АШӘА 24
Иегова ишьхахь шәхала
(Исаиа 2:2—4)
- 1. Улаԥш ԥхьаҟа ирха: - Адунеи зегьы иабоит - Ашьха, Иегова иитәу, - Ашьхақәа иреиҳауп. - Рҽеибаркны харантәи - Уахь ихалоит ажәларқәа. - «Шәҳашьҭал!» — зегьы ирарҳәоит, - Имаҵ рурцаз Ҳанцәа. - Уажәшьҭа иааит аҿҳәара, - Ажәлар ԥсыҽ ирыхәҭоуп иӷәӷәахарц, - Иазҳаларц, нас ишәҭларц, - Урҭ Иегова дышрыцхраауа рбарц. - Ажәлар ду, ҵҩа змаӡам, - Ҳаб иҵабырг иадгылоит. - Ажәа рыхьчоит уи ирҭаз, - Имҩа иқәлан ицоит. 
- 2. Ажәабжь адгьыл иахьӡарц - Ҳарҭ Иисус иҳадиҵеит. - Аҳра иазкугьы ажәа - Ажәлар ираҳауеит. - Жәҩанаҿ аҳра зуа Ҳаҳ - Дҳаԥхьоит Иаҳраз ҳгылазарц. - Ииҳәо ҳахшыҩ азцароуп, - Ҳаб имч амҩа ҳнарбарц. - Угәы ҭгәырӷьаан уԥши, - Анцәа ир шазҳауа умбари. - Иалаҳгалоит ҳахәҭа, - Ажәабжь бзиа андеилҳаркаауа. - Гәы цаҳә-цаҳәла ҳара - Ажәлар ааҳаԥхьап иахьа: - «Шәықәгыл Иегова ишьха, - Шәыҟаз уа есымша». 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 43:3; 99:9; Ис. 60:22; Аус. 16:5.)