Анцәа инапхгара иадҳәалоу азҵаара шәхашәмыршҭлан
«Ауаа ирдыруазарц, уара Иегова ҳәа ахьӡ змоу, уара заҵәык шуакәу адгьыл аҿы Зегьирхаку» (АԤСАЛ. 83:18, АдҾ).
1, 2. а) Иарбан зҵаароу ауаа зегьы ирыҵанакуа? б) Избан уи азҵаара ҳара ҳзы даара изхадоу?
ИАХЬА аӡәырҩы ауаа рзы аԥара аасҭа еиҳау акгьы ыҟам. Урҭ зызхәыцуа амал шдырҳаша, насгьы идырҳаз шырцәымӡша мацара ауп. Егьырҭ ауаа рзы зегь раасҭа ихадоу рҭаацәара, ргәабзиара, насгьы рхатә еихьӡарақәа роуп.
2 Аха еиҳа ихадоу, насгьы ауаа зегьы ирыҵанакуа азҵаара — ари Иегова закәанла анапхгара аҟаҵара азин имоу имаму ашьақәырӷәӷәара ауп. Ҳара уи ахаан иаҳхаҳмыршҭлароуп. Есыҽнытәи ҳусқәа ирыхҟьаны иаҳхашҭыр алшоит Иегова закәанла напхгара аҟаҵара азин шимоу ашьақәырӷәӷәара шаҟа ихадоу. Иара убас ҳаԥсҭазаараҿы иаҳԥыло ауадаҩрақәа уи азҵаара ҳшазыҟоу ианырыр алшоит. Иегова инапхгара ҳадгылозар, усҟан ауадаҩрақәа рыхгара еиҳа иаҳзымариахоит, насгьы Иегова ҳаизааигәахоит.
ИЗБАН УИ АЗҴААРА УБАС ИЗХАДОУ?
3. Ишьақәирӷәӷәози Аҩсҭаа Анцәа инапхгара аганахь ала?
3 Аҩсҭаа Аџьныш иҿагылара Иегова закәанла анапхгара аҟаҵара азин имоу имаму азҵаара цәырнагеит. Аҩсҭаа ишьақәирӷәӷәон Анцәа ииашам напхгаҩуп, насгьы ишамҭақәа зегь иреиӷьу риҭом ҳәа. Аџьныш иҳәарц иҭахын ауаа рхала анапхгара рулар, еиҳа насыԥ шроуа (Аҟаз. 3:1—5). Иара убас Аҩсҭаа иҳәеит ауаҩы аҵыхәтәанынӡа Анцәа дышизиашам, аԥышәара ӷәӷәа иақәшәо дарбанзаалак Анцәа инапхгара мап ацәикуеит ҳәа (Иов 2:4, 5). Аҩсҭаа ишьҭихыз азҵаарақәа ирыхҟьаны, Иегова ауаа аамҭа риҭеит рхаҭа ирбарц Анцәа ииашоу инапхгара ада рыԥсҭазаара зеиԥшрахо.
4. Избан Анцәа инапхгара иадҳәалоу азҵаара аӡбара заҭаху?
4 Иегова, ҳәарада, идыруан Аџьныш ииҳәаз шымцыз. Избан нас уи диашоу диашаму шьақәирӷәӷәарц аамҭа зииҭаз? Ари азҵаара аҭак ахшыҩ змоу ашамҭақәа зегьы ирыҵанакуеит. (Уаԥхьа Аԥсалом 83:18, АдҾ.)a Адами Евеи Иегова инапхгара мап ацәыркит, убасҵәҟьа ҟарҵеит урҭ ирхылҵыз аӡәырҩы. Убри аҟынтә амаалықьцәеи ауааи ирызцәырҵыр алшон агәҩара: Аҩсҭаа диашазҭгьы? Уи азҵаара аҭак шьақәырӷәӷәахаанӡа ажәларқәа, арасақәа, аимшьҭрақәа, аҭаацәарақәа, насгьы хаҭала ауаа аҭынчреи акзаареи роуам. Аха Иегова анапхгара аҟаҵара закәанла азин шимоу анышьақәирӷәӷәалак, изыӡырҩло ашамҭақәа зегьы ииашоу инапхгара аҵаҟа наӡаӡа инхалоит. Жәҩантәыла зегь аҿы аҭынчра ҟалоит (Еф. 1:9, 10).
