ЕИЗИРҲАУЕИТ
  • ИСЫДЫСКЫЛАЗ АӠБАРАҚӘА СЫРХЬЫМХӘӠЕИТ
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 ииуль ад. 26—30

АБИОГРАФИА

Иегова аԥсҭазаараҿы сымҩақәиҵалартә алшара исҭоит

ЕИҬЕИҲӘЕИТ КИТ ИТОН

САРА санхбыџыз сызныло аԥсҭазааратә мҩа алсххьан. Сусура даараӡа исгәаԥхон, убри аҟынтә сыԥсы ҭанаҵы уа аус зулар сҭахын. Аха Иегова даҽа мҩак саныларц сыдигалеит, насгьы абзиабара аарԥшны агәра сиргеит уи амҩаҿы сшымҩақәиҵало (Аԥсал. 32:8). Сара иааԥхьара сыдыскылеит, убас сыԥсҭазаара зегьы Иегова изыскит. Уи амҩаҿы сыԥсҭазаара гәырӷьарыла изырҭәыз ахҭысқәа рацәаны исзыԥшын. Африка 52 шықәса амаҵ аура алшарагьы соуит.

АТӘЫЛА ЕИҚӘАҴӘА АҞЫНТӘ АМРА ХАА АХЬЫҞОУ АХЬ

Сара сиит 1935 шықәсазы, Атәыла еиқәаҵәа захьӡу Англиатәи арегион аҿы иҟоу Дарластон аҟны. Атәыла еиқәаҵәа ус захьӡырҵаз уа ирацәаны иҟаз азауадқәеи афабрикақәеи ирхылҵуаз алҩа еиқәаҵәа аҳауа ахьаҟьашьуаз азы ауп. Ԥшьышықәса раҟара анысхыҵуаз Иегова ишаҳаҭцәа сҭаацәа Абиблиа ддырҵо иалагеит. 14 шықәса ракәу, 15 шықәса ракәу ансхыҵуаз, уи аҵабырг шакәыз еилыскааит, насгьы 1952 шықәсазы 16 шықәса ансхыҵуаз сыҽӡаасхит.

Убри аамҭазы сара аԥышәахысҩыс аус аура салагеит амашьынақәа злаҟарҵо амыругақәеи амашьына амаҭәахәқәеи ҭзыжьуаз азауад ду аҿы. Сара аҵара сахысуан, аԥхьаҟа уи акомпаниаҿы аҭыԥ бзиа соурц азы. Уи аҩыза аусура ԥхыӡла иубаргьы иузхаҵомызт!

Аха убри аамҭазы араионтә хылаԥшҩы дсыҳәеит Уилленхолл иҟаз сахьныҟәоз аизараҿы ашәҟәы аҵара мҩаԥызгаларц. Иҟасҵара сыздыруамызт. Сара ҩ-еизарак рахь сныҟәон. Аусура амшқәа рзы Бромсгров иҟаз аизарахь сныҟәон. Уи сыҩны 30 километра иацәыхаран, аха сусура иазааигәан. Аԥсшьарамшқәа раан сҭаацәа рахь сцон, насгьы Уилленхолл иҟаз аизарахь сныҟәон.

Сара Иегова иорганизациа сацхраалар сҭахын, убри аҟынтә араионтә хылаԥшҩы исыдигалаз сақәшаҳаҭхеит. Уи азы бзиа избоз аусура аансыжьыр шакәхозгьы. Шаҟа сеигәырӷьозеи усҟан Иегова сымҩақәиҵалартә ахьилсыршаз! Уи абзоурала сыԥсҭазаара аҵакы аиуит, аинтерес аҵан, насгьы исыдыскылаз аӡбара зныкгьы сахьымхәӡеит.

