АШӘА 103
Ахьчацәа — «ауаа аҳамҭақәа»
- 1. Ҳамҭас иҳаут зеиԥшыҟам ауаа — - Ахьчацәа, згәы былуа. - Ҳарҭ Анцәа имҩа ҳбоит еилыкка, - Урҭ ҳанырзыӡырҩуа. - АХАПА - Ацаҟьа шәшьыра, ԥсы зхоу аӡыхь, - Ԥшацәгьа иацәызго ҳаԥсы. - Анцәа иԥсаса рнапы ианҵоуп. - Рааԥсара ҳхашҭуам бзанҵы! 
- 2. Аразра рныԥшуеит ражәа хаақәа. - Рабжьгара — гәыбылроуп. - Ҳахәрақәа ҿарҳәарцгьы урҭ азхиоуп, - Ҳгәаҟрагь ҳацәырхьчарцоуп. - АХАПА - Ацаҟьа шәшьыра, ԥсы зхоу аӡыхь, - Ԥшацәгьа иацәызго ҳаԥсы. - Анцәа иԥсаса рнапы ианҵоуп. - Рааԥсара ҳхашҭуам бзанҵы! 
- 3. Урҭ иаҳдырҵоит Анцәа изакәан, - Имҩала ҳа ҳцаларц, - Анцәа иԥҟарақәа наҳагӡарц, - Ҳацқьарагьы ҳахьчарц. - АХАПА - Ацаҟьа шәшьыра, ԥсы зхоу аӡыхь, - Ԥшацәгьа иацәызго ҳаԥсы. - Анцәа иԥсаса рнапы ианҵоуп. - Рааԥсара ҳхашҭуам бзанҵы! 
(Уахәаԥш иара убас Ис. 32:1, 2; Иер. 3:15; Иоанн 21:15—17; Аус. 20:28.)