АШӘА 28
Иегова уиҩызаха
(Аԥсалом 15)
- 1. О, Иегова, Ҳаб, - Ҩызас иумада? - Дарбан иузааигәоу, кыр иузаԥсоу? - Уашҭахь инеиуада? - Згәыӷра акыр иӷәӷәоу, - Уажәала зыԥсы ҭоу, - Ҽԥныҳәа змаӡам, аиашара злоу, - Иаша мҩала ицо. 
- 2. Ҩызас иузааигәаӡоу - Сзыҟалару сара? - Дарбан иаҿало ушьха иԥшьоу? - Ԥхьакырҭа зыԥшаара? - Ухьӡ ҳаракы зыԥшьо, - Уажәа ҵары зыхьчо. - Уи згәы ҳалалу, иашара злоу, - Амц бзанҵы изымҳәо. 
- 3. Ҳуқәгәыӷуеит, о, Ҳанцәа, - Ҳамҩа уахылаԥшла. - Улаԥш хааӡа ианҳацу ҳара, - Иацлоит ҳа ҳхаҵара. - Ҳашьҭоуп иҳарӷәӷәаларц - Ҳҩызара иҳабжьоу! - Зегь раҵкьыс иеиӷьу Ҩызоуп уара, - Бзиабара цқьа злоу. 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 139:1; 1 Пиотр 5:6, 7.)