Бромсгров иҟаз аизарахь санныҟәоз улаԥш зыдхалоз, Иегова бзиа дызбоз, Енн зыхьӡу аиаҳәшьа слабадырит. 1957 шықәсазы ҳара ҳаибагеит. Ҳара пионерс амаҵ ҳуан, анаҩс иҷыдоу пионерс ҳаҟан, уи адагьы араионтә маҵзура наҳагӡон, Вефиль аҿгьы амаҵ ҳуан. Енн — сыԥсҭазаара зегь зырԥшӡаз лоуп!

1966 шықәсазы ҳара Галаад ашкол 42-тәи акласс аҿы аҵара ҳҵон. Уи ҳаналга Малавиҟа ажәабжьҳәара ҳрышьҭит. Уи атәыла Африка Агәы ԥха ҳәа иашьҭоуп, избанзар уа инхо ауаа ргәы ҭбаауп, асасдкыларагьы рылоуп. Ҳара ҳагәгьы иаанагаӡомызт, уа рацәак аангылаха шҳарымҭоз.

ААМҬА ЦӘГЬАҚӘА РААН МАЛАВИ АНЦӘА АМАҴ ҲУЕИТ

Малави ҳазланыҟәоз «Каизер-џьип»

Ҳара Малавиҟа ҳцеит 1967 шықәса, февраль 1 азы. Абызшәа аҵара иазкыз, мызкы ицоз акурс ҳанахыс ашьҭахь ҳхы зегь ажәабжьҳәара иазаҳкит. Ҳара аџьип ала ҳныҟәон. Шьоукы ргәы иаанагон уи ахьзымцо ыҟаӡам, аӡиасқәагьы хьаас иамаӡам ҳәа. Аха уи ус акәӡамызт. Уи кәарақәак ируан ада, уаҳа алшомызт. Зны-зынла ҳара уахынла ҳәа ачаз хыбрақәа змаз анышәаԥшь иалхыз ақьалақәа рҿы ҳаангылон. Аха ақәоурақәа ианраамҭаз, уаҟагьы аҭуан абырзент аҵамыршәкәа узыҩнагыломызт. Абас иалагеит ҳмиссионертә маҵзура! Аха ҳара уи ҳгәаԥхон.

Апрель азы сара еилыскааит ҳҭагылазаашьа аҽарцәгьо ишалагаз. Арадио ала дықәгыланы дцәажәеит малавитәи апрезидент Хастингс Банда. Иара иҳәеит Иегова ишаҳаҭцәа ашәахтәқәа рымшәошәа, насгьы аполитика иаԥырхагоушәа. Ҳәарада, уи мцын! Аха ҳара зегьы иаҳдыруан ҳзырцәымӷыз анеитралитет ахьыҳахьчоз азы шакәыз, насгьы, еиҳараӡак, аишьцәа апартиатә билеҭқәа ахьаарымхәоз азы.

Сентиабр мзазы ҳара агазеҭ аҿы ҳаԥхьеит, апрезидент атәылаҿы иҟаз ауадаҩрақәа зегьы Иегова ишаҳаҭцәа ишырхареиҵаз. Ипартиа аизара ду аҿы иара иҳәеит, аҳәынҭқарцәа аамҭа мгакәа Иегова ишаҳаҭцәа рус закәанла мап шацәыркуа. 1967 шықәса, октиабр 20 рзы убас иагьыҟалеит. Уи ашьҭахь хара имгакәа Вефиль ахь аполициа аусуҩцәеи аемигранттә ҟәша аусуҩцәеи ааит, афилиал адыркырц, насгьы амиссионерцәа атәыла аҟынтә иқәырцарц азы.