5. Ишԥаҳалшо Иегова инапхгара ҳшадгыло аарԥшра?
5 Иаарласны Анцәа анапхгара аҟаҵара закәанла азин шимоу шьақәырӷәӷәахоит, уи иаанарԥшуеит Аҩсҭааи ауааи рнапхгара алҵшәа шамам. Уи аҵыхәтәа ԥҵәахоит. Амессиантә Аҳра ацхыраарала Анцәа инапхгара ахықәкы нанагӡоит, насгьы Анцәа изиашаны иаанхо зегьы ишьақәдырӷәӷәоит иара инапхгара иадгыло ауаа шыҟоу (Ис. 45:23, 24). Ишәҭахума шәара урҭ шәыруаӡәкзар? Уи азы еснагь Анцәа инапхгара иадҳәалоу азҵаара шаҟа ихадоу ҳгәалашәозароуп.
ҲАИҚӘХАРА ААСҬА ИХАДОУ
6. Шаҟа ихадоузеи Иегова закәанла анапхгара аҟаҵара азин шимоу ашьақәырӷәӷәара?
6 Хыхь ишҳәаз еиԥш, Иегова закәанла анапхгара аҟаҵара азин шимоу ашьақәырӷәӷәара зегь раасҭа ихадоу зҵаароуп. Уи ҳхатә насыԥ аасҭа ихадоуп. Аха иаанагома уи ҳаиқәхара уиаҟара ихадам, ма Иегова бзиа ҳаибом ҳәа? Ҳәарада, мап! Избан ус ҳҳәар зҳалшо?
7, 8. Избан Иегова закәанла анапхгара аҟаҵара азин шимоу ашьақәырӷәӷәареи иқәыргәыӷрақәа рынагӡареи зеидҳәалоу?
7 Иегова ауаа даара бзиа ибоит, насгьы рыхә ҳаракны ишьоит. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц азы иара Иԥа иԥсҭазаара ҳахҭынҵара дазхиан (Иоанн 3:16; 1 Иоанн 4:9). Иегова ииҳәаз наимыгӡар, усҟан Аџьныш Анцәа изиҳәаз иашазшәа алҵуеит: Анцәа ишамҭақәа рҟынтә ибзиоу ак рцәиҵәахуазшәа, насгьы инапхгара иашамызшәа. Иара убас аҵабырг иаҿагыло Иегова иқәыргәыӷрақәа ирхыччаны ирҳәалоит: «Ианбаҟалои мшәан ҳзықәдыргәыӷыз Уи иаара? Зны адунеи иахыз ҳабацәа цеит, иқәҵит, иара адунеи ахаҭа ршазаахыс ишыҟац иҟоуп» (2 Пиотр 3:3, 4). Убри аҟынтә Иегова дацклаԥшуеит анапхгара аҟаҵара закәанла азин шимоу ашьақәырӷәӷәара изыӡырҩуа ауаагьы аиқәырхара рзаанагарц. (Уаԥхьа Исаиа 55:10, 11.) Уи адагьы, Иегова инапхгара абзиабара шьаҭас иамоуп. Убри аҟынтә ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ииашоу имаҵзуҩцәа еснагь бзиа ишибало, насгьы еснагь рыхә ҳаракны ишишьало (Ақәҵ. 34:6).
8 Иегова инапхгара иадҳәалоу азҵаара ахьхадоу иаанагаӡом Анцәа иҿаԥхьа ҳаиқәырхара хадам ҳәа. Ҳара еилаҳкаауеит Анцәа инапхгареи ҳаиқәырхареи ирзалху арольқәа шрымоу. Уи ҳацхраауеит аимактә зҵаара ҳхаҳмыршҭларц, насгьы Иегова ииашоу инапхгара ҳадгылазарц.
