Асабша, октиабр 18
Шәаҳәала — ишәоуеит, шәашьҭаз — ишәыԥшаауеит, шәасла — ишәзаадыртуеит (Лука 11:9).
Еиҳаны ачҳара аашәырԥшлар шәҭахума? Ус анакәха, Анцәа ачҳаразы шәиҳәала. Ачҳара иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа ируакуп (Гал. 5:22, 23). Ус анакәха, ҳамч мацарала уи аҟазшьа бзиа ҳзеизырҳаӡом. Ҭагылазаашьак аҿы ачҳара аарԥшра ҳцәыцәгьазар, Ҳаб иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәоит (Лука 11:13). Уи адагьы, ҳара Иегова ихәаԥшышьа ҳаурц азы ҳиҳәалар ҳалшоит. Анаҩс, Анцәа ҳаниҳәалак ашьҭахь, ачҳара ааҳарԥшларц азы есыҽны ҳхы аџьабаа адаҳбалалароуп. Ачҳаразы шаҟа Анцәа ҳиҳәо, насгьы уи аҟазшьа шаҟа иааҳарԥшуа аҟара, убриаҟара ибзианы иҳалаҳааӡоит. Убасала, ачҳара злоу уаҩны ҳҟалоит. Уи адагьы, Абиблиа иану аҿырԥштәқәа рызхәыцра ҳацхраар ауеит. Абиблиаҿы ачҳара аазырԥшуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ануп. Урҭ рыԥсҭазаара ҳазхәыцыр, иаҳҵо рацәоуп. w23.08 22—23, абз. 10, 11
Амҽыша, октиабр 19
Акаҭа ҭашәыжь (Лука 5:4).
Иисус апостол Пиотр иеилиркааит Иегова уи ахаан дшаанимыжьуа. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь, Пиотри егьырҭ апостолцәеи ирацәаны аԥсыӡ ркыртә иҟаиҵеит (Иоанн 21:4—6). Уи аџьашьахәы ҳәарада, Пиотр агәра инаргеит иҭахрақәа Иегова дреиҷаҳар шилшо. Иисус иҳәахьан: «Шәыԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳр[а]... зегь раасҭа ихадаз». Анаҩс иҳәеит, ус ҟазҵо Иегова зда ԥсыхәа ыҟам зегь шриҭо. Иҟалап Пиотр урҭ ажәақәа игәалашәазар (Матф. 6:33). Убри аҟынтә Пиотр иԥсҭазаара аԥсыӡкра акәымкәа, Анцәа имаҵ аура иазикит. Иара 33 шықәса ҳ. ҳ. аан Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны агәымшәара аарԥшны, ажәахә иманы дықәгылеит, уи абзоурала зықьҩыла ауаа агәырӷьажәабжь рыдыркылеит (Аус. 2:14, 37—41). Уи ашьҭахь иара самариааи иауриамыз егьырҭ ауааи Христос иҵаҩцәаны аҟалара дрыцхрааит (Аус. 8:14—17; 10:44—48). Ишаҳбо еиԥш, Иегова еиуеиԥшым ауаа иеизарахь инеигарц азы зныкымкәа Пиотр ихы даирхәеит. w23.09 20, абз. 1; 23, абз. 11
Ашәахьа, октиабр 20
Избаз аԥхыӡ сзеиҭашәымҳәар, иаанагогьы сзеиҭашәымҳәар, маха-маха шәеимырхуеит (Дан. 2:5).
Вавилонаа Иерусалим анхдырбгала ашьҭахь ҩышықәса раҟара анҵы, аҳ Навуходоносор аԥхыӡ бааԥс ибеит, уа иара абаҟа дуӡӡа ибеит. Иара адырра ду змаз имаҵуцәа зегьы, Даниилгьы урҭ днарылаҵаны, иреиҳәеит иԥхыӡ еиҭарымҳәар, насгьы уи иаанаго рымҳәар, аԥсра шырзыԥшу (Дан. 2:3—5). Даниил аамҭа мгаӡакәа ак ҟаиҵар акәын, избанзар ирацәаҩны ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан. Убри аҟынтә Даниил аҳ иахь дцаны аԥхыӡ аҵакы аҳәаразы аамҭа ииҭарц диҳәеит (Дан. 2:16). Уи азы иара агәымшәареи ахаҵаре́и иҭахын, избанзар џьаргьы ианӡам Даниил уаанӡагьы аԥхыӡқәа рҵакы иҳәон ҳәа. Иара иҩызцәа дрыҳәеит ажәҩан Анцәа иҳәаларц, урҭ рыцҳашьаны уи амаӡа ааиртырц азы (Дан. 2:18). Иегова урҭ рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит. Анцәа ицхыраарала Даниил Навуходоносор иԥхыӡ еиҭеиҳәеит. Убас Даниил хҩык иҩызцәеи иареи аԥсра иацәцеит. w23.08 2, абз. 4