Малавинтәи ҳанықәырца, 1967 шықәса. Амиссионерцәа Иоханссон Џьеки Линдеи ҳареи

Ҳара хымш абахҭа ҳҭакны ҳрыман, нас Великобританиа иаҵанакуаз Маврикиҟа ҳдәықәырҵеит. Аха Маврики аҳәынҭқарцәа уа миссионерцәас ҳаангылар рмуӡеит. Убри аҟынтә аишьцәа Родезиаҟа (уажәы уи Зимбабве ауп) ажәабжь ҳҳәаларц ҳрышьҭит. Уа ҳаннеи згәыжәла цәгьаз чынуаҩык ҳиқәшәеит, уигьы уа ҳаангылар имуӡеит. Иара иҳәеит: «Шәара Малави шәаангыларц азин шәырымҭаӡеит. Маврикиҟагьы шәырмышьҭӡеит. Ара ҳгәырӷьаҵәа ҳашәԥылоит ҳәа шәгәы иаанагозма?» Енн инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит. Аӡәгьы ҳаиҭахымызшәа ҳгәы иабон. Зегь кажьны Англиаҟа ҳхынҳәыр сҭахын. Аха нас аҳәынҭқарцәа уахык ҳәа афилиал аҿы ҳаангыларц азин ҳарҭеит. Аха адырҩаҽны ихадоу аофис ахь ҳнеирц ҳарҳәеит. Ҳара уаҳа амч ҳамамызт, аха Иегова иқәгәыӷра ҳаҟәыҵуамызт. Ҳҭагылазаашьа аниԥсахуа ҳазыԥшын. Адырҩаҽны ҳшазыԥшымыз азин ҳарҭеит, Зимбабве ԥсшьаҩцәаҵас ҳаангыларц. Уи аминуҭ азы схы шызбаз ажәала исызҳәом! Сара агәра ганы сыҟан Иегова ҳшымҩақәиҵоз.

ИҾЫЦУ АДҴА: ЗИМБАБВЕНТӘИ МАЛАВИ ҲАХЫЛАԤШУЕИТ

Енни сареи зимбабветәи Вефиль аҿы. 1968 шықәса

Зимбабветәи афилиал аҿы сара амаҵзуратә ҟәшаҿы амаҵ зуан. Дҵас исыдыз Малави, насгьы Мозамбик иҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара акәын. Малави иҟаз аишьцәа гәымбылџьбарала ирышьҭашәарыцон. Сара Малави амаҵ зуаз араионтә хылаԥшыҩцәа рҳасабырбақәа еиҭазгалар акәын. Ҽнак уа инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирхыргоз атәы санаԥхьоз, аҽны хәлаанӡа сышҵәыуоз исхызгеитa. Аха убри аамҭазгьы сара сгәаҵанӡа инеиуан урҭ иаадырԥшуаз агәрахаҵара, ахачҳара, насгьы Анцәа гәыкала иахьизыҟаз (2 Кор. 6:4, 5).

Ҳара иҳалшоз зегь ҟаҳҵон Малави иаанхаз, насгьы ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны Мозамбикҟа ииасыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи адоуҳатә фатә рымазарц азы. Малави еиҳараӡак излацәажәо абызшәа чичева ала апубликациақәа еиҭазгоз аиҭагаҩцәа, Зимбабве инхоз ҳашьак иферма ду аҿы иаангылеит. Асасдкылара злаз уи аиашьа анхарҭа ҭыԥи аусура ҭыԥи рызирхиеит. Убас алитература аиҭагара иазкыз ихадаз аус аанымгылаӡеит.

Ҳара иҳалшоз зегь ҟаҳҵон, Малави амаҵ зуаз араионтә хылаԥшыҩцәа чичева абызшәала Зимбабве имҩаԥысуаз аобласттә конгрессқәа есышықәса ирҭааларц азы. Аконгресс ашьҭахь ҳара ажәахәқәа зегьы рыпланқәа урҭ ирыҭан иҳашьҭуан. Дара Малавиҟа ианыхынҳәлак ашьҭахь, ираҳаз азхәыцрақәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзеиҭарҳәон. Зны ҳара Зимбабве Иԥшьоу ҳмаҵзура ашкол еиҿаҳкааит, агәымшәара злаз урҭ араионтә хылаԥшыҩцәа ргәы шьҭаҳхырц азы.