ИОВ ИГӘААНАГАРА ИԤСАХУЕИТ
9. Ииҳәози Аҩсҭаа Иов изкны? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
9 Раԥхьаӡа иҩыз Абиблиа ашәҟәқәа ируаку ашәҟәы Иов аҟынтә иаҳбарҭоуп зегь раасҭа ихадоу аилкаара шҳахәҭоу. Уа ишаҳәо ала, Аҩсҭаа ишьақәирӷәӷәон Иов Анцәа дышицәхьаҵуа, уи аԥышәара ӷәӷәа дақәшәар. Аҩсҭаа Анцәа идигалеит Анцәа ихаҭа Иов диргәаҟырц. Иегова уи ҟаимҵеит, аха иара Аҩсҭаа илиршеит Иов иԥышәара. Анцәа иҳәеит: «Иара имоу зегьы — унапаҿы иҟоуп». (Уаԥхьа Иов 1:7—12.) Аамҭа кьаҿк иалагӡаны Иов имаҵзуҩцәеи, имазареи, бзиа иибоз ихәыҷқәеи ицәыӡит. Аҩсҭаа урҭ агәаҟрақәа зегь зхароу Анцәа иакәызшәа агәаанагара узцәырҵыртә еиԥш иҟаиҵеит (Иов 1:13—19). Анаҩс Аҩсҭаа Иов дзыргәаҟуаз ачымазара бааԥс иирхьит (Иов 2:7). Иов ихьаа еиҳагьы иӷәӷәахеит иԥҳәыси ҩызцәас ииԥхьаӡози рҟынтә игәы изырхьуаз ажәақәа аниаҳа (Иов 2:9; 3:11; 16:2).
10. а) Ишԥааирԥши Иов Анцәа дышизиашаз? б) Иарбан гхоу Иов иҟаиҵаз?
10 Иҟалазеи аҵыхәтәаны? Еилкаахеит Аҩсҭаа иажәақәа шымцыз. Иов Анцәа дицәхьамҵӡеит (Иов 27:5). Аха аамҭак азы иара еиҳа ихадоу ихашҭит. Иара дышиашаз ашьақәырӷәӷәара мацара акәын дзызхәыцуаз, уи адагьы, игәаҟрақәа мзызс ирымоу еиликаар иҭахын (Иов 7:20; 13:24). Иов ицәаныррақәа еилаҳкаар ҳалшоит, избанзар иара ирацәаны агәаҟрақәа ихигеит. Аха Иегова уи уеизгьы дириашарц иӡбеит. Иеиҳәазеи иара?
11, 12. Иеилиркаазеи Иегова Иов, насгьы ишԥаидикылеи иара Анцәа иажәақәа?
11 Иегова Иов иеиҳәаз ажәақәа ануп ашәҟәы Иов ԥшь-хык рҟны — 38-тәи ахы инаркны 41-тәи ахы аҟынӡа. Аха уа ианӡам Анцәа Иов игәаҟрақәа мзызс ирымаз иеиҳәеит ҳәа. Иегова Иов даниацәажәоз, хықәкыс имаӡамызт уи агәаҟрақәа дызрықәшәаз иеилыркаара, избанзар Анцәа ахыриашара иҭахӡамызт. Иегова Иов иеилиркаар иҭахын иара Зегьирхаку Анцәа диҿурԥшуазар дзеиԥшраз. Иара убас Анцәа Иов иеилиркааит уи аасҭа ихадоу азҵаарақәа шыҟоу. (Уаԥхьа Иов 38:18—21.) Уи Иов ихадоу игәаланаршәеит.
12 Иаҳҳәар ҳалшома Иегова дыџьбарацәан ҳәа, Иов ихигаз зегь ашьҭахь ириашара дахьалагаз? Мап, Иовгьы ус игәы иаанагомызт. Иара еиликааит Анцәа уи иеиҳәарц ииҭахыз, насгьы дахьириашаз азы аџьшьара ааирԥшит. Иара иҳәеит: «Сажәақәа мап рцәыскуеит, сахьхәуеит асабеи ахәеи сылатәаны». Шаҟа алҵшәа ааргазеи Анцәа иаартны ииҳәаз, аха уи аамҭазгьы угәы шьҭызхуаз ажәақәа! (Иов 42:1—6). Уи аԥхьа иқәыԥшыз Елиуи Иов алабжьара ииҭахьан (Иов 32:5—10). Иов Иегова иажәақәа данрықәныҟәа, Анцәа егьырҭ идирбеит Иов аԥышәарақәа раан иааирԥшыз азиашара ахә ҳаракны ишишьаз (Иов 42:7, 8).