Зимбабве иҟаз аконгресс аҿы чичева абызшәала ажәахә сыманы сықәгылоит. Уи аконгресс чичева, насгьы шона абызшәақәа рыла имҩаԥысуан

1975 шықәса, февраль мзазы сара сырҭааит Мозамбик иҟаз, ахҵәацәа рлагер аҿы инхоз малавитәи аишьцәа. Урҭ аишьцәа Иегова иорганизациа иаҳнаҭоз аҵыхәтәантәи анапхгара иқәныҟәон, аизара аиҳабацәа рхеилакгьы еиҿыркаахьан. Ҿыц аизара аиҳабацәас иҟалаз урҭ аишьцәа, аизара аусқәа бзианы еиҿкааны ирыман. Дара ажәахәқәа рыманы иқәгылон, амш иазалхыз ажәеинраала, насгьы «Ахьчаратә бааш» аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцеилдыргон, араионтә конгрессқәагьы мҩаԥыргон. Ахҵәацәа рлагерқәа аконгресс дуқәа ахьымҩаԥыргоз аҭыԥқәа угәаладыршәон. Еиҿкааны ирыман ацқьара ацклаԥшразы, афатәқәа ршаразы, насгьы ашәарҭадара ацклаԥшразы аҟәшақәа. Иџьоумшьар залшом Анцәа гәыкала изыҟаз урҭ аишьцәа Иегова ицхыраарала шаҟа ҟарҵоз! Уи сара ианызба сгәы шьҭнахит.

1970-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Малави инхоз аишьцәа рхылаԥшра замбиатәи афилиал иадырҵеит. Аха урҭ аишьцәа рызхәыцреи дара рзы Анцәа иҳәареи саҟәымҵӡеит. Сара издыруеит ус ҟазҵоз сара заҵәык шсакәмыз. Зимбабветәи афилиал акомитет аҿы амаҵ зуан аҟынтә, адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭа ахаҭарнакцәеи Малави, ЮАР, насгьы Замбиа иҟаз аҭакԥхықәра здыз аишьцәеи реиқәшәарақәа зныкымкәа сырҭаахьан. Урҭ аиԥыларақәа рҿы есымша абри азҵаара шьҭырхуан: «Иҟаҳҵар ҳалшозеи иҵегьы малавитәи ҳашьцәа рзы?»

Аамҭа цон, ашьҭашәарыцарақәа еиҳа иԥсыҽхо иалагеит. Хәыҷы-хәыҷла ахҵәацәа Малавиҟа ихынҳәуа иалагеит. Џьаргьы имцаз, акыршықәса рыҩныҵҟа ашьҭашәарыцарақәа зхызгоз аишьцәа ракәзар, рыԥсы еивыргеит. Ааигәа-сигәа иҟаз аҳәынҭқаррақәа Иегова ишаҳаҭцәа рус закәанла ишьақәдырӷәӷәо иалагеит. Мозамбик аҿы уи 1991 шықәсазы иҟалеит. Аха ҳара зегьы ҳаԥшын: ианбаҟало Малави инхо аишьцәа ҭынч Анцәа имаҵ руа?

МАЛАВИҞА ҲХЫНҲӘУЕИТ

Хәыҷы-хәыҷла Малави аполитикатә ҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Убри аҟынтә 1993 шықәсазы Иегова ишаҳаҭцәа рышьҭашәарыцара иаҟәыҵит. Ԥыҭрак ашьҭахь миссионерк саниацәажәоз, ус дсазҵааит: «Нас, Малавиҟа шәхынҳәуама?» Усҟан сара 59 шықәса схыҵуан, убри аҟынтә ус иасҳәеит: «Мамо, сара шьҭа сажәхьеит». Аха убри аҽныҵәҟьа Анапхгаратә хеилак аҟынтә асаламшәҟәы ҳзааит. Уа Малавиҟа ҳхынҳәырц иҳаҳәон.