13. Ицхраазеи Иов Иегова ииҳәаз азхәыцра аԥышәарақәа рышьҭахьгьы?
13 Иов Иегова ииҳәаз дахьазхәыцуаз анаҩсгьы ицхраауан. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иегова Иов анаҩстәи иԥсҭазаараҿы уаанӡа аасҭа еиҳаны азылԥхарақәа ииҭеит, аха Иов иԥсҭазаара еиҭашьақәгыларц азы аамҭа иҭахын, избанзар уи ашьҭахь иара быжьҩык аԥацәеи хҩык аԥҳацәеи ихылҵит (Иов 42:12—14). Ҳәарада, Иов Аҩсҭаа ихҟьаны иԥсыз ихәыҷқәа гәхьааигон. Иҟалап иара ихигаз ауадаҩрақәа лассы-лассы игәалашәозҭгьы. Игәаҟрақәа мзызс ирымаз шеиликаазгьы, иҟалап иара ихы дазҵаауазҭгьы: избан Анцәа уи зиаиҩыжьыз? Уи дзызхәыцуазаалакгьы, иара Иегова иеиҳәаз игәалашәон. Уи ицхраауан иҟалаз ииашаны аилкаара, насгьы агәырҭынчра аԥшаара (Аԥсал. 93:19 [94:19, АдҾ]).
Иҳалшома ауадаҩрақәа раан зегь раԥхьаӡа иргыланы Анцәа инапхгара азхәыцра? (Шәахәаԥш абзац 14.)
14. Иаҳнарҵозеи ҳара Иов ихҭыс?
14 Иарбан хәарҭоу иалҳкаар ҳалшо Иов ихҭыс? Уи ҳаԥсҭазаараҿы ихадаҵәҟьоу аилкаареи агәырҭынчра аԥшаареи иҳацхраауеит. Иегова уи аҭоурых аанхарц иҟаиҵеит «ҳара иҳалабжьарц... ахачҳара аарԥшуа, урҭ Аҩырақәа ирҳәоз азхаҵаны, гәыӷрала ҳаҟазааразы» (Рим. 15:4). Ари ахҭыс иаҳнарҵоит Иегова инапхгара иадҳәалоу азҵаара ҳхашҭыртә аҟынӡа ҳнеиртә еиԥш ҳауадаҩрақәа ҳарзымхәыцларц. Уи азы ҳаргьы Иов иеиԥш имариам аҭагылазаашьақәа рҿы Анцәа ҳизиашаны ҳаанхалароуп.
15. Ишьақәҳарӷәӷәозеи, аԥышәарақәа раан Анцәа ҳизиашаны ҳаанхозар?
15 Анцәа иахь иааҳарԥшуа азиашара ахә шыҳараку ҳазхәыцуазар, уи ҳгәы арҭынчыр алшоит. Избан? Ҳара еилаҳкаауеит агәаҟрақәа баша ишаҳхаҳамго. Агәаҟрақәа ҳрықәшәозар, уи иаанагаӡом Иегова ҳара ҳахь агәынамӡара ааирԥшуеит ҳәа (Ажәам. 27:11). Иааҳарԥшуа ахачҳара Анцәа иразра ҳзаанагоит, насгьы ҳгәыӷра арӷәӷәоит. (Уаԥхьа Римаа рахь 5:3—5.) Иов изку ахҭыс ишьақәнарӷәӷәоит Иегова дышгәыбылҩу, дышрыцҳашьаҩу (Иак. 5:11). Убри аҟынтә агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит: иара инапхгара иадгыло зегьы аҳамҭа риҭоит. Уи ҳгәалашәозар, ачҳареи агәырӷьареи ахьчара ҳалшоит (Кәал. 1:11).
ИХАДОУ АЗҴААРА ҲХАШҬУАМ
16. Избан иаҳгәалашәалар зҳахәҭоу Иегова закәанла анапхгара аҟаҵара азин шимоу ашьақәырӷәӷәара даара ишхадоу?
16 Ҳәарада, Иегова закәанла анапхгара аҟаҵара азин шимоу иазку азҵаара шаҟа ихадоу еснагь агәалашәара мариам. Зны-зынла ауадаҩрақәа нымҵәошәа ҳбозар ауеит. Уиаҟара иӷәӷәам ауадаҩрагьы ҳааҟәымҵӡакәа ҳрызхәыцуазар, уи ӡбашьа амамызшәа ҳгәы иаанагар алшоит. Убри аҟынтә ҳааҟәымҵӡакәа иаҳгәалаҳаршәалар ауп имариам аҭагылазаашьақәа рҿы Анцәа инапхгара адгылара шаҟа ихадоу.
17. Ишԥаҳацхраауеи иааиԥмырҟьаӡакәа Иегова иус аҽалархәра Иегова инапхгара иадҳәалоу азҵаара ахамышҭра?
17 Иегова иҳадиҵаз аус иааиԥмырҟьаӡакәа ҳҽалаҳархәуазар, уи Анцәа инапхгара ҳхамышҭларц иҳацхраауеит. Абар Рене зыхьӡу қьырсианк лҿырԥштәы. Лара адабла лысит, хәышәтәышьа змам ахьаа лыман, иара убас акьыба лыхьуан. Ахәышәтәырҭаҿы данышьҭаз лара аҵабырг рзеиҭалҳәон уа аус зуаз, егьырҭ ачымазаҩцәа, насгьы урҭ рбара инеиуаз ауаа. Зны мчыбжьыки бжаки рыҩныҵҟа лара 80 сааҭ ажәабжь лҳәеит. Дшыԥсуа шылдыруазгьы, Рене Иегова инапхгара иадҳәалоу азҵаара лгәалашәон. Уи лхьаақәа рыхгара илыцхраауан.
18. Иаҳнарҵозеи Џьеннифер лҿырԥштәы Иегова инапхгара ҳазыҟазар шҳахәҭоу аганахь ала?
18 Иегова инапхгара иадҳәалоу азҵаара есыҽнытәи ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо иаҳгәалашәалар ахәҭоуп. Зны Џьеннифер зыхьӡыз аиаҳәшьа хымш аҳаирбаӷәазаҿы даанхеит. Лара лреис дазыԥшын, аха уи еснагь иахыргон. Уи лхы заҵәны илбон, насгьы даара дааԥсеит — уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы ухы арыцҳашьара уалагар ҟалоит. Аха лара Иегова иҳәара далагеит, лара леиԥш ауадаҩрақәа змаз дрыцхраарц шлылшо лирбарц. Иҟалазеи анаҩс? Џьеннифер имаҷымкәа ауаа ажәабжь рзеиҭалҳәеит, насгьы ирацәаны апубликациақәа лшеит. Лара илҳәоит: «Имариамыз аҭагылазаашьа сыман, аха Иегова дысзылԥхеит, насгьы дҳараскырц азы амч сиҭеит». Ишаҳбо еиԥш, Џьеннифер Иегова игәҭакы лгәалашәон.
19. Изларылукаауазеи ииашаҵәҟьоу Анцәа имаҵзуҩцәа?
19 Иегова иуаажәлар рымацара роуп Анцәа инапхгара шаҟа ихадоу еилызкаауа. Уи ала ауп дара ииашаҵәҟьоу Анцәа имаҵзуҩцәа шракәу злаудыруа. Анцәа иуаажәлар инапхгара иадгылоижьҭеи акрааҵуеит. Ақьырсианцәа зегьы агәра ганы иҟазар ауп даргьы еснагь Анцәа иган шааныркыло.
20. Иарбан цәаныррақәоу изцәырҵуа Иегова, инапхгара ҳшадгыло анибо?
20 Агәра ганы шәыҟаз аԥышәарақәа раан азиашара аарԥшны имаҵ уа, насгьы ахачҳара аарԥшуа Иегова инапхгара шәахьадгыло ахә ҳаракны ишишьо (Аԥсал. 17:26 [18:25, АдҾ]). Анаҩстәи астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова инапхгара гәыкала адгылара изаԥсоу, насгьы уи аҟаҵара шҳалшо.
a Аԥсалом 83:18 (АдҾ): «Ауаа ирдыруазарц, уара Иегова ҳәа ахьӡ змоу, уара заҵәык шуакәу адгьыл аҿы Зегьирхаку».