Ҳара Зимбабве амаҵ аура ҳгәаԥхон, убри аҟынтә аӡбара адкылара ҳзымариамызт. Ҳара ара ҳашьцылахьан, бзиа иаҳбоз аҩызцәагьы ҳарҳахьан. Анапхгаратә хеилак иаҳзаарышьҭыз асаламшәҟәы аԥхарра аҵан. Аишьцәа иҳарҳәеит, иаҳҭаххар, Зимбабве ҳаангылар шҳалшо. Ҳара убас иагьыҟаҳҵарын иаҳҭахыз мацара ҳашьҭазҭгьы. Аха сара Авраами Сарреи рҿырԥшы сгәалашәеит. Урҭ рықәрахь ишнеихьазгьы, рыҩн бзиа ааныжьны Иегова иреиҳәаз ҟарҵеит (Аҟаз. 12:1—5).

Ҳара аишьцәа иҳарҳәаз ҳазыӡырҩны Малавиҟа ҳхынҳәырц ҳаӡбеит. 1995 шықәса, февраль 1 азы уахь ҳнеихьан. Раԥхьаӡа акәны уахь ҳаннеиз аахыс 28 шықәса ҵхьан. Малави афилиал акомитет еиҿкаан, уа хҩык аишьцәа алахәын, саргьы урҭ снарылаҵаны. Ҳара ҳмахәҿа еилыхны Иегова ишаҳаҭцәа рус аиҭашьақәыргылара ҳнапы аҳаркит.

ИЕГОВА ЕИЗИРҲАУЕИТ

Шаҟа угәы шьҭнахуазеи Иегова ҳус дшазылԥхо анубо! Ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара ирласны еизҳауан, 1993 шықәсазы 30 000-ҩык ыҟан, 1998 шықәсазы 42 000-ҩык иреиҳахахьанb. Анапхгаратә хеилак ақәшаҳаҭхеит, еизҳауаз аизарақәа рхылаԥшразы афилиал ҳаргыларц. Ҳара Лилонгве 12 гектар иҟаз адгьыл ааҳхәеит. Сара аргыларатә комитет ахь срышьҭит.

2001 шықәса, маи мзазы афилиал ргыланы ҳалгахьан. Уи Иегова ианизаҳкуаз, ажәахә иманы дықәгылеит Анапхгаратә хеилак аҟынтә аиашьа Гаи Пирс. Игәырӷьахәыз уи аиԥылараҿы 2 000-ҩык инареиҳаны аҭыԥантәи Иегова ишаҳаҭцәа ыҟан. Урҭ рҟынтә реиҳараҩык 40 шықәса инареиҳаны Иегова имаҵ рухьан. Акыр иаҳзаԥсоу урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ажәабжьҳәаратә ус мап анацәкыз аамҭазы гәымбылџьбарала ишрышьҭашәарыцозгьы, Иегова гәыкала ишизыҟаз аадырԥшит. Дара шӷарызгьы, рыгәрахаҵареи Иеговеи дареи реиҩызареи ӷәӷәан. Уажәшьҭа дара рхатә Вефиль аҿы инеиааиуа иқәын! Афилиал зегь аҿы Аҳра ашәақәа уаҳауан, акгьы иузаҿмырԥшуа африкатәи ашәаҳәашьала. Ари зегьы апрограмма арԥшӡон, насгьы ишьақәнарӷәӷәон аԥышәарақәа раан Иегова даанызмыжьуа дшырзылԥхо.

Афилиал анҳаргыла ашьҭахь, Аҳратә залқәа Иегова изкра иазкыз ажәахәқәа сыманы ақәгылара алшара соуит. Малави Аҳратә залқәа ҳаздыргылон, усҟак аԥара змам атәылақәа рзы Аҳратә залқәа рыргылара апрограмма ала. Уаанӡа еизарақәак аевкалипт амахәқәа рыла иҟаҵаз ахыбрақәа рҿы еизон. Урҭ акалам-ҳасыр ала ихыбын, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи анышәаԥшь иалхыз асқамқәа ирықәтәан. Уажәшьҭа аишьцәа гәырӷьаҵәа рхала иҟарҵаз аԥечкақәа рҿы Азал ҿыцқәа зладыргылоз ақьырмытқәа ҟарҵон. Аха дара уеизгьы аҟәардәқәа ракәым асқамқәа еиҳа еиӷьыршьон, избанзар ишырҳәало еиԥш, «асқам аҿы даҽаӡә иҭыԥгьы уԥшаауеит».

Иегова ижәлар дшырзылԥхоз анаҳбоз, уи даара ҳаршанхон! Еиҳараӡак иџьасшьон иқәыԥшыз африкатәи аишьцәа Иегова имаҵзураҿы шаҟа аџьабаа рбоз. Дара амаҵзураҿы еиҳаны иҟарҵаларц азы ахаан ирыҳәалатәӡамызт. Урҭ Иегова иорганизациа ирнаҭоз адыррақәа иаразнак рхы иахьадырхәоз абзоурала рԥышәа ирласны еиздырҳауан. Уи абзоурала дара аизарақәа рҿы, насгьы Вефиль аҿы еиҳаны аҭакԥхықәрақәа нарыгӡон. Уи адагьы, ааигәа араионтә хылаԥшыҩцәас амаҵ аура иалагаз аҭыԥантәи аишьцәа рыцхыраарала аишьцәеи аиҳәшьцәеи доуҳала еизҳауан. Урҭ аишьцәа рҟынтә аӡәырҩы аҭаацәара иалалахьан. Аха рыҳәсеи дареи ирыӡбеит, амаҵзура еиҳаны рҽаладырхәларц азы макьана ахшара рмоуларц. Уи ркультураҿы ишаԥымызгьы, рҭынхацәа ишыргәамԥхозгьы.

ИСЫДЫСКЫЛАЗ АӠБАРАҚӘА СЫРХЬЫМХӘӠЕИТ

Енни сареи британиатәи Вефиль аҿы

Ҳара Африка 52 шықәса амаҵ ҳуит. Аха нас сгәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа сызцәырҵит. Аҭыԥантәи афилиал акомитет Великобританиатәи афилиал ахь ҳрышьҭырц асаламшәҟәы рҩит. Анапхгаратә хеилак уи иақәшаҳаҭхеит. Ҳара бзиа иаҳбаз ҳмаҵзура ааныжьра даара иаҳцәыцәгьан. Аха британиатәи вефильтәи аҭаацәара гәыкала ҳрыдыркылеит. Урҭ ҳара, абыргцәа, гәыкала иҳаиҷаҳауеит.

Сара агәра ганы сыҟоуп, Иегова исыдигалаз аԥсҭазааратә мҩа ахьалысхыз ибзианы ишыҟасҵаз! Сара схы сақәгәыӷны акарьера сашьҭалазҭгьы, сахьыҟалоз здыруада. Иегова еснагь идыруан, ииашоу амҩала ацаразы исҭахыз (Ажәам. 3:5, 6). Санқәыԥшыз акомпаниа ду аҿы аус аушьа сҵон. Аха уи Иегова адунеизегьтәи иорганизациаҿы исиҭаз адҵақәа иузрыдкылаӡом. Сара сзы Иегова имаҵ аура аԥсҭазаараҿы зегь раасҭа иаԥсоу мҩаны иҟан, убас иагьыҟазаауеит!

a Малави инхо Анцәа ижәлар рҭоурых атәы ануп 1999 шықәсазы иҭыҵыз «Ежегодник Свидетелей Иеговы» аҿы, адаҟьақәа 148—223.

b Уажәы Малави ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара 100 000-ҩык иреиҳауп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра