Ашәҟәы «Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы» аҵаразы азҵаарақәа
Ажәабжь 1
Анцәа далагеит ашара
Иҳазҭада бзиарас иҳамоу зегьы? Иаага аҿырԥштәы.
Иишада зегь раԥхьаӡа Анцәа?
Избан раԥхьатәи амаалықь дызҷыдаз?
Уахцәажәа аханатә адгьыл зеиԥшраз. (Уахәаԥш асахьа.)
Иҟаиҵазеи Анцәа, адгьыл ауааи аԥстәқәеи рзы ирмазеиуа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иеремиа 10:12.
Иарбан Анцәа иҟазшьақәоу, ишамҭақәа рҟны иаарԥшу? (Ис. 40:26; Рим. 11:33).
Уаԥхьа Колоссаа рахь 1:15—17.
Иарбан рольу инаигӡоз Иисус, иҟоу зегь ршараан, насгьы ианырырц шԥахәҭоу уи иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьаҿы? (Кол. 1:15—17).
Уаԥхьа Аҟазаара 1:1—10.
а) Ишԥаҟалеи аханатә адгьыл? (Аҟаз. 1:1).
б) Иҟалазеи раԥхьатәи ашара амш азы? (Аҟаз. 1:3—5).
в) Еиҭаҳәа, аҩбатәи ашара амш азы иҟалаз (Аҟаз. 1:7, 8).
Ажәабжь 2
Иссирӡоу абаҳча
Ишԥаирхиоз Анцәа ҳара ҳзы адгьыл?
Еиҭаҳәа, иарбан еиуеиԥшым аԥстәқәа Анцәа иишаз. (Уахәаԥш асахьа.)
Избан Едемтәи абаҳча иҷыдоу зҭыԥыз?
Ишԥеиҭахыз Анцәа адгьыл зегьы ҟаларц?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 1:11—25.
а) Иишазеи Анцәа ахԥатәи ашара амш аан? (Аҟаз. 1:12).
б) Иҟалазеи аԥшьбатәи ашара амш аан? (Аҟаз. 1:16).
в) Иарбан ԥстәқәоу Анцәа иишаз ахәбатәи, афбатәи амшқәа раан? (Аҟаз. 1:20, 21, 25).
Уаԥхьа Аҟазаара 2:8, 9.
Иарбан иҷыдоу ҩ-ҵлак Анцәа еиҭеиҳаз абаҳчаҿы, насгьы символтә ҵакыс ирымазеи урҭ?
Ажәабжь 3
Раԥхьатәи ахаҵеи аԥҳәыси
Излеиԥшымзеи 2-тәи, 3-тәи ахқәа рҿы иҟоу асахьақәа?
Дызшада раԥхьатәи ахаҵа, насгьы ихьӡзеи иара?
Иарбан дҵоу Анцәа Адам ииҭаз?
Дызирцәазеи дҭаҳәахаа Анцәа Адам?
Шаҟаамҭа инхаларц рылшозеи Адами Евеи, насгьы иарбан дҵоу Иегова ириҭаз?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ԥсалом 83:18.
Ихьӡузеи Анцәа, насгьы иарбан ҭыԥу иааникыло адгьылаҿы? (Иер. 16:21; Дан. 4:17).
Уаԥхьа Аҟазаара 1:26—31.
а) Иарбан зеиԥшыҟам шамҭоу иишаз Иегова афбатәи амш аан, насгьы излареиԥшымзеи ари ашамҭа аԥстәқәа? (Аҟаз. 1:26).
б) Ириҭазеи фатәыс Анцәа ауаҩи аԥстәқәеи? (Аҟаз. 1:30).
Уаԥхьа Аҟазаара 2:7—25.
а) Иҟаиҵарц ахәҭазеи Адам, аԥстәқәа ахьӡ рыҭаразы адҵа идыз наигӡарц? (Аҟаз. 2:19).
б) Ишԥаҳеилнаркаауеи Аҟазаара 2:24, Иегова дшахәаԥшуа аҭаацәара аилазаара, хазы-хазы анхара, насгьы аилыҵра? (Маҭф. 19:4—6, 9).
Ажәабжь 4
Урҭ рыҩны зхарцәыӡыз
Уахәаԥш асахьа. Ирыхьзеи Адами Евеи?
Избан Иегова урҭ ақәнага изақәиршәаз?
Иланаҳәазеи амаҭ Ева?
Илацәажәодаз Ева амаҭ ихы иархәаны?
Изхарцәыӡи Адами Евеи рџьанаҭ ҩны?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 2:16, 17, насгьы 3:1—13, 24.
а) Избан Ева амаҭ ала илыҭаз азҵаара, Иегова изы имцу агәаанагара заанарԥшыз? (Аҟаз. 3:1—5; 1 Иоан. 5:3).
б) Избан Ева илыхьыз, ҳара ҳзы ҽацәыхьчагас изыҟоу? (Флп. 4:8; Иак. 1:14, 15; 1 Иоан. 2:16).
в) Ишԥаадарԥши Адами Евеи иҟарҵаз азы аҭакԥхықәра адкылара шырҭахымыз? (Аҟаз. 3:12, 13).
г) Ишԥагылеи ахерувимцәа мрагыларахь иҟоу Едемтәи абаҳча амҩаҿы, Иегова инапхгара иадгыларц? (Аҟаз. 3:24).
Уаԥхьа Аартра 12:9.
Шаҟа дманшәалахазеи Аҩсҭаа Анцәа инапхгара ауаа аҿаргылараҿы? (1 Иоан. 5:19).
Ажәабжь 5
Иалагоит аԥсҭазаара цәгьа
Изеиԥшразеи Адами Евеи рыԥсҭазаара, Едемтәи абаҳча анҭыҵ?
Ирыхьзеи Адами Евеи Анцәа иахьизымӡырҩыз, насгьы избан?
Избан Адами Евеи рхәыҷқәагьы зажәуаз, насгьы изԥсуаз?
Закәытә ԥсҭазаароу ироуаз Адами Евеи, насгьы рхәыҷқәагьы, Иегова иҳәатәы харҵазҭгьы?
Иарбан хьаау, насгьы гәырҩоу илзаанагаз Ева лзымӡырҩра?
Ирыхьӡқәазеи Адами Евеи раԥхьатәи ҩыџьа рԥацәа?
Иазусҭцәада асахьаҿы иарбоу егьырҭ ахәыҷқәа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 3:16—23, насгьы 4:1, 2.
а) Ишԥаныри Адам иԥсҭазаара адгьылахь иаашьҭыз ашәиира? (Аҟаз. 3:17—19; Рим. 8:20, 22).
б) Избан ахьӡ Ева, иаанаго «аԥсҭазаара», ма «инхо», лара изылнаалоз? (Аҟаз. 3:20).
в) Ишԥааирԥши Иегова ахылаԥшра Адами Евеи рахь, агәнаҳа аныҟарҵа ашьҭахьгьы? (Аҟаз. 3:7, 21).
Уаԥхьа Аартра 21:3, 4.
Иарбану «ииасхьоу» иаԥыххоит ҳәа уара еиҳа уззыԥшу?
Ажәабжь 6
Ибзиоу аԥеи иҽеим аԥеи
Иарбан усқәаз изызкыз Каини Авели?
Иарбан ҳамҭақәоу Каини Авели Анцәа изнарго?
Избан Иегова Каин иҳамҭа зигәамԥхаз, аха Авел иҳамҭа зигәаԥхаз?
Дзеиԥшразеи Каин, насгьы иҽшԥазишәеи Иегова иара ириашаразы?
Иҟаиҵазеи Каин иашьеи иареи рымацара амӡырхаҿы ианеизаанха?
Иҳаилыркаа, Каин иашьа данишь ашьҭахь иҟалаз.
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 4:2—26.
а) Дышԥахцәажәа Иегова, Каин изԥшыз ашәарҭара? (Аҟаз. 4:7).
б) Ишԥеилкаахеи Каин игәы иҭаз? (Аҟаз. 4:9).
в) Дышԥазыҟоу Иегова ахара здым ишьра? (Аҟаз. 4:10; Ис. 26:21).
Уаԥхьа 1 Иоанн 3:11, 12.
Избан Каин иԥсахы зеибакыз, насгьы изҳахәҭоузеи ҳара иахьа, ари аҩыза ахымҩаԥгашьа аҽацәыхьчара? (Аҟаз. 4:4, 5; Ажәам. 14:30; 28:22).
Ишԥаҳнарбо Абиблиа, ҳҭаацәара иалахәу зегьы Иегова иҿагылозаргьы, ҳара ҳацқьаны ҳаанхарц шҳалшо? (Ԥс. 27:10; Маҭф. 10:21, 22).
Уаԥхьа Иоанн 11:25.
Иарбан қәыргәыӷроу Иегова ириҭо, аиаша азы иԥсыз? (Иоан. 5:24).
Ажәабжь 7
Агәаӷьра злоу ауаҩы
Дызлареиԥшымзеи Енох егьырҭ?
Избан Енох ихаан инхоз ауаа, абысҟак ицәгьаны рхы зымҩаԥыргоз?
Иарбан ус цәгьақәоу иҟарҵоз ауаа? (Уахәаԥш асахьа.)
Избан Енох агәымшәара имазар захәҭаз?
Шаҟа нырҵозеи усҟантәи аамҭазы ауаа, насгьы шаҟа ниҵеи Енох?
Иҟалазеи Енох данԥсы ашьҭахь?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 5:21—24, 27.
а) Иарбан еизыҟазаашьоу ирымаз Иеговеи Енохи? (Аҟаз. 5:24).
б) Дарбан зегь реиҳа ауаа рахьынтә ақәра нызҵаз, Абиблиа излаҳәо ала, насгьы шаҟа ихыҵуазеи иара данԥсы? (Аҟаз. 5:27).
Уаԥхьа Аҟазаара 6:5.
Иарбан иҽеим ҭагылазаашьақәоу иҟалаз Енох данԥсы ашьҭахь, насгьы уи иаҿырԥшны иахаҳҳәаарц ҳалшозеи иахьатәи ҳамшқәа? (2 Тим. 3:13).
Уаԥхьа Ауриацәа рахь 11:5.
Иҟаиҵеи Енох «Анцәа игәы иақәшәоз», насгьы уи иара зылԥхарақәас изаанагазеи? (Аҟаз. 5:22).
Уаԥхьа Иуда 14, 15.
Ишԥарылшо иахьатәи ақьырсианцәа Енох игәымшәара аҿыԥшра, Армагеддон аибашьра иҟало ауаа ианрыларҳәо? (2 Тим. 4:2; Аур. 13:6).
Ажәабжь 8
Адгьылаҿы адауцәа
Иҟалазеи, Анцәа имаалықьцәақәак Аҩсҭаа изыӡырҩуа ианалага?
Избан маалықьцәақәак Анцәа ажәҩанаҿы иридиҵаз аус ааныжьны, адгьылахь изылбааз?
Избан изиашамыз, амаалықьцәа ауаҩытәыҩс цәеижь аахәаны адгьылахь иахьылбааз?
Излареиԥшымзеи амаалықьцәа ирхылҵыз, егьырҭ ауаа?
Уахәаԥш асахьа. Иҟарҵозеи амаалықьцәа ирхылҵыз дауцәаны ианыҟала?
Дарбан адгьылаҿы Енох ишьҭахь инхоз ауаҩ бзиа, насгьы избан Анцәа уи иахь абзиабара зааирԥшуаз?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 6:1—8.
Ишԥаҳнарбо Аҟазаара 6:6, ҳара ҳхымҩаԥгашьа Иегова ицәаныррақәа ишаныруа? (Ԥс. 78:40, 41; Ажәам. 27:11).
Уаԥхьа Иуда 6.
Избан Нои ихаан амаалықьцәа «раԥхьа ирымаз аҭыԥ змыхьчаз» рҿырԥшы, иахьа ҳара агәҽанҵара зҳанаҭо? (1 Кор. 3:5—9; 2 Пиот. 2:4, 9, 10).
Ажәабжь 9
Нои аковчег иргылоит
Шаҟаҩы ыҟадаз Нои иҭаацәараҿы, насгьы ирыхьӡзеи хҩык иԥацәа?
Иарбан зеиԥшҟамлац дҵоу Анцәа Нои ииҭаз, насгьы избан?
Ишԥазыҟаз иааикәыршаны инхоз ауаа, Нои аковчег аӡбахә анреиҳәоз?
Иарбан дҵоу Анцәа Нои ииҭаз аԥстәқәа рганахьала?
Иҟарҵар ахәҭазеи Нои иҭаацәеи иареи, Анцәа аковчег ашә анаиркы?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 6:9—22.
а) Избан Нои еицырдыруа Анцәа имаҵуаҩы иакәны дзыҟаз? (Аҟаз. 6:9, 22).
б) Дышԥазыҟоу Анцәа агәымбылџьбарра, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи ҳгәырҿыхагақәа ралхраҿы? (Аҟаз. 6:11, 12; Ԥс. 11:5).
в) Ишԥаҳалшо Нои иҿыԥшра, Иегова иорганизациа ала анапхгара анҳауа? (Аҟаз. 6:22; 1 Иоанн 5:3).
Уаԥхьа Аҟазаара 7:1—9.
Ишԥашьҭнахуеи иахьа ҳгәы, инаӡамыз Нои, Иегова дуаҩ иашан дахьиԥхьаӡоз? (Аҟаз. 7:1; Ажәам. 10:16; Ис. 26:7).
Ажәабжь 10
Адунеизегьтәи аӡхыҵра
Избан изрылымшоз аӡәгьы аковчег аҭалара, ақәа леира ианалага?
Шаҟа мши ҵхи илаишьҭуазеи Иегова ақәа, насгьы шаҟа ишьҭыҵи аӡы?
Иахьзеи аковчег, аӡы адгьыл ахыҵәара ианалага?
Иаанхама рыԥсы ҭаны адауцәа, насгьы ирыхьзеи урҭ рабацәа?
Иахьзеи аковчег хәымз рышьҭахь?
Изоуишьҭи Нои аковчег аҟынтә аҟәраан?
Излеидырзеи Нои адгьыл аӡы шықәҵыз?
Иеиҳәазеи Анцәа Нои, иҭаацәеи иареи аковчегаҿы шықәсык инеиҳаны ианырхырга ашьҭахь?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 7:10—24.
а) Ишԥақәхыз адгьылаҿы аԥсҭазаара? (Аҟаз. 7:23).
б) Шаҟаамҭа иҟазеи аӡы адгьылаҿы? (Аҟаз. 7:24).
Уаԥхьа Аҟазаара 8:1—17.
Ишԥаҳнарбо Аҟазаара 8:17, Иегова аханатә игәҭакы адгьылазы аҽшамԥсахыз? (Аҟаз. 1:22).
Уаԥхьа 1 Пиотр 3:19, 20.
Ирыԥшызеи амаалықь ҿагылаҩцәа ажәҩанахь ианыхынҳә? (Иуда 6).
Ишԥаҳнарбо Нои иҭаацәеи иареи ирызкыу аацҳара, Иегова ижәлар реиқәырхара шилшо? (2 Пиот. 2:9).
Ажәабжь 11
Раԥхьатәи ацәаҟәа
Иҟаиҵазеи Нои раԥхьа аковчег данҭыҵ? (Уахәаԥш асахьа.)
Иарбан дҵоу Анцәа ириҭаз, Нои иҭаацәеи иареи аӡхыҵра ашьҭахь?
Иарбан қәыргәыӷроу Анцәа иҟаиҵаз?
Иаҳгәаланаршәозеи ҳара ацәаҟәа анаҳбо?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 8:18—22.
а) Ишԥаҳалшо ҳара, Иегова изиҩышьҭра «агәахәатә фҩы ҳалал»? (Аҟаз. 8:21; Аур. 13:15, 16).
б) Ииҳәазеи Иегова ауаҩы игәы аҭагылазаашьазы, насгьы ишԥахәҭоу агәаҽанызаара ҳамазаарц? (Аҟаз. 8:21; Маҭф. 15:18, 19).
Уаԥхьа Аҟазаара 9:9—17.
Иарбан уасиаҭу Иегова ишамҭақәеи иареи ирыбжьоу? (Аҟаз. 9:10, 11).
Шаҟаамҭа иаанхозеи ацәаҟәа ауасиаҭ? (Аҟаз. 9:16).
Ажәабжь 12
Ауаа идыргылоит абаа ҳаракы
Дызусҭадаз Нимрод, насгьы Анцәа дышԥеизыҟаз иара?
Избан иубо асахьаҿы ауаа ақьырмыт зыҟарҵо?
Избан Иегова изигәамԥхоз ари аргылара?
Ишԥааникылеи Анцәа абаа аргылара?
Иахьӡҵазеи ақалақь, насгьы иаанагозеи уи ахьӡ?
Ирыхьзеи ауаа Анцәа рбызшәақәа анеилеиԥса?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 10:1, 8—10.
Закәытә ҟазшьақәозеи Нимрод иааирԥшыз, насгьы иарбан гәҽанҵароу уи иҳанаҭо? (Ажәам. 3:31).
Уаԥхьа Аҟазаара 11:1—9.
Издыргылозеи абаа, насгьы изынагӡамхазеи уи аус? (Аҟаз. 11:4; Ажәам. 16:18; Иоан. 5:44).
Ажәабжь 13
Авраам — Анцәа иҩыза
Изеиԥшразеи ауаа ақалақь Ур инхоз?
Дызусҭада асахьаҿы иарбоу ауаҩы, данбеии, насгьы дабанхоз иара?
Идиҵазеи Анцәа Авраам?
Избан Авраам Анцәа иҩыза ҳәа дзырдыруаз?
Ицдаз Авраам Ур даналҵуаз?
Иеиҳәазеи Анцәа Авраам, Ханаантәи адгьылахь даннеи?
Иарбан қәыргәыӷроу Анцәа Авраам ииҭаз 99 шықәса анихыҵуаз?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 11:27—32.
а) Ишԥеиуацәаз Авраами Лоти? (Аҟаз. 11:27).
б) Фара иҭаацәара «иманы», «Ханаантәи адгьылахь дцоит» ҳәа шаҳәоугьы, иабантәаадыруеи ҳара Авраам иаԥшьгарала иҭаацәара рынхарҭа ҭыԥ шырԥсахыз? Мзызс иҟазеи ари анхарҭа ҭыԥ аԥсахра? (Аҟаз. 11:31; Аум. 7:2—4).
Уаԥхьа Аҟазаара 12:1—7.
Ишԥациҵеи Иегова Авраами иареи ирыбжьаз ауасиаҭ, Авраам Ханаантәи адгьылахь данаа ашьҭахь? (Аҟаз. 12:7).
Уаԥхьа Аҟазаара 17:1—8, 15—17.
а) Ишԥаԥсахыз Аврам ихьӡ 99 шықәса анихыҵуаз, насгьы избан? (Аҟаз. 17:5).
б) Иарбан ԥхьаҟатәи зылԥхарақәоу Иегова Сарра дызқәиргәыӷыз? (Аҟаз. 17:15, 16).
Уаԥхьа Аҟазаара 18:9—19.
а) Иарбан ҭакԥхықәроу ирыду абацәа Аҟазаара 18:19 излаҳәо ала? (Ҩынтә. 6:6, 7; Ефес. 6:4).
б) Иарбан хҭысу Сарра дзықәшәаз, Иегова иҟынтә акгьы шузымҵәахуа ҳзырбо? (Аҟаз. 18:12, 15; Ԥс. 44:21).
Ажәабжь 14
Анцәа Авраам ихаҵара ԥишәоит
Иарбан қәыргәыӷроу Анцәа Авраам ииҭаз, насгьы ишԥанаигӡеи уи Анцәа?
Ишԥаԥишәоз Анцәа Авраам ихаҵара? (Уахәаԥш асахьа.)
Иҟаиҵазеи Авраам, Анцәа идиҵаз шизеилымкаауазгьы?
Иҟалазеи Авраам иҷкәын дишьырц аҳәызба анҭига?
Закәытә хаҵара ӷәӷәоузеи Анцәа иахь Авраам имаз?
Ииҭазеи Анцәа Авраам кәырбанс инеигарц, насгьы ишԥаҟаиҵеи уи?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 21:1—7.
Избан Авраам аабатәи амшазы иԥа иаԥхьатә зԥиҟаз? (Аҟаз. 17:10—12; 21:4).
Уаԥхьа Аҟазаара 22:1—18.
Ишԥааирԥши Исаак иаб Авраам изыӡырҩра, насгьы ишԥахаҿырԥшу уи иҟалаша ахҭысқәа? (Аҟаз. 22:7—9; 1 Кор. 5:7; Флп. 2:8, 9).
Ажәабжь 15
Лот иԥҳәыс дхьаԥшит
Рыҽзеиҩыршазеи Авраами Лоти?
Изалихызеи Лот анхаразы Содом?
Изеиԥшразеи Содом инхоз ауаа?
Иарбан гәҽанҵароу ҩыџьа амаалықьцәа Лот ирҭаз?
Дызхаҳәхазеи Лот иԥҳәыс?
Иаҳнарҵозеи ҳара, Лот иԥҳәыс илыхьыз?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 13:5—13.
Иаҳнарҵозеи ҳара Авраам иҿырԥшы, ҩыџьа ауаа рыбжьара ауадаҩрақәа аныҟало? (Аҟаз 13:8, 9; Рим. 12:10; Флп. 2:3, 4).
Уаԥхьа Аҟазаара 18:20—33.
Ишԥарӷәӷәо ҳхаҵара Иеговеи Авраами реицәажәара, Иеговеи Иисуси ииашаны ауаа рус шырӡбо? (Аҟаз. 18:25, 26; Маҭф. 25:31—33).
Уаԥхьа Аҟазаара 19:1—29.
а) Дышԥахәаԥшуеи Анцәа агомосексуализм Абиблиа излаҳәо ала? (Аҟаз. 19:5, 13; Алев. 20:13).
б) Излеиԥшыми Авраами Лоти Иегова идҵа ақәныҟәараҿы, насгьы иаҳҵарц ҳалшозеи уи аҟынтә? (Аҟаз. 19:15, 16, 19, 20; 22:3).
Уаԥхьа Лука 17:28—32.
Дышԥазыҟаз Лот иԥҳәыс аматериалтә маҭәарқәа, насгьы избан уи ҳара ҳзы ҽацәыхьчагас изыҟоу? (Лука 12:15; 17:31, 32; Маҭф. 6:19—21, 25).
Уаԥхьа 2 Пиотр 2:6—8.
Ҳашԥарзыҟазаарц ахәҭоу иааҳакәыршаны иҟоу Анцәа дызмам ауаа, Лот иҿырԥшала? (Иез. 9:4; 1 Иоан. 2:15—17).
Ажәабжь 16
Исаак аԥҳәыс бзиа диоуеит
Иазусҭцәада аԥҳәыси ахаҵеи ара асахьаҿы иарбоу?
Иҟаиҵазеи Авраам, иҷкәын аԥҳәыс дизиԥшаарц, насгьы избан ус изиҭаххаз?
Ишԥаиоуеи аҭак Авраам имаҵуаҩы Анцәа дыззиҳәаз?
Иҟалҵазеи ҭакс Ревекка, Исаак ԥҳәысс биццарц бҭахыума ҳәа ианлазҵаа?
Избан Исаак ҩаԥхьагьы насыԥ зиоуыз?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 24:1—67.
а) Закәытә ҟазшьа бзиақәоузеи Ревекка иаалырԥшыз, Авраам имаҵуаҩы аҵеџь аҟны даниԥыла? (Аҟаз. 24:17—20; Ажәам. 31:17, 31).
б) Иарбан ҿырԥшу Авраам ириҭаз иахьатәи ақьырсианцәа, Исаак изы аҭыԥҳа лыԥшаара дахьеиҷаҳаз? (Аҟаз. 24:37, 38; 1 Кор. 7:39; 2 Кор. 6:14).
в) Избан азхәыцразы аамҭа залхтәу, Исаак ишыҟаиҵаз еиԥш? (Аҟаз. 24:63; Ԥс. 77:12; Флп. 4:8).
Ажәабжь 17
Ҩыџьа еициз, аха ԥшрала иеиԥшымыз
Иазусҭақәадаз Исави Иакови, насгьы излеиԥшымзи урҭ
Ирхыҵуазеи Исави Иакови, рабду Авраам данԥсы?
Иҟаиҵеи Исав, иаби иани даара ргәы нирхартә?
Избан Исав ӷәӷәала иашьа Иаков дызизгәааз?
Иарбан дҵоу Исаак, иԥа Иаков ииҭаз?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 25:5—11, 20—34.
а) Иарбан ԥааимбаражәоу Иегова ииҳәаз, Ревекка ҩыџьа лԥацәа ирызкны? (Аҟаз. 25:23).
б) Дышԥазыҟаз Иаков иҭынхаз раԥхьатәи амазара, дышԥазыҟаз — Исав? (Аҟаз. 25:31—34).
Уаԥхьа Аҟазаара 26:34, 35; 27:1—46, насгьы 28:1—5.
а) Излааԥши Исав иҟны аџьшьара азымхара, адоуҳатә хәшьарақәа рахь? (Аҟаз. 26:34, 35; 27:46).
б) Ииҭеи Исаак Иаков ԥҟарас, Анцәа изылԥхарақәа иоуырц? (Аҟаз. 28:1—4).
Уаԥхьа Ауриацәа 12:16, 17.
Иабананагои иԥшьоу пату ақәзымҵо, Исав иҿырԥшы ишаҳнарбо ала?
Ажәабжь 18
Иаков Харранҟа дцоит
Дызусҭада ари асахьаҿы иарбоу аӡӷаб, насгьы иҟаиҵазеи Иаков лара лзы?
Дзықәшаҳаҭхеи Иаков, Рахил ԥҳәысс дигарц азы?
Иҟаиҵазеи Лаван, Иакови Рахили рчара аамҭа анааигәаха?
Дзықәшаҳаҭхеи еиҭах Иаков, Рахил ԥҳәысс дигарц азы?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 29:1—30.
а) Ишԥааирԥши Иаков аламысцқьара шилаз, Лаван даниижьагьы, насгьы иаҳнарҵозеи ари (Аҟаз. 25:27; 29:26—28; Маҭф. 5:37).
б) Ишԥаҳбо Иаков иҿырԥшала абзиабареи агәаԥхареи реиԥшымра? (Аҟаз. 29:18, 20, 30; Ашәа. 8:6).
в) Иазусҭцәада Иаков иҭаацәара иалалаз ԥшьҩык аҳәсақәа, анаҩс аԥацәа зхылҵыз? (Аҟаз. 29:23, 24, 28, 29).
Ажәабжь 19
Иаков иҭаацәара ду
Ирыхьӡқәазеи Иаков иԥацәа фҩык, раԥхьатәи иԥҳәыс Лиа илхылҵыз?
Ирыхьӡқәазеи Иаков иԥацәа ҩыџьа, Лиа лмаҵауҩы Зелфа илхылҵыз?
Ирыхьӡқәазеи Иаков иԥацәа ҩыџьа, Рахиль лмаҵуҩы Валла илхылҵыз?
Ирыхьӡқәазеи Рахиль лԥацәа ҩыџьа, насгьы илыхьзеи лара аҩбатәи ахәыҷы данлоуаз?
Шаҟаҩы имадаз зегьы Иаков аԥацәа, насгьы иарбан жәлару урҭ ирхылҵыз? (Уахәаԥш асахьа).
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 29:32—35; 30:1—26, насгьы 35:16—19.
Ишԥарырҭоз ахьӡқәа ажәытәан ауриаа рԥацәа, Иаков ихылҵыз 12-ҩык иԥацәа рҿырԥшы ишаҳнарбо еиԥш?
Уаԥхьа Аҟазаара 37:35.
Иабантәаадыруеи Дина, Иаков иԥҳа заҵә шлакәымыз, Абиблиаҿы лара лыхьӡ заҵәык шарбоугьы (Аҟаз. 37:34, 35).
Ажәабжь 20
Дина арыцҳара дақәшәоит
Избан Авраами Исааки изырҭахымыз рԥацәа, Ханаан инхоз аҳәсақәа ааргар?
Игәаԥхозма Иаков иԥҳа Ханаан инхоз аҭыԥҳацәа ҩызцәас иахьышьҭылхыз?
Дызусҭада Дина илыхәаԥшуа ахаҵа, насгьы иарбан цәгьароу иҟаиҵаз?
Иҟарҵазеи Дина лашьцәа Симеони Левии, иҟалаз анеилыркаа?
Игәаԥхама Иаков, Симеони Левии рхымҩаԥгашьа?
Излалагеи абарҭ арыцҳарақәа зегьы, Иаков иҭаацәа зықәшәаз?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 34:1—31.
а) Избан Дина изылхароу лыӡӷабра ахьылцәыӡыз (Гал. 6:7).
б) Ишԥаадырԥшуеи аҿар, Дина лҿырԥшы хшыҩзышьҭрала ишазнеиуа? (Ажәам. 13:20; 1 Кор. 15:33; 1 Иоан. 5:19).
Ажәабжь 21
Аишьцәа Иосиф иахь ирымаз ацәымӷра
Избан Иосиф иашьцәа зиҵашьыцуаз, насгьы иҟарҵазеи дара?
Иҟарҵарц ирҭахызеи раԥхьа Иосиф иашьцәа, аха ииҳәазеи Рувим?
Иҟалазеи убри аамҭазы измаилаа ииасны ианцоз?
Иҟарҵазеи Иосиф иашьцәа, Иосиф дыԥсит ҳәа раб агәра идыргарц?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 37:1—35.
а) Иҿыԥшырц шԥарылшо Иосиф ақьырсианцәа, аизараҿы иҟаҵаз агәнаҳа аацҳауа (Аҟаз. 37:2; Алев. 5:1; 1 Кор. 1:11).
б) Иргәазарԥхеи Иосиф иашьцәа, гьангьашрала изныҟәарц (Аҟаз. 37:11, 18; Ажәам. 27:4; Иак. 3:14—16).
в) Иаазырԥшуазеи аџьабара шиашоу, Иаков иҿырԥшыла ишаабо еиԥш (Аҟаз. 37:35).
Ажәабжь 22
Иосиф абахҭа дҭаркуеит
Заҟа ихыҵуазеи Иосиф Мсырҟа даныргоз, насгьы дзықәшәеи уаҟа?
Дышԥананагеи Иосиф абахҭаҿы?
Иарбан дҵоу Иосиф иоуыз абахҭаҿы?
Ирзыҟаиҵазеи Иосиф абахҭаҿы, фараон иҩынаҳаҩи ичашаҩи рзы?
Иҟалазеи аҩынаҳаҩ абахҭа аҟынтә даноурышьҭ ашьҭахь?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 39:1—23.
Иосиф ихаан, Анцәа изакәан акалҭшьҭаныҟәара зықәӡбоз џьаргьы ишанымызгьы, ицхраазеи Иосиф Потифар иԥҳәыс лҟынтә дыҩны дцарц? (Аҟаз. 2:24; 20:3; 39:9).
Уаԥхьа Аҟазаара 40:1—23.
а) Иааркьаҿны еиҭаҳәа аҩынаҳаҩ иԥхыӡ, насгьы ари аԥхыӡ азы Иегова Иосиф ила аилкаа ииҭаз (Аҟаз. 40:9—13).
б) Иарбан ԥхыӡу иибаз ачашаҩы, насгьы иаанагозеи уи? (Аҟаз. 40:16—19).
в) Ишԥарылшо иахьа, атәы зыгәра гоу, хшыҩгьы змоу рыкласс, Иосиф иҿыԥшырц (Аҟаз. 40:8; Ԥс. 36:9; Иоан. 17:17; Аум. 17:2, 3).
г) Ишԥауеилнаркаауеи Аҟазаара 40:20, ақьырсианцәа аирамш аныҳәа азгәаҭара ишазыҟоу? (Еккл. 7:1; Мар. 6:21—28).
Ажәабжь 23
Афараон иԥхыӡқәа
Ихьзеи уахык зны афараон?
Избан аҩынаҳаҩ аҵыхәтәан дзигәалашәо Иосиф?
Иарбан ҩ-ԥхыӡк иибаз афараон ари асахьаҿы ишарбоу еиԥш?
Иарбан еилкаарақәоу Иосиф арҭ аԥхыӡқәа ириҭо?
Дышԥаҟалеи Иосиф афараон ишьҭахь, Мсыр амчра знапаҿы иҟоу аӡәы иакәны?
Избан Иосиф иашьцәа Мсырҟа изаауа, насгьы избан иара дзырзымдыруа?
Иарбан ԥхыӡқәоу игәалашәо Иосиф, насгьы иеилнаркаауазеи уи?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 41:1—57.
а) Ишԥахьеирԥши Иосиф Иегова иахь аԥхыӡ аилкааразы, насгьы ишԥарылшо ақьырсианцәа иҿырԥшы ацныҟәара? (Аҟаз. 41:16, 25, 28; Маҭф. 5:16; 1 Пиот. 2:12).
б) Ишԥаанарԥшуеи ибзианы Мсыр абрақьаҭра шықәсқәеи, насгьы урҭ ирышьҭанеиуаз амлакра шықәсқәеи аныҟаз, Иегова иуаажәлар рдоуҳатә ҭагылазаашьеи, ари ақьырсиантә дунеи адоуҳатә ҭагылазаашьеи реиԥшымра? (Аҟаз. 41:29, 30; Амос 8:11, 12).
Уаԥхьа Аҟазаара 42:1—8, насгьы 50:20.
Иҟалома Иегова имаҵуҩцәа ауаҩы иеихырхәар, иара иахь аҳаҭырқәҵара аарԥшразы, ма имоу аҭыԥазы, уи атәылаҿы ус иаԥызар? (Аҟаз. 42:6).
Ажәабжь 24
Иосиф иашьцәа ԥишәоит
Избан Иосиф иашьцәа шәышпионцәоуп ҳәа зреиҳәаз?
Избан Иаков зегь иреиҵбу иԥа Вениамин Мсырҟа дыргарц дзоуишьҭуа?
Иабаанагеи Вениамин иааҵәаҿы Иосиф ираӡны ҵәца?
Ирыдигалеи Иуда, Вениамин доурышьҭразы?
Рыҽшԥарԥсахи Иосиф иашьцәа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 42:9—38.
Избан Иосиф иажәақәа Аҟазаара 42:18 аҟны иану, гәаларшәага бзианы изыҟоу, Иегова иорганизациаҿы аҭакԥхықәра зду рзы (Неем. 5:15; 2 Кор. 7:1, 2).
Уаԥхьа Аҟазаара 43:1—34.
а) Излаабои Иуда аишьцәа рыхьӡала дышцәажәоз, Рувим аԥхьахшаа шиакәызгьы (Аҟаз. 43:3, 8, 9; 44:14, 18; 1 Ашықәс. 5:2).
б) Иԥишәарц шԥеиҭахыз Иосиф иашьцәа, насгьы избан? (Аҟаз. 43:33, 34).
Уаԥхьа Аҟазаара 44:1—34.
а) Иреиҳәеи Иосиф иашьцәа, иара дазусҭаҵәҟьоу рцәиҵәахырц азы (Аҟаз. 44:5, 15; Алев. 19:26).
б) Ишԥашьықәдарӷәӷәеи Иосиф иашьцәа, уаанӡеиԥш уажәшьҭа иара иахь ацәымӷра шрымам? (Аҟаз. 44:13, 33, 34).
Ажәабжь 25
Аҭаацәара Мсырҟа ииасуеит
Иҟалазеи Иосиф иашьцәа ианырзааирт иара дазусҭаҵәҟьоу?
Иреиҳәазеи гәыкала Иосиф иашьцәа?
Ииҳәазеи афараон, Иосиф иашьцәа шааз анеиликаа?
Заҟаҩы ыҟадаз Иаков иҭаацәара, Мсырҟа нхара ианиасыз?
Ишԥарыхьӡырҵеи Иаков иҭаацәара, насгьы избан?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аҟазаара 45:1—28.
Ишԥаҳнарбо Иосиф иҿырԥшы, ауаа Иегова имаҵуҩцәа ацәгьа рзыруырц анырҭахыу, Анцәа амч шимоу уи ацәгьара абзиарахь архара (Аҟаз. 45:5—8; Ис. 8:10; Флп. 1:12—14).
Уаԥхьа Аҟазаара 46:1—27.
Дызқәиргәыӷзеи Иегова Иаков, Мсырҟа амҩа данықәыз? (Аҟаз. 46:1—4).
Ажәабжь 26
Иов Анцәа гәык-ԥсыкала дизыҟоуп
Дызусҭада Иов?
Дзышьҭазеи Аҩсҭаа, насгьы илшама уи иара?
Иаиҩыжьи Иегова Аҩсҭаа иҟаиҵарц, насгьы избан?
Избан Иов иԥҳәыс изиалҳәаз: «Анцәа дшәиины уԥсы»? (Уахәаԥш асахьа.)
Иарбан зылԥхарақәоу Иегова Иов ииҭаз, насгьы избан? (Уахәаԥш аҩбатәи асахьа.)
Иарбан зылԥхарақәоу ҳара иҳауа, Иов иеиԥш, Иегова ҳаизиашаны ҳаанхар?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иов 1:1—22.
Ишԥарылшо иахьа ақьырсианцәа, Иов иҿыԥшра? (Иов 1:1; Флп. 2:15; 2 Пиот. 3:14).
Уаԥхьа Иов 2:1—13.
Ишԥазнеии еиԥшымкәа Иов иԥҳәыси иареи Аҩсҭаа изқәиршәаз аԥышәарақәа (Иов 2:9, 10; Ажәам. 19:3; Мих. 7:7; Мал. 3:14).
Уаԥхьа Иов 42:10—17.
а) Излеиԥшузеи Иов иоуыз аҳамҭеи, Иисус ииашаразы иоуыз аҳамҭеи (Иов 42:12; Флп. 2:9—11).
б) Избан ҳара ҳәгәы зарӷәӷәо адырра, Иов Анцәа иҿаԥхьа дыцқьаны дахьаанхаз азы азылԥхарақәа ахьиоуыз? (Иов 42:10, 12; Аур. 6:10; Иак. 1:2—4, 12; 5:11).
Ажәабжь 27
Мсыр иҽеим аҳ дахагылоуп
Уахәаԥш асахьа. Дызусҭада ари ауаҩы аҟамчы зкыу, насгьы дзысуада?
Ирыхьзеи израилаа Иосиф данԥсы ашьҭахь?
Избан мсыраа израилаа ирыцәшәо изалагаз?
Иарбан дҵоу ирыдиҵаз афараон, Израилтәи анацәа ахшаараиураан ирыцхраауаз аҳәсақәа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 1:6—22.
а) Дышԥалагеи Иегова Авраам ииҭаз ақәыргәыӷра анагӡара? (Ақәҵ. 1:7; Аҟаз. 12:2; Аум. 7:17).
б) Ишԥаадырԥши ауриатә аҳәсақәа ахшаараиураан анацәа ирыцхраауаз, аԥсҭазаара ацқьара ҳаҭыр шақәырҵоз? (Ақәҵ. 1:17; Аҟаз. 9:6).
в) Ишԥариҭеи Иегова азылаԥхарақәа, ахшаараиураан ицхыраауаз аҳәсақәа, риашаразы? (Ақәҵ. 1:20, 21; Ажәам. 19:17).
г) Ишԥеиҭахыз Аҩсҭаа даԥырхагахарц, Иегова Авраам дызқәиргәыӷыз Ажәла аганахьала игәҭакы анагӡара? (Ақәҵ. 1:22; Маҭф. 2:16).
Ажәабжь 28
Асаби Моисеи дшеиқәырхаз
Дызусҭада ари асахьаҿы асаби, насгьы дызусҭада знацәкьыс икыу?
Иҟалҵазеи Моисеи иан, иара дрымшьырц азы?
Дызусҭада ари аӡӷаб асахьаҿы, насгьы иҟалҵозеи?
Илыдылҵеи Мариам, афараон иԥҳа асаби данылԥшаа?
Илалҳәеи аҳкәажә Моисеи иан?
Ихазырҭәаауа азҵаара:
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 2:1—10.
Иарбан лшароу Моисеи иааӡараҿи, ирҵараҿи илымаз иан, иара дахьынӡахәҷыз, насгьы закәытә ҿырԥшузеи иахьа уи анацәеи абацәеи рзы (Ақәҵ. 2:9, 10; Ҩынтә. 6:6—9; Ажәам. 22:6; Еф. 6:4; 2 Тим. 3:15).
Ажәабжь 29
Моисеи дзыбналаз
Иабеизҳаи Моисеи, аха иидыруазеи дызхылҵыз рзы?
Иҟаиҵазеи Моисеи 40 шықәса анихыҵуаз?
Иеиҳәазеи Моисеи аисра иаҿыз израилаа руаӡәк, аха ишԥаҟаиҵеи егьи аҭак?
Дзыбналазеи Моисеи Мсырынтә?
Дабацеи Моисеи, насгьы дзабадырда уа?
Иҟаиҵазеи Моисеи 40 шықәса рҩнуҵҟа, Мсырынтә даныбнала ашьҭахь?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 2:11—25.
Ишԥааирԥши Моисеи, Иеговеи, иара ижәлари гәык-ԥсыкла дшырзыҟаз, акыр шықәсақәа рҩнуҵҟа мсыртәи ҟәышрала дшымҩақәҵазгьы? (Ақәҵ. 2:11, 12; Аур. 11:24).
Уаԥхьа Аумҭақәа 7:22—29.
Иаҳнарҵозеи ҳара, Моисеи ихала иҟаиҵоз аҽазышәарақәа, Израилаа мсыртә атәра аҟынтә ахақәиҭра риҭарц? (Аум. 7:23—25; 1 Пиот. 5:6, 10).
Ажәабжь 30
Абылра иаҿу ачықь
Иахьӡузеи ашьха, ари асахьаҿы иарбоу?
Иеиҭаҳәа, Моисеи иибаз, иуасақәа иманы ари ашьха даназааигәаха.
Иаҳәазеи ибылуаз ачықь аҟынтә абжьы игаз, насгьы изтәыдаз уи абжьы?
Ииҳәазеи Моисеи Анцәа, Иара иуаажәлар Мсырынтә иалигарц анидиҵа?
Иреиҳәарц ихәҭазеи Моисеи израилаа, Анцәа идҵа инақәыршәаны, уаазышьҭда ҳәа иазҵаар?
Ишԥаилшоз Моисеи, Анцәа дшааишьҭыз ашьақәырӷәӷәара?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 3:1—22.
Ишԥарӷәӷәо ҳагәрагара Моисеи иҿырԥшы Анцәа дышҳацхраауа, атеократиатә дҵа ҳамч ақәхом ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы? (Ақәҵ. 3:11, 13; 2 Кор. 3:5, 6).
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 4:1—20.
а) Аҽшԥаԥсахи Моисеи ихәыцшьа мадиамтәи адгьылаҿы 40 шықәса ихигаз, насгьы иарбан ҿырԥшу ирнаҭо аизараҿы иҭакԥхықәроу адҵақәа зауырц зҽазызшәо? (Ақәҵ. 2:11, 12; 4:10, 13; Мих. 6:8; 1 Тим. 3:1, 6, 10).
б) Иегова иорганизациала ҳамҩақәиҵозаргьы, иарбан гәрагароу Моисеи иҿырԥшы аҟынтә иаҳгарц ҳалшо? (Ақәҵ. 4:12—14; Ԥс. 103:14; Аур. 12:4—11).
Ажәабжь 31
Моисеии Аарони афараон иахь иаауеит
Ишԥанеи ргәаҟынӡа израилаа, Моисеии Аарони иҟарҵаз аџьашьахәқәа?
Иарҳәазеи Моисеии Аарони афараон, насгьы иреиҳәеи афараон урҭ?
Иҟалазеи, асахьаҿы ишарбоу ала, Аарон алабашьа анкаижь?
Ишԥааигеи Иегова афараон ихы аҭыԥаҿы, насгьы иҟаиҵозеи афараон?
Иҟалазеи ажәабатәи арыцҳара ашьҭахь?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 4:27—31, насгьы 5:1—23.
Ииҳәарц ииҭахызеи афараон, ианиҳәоз: «Сара Иегова дхасҵом»? (Ақәҵ. 5:2; 1 Сам. 2:12; Рим. 1:21).
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 6:1—13, 26—30.
а) Иамоузеи ҵакыс Иегова Авраами, Исааки, Иакови дырзымаатит ҳәа иаҳәо (Ақәҵ. 3:13, 14; 6:3; Аҟаз. 12:8).
б) Иарбан цәаныррақәоу иаҳзаанаго, Иегова Моисеи ихы дшаирхәаз ҳаназхәыцуа, уи адҵа иҭаз анагӡара илшом ҳәа шиԥхьаӡозгьы? (Ақәҵ. 6:12, 30; Лука 21:13—15).
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 7:1—13.
а) Иарбан ҿырԥшу Моисеии Аарони ирырҭаз иахьатәи Анцәа имаҵуҩцәа, Иегова аӡбара иҟаиҵаз гәымшәарала фараон изаацҳауа (Ақәҵ. 7:2, 3, 6; Аумҭ. 4:29—31).
б) Ишԥааирԥши Иегова имч, мсыртәи рынцәахәқәа рымч аасҭа ишеиҳау? (Ақәҵ. 7:12; 1 Ашықәс. 29:12).
Ажәабжь 32
Жәа-рыцҳарак
Ари ажәабжь аҟны иаагоу асахьа ухы иархәаны еиҭаҳәа, Иегова Мсыр зықәиршәаз раԥхьатәи х-рыцҳарак.
Излареиԥшымзеи раԥхьатәи х-рыцҳарак, егьырҭ арыцҳарақәа?
Изеиԥшразеи аԥшьбатәи, ахәбатәи, насгьы афбатәи арыцҳарақәа?
Иеиҭаҳәа абжьбатәи, аабатәи, насгьы ажәабатәи арыцҳарақәа.
Ириҭазеи дҵас Иегова израилаа, ажәабатәи арыцҳара аԥхьа?
Изеиԥшразеи ажәабатәи арыцҳара, насгьы иҟалазеи уи ашьҭахь?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 7:19–8:23.
а) Изықәшаҳаҭхар акәхеи мсыртәи аҟцәа ахԥатәи арыцҳара ашьҭахь, Иегова иааишьҭыз раԥхьатәи ҩ-рыцҳарак аҩыза аҟаҵара шрылшазгьы? (Ақәҵ. 8:18, 19; Маҭф. 12:24—28).
б) Ишԥаҳнарбеи аԥшьбатәи арыцҳара Иегова ижәлар ихьчарц шилшо, насгьы иарбан цәаныррақәоу ирзаанаго Анцәа имаҵуҩцәа «арыцҳара ду» ааигәахацыԥхьаӡа? (Ақәҵ. 8:22, 23; Аарт. 7:13, 14; 2 Ашықәс. 16:9).
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 8:24; 9:3, 6, 10, 11, 14, 16, 23—25, насгьы 10:13—15, 21—23.
а) Иарбан ҩ-гәыԥк ауаа жәа-рыцҳарак ала зусқәа аарԥшыз, насгьы ишԥаныруеи арҭ аҩ-гәыԥк ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьа (Ақәҵ. 8:10, 18, 19; 9:14).
б) Ишԥаҳеилнаркаауеи Ақәҵымҭа 9:16, избан Иегова изеиҩыжьыз Аҩсҭаа иҟазаара иахьатәи ҳаамҭа аҟынӡа? (Рим. 9:21, 22).
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 12:21—32.
Ишԥаанарти Амшаԥы алшара еиҳараҩык реиқәырхаразы, насгьы иаанарԥшуазеи уи? (Ақәҵ. 12:21—23; Иоан. 1:29; Рим. 5:18, 19, 21; 1 Кор. 5:7).
Ажәабжь 33
Амшын Ҟаԥшь ахыҵра
Шаҟаҩы алҵда израилтәи ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи Мсыр, насгьы уаҳа ирыцдаз?
Иихәыцзеи афараон израилаа аноуишьҭ ашьҭахь, насгьы иҟаиҵазеи иара?
Иҟаиҵазеи Иегова, ижәлар мсыраа рықәымларц?
Иҟалазеи Моисеи илабашьа амшын Ҟаԥшь ахь ианирха, насгьы иҟарҵазеи израилаа?
Иҟалазеи мсыраа израилаа ирышьҭаланы амшын ианҭала?
Ишԥаадырԥши израилаа даара ишеигәырӷьаз, насгьы Иегова иҭабуп ҳәа иаҳәара иахьеиқәирхаз азы?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 12:33—36.
Дышԥахылаԥши Иегова, иара ижәлар Мсыр тәыс иахьынӡаҟаз ашықәсқәа азы ахә роуырц? (Ақәҵ. 3:21, 22; 12:35, 36).
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 14:1—31.
Ишԥарнырырц ахәҭоу, Моисеи иажәақәа Ақәҵымҭа 14:13, 14 аҟны иану, иааигәахо аибашьра Армагеддон шаҳаҭцәас иҟало иахьатәи Иегова имаҵуҩцәа? (2 Ашықәс. 20:17; Ԥс. 91:8).
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 15:1—8, 20, 21.
а) Избан Иегова имаҵуҩцәа изрыхәҭоу иара дырҽхәаны ашәа изҳәара? (Ақәҵ. 15:1, 2; Ԥс. 105:2, 3; Аарт. 15:3, 4).
б) Иарбан ҿырԥшу ирырҭаз, амшын Ҟаԥшь ирыз, Иегова дырҽхәаны ашәа изызҳәоз Мариами егьырҭ аҳәсақәеи, иахьатәи ақьырсиан ҳәсақәа (Ақәҵ. 15:20, 21; Ԥс. 68:11).
Ажәабжь 34
Афатә ҿыц
Уахәаԥш асахьа. Ирыҟәшәозеи адгьыл аҿы ауаа, насгьы иахьӡузеи иара?
Ирыдиҵазеи Моисеи ажәлар аманна аизгаразы?
Ирыдиҵазеи Иегова израилаа афбатәи амш аан, насгьы избан?
Иарбан џьашьахәу Иегова иҟаиҵаз маннала, абжьбатәи амш аан иааныжьыз?
Шаҟаамҭа ирчоз Иегова ауаа маннала?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 16:1—36, насгьы Ахыԥхьаӡарақәа 11:7—9.
а) Иаҳнарҵозеи Ақәҵымҭа 16:8, ақьырсиантә аизараҿы атеократиатә азкрақәа пату ақәҵара шахәҭоу азы (Аур. 13:17).
б) Ишԥаргәаладыршәоз есыҽны ацәҳәыраҿы иҟаз израилаа, дара Иегова ишихьԥшыз (Ақәҵ. 16:14—16, 35; Ҩынтә. 8:2, 3).
в) Иарбан символтә ҵакыу иамаз Иисус дызлацәажәоз аманна, насгьы иарбан лҵшәоу иаҳзаанаго ари «ажәҩан ахьтә ача»? (Иоан. 6:31—35, 40).
Уаԥхьа Иисус Навин 5:10—12.
Шаҟа шықәса ирфоз израилаа аманна, ишԥаԥышәараз уи дара рзы, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Ақәҵ. 16:35; Ахыԥхь. 11:4—6; 1 Кор. 10:10, 11).
Ажәабжь 35
Иегова ихатә закәанқәа риҭоит
Ибадыргылеи израилаа ршьаԥақәа, Мсыр ианалҵ ашьҭахь ҩымзҟа ааҵуанеиԥш?
Ииҭахыузеи Иегова израилаа рҟынтә, насгьы ирҳәазеи дара?
Изииҭозеи Иегова Моисеи ҩ-хаҳә ҟьаԥск?
Иарбан закәанқәоу, Иегова израилаа ириҭаз Жәа-ԥҟарак аламҵакәа?
Иарбан Иисус Христос зегь реиҳа ихадоуп ҳәа ззиҳәаз ҩ-закәанк?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 19:1—25; 20:1—21; 24:12—18, насгьы 31:18.
Ишԥаҳеилнаркаауеи Ақәҵымҭа 19:8, ақьырсиантә ҽазкра иаҵанакуа? (Маҭф. 16:24; 1 Пиот. 4:1—3)
Уаԥхьа Ҩынтәзакәан 6:4—6; Алевит 19:18, насгьы Маҭфеи 22:36—40.
Ишԥаадырԥшуеи ақьырсианцәа, Анцәа, насгьы ирзааигәоу бзиа ишырбо? (Марк 6:34; Аум. 4:20; Рим. 15:2).
Ажәабжь 36
Ахьы иалхыз аҳәыс
Иҟарҵозеи асахьаҿы иарбо ауаа, насгьы избан?
Избан Иегова даара дызгәааз, насгьы иҟаиҵозеи Моисеи ажәлар зҿу анибалак?
Ирыдиҵозеи Моисеи аӡәырҩы ахацәа?
Иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 32:1—35.
а) Ишԥаҳнарбо ари ахҭыс, Иегова дшазыҟоу амц дини аиша дини реилаԥсара? (Ақәҵ. 32:4—6, 10; 1 Кор. 10:7, 11).
б) Изахәҭозеи ақьырсианцәа ргәырҽанызарц агәырҿыхагақәа ралхраҿы, иаҳҳәап ашәақәеи акәашарақәеи? (Ақәҵ. 32:18, 19; Еф. 5:15, 16; 1 Иоан. 2:15—17).
в) Иарбан ҿырԥшу иаадырԥшыз Леви ихылҵшьҭра, зҽырӷәӷәаны аиашара аган аанызкылаз? (Ақәҵ. 32:25—28; Ԥс. 18:25).
Ажәабжь 37
Ахырхәара иазкыу ашьаԥа
Иахьӡузеи асахьаҿы иарбоу аргылара, насгьы хықәкыс иамазеи уи?
Избан Иегова Моисеи изидиҵаз ашьаԥа иргыларц, хәҭа-хәҭала аимыршәшәара мариахартә иҟаиҵарц азы?
Изеиԥш шәындыҟәрозеи, ашьаԥа аҵыхәан ауаҭах хәыҷы аҿы иҟоу, насгьы иҭозеи уа?
Иалихуада Иегова ԥшьаҩыеиҳабыс, насгьы иҟаиҵар ахәҭозеи аԥшьаҩыеиҳабы?
Еиқәыԥхьаӡа х-маҭәарк, ашьаԥа аҩнуҵҟа ауаҭах ду аҟны иҟоу.
Иарбану ашьаԥа ашҭаҟны иҟоу ҩ-маҭәарк, насгьы хархәашьас ирымозеи урҭ?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 25:8—40; 26:1—37; 27:1—8, насгьы 28:1.
Ирымоузеи символтә ҵакыс «ауасиаҭ аковчег» аҿы иҟоу ахерувимцәа? (Ақәҵ. 25:20, 22; Ахыԥхь. 7:89; 2 Аҳ. 19:15).
Уаԥхьа Ақәҵымҭа 30:1—10, 17—21; 34:1, 2, насгьы Ауриацәа рахь 9:1—5.
а) Избан Иегова иҷыдоу аҵакы заиҭоз, ашьаԥаҿы амаҵ зуаз аԥшьаҩцәа цәеижьла ацқьара иахылаԥшларц, насгьы ҳашԥаҵанакуеи уи ҳара? (Ақәҵ. 30:18—21; 40:30, 31; Аур. 10:22).
б) Ишԥаҳирбеи апостол Павел, иқьырсианхаз ауриацәа рахь асаламшәҟәы аниҩуаз аамҭазы, Азакәан ауасиаҭи ашьаԥаҿы аихырхәареи шажәыз? (Аур. 9:1, 9; 10:1).
Ажәабжь 38
12-ҩык аԥшыхәыҩцәа
Изларылыукаауазеи ажьымжәа ари асахьаҿы, насгьы иабантәааргеи уи?
Изишьҭуазеи Моисеи 12-ҩык аԥшыхәыҩцәа ханаантәи адгьылахь?
Еиҭарҳәазеи 10-ҩык аԥшыхәыҩцәа, Моисеи иахь ианыхынҳә?
Ишԥаадырԥши ҩыџьа аԥшыхәыҩцәа Иегова ишиқәгәыӷуаз, насгьы ирыхьӡузеи урҭ?
Избан Иегова ӷәӷәала дызгәааз, насгьы иеиҳәазеи Моисеи?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 13:1—33.
а) Иалхдаз ԥшыхәыҩцәас, насгьы иарбан зеиԥшыҟам лшароу ирзаатыз дара? (Ахыԥхь. 13:2, 3, 18—20).
б) Избан Иисус Навини Халеви ргәаанагареи, егьырҭ аԥшыхәыҩцәа ргәаанагареи изеиԥшымыз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Ахыԥхь. 13:28—30; Маҭф. 17:20; 2 Кор. 5:7).
Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 14:1—38.
а) Избан агәрымра аарԥшра захәҭам, адгьылаҿы иҟоу Иегова ихаҭарнакцәа рахь? (Ахыԥ. 14:2, 3, 27; Маҭф. 25:40, 45; 1 Кор. 10:10).
б) Ишԥаҳнарбо Ахыԥхьаӡарақәа 14:24, Иегова хаҭала имаҵуҩцәа зегьы дышрызҿлымҳау? (1 Аҳ. 19:18; Ажәам. 15:3).
Ажәабжь 39
Ишәҭыз Аарон илабашьа
Ирҿагылода Моисеи Аарони, насгьы иарҳәозеи урҭ Моисеи?
Ирыдиҵозеи Моисеи, Кореи насгьы егьырҭ 250-ҩык идгылаҩцәеи?
Ирыдиҵазеи Моисеи ажәлар, насгьы иҟалазеи ацәажәара даналга?
Ирыхьзеи Кореии, насгьы егьырҭ 250-ҩык идгылаҩцәеи?
Иазиузеи Аарон иҷкәын Елеазар, иҭахақәаз ауаа ррафы зҭарҵо, насгьы избан?
Избан изыҟаиҵо Иегова, Аарон илабашьа шәҭырц? (Уахәаԥш асахьа.)
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 16:1—49.
а) Иҟарҵазеи Кореи идгылаҩцәеи иареи, насгьы избан рхымҩаԥгашьа Иегова иҿагылара заанагоз? (Ахыԥхь. 16:9, 10, 18; Алев. 10:1, 2; Ажәам. 11:2).
б) Иарбан ииашам хәыԥшышьоу иаздырҳаз Кореи, насгьы 250-ҩык «аилазаара ахагылаҩцәа»? (Ахыԥхь. 16:1—3; Ажәам. 15:33; Ис. 49:7).
Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 17:1—11, насгьы 26:10.
а) Иаанарԥшуазеи Аарон илабашьа ашәҭра, насгьы изрыдиҵазеи Иегова ари алабашьа аковчегаҿы ишьҭазарц? (Ахыԥхь. 17:5, 8, 10).
б) Иарбан крызҵазкуа ҿырԥшу иҳанаҭо, Иегова Аарон илабашьала иааирԥшыз адырга? (Ахыԥхь. 17:10; Аум. 20:28; Флп. 2:14; Аур. 13:17).
Ажәабжь 40
Моисеи ацаҟьа дасуеит
Дышԥареиҷаҳауеи ацәҳәыраҿы Иегова ижәлар?
Изашшуазеи израилаа лагерла Кадес иангылаз?
Ишԥариҭеи Иегова аӡы ауааи аԥстәқәеи?
Идзырбода асахьаҿы сара соуп ҳәа, насгьы избан ус зыҟаиҵо?
Дызрызгәааи Иегова Моисеии Аарони, насгьы ишԥақәиршәеи урҭ ақәнага?
Иҟалозеи Ор ашьхаҿы, насгьы иҟалода ԥхьаԥшьаҩыс израилаа рыжәлар аҟны?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 20:1—13, 22—29, насгьы Ҩынтәзакәан 29:5.
а) Иаҳнарҵозеи Иегова ижәлар ацәҳәыраҿы дышреиҷаҳауаз? (Ҩынтә. 29:5; Маҭф. 6:31; Аур. 13:5; Иак. 1:17).
б) Дышԥазнеи Иегова, Моисеи Аарони Израил ажәлар рҿаԥхьа иара дахьҳарарымкыз? (Ахыԥхь. 20:12; 1 Кор. 10:12; Аарт. 4:11).
в) Иаҳнарҵозеи Моисеи ишидикылаз Иегова иҟынтә ахьырхәра? (Ахыԥхь. 12:3; 20:12, 27, 28; Ҩынтә. 32:4; Аур. 12:7—11).
Ажәабжь 41
Абҩа иалхыз амаҭ
Уахәаԥш асахьа. Иакәыршозеи акьат, насгьы избан Иегова Моисеи изидиҵаз уи ашьаҟа иаиркырц?
Ишԥаадырԥши ажәлар патуқәымҵара, Анцәа ирзыҟаиҵоз зегьы азы?
Иззиҳәозеи ажәлар Моисеи, урҭ рхьырхәразы ишҳамыз амаҭқәа анааишьҭ ашьҭахь?
Изидиҵозеи Иегова Моисеи, абҩа иалхны амаҭ ҟаиҵарц азы?
Иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 21:4—9.
а) Иаҳнарҵозеи Иегова ириҭаз ахь, агәынамӡара аазырԥшуаз израилаа рҿырԥшы? (Ахыԥхь. 21:5, 6; Рим. 2:4).
в) Иазыруазеи израилаа абҩа иалхыз амаҭ ашәышықәсақәа анҵы, насгьы иҟаиҵазеи аҳ Езекиа? (Ахыԥхь. 21:9; 2 Аҳ. 18:1—4).
Уаԥхьа Иоанн 3:14, 15.
Избан ашьаҟа иаркыз амаҭ, Иисус Христос икыдҵара ианаало зсимволу? (Гал. 3:13; 1 Пиот. 2:24).
Ажәабжь 42
Ицәажәо аҽадҳәыс
Дызусҭада Валак, насгьы изишьҭуеи Валаам дааргарц?
Избан Ваалам иҽадҳәыс амҩа изаниалаз?
Ианаҳәозеи аҽадҳәыс Валаам?
Иеиҳәозеи амаалықь Валаам?
Иҟалозеи израилаа ишәиирц даналага?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 21:21—35.
Зыбзоурала иԥырххаада израилаа, амореитәи аҳ Сигони, васантәи аҳ Оги? (Ахыԥхь. 21:21, 23, 33, 34)
Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 22:1—40.
Иарбан гәазыҳәараз имаз Валаам, Израил рышәиира иҽаназишәоз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Ахьыԥхь. 22:16, 17; Ажәам. 6:16, 18; 2 Пиот. 2:15; Иуда 11).
Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 23:1—30.
Валаам иажәақәа рыла, иара — Анцәа имаҵуҩы иоуп ҳәа уҳәар ҟалон, аха избан иара ихымҩаԥгашьа уи заанамырԥшуаз? (Ахыԥхь. 23:3, 11—14; 1 Сам. 15:22).
Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 24:1—25.
Ишԥарӷәӷәо ҳхаҵа́ра ари абиблиатә аацҳара, Иегова игәҭакқәа хымԥада ишынагӡахо? (Ахыԥхь. 24:10; Ис. 54:17).
Ажәабжь 43
Иисус Навин ажәлар драԥызаны дҟалоит
Уахәаԥш асахьа. Иазусҭцәада арҭ ҩыџьа ахацәа Моисеи идгылоу?
Иеиҳәозеи Иегова Иисус Навин?
Избан Моисеи Нева ашьха ақәцә дызхало, насгьы иеиҳәазеи Иегова уа?
Шаҟа ихыҵуазеи Моисеи данԥсы?
Избан израилаа рылахь зеиқәу, аха ирымазеи агәырӷьаразы мзызс?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 27:12—23.
Иарбан дҵоу ҭакԥхықәра змаз Иисус Навин Иегова иҟынтә иоуыз, насгьы ишԥаубарҭоу иахьа Иегова ижәлар дшырхылаԥшуа? (Ахыԥхь. 27:15—19; Аум. 20:28; Аур. 13:7).
Уаԥхьа Ҩынтәзакәан 3:23—29.
Избан Иегова азин зримҭаз Моисеии Аарони Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеирц, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Ҩынтә. 3:25—27; Ахыԥхь. 20:12, 13).
Уаԥхьа Ҩынтәзакәан 31:1—8, 14—23.
Ишԥаанарԥшуеи Моисеи иажәақәа ицамҭаз ииҳәаз, Иегова иҟынтә ахьырхәра хынраалала ишидикылаз? (Ҩынтә. 31:6—8, 23).
Уаԥхьа Ҩынтәзакәан 32:45—52.
Ишԥанырырц ахәҭоу Анцәа Иажәа ҳаԥсҭазаара? (Ҩынтә. 32:47; Алев. 18:5; Аур. 4:12).
Уаԥхьа Ҩынтәзакәан 34:1—12.
Моисеи ахаан Иегова дшиимбацызгьы, иарбан лкаау иҟауҵарҵ алшо Ҩынтәзакәан 34:10 инақәыршәаны Анцәеи иареи реизыҟазашьа аганахьала? (Ақәҵ. 33:11, 20; Ахыԥхь. 12:8).
Ажәабжь 44
Раав аԥшыхәыҩцәа лҵәахуеит
Дабанхо Раав?
Иазусҭцәада арҭ ҩыџьа ахацәа асахьаҿы иарбоу, насгьы изаазеи дара Иерихон?
Илыдиҵозеи Раав Иерихонтәи аҳ, насгьы илҳәозеи лара?
Дышԥарыцхраауеи Раав ҩыџьа израилаа, насгьы дзызрыҳәозеи лара урҭ?
Дызқәдыргәыӷуазеи Раав ҩыџьа аԥшыхәыҩцәа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иисус Навин 2:1—24.
Ишԥанагӡахеи Иегова иқәыргәыӷра Ақәҵымҭа 23:28 иану, израилаа Иерихон ианаҿагыла? (Иис. Н. 2:9—11).
Уаԥхьа Ауриацәа рахь 11:31.
Ишԥаанарԥшуеи Раав лҿырԥшы ахаҵа́ра акыр шаҵанакуа? (Рим. 1:17; Аур. 10:39; Иак. 2:25).
Ажәабжь 45
Иордан аӡиас ахыҵра
Иарбан џьашьахәу иҟаиҵо Иегова, израилаа аӡиас Иордан иахыҵырц азы?
Ишԥарылшоз израилаа рхаҵа́ра ирымаз аршаҳаҭра Иордан иахыҵаанӡа?
Изидиҵазеи Иегова Иисус Навин, аӡиас аҵа аҟынтә 12 хаҳә дуқәа игарц?
Иҟалозеи аԥшьаҩцәа Иордан ишааҭыҵыз еиԥшҵәҟьа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иисус Навин 3:1—17.
а) Иҟаҳҵарц ахәҭоузеи ари ахҭыс ишаҳнарбо ала, Иегова иҟынтә ацхыраареи азылԥхарақәеи ҳауырц азы? (Иис. Н. 3:13, 15; Ажәам. 3:5; Иак. 2:22, 26).
б) Изеиԥшразеи аӡиас Иордан израилаа анахыҵуаз, Изқәыргәыӷыз адгьыл иақәшәарц, насгьы ишԥаҳаранакуаз уи Иегова ихьӡ? (Иис. Н. 3:15; 4:18; Ԥс. 66:5—7).
Уаԥхьа Иисус Навин 4:1—18.
Хықәкыс иамазеи 12 хаҳә Иордан аҟынтә Галгал ишьҭаҵаз? (Иис. Н. 4:4—7).
Ажәабжь 46
Иерихон абаагәара
Ирыдиҵазеи Иегова аԥшьаҩцәеи аруааи фымш рҩнуҵҟа?
Иҟарҵарц ахәҭазеи абжьбатәи амш аан?
Иахьзеи Иерихон абаагәара? (Уахәаԥш асахьа.)
Избан аԥенџьыр аҟынтә ашаха ҟаԥшь зылашьҭу?
Иазыруыр ахәҭазеи Иисус Навин идҵала ируаа ақалақьи, уа инхоз ауааи, насгьы ишԥазныҟәар ахәҭаз арыӡни, ахьи, абҩеи, аихеи?
Иарбан дҵоу ирыҭаз ҩыџьа аԥшыхәыҩцәа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иисус Навин 6:1—25.
а) Излеиԥшузеи Иерихон абаагәара акәшара абжьбатәи амш аан, ари аҵыхәтәантәи амшқәа раан Иегова Ишаҳаҭцәа инарыгӡо ажәабжьҳәаратә аус? (Иис. Н. 6:15, 16; Ис. 60:22; Маҭф. 24:14; 1 Кор. 9:16).
б) Ишԥанагӡахеи аԥааимбаражәа Иисус Навин 6:25 аҟны иаҳәо, 500 шықәса анҵы ианҩыз ашьҭахь, насгьы иаҳнарбозеи уи Иегова иажәа азы? (1 Аҳ. 16:34; Ис. 55:11).
Ажәабжь 47
Аӷьыч израилаа рыбжьара
Уахәаԥш асахьа. Дызусҭада ари ахаҵа Иерихонынтә иаагаз ахазына аҵәахра иаҿу, насгьы ицхраауада иара?
Избан Ахан иҭаацәеи иареи иҟарҵаз зыгәнаҳаз?
Иеиҳәазеи Иегова Иисус Навин, израилаа ақалақь Гаи ианабашьуаз изаҵахаз ҳәа даниазҵаа?
Ирыхьуазеи Ахан иҭаацәеи иареи Иисус Навин иахь ианнеилак?
Иаҳнарҵозеи ҳара, Ахан ихы ақәӡбара ахьеиҭаз?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иисус Навин 7:1—26.
а) Ирҳәозеи Иисус Навин и́ҳәарақәа, Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа рзы? (Иис. Н. 7:7—9; Ԥс. 119:145; 1 Иоан. 5:14)
б) Иаҳнарбозеи Ахан ихьыз, насгьы избан уи ҳара агәҽынҵара зҳанаҭо? (Иис. Н. 7:11, 14, 15; Ажәам. 15:3; 1 Тим. 5:24; Аур. 4:13).
Уаԥхьа Иисус Навин 8:1—29.
Иарбан ҭакԥхықәроу ақьырсиантә аизара аганахьала ҳара зегьы иҳақәу? (Иис. Н. 7:13; Алев. 5:1; Ажәам. 28:13).
Ажәабжь 48
Иҟәышу гаваонаа
Изралеиԥшымзеи Гаваон иқәынхоз ауаа, азааигәара иҟаз ақалақьқәа рҟны инхоз ханаанаа?
Иҟарҵозеи гаваонаа, ари асахьаҿы ишарбо ала, насгьы избан?
Иарбан қәыргәыӷроу Иисус Навини егьырҭ аиҳабцәеи ирырҭо гаваонаа, насгьы еилыркаазеи урҭ хымш анҵы?
Иҟалозеи егьырҭ ақалақьқәа раҳцәа ианеилыркаалак, гаваонааи Израили аҭынчра шрыбжьарҵаз?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иисус Навин 9:1—27.
а) Иарбан Иегова иҟазшьақәа иааԥшыз, гаваонаа рыԥсҭазаара ахьихьчаз, «уи адгьыл иқәынхо зегь нирҵәарц» иара ихаҭа Израил ишадиҵазгьы? (Иис. Н. 9:22, 24; Маҭф. 9:13; Аум. 10:34, 35; 2 Пиот. 3:9).
б) Иарбан зеиԥшыҟам ҿырԥшу Иисус Навин иахьа инхо ақьырсианцәа ириҭаз, гаваонаа зқәиргәыӷыз дахымԥаӡакәа? (Иис. Н. 9:18, 19; Маҭф. 5:37; Еф. 4:25).
Уаԥхьа Иисус Навин 10:1—5.
Ишԥарҿыԥшуеи шьарда ауаа рацәа гаваонаа, насгьы ҵәҟьарас иззыҟалода дара? (Иис. Н. 10:4; Зах. 8:23; Маҭф. 25:35—40; Аарт. 12:17).
Ажәабжь 49
Амра ааҭгылоит
Уахәаԥш асахьа. Ииҳәозеи Иисус Навин, насгьы избан?
Дышԥарыцхраауеи Иегова Иисус Навини, иара ируааи?
Шаҟаҩы аҳцәа дыриааизеи Иисус Навин, насгьы шаҟаамҭа аҭахызеи уи?
Избан Иисус Навин изихәҭаз ханаантәи адгьыл ашара?
Заҟа ихыҵуазеи Иисус Навин данԥсуаз, насгьы ирыхьуазеи Израил ажәлар иара данԥсы ашьҭахь?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иисус Навин 10:6—15.
Зыгәра ҳгарц ҳалшои ҳара, Анцәа израилаа рзы амреи амзеи ишааникылаз ахьаҳдыруа? (Иис. Н. 10:8, 10, 12, 13; Ԥс. 18:3; Ажәам. 18:10).
Уԥхьа Иисус Навин 12:7—24.
Зыбзыурала ириааида израилаа ханаантәи 31-ҩык аҳцәа, насгьы избан ҳара ҳзы уи аҵак ду замоу? (Иис. Н. 12:7; 24:11—13; Ҩынтә. 31:8; Лука 21:9, 25—28).
Уаԥхьа Иисус Навин 14:1—5.
Ишԥашаз адгьыл Израил ахылҵшьҭрақәа рыбжьара, насгьы иаанарԥшуазеи ари Џьанаҭ аҟны шьҭрала ашара аганахьала? (Иис. Н. 14:2; Ис. 65:21; Иез. 47:21—23; 1 Кор. 14:33).
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 2:8—13.
Дызусҭада, ажәытәан Израил Иисус Навин иеиԥш, иахьа аиаша ацәхьаҵра иаҿагылоу? (Аӡб. 2:8, 10, 11; Маҭф. 24:45—47; 2 Фес. 2:3—6; Тит. 1:7—9; Аарт. 1:1; 2:1, 2).
Ажәабжь 50
Ҩыџьа аҳәса гәымшәақәа
Иазусҭцәада аӡбаҩцәа, насгьы ирыхьӡзеи урҭ рахьтә аӡәырҩы?
Иарбан иҷыдаз аус илоуыз Девора, насгьы иаҵанакуазеи уахь?
Иарбан аацҳароу Девора Варак илҭо Иегова иҟынтә, аҳ Иавини, иара ир реиҳабы Сисареи, Израил ашәарҭара иҭаргыланы ианрымаз, насгьы дызусҭада, лара лажәақәа рыла, аиааиразы ахьӡ-аԥша зауырц зыхәҭоу?
Ишԥааирԥшуеи Иаиль агәымшәара?
Иҟалозеи аҳ Иавин данԥслак?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 2:14—22.
Дышԥадыргәамҵи израилаа Иегова, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Аӡб. 2:20; Ажәам. 3:1, 2; Иез. 18:21—23).
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 4:1—24.
Ирҿырҵаауазеи иахьа ақьырсиантә ҳәсақәа Девореи Иаили, ахаҵа́реи агәымшәареи аарԥшра аҟны? (Аӡб. 4:4, 8, 9, 14, 21, 22; Ажәам. 31:30; 1 Кор. 16:13).
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 5:1—31.
Избан Вараки Девори риааира ашәа, иааигәахо Анцәа иеибашьра «аҭыԥ... Хар-Магедон» иазкыу анцәаиҳәара еиԥш иуԥхьаӡарц залшо? (Аӡб. 5:3, 31; 1 Ашықәс. 16:8—10; Аарт. 7:9, 10; 16:16; 19:19—21).
Ажәабжь 51
Руфи Ноемини
Дназгеи Ноемин моавтәи адгьылахь?
Иазусҭцәада Руфи Орфеи?
Иҟарҵазеи Руфи Орфеи, Ноемин аҩныҟа ихынҳәырц данрыҳәо?
Дызусҭада Вооз, насгьы дышԥарыцхраауеи иара Руфи Ноемини?
Ишԥаихьӡырҵеи Воози Руфи рхәыҷы, насгьы избан уи ихьӡ ҳхаҳмыршҭырц захәҭоу?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Руф 1:1—17.
а) Ишԥааларԥши зеиԥшыҟам ала Руф гәыкала лыбзиабара? (Руф 1:16, 17).
б) Избан Руф лхымҩаԥгашьа, ибзианы изаанарԥшуа, иахьа адгьылаҿы инхо «егьырҭ ауасақәа» доуҳала иԥшьоу ауаа рзыҟазаашьа? (Иоан. 10:16; Зах. 8:23).
Уаԥхьа Руф 2:1—23.
Иарбан зеиԥшыҟам ҿырԥшу Руф ирзаанлыжьыз иқәыԥшу аҳәсақәа? (Руф 2:17, 18; Ажәам. 23:22; 31:15).
Уаԥхьа Руф 3:5—13.
а) Дышԥазнеи Вооз Руф ԥҳәысс диццарц дахьақәшаҳҭхаз, аха убри аамҭазгьы еиҳа иқәыԥшыз ахаҵа диццартә алшара шлымазгьы?
б) Иаҳнарҵозеи ҳара Руф гәыкала лыбзиабара? (Руф 3:10; 1 Кор. 13:4, 5).
Уаԥхьа Руф 4:7—17.
Ишԥарылшо ахацәа ақьырсианцәа Вооз иҿыԥшырц? (Руф 4:9, 10; 1 Тим. 3:1, 12, 13; 5:8).
Ажәабжь 52
Гедеони 300-ҩык ируааи
Ишԥа, насгьы избан израилаа арыцҳара изақәшәо?
Избан Иегова Гедеон изиеиҳәаз, аруаа рацәа ицуп ҳәа?
Шаҟаҩы аанхода, Гедеон ишәоз ауаа зегьы рыҩныҟа ианишьҭ?
Уахәаԥш асахьа. Еиҭаҳәа Иегова ишагирхаз Гедеон ируаа рхыԥхьаӡара 300-ҩык рҟынӡа.
Ишԥеиҿикаауеи Гедеон 300-ҩык аруаа, насгьы ишԥаиааиуеи израилаа аибашьра?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 6:36—40.
а) Ишԥеиликааи Гедеон Иегова игәаԥхара иаҵанакуаз?
б) Излеилаҳкаауазеи ҳара иахьа Анцәа игәаԥхара иаҵанакуа? (Ажәам. 2:3—6; Маҭф. 7:7—11; 2 Тим. 3:16, 17).
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 7:1—25.
а) Иаҳнарҵозеи 300-ҩык аруаа агәаҽанызаара змаз рҿырԥшы, агәаҽанра зцәыӡыз иреиԥшымыз? (Аӡб. 7:3, 6; Рим. 13:11, 12; Еф. 5:15—17).
б) Ишԥаҳалшо ҳара Еиҳау Гедеон Иисус Христос «ҳихәаԥшны» иҟаиҵо аҟаҵара, Гедеон ихәаԥшны иҟаиҵоз ҟазҵоз 300-ҩык аруаа реиԥш? (Аӡб. 7:17; Маҭф. 11:29, 30; 28:19, 20; 1 Пиот. 2:21).
в) Ишԥаҳацхраауеи Аӡбаҩцәа 7:21 аҟны иану ажәеинраала, Иегова иорганизациаҿы иҳауа азкрақәа гәахәарала азыҟазаара? (1 Кор. 4:2; 12:14—18; Иак. 4:10).
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 8:1—3.
Иаҳнарҵозеи ахҭыс, Гедеон ефремааи иареи реимак шиӡбаз, аиашьеи аиаҳәшьеи ҳабжьара аимак аныҟало? (Ажәам. 15:1; Маҭф. 5:23, 24; Лука 9:48).
Ажәабжь 53
Иеффаи иҿаҭахьа
Дызусҭада Иеффаи, насгьы иарбан аамҭаз уи данынхоз?
Иарбан ҿаҭахьу Иеффаи Иегова ииҭо?
Избан аммонитцәа дыриааины аҩныҟа даныхынҳәуаз, Иеффаи ӷәӷәала илахь зеиқәиҵаз?
Иалҳәозеи Иеффаи иԥҳа, лаб иҟаиҵаз аҿаҭахьы анеилылкаалак?
Избан Иеффаи иԥҳа ажәлар бзиа дзырбо?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 10:6—18.
Иарбан гәҽанҵароу иаҳнаҭо ҳара, израилаа Иегова иахь иаадырԥшыз риашамра иазкыу аацҳара? (Аӡб. 10:6, 15, 16; Рим. 15:4; Аарт. 2:10).
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 11:1—11, 29—40.
а) Иабантәаадыруеи Иеффаи иԥҳа «былтәыс» лнагара, кәырбанс днаганы амцаҿы диблит ҳәа шаанамго? (Аӡб. 11:31; Алев. 16:24; Ҩынтә. 18:10, 12).
б) Иаанагозеи Иеффаи иԥҳа кәырбанс днеигеит ҳәа?
в) Иаҳнарҵозеи ҳара Иеффаи аҿаҭахьы Анцәа ииҭаз дшазнеиз? (Аӡб. 11:35, 39; Еккл. 5:4, 5; Маҭф. 16:24).
г) Избан Иеффаи иԥҳа дҿырԥшыганы дзыҟоу, иқәыԥшу ақьырсианцәа рзы, рыԥсҭазаара аамҭа зегьы Анцәа имаҵура ишазктәу аҟны? (Аӡб. 11:36; Маҭф. 6:33; Флп. 3:8).
Ажәабжь 54
Зегь реиҳа иӷәӷәоу ауаҩы
Ихьӡзеи адгьылаҿы зегь реиҳа иӷәӷәаз ауаҩы, насгьы изҭада уи амч?
Иазиузеи Самсон алым дуӡӡа ҽнак зны? (Уахәаԥш асахьа.)
Уахәаԥш асахьа. Иарбан маӡоу Самсон Далида илзааиртуа, насгьы убри иахырҟьаны дышԥаҟало иара тәыс филистимаа рҟны?
Ишԥаҭаирхо Самсон 3 000-ҩык филистимаа данԥсуаз аҽны?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 13:1—14.
Иарбан ҿырԥш бзиоу иаанрыжьыз Манои иԥҳәыси иареи, ахәыҷқәа рааӡараҿы (Аӡб. 13:8; Ԥс. 127:3; Еф. 6:4).
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 14:5—9, насгьы 15:9—16.
а) Еилаҳкаауазеи Иегова иԥшьоу идоуҳа аус шауа, Самсон алым шишьыз, дызлаҿарҳәаз ашаха ҿыцқәа шԥиҵәаз, насгьы аҽада ацламҳәа абҩала 1 000-ҩык шишьыз аацҳарақәа рҟынтә?
б) Ишԥаҳацхраауеи ҳара иахьа иԥшьоу адоуҳа? (Аӡб. 14:6; 15:14; Зах. 4:6; Аум. 4:31).
Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 16:18—31.
Ишԥеиныри Самсон иҽеим аилазаара, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Аӡб. 16:18, 19; 1 Кор. 15:33).
Ажәабжь 55
Аҷкәын хәыҷы Анцәа имаҵ иуеит
Ихьӡузеи ахәыҷы ари асахьаҿы, насгьы игылада икәшаны?
Дыззиҳәозеи Анна ҽнак зны Иегова ишьаԥаҿы, насгьы ишԥаҟаиҵеи Иегова аҭак?
Шаҟа шықәса ихыҵуазеи Самуил, Иегова ишьаԥахь амаҵура даннаргоз, насгьы иҟалҵозеи иан есышықәса?
Ирыхьӡқәозеи Илиа иԥацәа, насгьы изеиԥш уааузеи дара?
Дышԥеиԥхьеи Иегова Самуил ҽнак зны, насгьы иеиҳәазеи Иара?
Дызусҭахода Самуил ианизҳалак, насгьы иҟалозеи иара данажәлак?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Самуил 1:1—28.
а) Иарбан ҿырԥшу ириҭаз Елкан, аҭаацәа реиҳабцәа, аиаша аихырхәараҿы анапхгара ихахьы иахьигоз? (1 Сам. 1:3, 21; Маҭф. 6:33; Флп. 1:10).
б) Иаҳнарҵозеи Анна иуадаҩыз аҭагылазаашьаҿы лхы шымҩаԥылгаз? (1 Сам. 1:10, 11; Ԥс. 55:22; Рим. 12:12).
Уаԥхьа 1 Самуил 2:11—36.
Излаубарҭои Илиа Иегова иаасҭа иԥацәа «шеиӷьишьаз», насгьы изгәҽанҵароузеи уи ҳара ҳзы? (1 Сам. 2:22—24, 27, 29; Ҩынтә. 21:18—21; Маҭф. 10:36, 37).
Уаԥхьа 1 Самуил 4:16—18.
Иарбан ԥшь-гәырҩа жәабжьқәоу Илиа изааргаз аибашьра аҭыԥ аҟынтә, насгьы ихьзеи уи ашьҭахь иара?
Уаԥхьа 1 Самуил 8:4—9.
Дышԥаладырҟәи израилаа Иегова, насгьы ишԥаҳалшо ҳара Анцәа Иаҳра ҳазиашаны ҳаанхарц? (1 Сам. 8:5, 7; Иоан. 17:16; Иак. 4:4).
Ажәабжь 56
Саул — Израил раԥхьатәи аҳ
Уахәаԥш асахьа. Иҟаиҵозеи Самуил, насгьы избан?
Избан Иегова Саул дзигәаԥхо, насгьы дзакәу уаҩузеи иара?
Ихьӡузеи Саул иԥа, насгьы иҟаиҵозеи иара?
Избан Саул акәырбан знеиго, Самуил иаара дазымԥшкәа?
Иаҳнарҵозеи ҳара Саул изкыу ажәабжь?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Самуил 9:15—21, насгьы 10:17—27.
Дышԥааннакылеи аус дахыццакны аӡбара, Саул иҭынчу иҟазшьа, патуқәымҵарала ихцәажәаз ауаа рзыҟазаара аганахьала? (1 Сам. 9:21; 10:21, 22, 27; Ажәам. 17:27).
Уаԥхьа 1 Самуил 13:5—14.
Иарбан гәнаҳароу иҟаиҵаз Саул Галгал? (1 Сам. 10:8; 13:8, 9, 13).
Уаԥхьа 1 Самуил 15:1—35.
а) Иарбан иӷәӷәоу гәнаҳароу изиуыз Саул Амаликтәи аҳ Агаг? (1 Сам. 15:2, 3, 8, 9, 22).
б) Ихы шԥаириашоз Саул, ахара егьырҭ ирыдҵауа? (1 Сам. 15:24).
в) Иарбан гәҽанҵароу иаҳхаҳмыршҭырц ахәҭоу абжьгара анҳарҭо? (1 Сам. 15:19—21; Ԥс. 141:5; Ажәам. 9:8, 9; 11:2).
Ажәабжь 57
Анцәа Давид далихуеит
Ихьӡузеи ари асахьаҿы иарбоу аҷкәын, насгьы иабантәаадыруеи иара даара дышгәымшәоу?
Дабанхо Давид, насгьы ирыхьӡқәоузеи иаби иабдуи?
Дзиишьҭуазеи Иегова Самуил Вифлеем иҟоу Иессеи иҩнахьы?
Иҟалозеи Иессеи иԥацәа бжьҩык Самуил иахь ианнеиго?
Иеиҳәозеи Иегова Самуил, Давид данаарго?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Самуил 17:34, 35.
Ишԥаҳдырбо арҭ ахҭысқәа Давид гәымшәарала дышрылыукаауаз, насгьы Иегова дышиқәгәыӷуаз? (1 Сам. 17:37).
Уаԥхьа 1 Самуил 16:1—14.
а) Ишԥаҳацхраауеи Иегова иажәақәа 1 Аҳрақәа 16:7 аҟны иану, ауаа реилымхреи, насгьы рхаҿсахьала уахыццакны алкаа аҟамҵареи рҟны? (Аум. 10:34, 35; 1 Тим. 2:4).
б) Ишԥаанарԥшуеи Саул иҿырԥшы, Иегова иԥшьоу идоуҳа ауаҩы ианимихуа, иҭацәны иаанхаз аҭыԥ рҭәхар шыҟало ицәгьоу адоуҳала, мамзаргьы ацәгьа аҟаҵара агәацԥыҳәара аиура ала? (1 Сам. 16:14; Маҭф. 12:43—45; Гал. 5:16).
Ажәабжь 58
Давиди Голиафи
Ирыдигалозеи Голиаф израилтәи аруаа?
Изаҟарозеи Голиаф иоура, насгьы иарбан ҳамҭоу дызқәиргәыӷуа Саул, Голиаф дызшьуа?
Ииҭозеи ҭакс Давид Саул, Давид дахьқәыԥшу аҟынтә Голиаф дызиабашьуам ҳәа аниеиҳәа?
Ишԥаубарҭоу Давид Голиаф иеиҳәаз иажәақәа рыла, Давид Иегова дышиқәгәыӷуаз?
Дызлеишьзеи Давид Голиаф, ари асахьаҿы ишыубарҭоу ала, насгьы ирыхьуазеи уи ашьҭахь филистимаа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Самуил 17:1—54.
а) Избан Давид абас дызгәымшәаз, насгьы ишԥаҳалшо уи игәымшәара ҳаҿыԥшырц? (1 Сам. 17:37, 45; Еф. 6:10, 11).
б) Избан ақьырсианцәа хәмарразаалакгьы изыхәмаруа, Голиаф аицлабра имаз аҩыза аҽацәыхьчара зрыхәҭоу? (1 Сам. 17:8; Гал. 5:26; 1 Тим. 4:8).
в) Ишԥаанарԥшуеи Давид иажәақәа, Анцәа ицхыраара агәра шигоз? (1 Сам. 17:45—47; 2 Ашықәс. 20:15).
г) Ишԥаубарҭоу ари ахҭыс ианҵоу ала, ари аибашьра ҩ-аруаак рыбжьара шакәмыз, аха амц нцәақәеи Анцәа аиаша Иеговеи рыбжьара иҟаз шакәу? (1 Сам. 17:43, 46, 47).
д) Ишԥаиҿыԥшуеи Давид, иаанханы иҟоу иԥшьоу ауаа Иегова иқәгәыӷуа? (1 Сам. 17:37; Иер. 1:17—19; Аарт. 12:17).
Ажәабжь 59
Давид абналара зиқәшәаз
Избан Саул Давид дызиҵашьыцуа, насгьы излеиԥшымзеи Саули Ионафани?
Иҟалазеи ҽнак зны Давид Саул изы аҩымаа анаирҳәоз?
Ииҭахызеи Саул Давид иҟынтә, Саул иԥҳа Мелхола дигаанӡа, насгьы избан?
Иҟалозеи ахԥатәи амш аан, Давид Саул изы аҩымаа анаирҳәоз? (Уахәаԥш асахьа.)
Иҟалҵозеи Мелхола Давид деиқәлырхарц, насгьы иҟаиҵар акәхеи Давид бжьышықәса рҩнуҵҟа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Самуил 18:1—30.
а) Ишԥа Ионафан Давид иахь иааирԥшыз абзиабара ӷәӷәа, ишахаҿырԥшу «егьырҭ ауасақәеи», насгьы «аԥсаса маҷи» рыбжьара иҟоу абзиабара? (1 Сам. 18:1; Иоан. 10:16; Лука 12:32; Зах. 8:23).
б) Ишԥалнакаауеи 1 Аҳрақәа 18:4, Ионафан ишааирԥшуаз зеиԥшыҟам аҳәатәхаҵара иалхыз Аҳ иахь, Саул ишьҭахь аҭыԥ шьҭрала Ионафан иоурц шихәҭазгьы?
в) Ишԥаҳнарбо Саул иҿырԥшы, ашьыцра иӷәӷәӷоу агәнаҳахь ушнанаго, насгьы иарбан гәҽанҵароу ари ҳара ҳзы? (1 Сам. 18:7—9, 25; Иак. 3:14—16).
Уаԥхьа 1 Самуил 19:1—17.
Избан Ионафан 1 Аҳрақәа 19:4, 5 иану ажәақәа аниҳәоз, иԥсҭазаара ашәарҭара изҭаиргылоз? (1 Сам. 19:1, 6).
Ажәабжь 60
Авигеиеи Давиди
Уахәаԥш асахьа. Илыхьӡузеи аԥҳәыс Давид иахь инеиуа, насгьы иарбан ҟазшьоу уи далызкаауа?
Дызусҭада Навал?
Избан Давид ацхыраара даҳәарц Навал иахь аӡәырҩы зааишьҭуа?
Иреиҳәозеи Навал, Давид иааишьҭыз ауаа, насгьы ишԥаидикылеи уи Давид?
Ишԥаалырԥши Авигеиа аҟәышра?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Самуил 22:1—4.
Избан Давид иҭаацәара иҿырԥшыга бзианы изыҟоу ҳара ҳзы, ақьырсиантә аиашьара ҳахәҭакны ҳахьыҟоу азы аӡәи-аӡәи аицхыраара шҳахәҭоу? (Ажәам. 17:17; 1 Фес. 5:14).
Уаԥхьа 1 Самуил 25:1—43.
а) Избан Навал абас иҽеимкәа изихцәажәо? (1 Сам. 25:2—5, 10, 14, 21, 25).
б) Иднарҵозеи Авигеиа лҿырԥшы ақьырсиан ҳәсақәа? (1 Сам. 25:32, 33; Ажәам. 31:26; Еф. 5:24).
в) Иарбан иҽеим ҩ-хымҩаԥгашьақәоу, Авигеиа Давид дызцәылыхьчаз? (1 Сам. 25:31, 33; Рим. 12:19; Еф. 4:26).
г) Давид Авигеиа лажәақәа дышрызнеиз аҿырԥшы, ишԥарыцхраауеи ахацәа аҳәсақәа ирзыҟазаарц, Иегова дшырзыҟоу еиԥш? (Аум. 21:8, 9; Рим. 2:11; 1 Пиот. 3:7).
Ажәабжь 61
Давид аҳас иҟалара
Иҟарҵазеи Давиди Авессеи Саул дыцәанаҵ?
Иарбан зҵаарақәоу Давид Саул ииҭо?
Дабацо Давид Саул даниԥырҵлак?
Избан Давид ӷәӷәала дызџьабо, насгьы ашәа ԥшӡагьы заԥиҵо?
Шаҟа шықәса ихыҵуазеи Давид Хеврон Аҳас даныҟало, насгьы ирыхьӡузеи аӡәырҩы иԥацәа?
Иарбан қалақьу анаҩс Давид напхгара ззиуа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Самуил 26:1—25.
а) Ишԥаҳнарбо Давид иажәақәа 1 Самуил 26:10 аҟны иану, иара атеократиатә еиҿкаара дшазыҟоу? (Ԥс. 37:7; Рим. 13:2).
б) Ишԥаҳацхраауеи ҳара Давид иажәақәа 1 Самуил 26:23 аҟны иану, ииашоу ахәыцшьа ахьчара, абзиара аҟаҵаразы ҳҽазышәарақәа пату анақәрымҵо? (1 Аҳ. 8:32; Ԥс. 18:20).
Уаԥхьа 2 Самуил 1:26.
Ишԥарылшо ақьырсианцәа, Давиди Ионафани «рыбжьара абзиабара ӷәӷәа» ирымаз аҩыза аарԥшра? (1 Пиот. 4:8; Кол. 3:14; 1 Иоан. 4:12).
Уаԥхьа 2 Самуил 5:1—10.
а) Шаҟа шықәса аҳра иуазеи Давид, насгьы иарбан периодқәоу иара инапхгара ушарц алшо? (2 Сам. 5:4, 5).
б) Дҳаразкзеи Давид, насгьы избан ари гәаларшәагас иҟазаарц захәҭоу ҳара ҳзы (2 Сам. 5:10; 1 Сам. 16:13; 1 Кор. 1:31; Флп. 4:13).
Ажәабжь 62
Давид иҩны арыцҳарақәа ҟалоит
Изтәхода ханаантәи адгьыл Иегова ицхыраарала?
Иҟалозеи уахык зны, Давид ихан ахыб данаақәгыла?
Избан Иегова даара дызизгәааз Давид?
Иааишьҭуада, ари асахьаҿы ишарбоу ала, Иегова Давид иахь игәнаҳара иҵихырц азы, насгьы изԥшузеи Давид ари ауаҩы иажәақәа рыла?
Иарбан рыцҳарақәоу Давид дзықәшәо?
Иҟалода Аҳас Давид ишьҭахь?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 2 Самуил 11:1—27.
а) Избан еснагь Иегова имаҵ аура ҳаҿызар, ҳара ҳзы изхыхьчагоу?
б) Изырҟаҵеи Давид агәнаҳа, насгьы иарбан гәҽанҵароу уи Анцәа имаҵуҩцәа рзы? (2 Сам. 11:2; Маҭф. 5:27—29; 1 Кор. 10:12; Иак. 1:14, 15).
Уаԥхьа 2 Самуил 12:1—18.
а) Иднарҵозеи аизара аиҳабацәеи, анацәеи абацәеи, Нафан Давид абжьгара шииҭаз (2 Сам. 12:1—4; Ажәам. 12:18; Маҭф. 13:34).
б) Избан Иегова Давид иахь агәрыцҳашьара зааирԥшыз? (2 Сам. 12:13; Ԥс. 32:5; 2 Кор. 7:9, 10).
Ажәабжь 63
Иҟәышу аҳ Соломон
Иарбан зҵаароу Иегова Соломон ииҭо, насгьы ишԥаҟаиҵо Соломон аҭак?
Дызқәиргәыӷуазеи Иегова Соломон, дзыҳәаз ахьигәаԥхаз азы?
Иарбан зҵаара уадаҩу Соломон ирҭаз ҩыџьа аҳәсақәа?
Ишԥеиӡбо Соломон ари азҵаара? (Уахәаԥш асахьа.)
Иарбан ҭагылазаашьқәоу иҟоу атәылаҿы Соломон аҳра аниуаз, насгьы изыбзоурадаз уи?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Аҳцәа 3:3—28.
а) Иднарҵозеи, Соломон гәыкала ииҳәаз иажәақәа 1 Аҳцәа 3:7 аҟны иану, Анцәа иорганизациаҿы аҭакԥхықәра зду ахацәа? (Ԥс. 119:105; Ажәам. 3:5, 6).
б) Избан Соломон иҟаиҵаз аҳәа́ра, зеиԥшыҟам ҿырԥшны изыҟоу, Анцәа ҳаззиҳәарц ахәҭоу? (1 Аҳ. 3:9, 11; Ажәам. 30:8, 9; 1 Иоан 5:14).
в) Зыгәра ҳгарц ахәҭоузеи ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу Еиҳау Соломон Иисус Христос инапхгара аганахьала, Соломон аҳәса реимак шиӡбаз ҳаназхәыцуа? (1 Аҳ. 3:28; Ис. 9:6, 7; 11:2—4).
Уаԥхьа 1 Аҳцәа 4:29—34.
а) Ишԥаҟаиҵеи Иегова аҭак, Соломон аҟәышра дахьаҳәаз? (1 Аҳ. 4:29).
б) Ҳашԥазыҟазар ахәҭоу Анцәа Иажәа аҭҵаара, ауаа Соломон иҟәышра иааны иазыӡырҩырц азы, иҟарҵоз аҽазышәарақәа ҳаназхәыцуа? (1 Аҳ. 4:29, 34; Иоан. 17:3; 2 Тим. 3:16).
Ажәабжь 64
Соломон аныҳәарҭа иргылоит
Шаҟаамҭа ақәирӡуеи Соломон аныҳәарҭа аргылара, насгьы избан аԥара рацәаны изахҭниҵо?
Шаҟа ыҟазеи ихадоу ауадақәа аныҳәарҭаҿы, насгьы иқәгылазеи ихароу ауадаҟны?
Иарбан жәақәоу Соломон ииҳәаз Анцәа даниҳәоз, аныҳәарҭа аргылара алгара иахҟьаны?
Ишԥааирԥшуеи Иегова, Соломон иҳәара гәахәарыла ишидикылаз?
Дабаиаргеи Соломон иҳәсақәа, насгьы ихьзеи Соломон?
Дызизгәааи Иегова Соломон, насгьы иеиҳәазеи Иегова иара?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Ашықәсанҵа 28:9, 10.
Иҟаҳҵарц ахәҭоузеи ҳара есыҽнытәи ҳаԥсҭазаараҿы, Давид ииҳәаз 1 Ашықәсанҵа 28:9, 10 аҟны иану инақәыршәаны? (Ԥс. 19:14; Флп. 4:8, 9).
Уаԥхьа 2 Ашықәсанҵа 6:12—21, 32—42.
а) Ишԥадирбеи Соломон, иарбан хыбразаалакгьы ауаа идыргыло, Зегьиреиҳау Анцәа дшамкуа? (2 Ашықәс. 6:18; Аум. 17:24, 25).
б) Иеилаҳкаауазеи Иегова изкны, 2 Ашықәсанҵа 6:32, 33 аҟны иану Соломон иажәақәа рыла? (Аум. 10:34, 35; Гал. 2:6.).
Уаԥхьа 2 Ашықәсанҵа 7:1—5.
Израилаа Иегова ихьӡ-ԥша анырбоз ирҽхәара ишазихиаз еиԥш, ҳаззхиазарц ҳахәҭоуи ҳара Иегова ижәлар ириҭо азылԥхарақәа ҳанрызхәыцуа? (2 Ашықәс. 7:3; Ԥс. 22:22; 34:1; 96:2).
Уаԥхьа 1 Аҳцәа 11:9—13.
Ишԥаанарԥшуеи Соломон иҿырԥшы, аҵыхәтәанынӡа иашаны аанхара шахәҭоу? (1 Аҳ. 11:4, 9; Маҭф. 10:22; Аарт. 2:10).
Ажәабжь 65
Аҳра еиҩшоуп
Ирыхьӡқәоузеи арҭ ҩыџьа ауаа асахьаҿы иарбоу, насгьы иазусҭцәада урҭ?
Иазиуазеи Ахиа ихалаҭ, насгьы иаанагозеи ари?
Изиуырц ииҭахызеи Соломон Иеровоам?
Избан ажәлар аҳас Иеровоам дзалырхуа 10 биԥарак аҟны?
Изыҟаиҵозеи ҩ-хьтәы қаблак, насгьы иахьуазеи атәыла убри иахҟьаны?
Иҟалозеи Иерусалим ҩ-биԥарак рыла ишьақәгылоу аҳраҿы, насгьы иахьуазеи аныҳәарҭа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Аҳцәа 11:26—43.
Закәытә уаҩызи Иеровоам, насгьы дзықәиргәыӷзеи Иегова иара изакәанқәа дрықәныҟәалар? (1 Аҳ. 11:28, 38).
Уаԥхьа 1 Аҳцәа 12:1—33.
а) Иднарҵозеи анацәеи абацәеи, насгьы аизара аиҳабцәеи, Раваом цәгьашақә ихы ишаирхәоз имчра? (1 Аҳ. 12:13; Еккл. 7:7; 1 Пиот. 5:2, 3).
б) Ирԥшаарц иабарыхәҭоу анапхгара аҿар, акрызҵазкуа аӡбрақәа анрыдыркыло? (1 Аҳ. 12:6, 7; Ажәам. 1:8, 9; 2 Тим. 3:16, 17; Аур. 13:7).
в) Игәазырԥхазеи Иеровоам, ҩ-ҭыԥк рҿы ахьтәы қабла аихырхәарҭа аҟаҵара, насгьы изаанарԥшуазеи ари Иегова иахь ахаҵа́ра азымхара? (1 Аҳ. 11:37; 12:26—28).
г) Ирызҭада анапхгара 10 биԥарак рыла ишьақәгылоу аҳра, аиаша аихырхәара иаҿагыларатә? (1 Аҳ. 12:32, 33).
Ажәабжь 66
Аҳкәажә бааԥс Иезавел
Дызусҭада Иезавел?
Избан Ахав ҽнак зны даара дызгәаауа?
Иҟалҵозеи Иезавел, лхаҵа Ахав, Навуфеи ижьҭра иоуырц азы?
Иааишьҭуада Иегова Иезавел дахьирхәырц?
Иҟалозеи Иуи Иезавел лхан даназааигәахалак? (Уахәаԥш асахьа.)
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Аҳцәа 16:29—33, насгьы 18:3, 4.
Шаҟа ибааԥсызеи Израил аҭагылазаашьа, аҳ Ахав инапхгара аан? (1 Аҳ. 16:33).
Уаԥхьа 1 Аҳцәа 21:1—16.
а) Ишԥааирԥши Навуфеи агәымшәара, насгьы гәыкала Иегова изыҟазаара? (1 Аҳ. 21:1—3; Алев. 25:23—28).
б) Иаҳнарҵозеи Ахав иҿырԥшы, агәкаҳара аганахьала? (1 Аҳ. 21:4; Рим. 5:3—5).
Уаԥхьа 2 Аҳцәа 9:30—37.
Иаҳнарҵозеи Иуи иааирԥшыз азыҳаҵҳаҵра, Иегова игәаԥхара анагӡаразы? (2 Аҳ. 9:4—10; 2 Кор. 9:1, 2; 2 Тим. 4:2).
Ажәабжь 67
Иосафат Иегова диқәгәыӷуеит
Дызусҭада Иосафат, насгьы иарбан аамҭоу данынхоз?
Избан израилаа ашәара зроуа, насгьы иҟарҵозеи реиҳараҩык?
Ишԥаҟаиҵеи Иегова, Иосафат иҳәара аҭак?
Иҟаиҵозеи Иегова израилаа еибашьраны иахьыҟаз аҭыԥаҿы иаиаанӡа?
Иаҳнарҵозеи Иосафат иҿырԥшы?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 2 Ашықәсанҵа 20:1—30.
а) Ишԥаҳирбеи Иосафат, Анцәа ииашоу имаҵуҩцәа иҟарҵарц рыхәҭоу ашәарҭара ианҭагылоу? (2 Ашықәс. 20:12; Ԥс. 25:15; 62:1).
б) Иегова ижәлар дызларацәажәоз амҩа еснагь иман, аха иарбан мҩоу Анцәа иахьатәи ҳамшқәа раан ихы иаирхәо? (2 Ашықәс. 20:14, 15; Маҭф. 24:45—47; Иоан. 15:15).
в) Излеиԥшхозеи ҳара ҳҭагылазаашьеи, Иосафат иҭагылазаашьеи, «Зегьзымчу Анцәа иеибашьра амш ду» даналаго? (2 Ашықәс. 20:15, 17; 32:8; Аарт. 16:14, 16).
г) Иарбан лагалоу иҟарҵо апионерцәеи амиссионерцәеи адунеизегьтәи ажәабжьҳәара аус аҟны, алевитцәа ирҿыԥшны? (2 Ашықәс. 20:19; Рим. 10:13—15; 2 Тим. 4:2).
Ажәабжь 68
Ҩыџьа аҷкәынцәа ҩаԥхьа рыԥсы шҭалаз
Иарбада асахьаҿы, насгьы ихьуазеи аҷкәын?
Дыззиҳәозеи Илиа аҷкәын изы Анцәа, насгьы иҟалозеи уи ашьҭахь?
Ихьӡузеи Илиа ицхраауа егьи аԥааимбар?
Избан Елисеи изиԥхьо Сонам инхо аԥҳәыс лыҩнахьы?
Иҟаиҵозеи Елисеи, насгьы ихьуазеи иԥсны иқәыз ахәыҷы?
Иарбан мчу имоу Иегова, Илиеи Елисеи рыла ишааирԥшыз ала?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Аҳцәа 17:8—24.
а) Ишԥаԥышәаз Илиа ихаҵа́реи изыӡырҩреи? (1 Аҳ. 17:9; 19:1—4, 10).
б) Избан Сарептатәи аԥҳәысеиба лхаҵа́ра, зегьы ирылукаауеит ҳәа азыуҳәарц залшо? (1 Аҳ. 17:12—16; Лука 4:25, 26).
в) Ишԥашьақәнарӷәӷәо Иисус иажәақәа Маҭфеи 10:41, 42 аҟны иану, Сарептатәи аԥҳәыс дзықәшәаз? (1 Аҳ. 17:10—12, 17, 23, 24).
Уаԥхьа 2 Аҳцәа 4:8—37.
а) Иаҳнарҵозеи Сонамтәи аԥҳәыс лысасдкылара? (2 Аҳ. 4:8; Лук. 6:38; Рим. 12:13; 1 Иоан. 3:17).
в) Ишԥаҳалшо ҳара иахьа Анцәа имаҵуҩцәа рахь ақьиара аарԥшра? (Аум. 20:35; 28:1, 2; Гал. 6:9, 10; Аур. 6:10).
Ажәабжь 69
Ӡӷабк еицырдыруа аамысҭак дышицхраауаз
Илалҳәозеи ари асахьаҿы аӡӷаб, еицырдыруа аԥҳәыс?
Дызусҭада ари еицырдыруа аԥҳәыс, насгьы иҟалҵои аӡӷаб уи лыҩны?
Идиҵои Елисеи имаҵуаҩы Нееман иеиҳәарц, насгьы избан Нееман даара дызгәаауа?
Иҟалозеи Нееман имаҵауҩы данизыӡырҩлак?
Избан Елисеи Нееман иҟынтә аҳамҭа зидимкылаз, аха иҟаиҵозеи Гиези?
Ихьиуазеи Гиези, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 2 Аҳцәа 5:1—27.
а) Ишԥарӷәӷәо ргәы ихьатәи аҿар, аӡӷаб ҳәыҷы иаанлыжьыз аҿырԥшы? (2 Аҳ. 5:3; Ԥс. 8:2; 148:12, 13).
б) Избан Нееман даҳгәалаҳаршәаларц захәҭоу, Аҩыра аҟынтә абжьгара анҳарҭо? (2 Аҳ. 5:15; Аур. 12:5, 6; Иак. 4:6).
в) Иаҳнарҵозеи Елисеи ихымҩаԥгашьеи Гиези ихымҩаԥгашьеи анеиҿаҳарԥшуа? (2 Аҳ. 5:9, 10, 14—16, 20; Маҭф. 10:8; Аум. 5:1—5; 2 Кор. 2:17).
Ажәабжь 70
Ионеи аԥсыӡ дуӡӡеи
Дызусҭада Иона, насгьы идиҵеи Иегова уи?
Иҟаиҵазеи Иона, Иегова дахьишьҭуаз ацара ахьиҭахымыз?
Ирыдыигалеи иҟарҵарц Иона амшынуаа, афырҭын еиқәтәарц?
Ихьуазеи Иона, амшын дынӡааҟәрылалак? (Уахәаԥш асахьа.)
Шаҟаамҭа дыҟазаауеи Иона аԥсыӡ ду амгәаҿы?
Иҟаиҵозеи Иона аԥсыӡ ду адгьыл данықәнажьлак, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иона 1:1—17.
Дышԥазнеи Иона адҵа Ниневиа инхоз ажәабжь рылаҳәара? (Иона 1:2, 3; Ажәам. 3:7; Еккл. 8:12).
Уаԥхьа Иона 2:1, 2, 10.
Ишԥарӷәӷәо агәрагара иҳамоу, Иона дызқәшәаз ахҭыс, Иегова ҳа́ҳәарақәа зегь рҭак шыҟаиҵо? (Ԥс. 22:24; 34:6; 1 Иоан. 5:14).
Уаԥхьа Иона 3:1—10.
а) Избан ҳара ҳгәы зарӷәӷәо, Иегова Иона ихы дшаирхәоз, раԥхьатәи адҵа иҭаз наигӡарц шиҭахымызгьы? (Ԥс. 103:14; 1 Пиот. 5:10).
б) Иаҳнарҵозеи Иона Ниневиа ихьыз ахҭыс, ажәабжьҳәара ахьыҟаҳҵо аҭыԥаҿы инхо ауаа ҳарзыҟазарц шахәҭоу аганахьала? (Иона 3:6—9; Еккл. 11:6; Аум. 13:48).
Ажәабжь 71
Анцәа џьанаҭ ҳақәиргәыӷуеит
Дызҿызеи Исаиа данынхоз аамҭазы, насгьы иирбазеи Иегова уи?
Иаанагозеи «џьанаҭ», насгьы иугәаланаршәои уара ари ажәа?
Идиҵазеи Иегова Исаиа иҩырц ԥхьаҟатәи џьанаҭ азы?
Ишԥарцәыӡи Адами Евеи иссирыз рыџьанаҭ ҩны?
Изқәиргәыӷуеи Анцәа, иара бзиа дызбо ауаа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Исаиа 11:6—9.
а) Ишԥалацәажәо Анцәа Иажәа аҭынчратә аизыҟазаашьа, иҿыцу адунеи аҟны ауааи аԥстәқәеи рыбжьара иҟазаауа? (Ԥс. 148:10, 13; Ис. 65:25; Иез. 34:25).
б) Ишԥаҿу анагӡахара иахьа Исаиа иажәақәа адоуҳатә ҵакыла, Иегова ижәлар рыбжьара? (Рим. 12:2; Еф. 4:23, 24).
в) Изаҭатәыда ахьӡ-аԥша, иахьа ауаа аҽыԥсахрақәа ахьыҟарҵо азы, насгьы адунеи ҿыц аҟны иҟало аиҭакрақәагьы? (Ис. 48:17, 18; Гал. 5:22, 23; Флп. 4:7).
Уаԥхьа Аартра 21:3, 4.
а) Ишԥаҳнарбо Аҩыра, Анцәа ауаа адгьыл аҟны дышрыцзаауа, ишиашоу ҵакыла акәымкәа, аҵакы еиҭагала? (Алев. 26:11, 12; 2 Ашықәс. 6:18; Ис. 66:1; Аарт. 21:2, 3, 22—24).
б) Иарбан лаӷырӡқәоу, насгьы иарбан гәырҩоу уаҳа иҟамло? (Лука 8:49—52; Рим. 8:21, 22; Аарт. 21:4).
Ажәабжь 72
Анцәа аҳ Езекиа дицхраауеит
Дызусҭада ахаҵа ари асахьаҿы иарбоу, насгьы избан уи арыцҳара ду дызҭагылоу?
Иарбан шәҟәқәоу Езекиа Анцәа изы акәырбан анагарҭа аԥхьа иқәиҵаз, насгьы дыззиҳәозеи Езекиа Анцәа?
Дзеиԥшразеи аҳ Езекиа, насгьы иарбан жәабжьу Иегова иеиҳәаз аԥааимбар Исаиа ила?
Ирзиузеи Иегова имаалықь ассириаа, ари асахьа ишаҳнарбо ала?
Иҟалозеи Езекиа данԥсы ашьҭахь, ҩ-биԥарактәи аҳра акыраамҭа аҭынчра рыманы ишынхозгьы?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 2 Аҳцәа 18:1—36.
а) Иҽшԥазишәоз ассириантәи иаашьҭыз Рабсак, израилаа рхаҵа́ра бжьыхра? (2 Аҳ. 18:19, 21; Ақәҵ. 5:2; Ԥс. 64:3).
б) Рхы шԥамҩаԥырго Иегова Ишаҳаҭцәа, ирҿагыло рҟны, Езекиа иҿыԥшны? (2 Аҳ. 18:36; Ԥс. 39:1; Ажәам. 26:4; 2 Тим. 2:24).
Уаԥхьа 2 Аҳцәа 19:1—37.
а) Ишԥеиҿыԥшуеи Езекиа, Иегова ижәлар иуадаҩу аамҭақәа раан? (2 Аҳ. 19:1, 2; Ажәам. 3:5, 6; Аур. 10:24, 25; Иак. 5:14, 15).
б) Дышԥаҵахеи хынтә аҳ Сеннахирим, насгьы иааирԥшуадаз иара ԥааимбаражәала? (2 Аҳ. 19:32, 35, 37; Аарт. 20:2, 3).
Уаԥхьа 2 Аҳцәа 21:1—6, 16.
Избан Манассиа зегь реиҳа иҽеим аҳ ҳәа ихьӡыуҵар зыҟало, Иерусалим напхгара ҟазҵахьоу дарбанзаалак иаасҭа? (2 Ашықәс. 33:4—6, 9).
Ажәабжь 73
Израил аҵыхәтәантәи аҳ бзиа
Ихыҵуазеи Иосиа, аҳас даныҟало, насгьы дызлагозеи бжьышықәса аҳра аниулак ашьҭахь?
Уахәаԥш раԥхьатәи асахьа. Иҟаиҵозеи Иосиа?
Ииԥшаазеи аԥхьаԥшьаҩы аныҳәарҭаҿы, аныҳәарҭа иагыу аҟаҵара ианаҿыз?
Изԥижәжәои Иосиа ишәыз имаҭәақәа?
Иарбан аацҳароу Иегова иҟынтә аԥааимбар ԥҳәыс Олдан илҭо Иосиа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 34:1—28.
а) Иарбан ҿырԥшу Иосиа ириҭо, зхәыҷра уадаҩрала изхызгахьоу? (2 Ашықәс. 33:21—25; 34:1, 2; Ԥс. 27:10).
б) Иарбан акрызҵазкуа шьаҿақәоу иҟаиҵаз Иосиа, аиаша аихырхәара аизарҳаразы 8-тәи, 12-тәи, насгьы 18-тәи ашықәс инапхгара аан? (2 Ашықәс. 34:3, 8).
в) Иаҳнарҵозеи аҳ Иосиа иҿырԥши, аԥхьаԥшьаҩы Хелкиа иҿырԥши, аихрыхәара аҭыԥ ахьҳамоу, ишақәнагоу ала иҟазарц азы ацхраара аганахьала? (2 Ашықәс. 34:9—13; Ажәам. 11:14; 1 Кор. 10:31).
Ажәабжь 74
Ауаҩы гәымшәа
Дызусҭада арԥыс қәыԥш ари асахьаҿы?
Ишԥаидикыло Иеремиа Анцәа ԥааимбарны даныҟаиҵо, насгьы Иегова иеиҳәеи иара?
Ирылеиҳәозеи Иеремиа дааҟәымҵӡакәа ажәлар?
Изыруырц ирҭахызеи аԥшьаҩцәа Иеремиа, аха ишԥааирԥшуа агәымшәара?
Ирыхьуазеи израилаа рыцәгьоурақәа ианаҟәымҵлак?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иеремиа 1:1—8.
а) Дҟазҵозеи ауаҩы Иегова имаҵура азы дхәарҭаха́рц, Иеремиа иҿырԥшы ишаҳнарбо ала? (2 Кор. 3:5, 6).
б) Иргәанарԥхозеи иқәыԥшу ақьырсианцәа Иеремиа иҿырԥшы? (Еккл. 12:1; 1 Тим. 4:12).
Уаԥхьа Иеремиа 10:1—5.
Ишԥаҳаирбои Иеремиа иҿырԥшыла, нцәахәыс акы ҟаҵаны аихырхәара акгьы ишаԥсам? (Иер. 10:5; Ис. 46:7; Авв. 2:19).
Уаԥхьа Иеремиа 26:1—16.
а) Ишԥақәныҟәо иԥшьоу рахьтә иаанхаз, Иегова Иеремиа ииҭаз адҵа «жәак агмыжькәа», агәаҽанызааратә ажәабжь рылаҳәо иахьатәи ҳамшқәа раан? (Иер. 26:2; Ҩынтә. 4:2; Аум. 20:27).
б) Избан Иеремиа Иегова Ишаҳаҭцәа аҿырԥш бзиа зриҭаз, Иегова иҟынтә агәаҽанызааратә ажәабжь ажәлар рылаҳәараҿы? (Иер. 26:8, 12, 14, 15; 2 Тим. 4:1—5).
Уаԥхьа 2 Аҳцәа 24:1—17.
Изықәшәазеи рыцҳарас Иуда, Иегова иахь аиашамра иаанарԥшыз азы? (2 Аҳ. 24:2—4, 14).
Ажәабжь 75
Ԥшьҩык арԥарцәа Вавилон иҟоуп
Иазусҭцәада ари асахьаҿы иарбоу ԥшьҩык арԥарцәа, насгьы иназгеи урҭ Вавилон?
Ииҭахыузеи Навуходоносор арҭ ԥшьҩык арԥарцәа рганахьала, насгьы иарбан дҵоу ириҭо имаҵуҩцәа?
Иарбан фатәу, насгьы рыжәтәу Даниил дзыҳәо, хҩык иҩызцәеи иареи ирырҭарц?
Изеиԥшрахеи 10 мш рҩнуҵҟа ауҭраҭых мацара зфоз Даниил иҩызцәеи иареи егьырҭ аҿар ирҿыурԥшуазар?
Иназгеи Даниил иҩызцәеи иареи аҳ ихан аҟны, насгьы излареиӷьхеи дызусҭазаалак аԥшьаҩи аҟәыши раасҭа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Даниил 1:1—21.
а) Иҟаҳҵарц ахәҭоузеи ҳганахьала, аԥышәарақәа ҳарҿагыларазы, насгьы ҳцәа иалоу ԥсыҽрак ҳаиааиразы? (Дан. 1:8; Аҟаз. 39:7, 10; Гал. 6:9).
б) Иақәшәар шԥҟалои аҿар, ахаа-мыхаас аӡәырҩы ирԥхьаӡо «ргьама абара» аганахьала аԥышәарақәа, ма ақәыӷәӷәарақәа? (Дан. 1:8; Ажәам. 20:1; 2 Кор. 6:17–7:1).
в) Иҳаилнаркаауеи ҳара, Абиблиаҿы еиҭаҳәоу ԥшьҩык арԥарцәа ирызкыу ажәабжь, жәлар рҵара аиура аганахьала? (Дан. 1:20; Ис. 54:13; 1 Кор. 3:18—20).
Ажәабжь 76
Иерусалим ахыбгалара
Иахьуазеи Иерусалим, насгьы ирыхьзеи израилаа? (Уахәаԥш асахьа.)
Дызусҭада Иезикиил, насгьы иарбан аус бааԥсқәоу аныҳәарҭа аҟны имҩаԥысуаз Иегова иирбаз?
Изқәирӷәыӷуеи Иегова, израилаа иара дшатәармбогьы?
Иҟаиҵозеи Навуходоносор, израилаа иара ианиҿагыла ашьҭахь?
Изалиршазеи Иегова, израилаа абри еиԥш иҟаз арыцҳара бааԥс иақәшәартә?
Излаҟалазеи израилтәи адгьыл аҟны аӡәызаҵәыкгьы даанымхартә, насгьы шаҟаамҭа иҟазаауеи абас?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 2 Аҳцәа 25:1—26.
а) Дызусҭадаз Седекиа, ихьзеи, насгьы ишԥанагӡахеи абриала аԥааимбаражәа? (2 Аҳ. 25:5—7; Иез. 12:13—15).
б) Аҭакԥхықәра здуп ҳәа ииԥхьаӡодаз Иегова Израил риашамразы? (2 Аҳ. 25:9, 11, 12, 18, 19; 2 Ашықәс. 36:14, 17).
Уаԥхьа Иезекииль 8:1—18.
Избан ақьырсианцәа руахәама, амра иеихырхәоз израилаа ахьаҵҩцәа изреиԥшу? (Иез. 8:16; Ис. 5:20, 21; Иоан. 3:19—21; 2 Тим. 4:3).
Ажәабжь 77
Урҭ амалахазгьы ҳхырхәап ҳәа ргәы иҭам
Ирыдиҵазеи аҳ Навуходоносор ажәлар?
Избан Даниил хҩык иҩызцәа абаҟа изамеихырхәо?
Ишԥаадырԥшуеи хҩык арԥарцәа Иегова ишиқәгәыӷуа, Навуходоносор урҭ абаҟа аԥхьа ишьамхышгыларц азы даҽа лшарак анриҭо?
Иридиҵозеи Навуходоносор ирзыруырц Седрахи, Мисахи, Авденагои?
Иибозеи Навуходоносор амца даналаԥшлак?
Избан аҳ аџьшьара зииҭо, Седрахи, Мисахи, Авденагои р-Нцәа, насгьы иарбан ҿырԥшу иҳарҭо ҳара арҭ хҩык арԥарцәа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Даниил 3:1—30.
а) Ирҿыԥшырц шԥарылшо Анцәа имаҵуҩцәа риашаразы аԥышәарақәа ианрықәшәо, хҩык ауриатә арԥарцәа Анцәа иахь гәыкала азыҟазаара аазырԥшыз? (Дан. 3:17, 18; Маҭф. 10:28; Рим. 14:7, 8).
б) Иарбан акразҵазкуа ҿырԥшу Анцәа Иегова Навуходоносор ииҭаз? (Дан. 3:28, 29; 4:34, 35).
Ажәабжь 78
Анапы аҭӡамц аҟны иҩуеит
Иҟалозеи вавилонтәи аҳ ичара ду аан, Иерусалим аҟынтә Иегова иныҳәарҭа ҩны идәылыргаз, ахьи арыӡни ирылхыз ацәцақәа рыла исасцәа ажәра ианаҿыз?
Иреиҳәозеи Валтасар аҟәышцәа, аха ирылымшозеи урҭ?
Ирыдылгалои иҟарҵарц аҳ иан?
Избан, Даниил ишеиҭеиҳәаз инақәыршәаны Анцәа, аҭӡамц аҟны анапы ҩырц зыҟаиҵаз?
Иарбан еилкаароу иеиҭаз Даниил, аҭӡамц аҟны ианыз ажәақәа?
Иҟалозеи Даниил дцәажәонаҵы?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Даниил 5:1—31.
а) Иҳарба излеиԥшым Анцәа ииҭахыу ашәареи, Валтасар аҭӡамц аҟны аҩыра аниба дзымҽхазкыз ашәареи? (Дан. 5:6, 7; Ԥс. 19:9; Рим. 8:35—39).
б) Избан Даниил имаҷымкәа агәымшәара имазарц захәҭаз, Валтасар иаамсҭацәа иареи рҿаԥхьа даннеиуаз? (Дан. 5:17, 18, 22, 26—28; Аум. 4:29).
в) Ишԥазгәанаҭо инаҵшьны Даниил ишәҟәы а-5-тәи ахы Иегова иҳаракыра? (Дан. 4:17, 25; 5:21).
Ажәабжь 79
Даниил атышаҿы алымқәа дрыцыҟоуп
Дызусҭада Дари, насгьы дышԥеизыҟоу иара Даниил?
Иҟаиҵозеи Дари, ишьыцуа ауаа рҳәатәала?
Иҟаиҵозеи Даниил, азакәан иаԥырҵаз аниаҳалак?
Избан Дари ауха дызмыцәо аҟынӡа игәы зԥжәоз, насгьы иҟаиҵозеи ашьыжьымҭан?
Иеиҳәозеи Даниил Дари?
Ирыхьуазеи ауаа цәгьақәа, Даниил дыршьырц анырҭахыз, насгьы ирзиҩуазеи Дари иаҳра аҟны инхоз зегьы?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Даниил 6:1—28.
а) Избан Даниил иҿадыргылаз ахәшьадра, изаҳгәаланаршәо ҳара, ҳамшқәа раан Иегова Ишаҳаҭцәа имҩаԥырго аус ааныркыларц аҿагылаҩцәа аҽазышәарақәа иҟарҵо? (Дан. 6:7; Ԥс. 94:20; Ис. 10:1; Рим. 8:31).
б) Ишԥеиҿԥшырц рылшо Даниил Анцәа имаҵуҩцәа, «иреиҳау амчрақәа» рҳәатәы хаҵауа? (Дан. 6:5, 10; Рим. 13:1; Аум. 5:29).
в) Ҳашԥеиҿыԥшырц ҳалшо Даниил, «ҳҽымԥсахкәа» Иегова имаҵ уа? (Дан. 6:16, 20; Флп. 3:16; Аарт. 7:15).
Ажәабжь 80
Анцәа иуаажәлар Вавилон аанрыжьуеит
Иҟарҵозеи израилаа ари асахьаҿы ишарбоу ала?
Ишԥанаигӡеи Кир, Исаиа иҩыз Иегова иԥааимбаражәа?
Ириҭозеи дҵас Кир, Иерусалимҟа изымцо?
Ириҭозеи Кир Иерусалимҟа ихынҳәуа?
Шаҟаамҭа иқәхозеи израилаа Иерусалимҟа амҩа?
Шаҟаамҭа иҟоузеи атәыла, уаҩ дыҟамкәа иҭацәны?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Исаиа 44:28, насгьы 45:1—4.
а) Ишԥазгәеиҭеи инаҵшьны Иегова, Кир изкыу аԥааимбаражәа хымԥада ишынагӡахоз? (Ис. 55:10, 11; Рим. 4:17).
б) Иҳаилнаркаауазеи Кир изкыу аԥааимбаражәа, Иегова илшара имоу иҟалаша заа аҳәара аганахьала? (Ис. 42:9; 45:21; 46:10, 11; 2 Пиот. 1:20).
Уаԥхьа Ездра 1:1—11.
Ҳашԥарыцхраарц ҳалшо, Иерусалимҟа ахынҳәра алшара змамыз рҿырԥшы ҳақәныҟәо, Анцәа имаҵура заамҭа зегь азызкырц зҭахыу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи? (Езд. 1:4, 6; Рим. 12:13; Кол. 4:12).
Ажәабжь 81
Иегова ицхыраара иақәгәыӷуеит
Шаҟаҩы цода амҩа харахь Вавилонынтә Иерусалимынӡа, насгьы ирбозеи дара уаҟа ианнеилак?
Идыргыларц иалагои израилаа иаразнак ианнеилак ашьҭахь, аха рҽаззыршәозеи иҟарҵарц раӷацәа?
Иазусҭақәада Агеии Захариеи, насгьы изаарыԥхьозеи ажәлар?
Избан Фафнаи Вавилонҟа ашәҟәы зишьҭуа, насгьы аҭакс иоуазеи иара?
Иҟаиҵозеи Ездра, Анцәа иныҳәарҭа арҽеира шаҭахыу анеиликаалак?
Уахәаԥш асахьа. Дзыҳәозеи Ездра, Иегова аҭак шԥаҟаиҵо, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Ездра 3:1—13.
Иҟаҳҵар ахәҭозеи, Анцәа иеизара ахьыҟам аҭыԥаҿы ҳҟалар? (Езд. 3:3, 6; Аум. 17:16, 17; Аур. 13:15).
Уаԥхьа Ездра 4:1—7.
Иарбан ҿырԥшу Зоровавель Анцәа ижәлар ириҭаз, аконфессиақәа рыбжьара иҟоу аусқәа ирызкны? (Ақәҵ. 34:12; 1 Кор. 15:33; 2 Кор. 6:14—17).
Уаԥхьа Ездра 5:1—5, 17, насгьы 6:1—22.
а) Избан аҿагылаҩцәа изрылымшаз аныҳәарҭа аргылара аанкылара (Езд. 5:5; Ис. 54:17).
б) Ишԥарыцхраауеи иудеиатә аизара аиҳабацәа рхымҩаԥгашьа аҿырԥшы, ақьырсиантә аизара аиҳабацәа аҿагыларақәа ианрықәшәо, Иегова инапхгара аԥшаара? (Езд. 6:14; Ԥс. 32:8; Рим. 8:31; Иак. 1:5).
Уаԥхьа Ездра 8:21—23, 28—36.
Иҟаҳҵар ахәҭоузеи Ездра иҽырԥшала, уск аҟаҵара ҳалагаанӡа? (Езд. 8:23; Ԥс. 127:1; Ажәам. 10:22; Иак. 4:13—15).
Ажәабжь 82
Мардохеии Есфири
Иазусҭцәада Мардохеии Есфири?
Избан аҳ Артаксеркс аԥҳәыс ҿыц дызлышьҭоу, насгьы иалихуада уи?
Дызусҭада Аман, насгьы дзыргәаауазеи иара?
Иарбан закәану иҭыҵуа, насгьы иҟалҵозеи Есфир Мардохеи иҟынтә аацҳара анлоулак?
Ирыхьзеи Амани Мардохеии?
Ишԥеиқәдырхо израилаа рхы, раӷацәа рҟынтә?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Есфир 2:12—18.
Ишԥаалырԥши Есфир «иҭынчу иԥагьам адоуҳа» зыԥсоу? (Есф. 2:15; 1 Пиот. 3:1—5).
Уаԥхьа Есфир 4:1—17.
Есфир ицқьоу аихырхәара ахьчаразы илымаз алшара еиԥш, иарбан лшароу иҳамоу ҳаргьы иахьа, Иегова изиашареи гәыкала изыҟазаареи аганахьала? (Есф. 4:13, 14; Маҭф. 5:14—16; 24:14).
Уаԥхьа Есфир 7:1—6.
Ишԥазхиаз аԥхаҵарақәа рыхгара, Есфир леиԥш, Анцәа имаҵуҩцәа ҳара ҳамшқәа раан? (Есф. 7:4; Маҭф. 10:16—22; 1 Пиот. 2:12).
Ажәабжь 83
Иерусалим абаагәара
Иарбан цәаныррақәоу ирымаз израилаа, Иерусалим аҟны абаагәара ахьыҟамыз иахҟьаны?
Дызусҭада Неемиа?
Иарбан усу имҩаԥиго Неемиа, насгьы избан ари даара ҭакԥхықәра змоу зусу?
Иарбан жәабжьу Неемиа игәы ԥызжәаз, насгьы иҟаиҵозеи иара?
Ишԥааирԥшуеи аҳ Артаксеркс Неемиа иахь аразра?
Ишԥеиҿикаауеи Неемиа аргылара аус, аӷацәа уи рзаанымкыларц?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Неемиа 1:4—6, насгьы 2:1—20.
Дышԥашьҭаз Неемиа Иегова инапхгара? (Неем. 2:4, 5; Рим. 12:12; 1 Пиот. 4:7).
Уаԥхьа Неемиа 3:3—5.
Иднарҵозеи аизара аиҳабацәеи амаҵуратә цхырааҩцәеи, фекоиаа рхы шымҩаԥыргоз, насгьы урҭ иреиԥшымыз «рдырҩцәа» рхы шымҩаԥыргоз? (Неем. 3:5, 27; 2 Фес. 3:7—10; 1 Пиот. 5:5).
Уаԥхьа Неемиа 4:1—23.
а) Иргәазырԥхозеи израилаа аргылара анагӡара, ӷәӷәала ишырҿагылозгьы? (Неем. 4:6, 8, 9; Ԥс. 50:15; Ис. 65:13, 14).
б) Иарбан ганахьалоу израилаа рҿырԥшы ҳара ҳзы игәышьҭыхганы иахьыҟоу?
Уаԥхьа Неемиа 6:15.
Еилаҳкаауазеи ахаҵа́ра амч иамоу, Иерусалим абаагәара ҩымз рыла иахьыргылаз аҟынтә? (Ԥс. 56:3, 4; Маҭф. 17:20; 19:26).
Ажәабжь 84
Мариа амаалықь дылзаауеит
Дызусҭада ари аԥҳәыс, уара асахьаҿы иубо?
Илеиҳәозеи Гавриил Мариа?
Ишԥалзеиҭеиҳәо Гавриил Мариа, ахшара дышлоуа, ахаҵа дышлыцнымхозгьы?
Иҟалозеи Мариа лыуа Елисавета лахь данаалак?
Иихәыцуазеи Иосиф Мариа ахшара дшизыԥшу анеиликаалак, насгьы избан анаҩс игәаанагара зиԥсахуа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Лука 1:26—56.
а) Иарбан лкаау иҟауҵарц алшо, Лука 1:35 аҟны иаҳәо инақәыршәаны, Адам иҭынхаз анамӡара Мариа иахьлымаз азы, Анцәа иԥа иԥсҭазаара, адоуҳатә дунеи аҟынтә лара лымгәаҭахьы иахьиагаз? (Агг. 2:11—13; Иоан. 6:69; Аур. 7:26; 10:5).
б) Ишԥеиҭаз Иисус диаанӡагьы ахьӡ-ԥша? (Лука 1:41—43).
в) Иарбан ҿырԥшы бзиоу Мариа ирзаанлыжьыз ақьырсианцәа, Анцәа имаҵураҿы ичыдоу азкрақәа зауа? (Лука 1:38, 46—49; 17:10; Ажәам. 11:2).
Уаԥхьа Маҭфеи 1:18—25.
Избан Иисус ишиашоу аҵакала Еммануил ҳәа шихьӡымызгьы, ари ахьӡ аҵакы изанаалоз адгьылаҿы инаигӡоз ироль? (Маҭф. 1:22, 23; Иоан. 14:8—10; Аур. 1:1—3).
Ажәабжь 85
Иисус абора аҟны диуеит
Дызусҭада ари асаби асахьаҿы иарбоу, насгьы дабаҭалҵо Мариа уи?
Ишԥаҟалеи Иисус арахә ахьҭакыз абораҿы дииратәы?
Иазусҭцәада ахацәа абора иазааигәахо, насгьы иреиҳәазеи амаалықь урҭ? (Уахәаԥш асахьа.)
Дызлареиԥшымзеи Иисус егьырҭ ахәыҷқәа?
Избан Иисус зинла Анцәа Иԥа ҳәа зихьӡу?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Лука 2:1—20.
а) Дышԥалахәыз аҳәынҭқар Август, Иисус иира иазкыз аԥааимбаражәа анагӡараҿы? (Лука 2:1—4; Мих. 5:2).
б) Дҟалар шԥеилшои ауаҩы «Анцәа дыззыразу ауаа» дырхыԥхьаӡаланы? (Лука 2:14; Маҭф. 16:24; Иоан. 17:3; Аум. 3:19; Аур. 11:6).
в) Зхынрааланы иҟаз иудеиатә ахьчаҩцәа Аиқәырхаҩ иира агәырӷьара ду шырзаанагаз уазхәыцуазар, иарбан еиҳа крызҵазкуа мзызс ирымоу агәырӷьаразы Анцәа имаҵуҩцәа иахьа? (Лука 2:10, 11; Ефес. 3:8, 9; Аарт. 11:15; 14:6).
Ажәабжь 86
Ауаа амҩа дзырбо аеҵәа
Иазусҭцәада арҭ ауаа асахьаҿы иарбоу, насгьы избан урҭ руаӡәк икәеицеиуа икыду аеҵәа инапы зақәикуа?
Избан аҳ Ирод игәы зҭынчым, насгьы иҟаиҵозеи иара?
Иабананаго аеҵәа арҭ ауаа, насгьы избан даҽа мҩакала ртәылахь изыхынҳәуа?
Иарбан дҵоу ириҭо Ирод, насгьы избан?
Идиҵозеи Иегова Иосиф?
Иазыркыда аеҵәа ҿыц, насгьы избан?
Ихазырҭәаауа азҵаара:
Уаԥхьа Маҭфеи 2:1—23.
Шаҟа ихыҵуазеи, насгьы дабанхоз Иисус, аеҵәа ҭҵааҩцәа иара иахь ианнеи? (Маҭф. 2:1, 11, 16).
Ажәабжь 87
Иқәыԥшу Иисус аныҳәарҭаҿы
Уахәаԥш асахьа. Дабаҟоу Иисус, насгьы шаҟа ихыҵуазеи усҟан?
Иҟарҵозеи Иосиф иҭаацәеи иареи есышықәса?
Избан зны Иосифи Мариеи мышк дуӡӡа амҩа ишаныз, Иерусалимҟа ахынҳәра зрықәшәаз?
Дабарԥшаауеи Иосифи Мариеи Иисус, насгьы изыршанхазеи ауаа?
Илеиҳәозеи Иисус иан Мариа?
Ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра, Иегова еиҳа деилкаауа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Лука 2:41—52.
а) Есышықәсатәи аныҳәақәа рахь анеира закәанла изыхәҭаз ахацәа шракәызгьы, иарбан зеиԥшыҟам ҿырԥшу Иосифи Мариеи анацәеи абацәеи ирзаанрыжьыз? (Лука 2:41; Ҩынтә. 16:16; 31:12; Ажәам. 22:6).
б) Иарбан ҿырԥшу Иисус ахәыҷқәа ирзаанижьыз, анацәеи абацәеи ишырзыӡырҩлатәу? (Лука 2:51; Ҩынтә. 5:16; Ажәам. 23:22; Кол. 3:20).
Уаԥхьа Маҭфеи 13:53—56.
Иазусҭцәада ԥшьҩык Иисус иашьцәа, Абиблиаҿы зыхьӡқәа арбоу, насгьы иарбан дҵақәоу ақьырсиантә аизараҿы урҭ рахьтә ҩыџьа ироуыз? (Маҭф. 13:55; Аум. 12:17; 15:6, 13; 21:18; Гал. 1:19; Иак. 1:1; Иуда 1).
Ажәабжь 88
Иоанн Иисус аӡы дӡааихуеит
Дызусҭада асахьаҿы иарбоу?
Ишԥамҩаԥысуа аӡӡаахра?
Аӡы иӡааихуада Иоанн ишаԥу еиԥш?
Иарбан иҷыдоу мзызс иҟаз, Иоанн Иисус аӡы дызӡааихуаз?
Ишԥааирԥши Анцәа, Иисус иӡӡаахра игәы ишаахәаз?
Иҟалозеи Иисус 40 мшы уаҩы иахьиҿахырсҭам ҭыԥк ахь данцалак?
Иазусҭақәадаз раԥхьатәи Иисус ишьҭанеицәа, ма иҵаҩцәа, насгьы иарбан раԥхьатәи џьашьахәу иҟаиҵо Иисус?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Маҭфеи 3:13—17.
Иарбан ҿырԥшу Иисус ирзаанижьыз иҵаҩцәа аӡы аҽӡаахрала? (Ԥс. 40:7, 8; Маҭф. 28:19, 20; Лука 3:21, 22).
Уаԥхьа Маҭфеи 4:1—11.
Ишԥаҳгәанарԥхо, Иисус аҩыра ибзианы ихы иахьаирхәоз, иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҭҵаара? (Маҭф. 4:5—7; 2 Пиот. 3:17, 18; 1 Иоан. 4:1).
Уаԥхьа Иоанн 1:29—51.
Изызхьеирԥшуадаз Иоанн Аӡӡаахҩы иҵаҩцәа, насгьы ишԥаҳалшо иахьа ҳаиҿыԥшырц? (Иоан. 1:29, 35, 36; 3:30; Маҭф. 23:10).
Уаԥхьа Иоанн 2:1—12.
Ишԥаанарԥшуеи раԥхьатәи Иисус иџьашьахәы, Иегова «абзиара шрымимхуа» иара имаҵуҩцәа? (Иоан. 2:9, 10; Ԥс. 84:11; Иак. 1:17).
Ажәабжь 89
Иисус аныҳәарҭа ирыцқьоит
Избан аныҳәарҭаҿы аԥстәқәа зырҭиуаз?
Дзыргәамҵзеи Иисус?
Уахәаԥш асахьа. Иҟаиҵозеи Иисус, насгьы ирыдиҵазеи аҳәыҳә аҭиҩцәа?
Иргәаланаршәеи Иисус ишьҭанеицәа, Иисус иҟаиҵаз анырба?
Иарбан ҳаблоу дзылсуа Иисус, Галилеиҟа даныхынҳәуаз?
Ихазырҭәаауа азҵаара:
Уаԥхьа Иоанн 2:13—25.
Ҳашԥазыҟазаарц ахәҭоу акоммерциатә аус амҩаԥгара Аҳра Азал аҟны, Иисус аныҳәарҭаҿы «аԥара ԥыргацәа» аниба дшаргәамҵыз ҳаназхәыцуа? (Иоан. 2:15, 16; 1 Кор. 10:24, 31—33).
Ажәабжь 90
Аҵеџь аԥхьа аԥҳәыси иареи
Дзаанҿасзеи Иисус Самариа иҟаз аҵеџь аԥхьа, насгьы илеиҳәазеи уаҟа иқәшәаз аԥҳәыс?
Избан аԥҳәыз изџьалшьаз? Илеиҳәозеи Иисус насгьы избан?
Иарбан ӡыу Иисус дызлацәажәо ҳәа лгәы иаанагоз аԥҳәыс, аха дызлацәажәаҵәҟьоузеи иара?
Избан аԥҳәыс изџьалшьаз Иисус лара илызкны зегьы ахьиидыруаз, насгьы изҭада иара абарҭ адыррақәа?
Иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иоанн 4:5—43.
а) Ҳашԥарзыҟазаало даҽа расак, ма социалтә ҭагылазаашьак змоу ауаа, Иисус иҿырԥшы ҳацныҟәозар? (Иоан. 4:9; 1 Кор. 9:22; 1 Тим. 2:3, 4; Тит. 2:11).
б) Иарбан доуҳатә лҵшәоу изаанаго ауаҩы, Иисус иҵаҩы иакәны дахьыҟало? (Иоан. 4:14; Ис. 58:11; 2 Кор. 4:16).
в) Иҳнарҵозеи асамариатәи аԥҳәыс лҿырԥшы, илоуыз адырра деиҷаҳаны гәырӷьарала илаҳаз егьырҭ иахьырзеиҭалҳәоз? (Иоан. 4:7, 28; Маҭф. 6:33; Лука 10:40—42).
Ажәабжь 91
Иисус ашьха аҟны идирҵоит
Уахәаԥш асахьа. Иабадирҵо Иисус ауаа, насгьы итәада зегь реиҳа изааигәаны?
Ирыхьӡқәозеи 12-ҩык Иисус иапостолцәа?
Иарбан Аҳроу Иисус дызлацәажәо?
Идирҵозеи Иисус ауаа, Анцәа изызиҳәарц ахәҭоу?
Идирҵозеи Иисус, аӡәи-аӡәи реизыҟазаашьа иазкны?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Маҭфеи 5:1—12.
Ишԥаҳалшо адоуҳатә ҭахрақәа шҳамоу шеилаҳкаауа аарԥшра? (Маҭф. 5:3; Рим. 10:13—15; 1 Тим. 4:13, 15, 16).
Уаԥхьа Маҭфеи 5:21—26.
Ишԥаанарԥшуеи Маҭфеи 5:23, 24, ҳашьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа, Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа ишаныруа? (Маҭф. 6:14, 15; Ԥс. 133:1; Кол. 3:13; 1 Иоан. 4:20).
Уаԥхьа Маҭфеи 6:1—8.
Избан ргәаанагара иашоуп ҳәа азхәыцра аҽацәырыхьчара зрыхәҭоу ақьырсианцәа? (Лука 18:11, 12; 1 Кор. 4:6, 7; 2 Кор. 9:7)
Уаԥхьа Маҭфеи 6:25—34.
Ишԥаҳирҵоз Иисус, аматериалтә ҭахрақәа рганахьала Иегова дшаҳхылаԥшуа агәра ҳгаларц? (Ақәҵ. 16:4; Ԥс. 37:25; Флп. 4:6).
Уаԥхьа Маҭфеи 7:1—11.
Иаҳнарҵозеи Маҭфеи 7:5 аҟны иану иалкаау аҿырԥшы? (Ажәам. 26:12; Рим. 2:1; 14:10; Иак. 4:11, 12).
Ажәабжь 92
Иисус иԥсыз рыԥсы ҭеиҵоит
Дызусҭада асахьаҿы иарбоу аӡӷаб лаб, насгьы избан иԥҳәыси иареи даара ахьаа зрымоу?
Иҟаиҵозеи Иаир Иисус даниԥшаалак?
Иҟалозеи Иаир иҩныҟа амҩа ианықәу, насгьы иарбан жәабжьу Иаир изаарыцҳауа?
Избан Иаир иҩны иҟоу ауаа Иисус изихыччо?
Иҟаиҵозеи Иисус аӡӷаб луаҭах, х-ҩык апостолцәеи лҭаацәеи иманы даныҩнало?
Зыԥсы ҭеиҵада уаҳа Иисус, насгьы иҳанаҳәозеи уи ҳара?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Лука 8:40—56.
Ишԥааирԥши Иисус аҟәышра, насгьы ишԥаҳирбеи аԥҳәыс шьаҟәыҵрала игәаҟәуаз дышлызхьаауаз, насгьы иднарҵозеи ари аизара аиҳабацәа? (Лука 8:43, 44, 47, 48; Алев. 15:25—27; Маҭф. 9:12, 13; Кол. 3:12—14).
Уаԥхьа Лука 7:11—17.
Ишԥарылшо агәҭынчра аԥшаара ирзааигәоу зцәыԥсыз ауаа, Иисус Наинынтәи аԥҳәысеиба илеиҳәаз иажәақәа рҟынтә? (Лука 7:13; 2 Кор. 1:3, 4; Аур. 4:15).
Уаԥхьа Иоанн 11:17—44.
Ишԥааирԥши Иисус, иузааигәоу иԥсра угәрҩар шиашоу (Иоан. 11:33—36, 38; 2 Сам. 18:33; 19:1—4).
Ажәабжь 93
Иисус ауаа рацәа акрырҿеиҵоит
Изыруеи Иоанн Аӡӡаахҩы, насгьы иарбан цәанырроу ари Иисус изцәырнагаз?
Акрышԥарҿеиҵеи Иисус ишьҭаланы иаауаз ажәлар, насгьы шаҟа аанхазеи иҵегь афатә?
Изыршәазеи уахык Иисус иҵаҩцәа, насгьы ихьуазеи Пиотр?
Акрышԥарҿеиҵои ауаа Иисус ҩаԥхьа?
Ҳзеигәырӷьозеи ҳара, Анцәа иқәиргылаз Иисус аҳак иаҳасабала адгьылаҿы напхгара аҟаҵара дахьалаго?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Маҭфеи 14:1—32.
а) Еилаҳкаауазеи ажәеинраалақәа Маҭфеи 14:23—32 аҟынтә, Пиотр иҟазшьақәа ирызкны?
б) Ишԥаҳнарбо Аҩыра Пиотр доуҳала дшеизҳаз, насгьы ишԥеилшеи аҽынкылара азымхара имаз аиааира? (Маҭф. 14:27—30; Иоан. 18:10; 21:7; Аум. 2:14, 37—40; 1 Пиот. 5:6, 10).
Уаԥхьа Маҭфеи 15:29—38.
Ишԥааирԥши Иисус аҳаҭырқәҵара и-Аб ииҭоз азы? (Маҭф. 15:37; Иоан. 6:12; Кол. 3:15).
Уаԥхьа Иоанн 6:1—21.
Ишԥақәныҟәо ақьырсианцәа Иисус иҿырԥшы, ауаатәыҩсатә аиҳабыра ишырзыҟазааша аганахьала? (Иоан. 6:15; Маҭф. 22:21; Рим. 12:2; 13:1—4).
Ажәабжь 94
Уи ахәыҷқәа бзиа ибоит
Иеимаркуазеи апостолцәа, акраамҭатәи аныҟәара аҟынтә ианыхынҳә ашьҭахь?
Избан Иисус аҷкәын хәыҷы дызиԥхьо, насгьы дызиргылои уи апостолцәа рыгәҭа?
Иаанагозеи апостолцәа ахәыҷқәа ирҿыԥшырц ахәҭоуп ҳәа ахьаҳәо?
Ишԥадирбо мызқәак рышьҭахь Иисус, ахәыҷқәа бзиа ишибо?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Маҭфеи 18:1—4.
Избан Иисус изыдирҵоз аҿырԥштәқәа ихы иархәаны? (Маҭф. 13:34, 36; Мар. 4:33, 34).
Уаԥхьа Маҭфеи 19:13—15.
Иарбан ҟазшьақәоу ахәыҷқәа ирҿаҳҵаарц ахәҭоу, Аҳра азылԥхарақәа ҳауырц? (Ԥс. 25:9; 138:6; 1 Кор. 14:20).
Уаԥхьа Марк 9:33—37.
Идирҵозеи Иисус ишьҭанеицәа, аҭыԥ бзиа аанкыларазы аҽазышәарақәа иҟарҵоз аганахьала? (Мар. 9:35; Маҭф. 20:25, 26; Гал. 6:3; Флп. 2:5—8).
Уаԥхьа Марк 10:13—16.
Шаҟа дырзааигәазеи Иисус ауаа, насгьы иднарҵозеи иҿырԥшы аизара аиҳабацәа? (Мар. 6:30—34; Флп. 2:1—4; 1 Тим. 4:12).
Ажәабжь 95
Иисус ишыдирҵо
Иарбан зҵаароу ҽнак зны аӡәы Иисус ииҭаз, насгьы избан?
Иеиҭеиҳәозеи зны-зынла Иисус акы дирҵар аниҭахыз, насгьы иаҳдыруазеи иудеиааи самариааи реизыҟазаашьа аганахьала?
Ихьуазеи Иерихонҟа ицоз аиудеи, Иисус иажәабжь излаҳәо ала?
Иҟарҵазеи аԥшьаҩи алевити, уи амҩала ииасны ицоз?
Ицхраауада ихәахәаны икажьыз ауаҩы асахьаҿы ишарбоу ала?
Иарбан зҵаароу Иисус ииҭаз иазҵааз ауаҩы, ари ажәабжь анеиҭеиҳәа ашьҭахь, насгьы ишԥаҟаиҵо егьи аҭак?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Лука 10:25—37.
а) Дышԥеицхрааи Иисус Закәан-дырҩык ииҭаз азҵаара дазхәыцыртә, насгьы иара ихала аҭак ҟаиҵарц? (Лука 10:26; Маҭф. 16:13—16).
б) Ихы ишԥеирхәоз Иисус аҿырԥштәқәа, иара изыӡырҩуа дрыцхраац ауаа рзыҟазаара шахәҭоу аганахьала? (Лука 10:36, 37; 18:9—14; Тит. 1:9).
Ажәабжь 96
Иисус ачымазаҩцәа ихәшәтәуеит
Иҟаиҵозеи Иисус, атәыла далсны данцоз?
Иреиҳәозеи Иисус иҵаҩцәа, аӡы иҽанӡааих хышықәса ааҵуанеиԥш?
Иаҳбода ари асахьаҿы, насгьы иҟаиҵои Иисус ари аԥҳәыс лзы?
Избан Иисус аҭак иҟаиҵаз, имазкәаз адинхаҵара анапхгаҩцәа зарԥхашьаз?
Иҟаиҵозеи Иисус ҩыџьа алашәцәа рыцҳақәа рзы, апостолцәеи иареи Иерихон ақалақь азааигәара ианыҟаз?
Избан Иисус аџьашьахәқәа зыҟаиҵо?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Маҭфеи 15:30, 31.
Ишԥааԥшуаз зеиԥшыҟам ала Иегова имч Иисус иусқәа рҟны, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи Иегова адунеи ҿыц аганахьала ақәыргәыӷра иҟаиҵо аилкаара? (Ԥс. 37:29; Ис. 33:24).
Уаԥхьа Лука 13:10—17.
Ишԥаанарԥши, Иисус асабша иҟаиҵаз зегь реиҳа ухы-угәы аҟынӡа инеиуаз аџьашьахәы, иарбан хақәиҭроу ауаатәыҩса ирызԥшу Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан? (Лука 13:10—13; Ԥс. 46:9; Маҭф. 12:8; Кол. 2:16, 17; Аарт. 21:1—4).
Уаԥхьа Маҭфеи 20:29—34.
Ишԥаҳнарбо ари ахҭыс, Иисус ахаангьы убысҟак дзеилахамыз ауаа ацхыраара изрымҭартә еиԥш, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Ҩынтә. 15:7; Иак. 2:15, 16; 1 Иоан. 3:17).
Ажәабжь 97
Иисус аҳак иаҳасабла ақалақь далалоит
Дыззрыҳәозеи Иисус иҵаҩцәа, Иерусалим азааигәара иҟаз ақыҭа хәыҷык аҟны данааи?
Уахәаԥш асахьа. Иҟалозеи Иисус Иерусалим даназааигәахо?
Иҟарҵозеи ахәыҷқәа, Иисус алашәцәеи агра змази шихәшәтәуаз анырба?
Иреиҳәозеи Иисус зыԥсахы еибакыз аԥшьаҩцәа?
Ишԥаҳалшои ҳреиԥшхарц Иисус дҳаразкәаз ахәыҷқәа?
Еилыркаарц ирҭахызеи Иисус иҵаҩцәа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Маҭфеи 21:1—17.
а) Иисус аҳак иаҳасабала ақалақь иалалара, излеиԥшымзеи Римтә аимпериа ахаан ар аиҳабацәа аиааира ганы ианыхынҳәуаз ақалақь ишалалоз? (Маҭф. 21:4, 5; Зах. 9:9; Флп. 2:5—8; Кол. 2:15).
б) Иднарҵозеи аҿар, Иисус аныҳәарҭа даныҩнала израилтәи аҷкәынцәа «ишеиқәҿырҭуаз» Ԥсалом 118 аҟынтә ажәақәа аагауа? (Маҭф. 21:9, 15; Ԥс. 118:25, 26; 2 Тим. 3:15; 2 Пиот. 3:18).
Уаԥхьа Иоанн 12:12—16.
Иамоузеи символтә ҵакыс, Иисус иԥылоз ауаа иркыз апальма быӷьқәа? (Иоан. 12:13; Флп. 2:10; Аарт. 7:9, 10).
Ажәабжь 98
Елеонтәи ашьхаҿы
Дҳарба асахьаҿы Иисус. Итәада уи иааигәара?
Изыруырц ирҭахызеи аԥшьаҩцәа, Иисус аныҳәарҭаҿы даныҟаз, насгьы иреиҳәазеи Иисус урҭ?
Ирҭазеи зҵаарас Иисус апостолцәа?
Изырзеиҭеиҳәозеи Иисус, аҳак иаҳасабала напхгара данлагалак адгьылаҿы иҟалараны иҟоу ахҭысқәа?
Иарбан хҭысқәоу иацааиуа, Иисус иажәақәа рыла, адгьыл аҟнытә ацәгьара анықәххо?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Маҭфеи 23:1—39.
а) Аҩыра инақәыршәаны жәлартә титулқәа рхархәара шыҟалогьы, иаҳдырбозеи Иисус иажәақәа Маҭфеи 23:8—11 аҟны иану, аҿагәбзыӷажәатә титулқәа рганахьала ақьырсиантә аизарақәа рҿы? (Аум. 26:25; Рим. 13:7; 1 Пиот. 2:13, 14).
б) Ирабан ҽазышәарақәоу иҟарҵоз афарисеицәа, ауаа ақьырсианра адкылара ирԥырхагахарц азы, насгьы иарбан уи еиԥшу методқәоу рхы иадырхәо иахьа адинхаҵаратә напхгаҩцәа? (Маҭф. 23:13; Лука 11:52; Иоан. 9:22; 12:42; 1 Фес. 2:16).
Уаԥхьа Маҭфеи 24:1—14.
а) Ишԥазгәанаҭо инаҵшьны Маҭфеи 24:13 аҽырӷәӷәара акыр шаҵанкуа?
б) Иаанагозеи ажәа «аҵыхәтәа» Маҭфеи 24:13 аҟны иану? (Маҭф. 16:27; Рим. 14:10—12; 2 Кор. 5:10).
Уаԥхьа Марк 13:3—10.
Ишԥазгәанаҭо инаҵшьны Марк 13:10 аҟны иану, ажәабжь бзиа рылаҳәара шырлсатәу, насгьы ишԥаҳнырырц ҳахәҭоу ҳара ари Иисус иԥааимбаражәа? (Рим. 13:11, 12; 1 Кор. 7:29—31; 2 Тим. 4:2).
Ажәабжь 99
Хыхьтәи ауадаҿы
Изнеизеи хыхьтәи ауадахь, Иисус 12-ҩык иапостолцәеи иареи, ари асахьаҿы ишаабо еиԥш?
Идәылҵуада ауада, насгьы иҟаиҵарц ииҭахызеи?
Иарбан иҷыдоу уаххьоу дызлаго Иисус, мшаԥтәи уаххьа ианалга ашьҭахь?
Иарбан хҭысу иргәаланршәоз израилаа Мшаԥы, насгьы иргәаланаршәазеи Иисус ишьҭанеицәа ари иҷыдоу уаххьа?
Иарбан ааԥхьароу Иисус ириҭо ишьҭанеицәа Иҳақәиҭу Ихәылԥаз ашьҭахь, насгьы иҟарҵозеи дара?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Маҭфеи 26:14—30.
а) Ишԥаҳнарбо Маҭфеи 26:15 аҟны иану ажәеинраала, Иуда идырны Иисус дшиҭииз?
б) Иарбан ҩ-хықәкык иамоу, Иисус икеиҭәаз ишьа? (Маҭф. 26:27, 28; Иер. 31:31—33; Еф. 1:7; Аур. 9:19, 20).
Уаԥхьа Лука 22:1—39.
Иамоузеи ҵакыс Иуда Аҩсҭаа дилалеит ҳәа? (Лука 22:3; Иоан. 13:2; Аум. 1:24, 25).
Уаԥхьа Иоанн 13:1—20.
а) Иҟалома ахара идуҵар Иуда иҟаиҵаз азы, Иоанн 13:2 аҟны иану уаназхәыцуа, насгьы иднарҵозеи ари ақьырсианцәа? (Аҟаз. 4:7; 2 Кор. 2:11; Гал. 6:1; Иак. 1:13, 14).
б) Иарбан зеиԥшыҟам ҿырԥшу Иисус иҵаҩцәа ирзаанижьыз? (Иоан. 13:15; Маҭф. 23:11; 1 Пиот. 2:21).
Уаԥхьа Иоанн 17:1—26.
Иамоузеи ҵакыс Иисус Анцәа даниҳәоз, иара ишьҭанеицәа «иаӡәны иҟазарц» азы? (Иоан. 17:11, 21—23; Рим. 13:8; 14:19; Кол. 3:14).
Ажәабжь 100
Иисус абаҳчаҿы
Иабадырхеи рхы Иисус иапостолцәеи иареи, хыхьтәи ауада иандәылҵ, насгьы иарбан ааԥхьароу Иисус ириҭо?
Иибозеи Иисус апостолцәа рахь даныхынҳәуа, насгьы шаҟантә иҟалозеи уи?
Иаауада абаҳчахь, насгьы иҟаиҵозеи Иуда Искариот асахьаҿы ишаабо ала?
Дзигәӡуазеи Иуда Иисус, насгьы иҟаиҵозеи Пиотр?
Иеиҳәозеи Иисус Пиотр, насгьы избан Иисус и-Аб дзимыҳәо амаалықьцәа изааишьҭырц?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Маҭфеи 26:36—56.
а) Избан Иисус иҵаҩцәа абжьгара шриҭаз, иахьа ақьырсиантә аизара аиҳабацәа рзы изҿырԥш бзиоу? (Маҭф. 20:25—28; 26:40, 41; Гал. 5:17; Еф. 4:29, 31, 32).
б) Дышԥазыҟаз Иисус, иаҳзааигәоу рҿагылараҿы абџьарҵәҟьа ахархәара? (Маҭф. 26:52; Лука 6:27, 28; Иоан. 18:36).
Уаԥхьа Лука 22:39—53.
Иаангозма Иисус ихаҵара ԥсыҽхеит ҳәа, амаалықь Гефсимантәи абаҳчаҿы игәы нирӷәӷәоз? Иҳаилыркаа. (Лука 22:41—43; Ис. 49:8; Маҭф. 4:10, 11; Аур. 5:7).
Уаԥхьа Иоанн 18:1—12.
Ишԥеихьчоз Иисус иҵаҩцәа ирҿагылақәоз рҟынтә, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара ари аҿырԥшы? (Иоан. 10:11, 12; 18:1, 6—9; Аур. 13:6; Иак. 2:25).
Ажәабжь 101
Иисус дкыдҵаны дыршьуеит
Дарбан раԥхьа иргыланы Иисус иԥсра ахара зду?
Иҟарҵозеи апостолцәа, адин напхгаҩцәа Иисус данҭарклак?
Иҟалозеи аԥхьаԥшьаҩы Каиафа иҩны аҟны?
Избан Пиотр дыздәылҵуа, лаӷырӡашалагьы дызҵәыуо?
Ишԥаҵәаауаз аԥшьаҩцәа, Иисус дандәықәырҵа шьҭахьла Пилат иахь?
Иҟалозеи ахәаша аҽны, насгьы жәас ииҭазеи Иисус иварахь ала ашьаҟа икыдҵаз, ашьра зқәыз ақәылаҩцәа руаӡәк?
Иабаҟало Иисус дызлацәажәоз џьанаҭ?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Маҭфеи 26:57—75.
Ишԥаадырԥши иудеиатә иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахаҭарнакцәа, рыгәқәа шыцәгьаз? (Маҭф. 26:59, 67, 68).
Уаԥхьа Маҭфеи 27:1—50.
Избан иаҳҳәарц залшо Иуда дзыргәаҟуаз иламыс, гәыкала ишыҟамыз? (Маҭф. 27:3, 4; Марк 3:29; 14:21; 2 Кор. 7:10, 11).
Уаԥхьа Лука 22:54—71.
Иаҳнарҵозеи ҳара, Иисус дҭиины дҭаркуеит ҳәа даныргоз ауыха, Пиотр Иисус дахьицәхьаҵыз? (Лука 22:60—62; Маҭф. 26:31—35; 1 Кор. 10:12).
Уаԥхьа Лука 23:1—49.
Дышԥазыҟаз Иисус иишамкәа иахьизныҟәоз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Лука 23:33, 34; Рим. 12:17—19; 1 Пиот. 2:23).
Уаԥхьа Иоанн 18:12—40.
Излаубарҭеи Пиотр ҽнак зны ауаа дышрыцәшәазгьы, анаҩс иҽшиԥсахыз, насгьы еицырдыруа апостолны дшыҟалаз? (Иоан. 18:25—27; 1 Кор. 4:2; 1 Пиот. 3:14, 15; 5:8, 9.)
Уаԥхьа Иоанн 19:1—30.
а) Иарбан иҭышәынтәалоу хәаԥшышьоу Иисус имаз аматериалтә маҭәарқәа рганахьала? (Иоан. 2:1, 2, 9, 10; 19:23, 24; Маҭф. 6:31, 32; 8:20).
б) Избан Иисус дыԥсаанӡа ииҳәаз ажәақәа, изаршаҳҭуа Иегова имчра аҵыхәтәанынӡа дшадгылаз? (Иоан. 16:33; 19:30; 2 Пиот. 3:14; 1 Иоан. 5:4).
Ажәабжь 102
Иисус иԥсы ҭоуп
Иазусҭцәада аԥҳәыси ҩыџьа ахацәеи асахьаҿы иарбо, насгьы иабаҟоу дара?
Избан Пилат аԥшьаҩцәа адҵа зриҭо, Иисус идамра ахьчаразы аруаа рышьҭырц?
Иҟаиҵозеи амаалақь Иисус данԥсы ашьҭахь хымш анҵы, аха рхы шԥамҩаԥыргои аԥшьаҩцәа?
Избан аҳәса изџьаршьаз адамрахьы ианааи?
Избан Пиотри Иоанни адамрахьы иҩны изцо, насгьы ирбозеи уаҟа?
Иахьуазеи Иисус иԥсыбаҩ, аха ишԥашьақәирӷәӷәо Иисус иԥсы шҭалаҵәҟьаз?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Маҭфеи 27:62—66, насгьы 28:1—15.
Избан Иисус иԥсы анҭала, аԥшьаҩы еиҳабацәеи, афарисеицәеи, насгьы аизара аиҳабацәеи, иԥшьоу адоуҳа аҿагылараҿы агәнаҳа зрыдлаз? (Маҭф. 12:24, 31, 32; 28:11—15).
Уаԥхьа Лука 24:1—12.
Ишԥаадырԥшуеи Иисус иԥсҭалара иадҳәалаз ахҭысқәа, Иегова аҳәса узықәгәыӷуа шаҳаҭцәаны ишиԥхьаӡо? (Лука 24:4, 9, 10; Маҭф. 28:1—7).
Уаԥхьа Иоанн 20:1—12.
Ишԥаҳнарбо Иоанн 20:8, 9 аҟны иану акрычҳара аарԥшра шахәҭоу, абиблиатә ԥааиамбаражәақәак шыҟало инагӡаны иаҳзеилымкаауазар? (Ажәам. 4:18; Маҭф. 17:22, 23; Лука 24:5—8; Иоан. 16:12).
Ажәабжь 103
Иаркыу ашә ала ауадахь
Иалҳәозеи Мариа ауаҩы, абаҳчааӡаҩы иакәыз џьышьа, насгьы ишԥеилылкаауеи лара уи Иисус шиакәҵәҟьаз?
Иарбан хҭысу изықәшәо ҩыџьа аҵаҩцәа, Еммаус ақыҭа ахь зхы рханы ицоз?
Иҟалозеи, ҩыџьа аҵаҩцәа Иисус дшырбаз апостолцәа ианырзеиҭарҳәо?
Шаҟантә дрызцәырҵуазеи Иисус ишьҭанеицәа?
Ииҳәазеи Фома, аҵаҩцәа Иҳақәиҭу дшырбаз аниаҳа, насгьы иҟалозеи аамш рышьҭахь?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иоанн 20:11—29.
Иаанагома Иисус иажәақәа Иоанн 20:23 аҟны иану, ауаа агәнаҳақәа ранажьра азин рымоуп ҳәа? Иҳаилыркаа. (Ԥс. 49:2, 7; Ис. 55:7; 1 Тим. 2:5, 6; 1 Иоан. 2:1, 2).
Уаԥхьа Лука 24:13—43.
Ишԥазыҟаҳҵарц ҳалшо ҳгәы, абиблиатә иаша аднакыларц? (Лука 24:32, 33; Езд. 7:10; Маҭф. 5:3; Аум. 16:14; Аур. 5:11—14).
Ажәабжь 104
Иисус ажәҩанахь дхынҳәуеит
Шаҟаҩы аҵаҩцәа зныкала дырбозеи Иисус, насгьы иреиҳәозеи урҭ Иисус?
Изакәузеи Анцәа Иаҳра, насгьы закәытә ԥсҭазаароузеи иҟало Иисус зқьышықәса аҳра аниуло аамҭазы?
Шаҟа мшы дрызцәырҵуазеи Иисус иҵаҩцәа, насгьы иҟаиҵар акәзеи уажәшьҭа иара?
Дыззрыҳәозеи Иисус иҵаҩцәа, урҭ аанижьаанӡа?
Еиҭаҳәа асахьаҿы иарбоу, насгьы дышԥаҟало дрымбо Иисус?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:3—8.
Избан апостол Павел даара агәраганы Иисус иԥсҭалара зеиҭеиҳәо, насгьы иарбан агәра ганы ирҳәаларц ахәҭоу иахьа ақьырсианцәа? (1 Кор. 15:4, 7, 8; Ис. 2:2, 3; Маҭф. 24:14; 2 Тим. 3:1—5).
Уаԥхьа Аумҭақәа 1:1—11.
Аҽшԥарҭбааи ажәабжьҳәаратә аус, Аумҭақәа 1:8 аҟны заа ишаҳәахьаз еиԥш? (Аум. 6:7; 9:31; 11:19—21; Кол. 1:23).
Ажәабжь 105
Иерусалим ақалақьаҿы азыԥшра
Уахәаԥш асахьа. Ирыхьуазеи Иисус ишьҭанеицәа, Иерусалим аҟны изԥшны иаанхаз?
Иарбан џьашьахәу Иерусалимҟа иааз ауаа ирбо?
Иреилиркаауазеи Пиотр еизаз ауаа?
Иарбан цәанырроу ироуа ауаа Пиотр ианизыӡырҩлак, насгьы иреиҳәозеи урҭ иҟарҵарц?
Шаҟаҩы аӡы рыҽӡаархызеи 33 шықәсазы Ҩынҩажәижәабатәи амшныҳәазы ҳ.ҟ.?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аумҭақәа 2:1—47.
а) Ишԥаҳдырбо Пиотр иажәақәа Аумҭақәа 2:23, 36 аҟны иану, Иисус иԥсразы аҭакԥхықәра зду иудеиатәи ажәлар шракәыз? (1 Фес. 2:14, 15).
б) Ишԥаҳзаанижьи Пиотр аҿырԥш бзиа, Аҩыра ҳхы иархәаны азхәыцразы? (Аум. 2:16, 17, 29, 31, 36, 39; Кол. 4:6).
в) Ихы ишԥаирхәеи зегь раԥхьа Пиотр «жәҩантә аҳра ацаԥхақәа», Иисус ииҭоит ҳәа дызқәиргәыӷыз? (Аум. 2:14, 22—24, 37, 38; Маҭф. 16:19).
Ажәабжь 106
Абахҭа аҟынтә иоушьҭын
Ирыхьуазеи ҽнак зны Пиотри Иоанни, аныҳәарҭахь ианцо?
Иеиҳәозеи Пиотр агра змоу ауаҩы, насгьы ииҭозеи иара аԥара аасҭа зыхә ҳаракыз?
Избан адин ԥызацәа рыԥсахы зԥжәо, насгьы ирзыруазеи урҭ Пиотри Иоанни?
Иреиҳәозеи Пиотр адин ԥызацәа, насгьы ирҭахыузеи урҭ апостолцәа рҟынтә?
Избан адин ԥызацәа зшьыцуа, насгьы иҟалозеи апостолцәа аҩынтәраан абахҭа ианҭаркуа?
Ирҳәозеи апостолцәа асинедрион азал ахь ианнарго?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аумҭақәа 3:1—10.
Ишԥаҳацхраауеи Пиотр иажәақәа Аумҭақәа 3:6 аҟны иану, Аҳра иазкыу ажәабжь зыԥсоу, иахьа аџьашьхәқәа аҟаҵара шҳалымшоугьы? (Иоан. 17:3; 2 Кор. 5:18—20; Флп. 3:8).
Уаԥхьа Аумҭақәа 4:1—31.
Ишԥаҳалшо ҳара иахьа I ашәышықәса инхоз ақьырсиантә ҳашьцәа рҿыԥшра, Анцәа имаҵураан аҿагыларақәа ҳанрықәшәо? (Аум. 4:29, 31; Еф. 6:18—20; 1 Фес. 2:2).
Уаԥхьа Аумҭақәа 5:17—42.
Иаага ҿырԥштәқәак, уаанӡа насгьы ҳара ҳаамҭазы, Анцәа имаҵ зымуаз хшыҩла ишазнеиуаз ажәабжьҳәара аус? (Аум. 5:34—39).
Ажәабжь 107
Стефан ахаҳәқәа игәыдҵаны дыршьуеит
Дызусҭада Стефан, насгьы иҟаиҵозеи Анцәа имчала?
Иарбан жәақәоу Стефан ииҳәаз, адин аԥызацәа рыԥсахы еибазыркыз?
Изыруазеи арҭ ауаа Стефан, дырҳәазаны ақалақь даналырго?
Ихьӡузеи арԥыс қәыԥш, амаҭәа зыхьчо? (Уахәаԥш асахьа.)
Иарбан аҳәароу Иегова иахь Стефан дыԥсаанӡа иҟаиҵо?
Иҟаҳҵарц ҳалшозеи Стефан иҿырԥшала, аӡәы ишакәым данҳазныҟәо?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аумҭақәа 6:8—15.
Иарбан гызмалрақәоу адин напхгаҩцәа зызнеиуаз, Иегова Ишаҳаҭцәа инарыгӡо ажәабжьҳәаратә аус аанкылара рҽазышәо? (Аум. 6:9, 11, 13).
Уаԥхьа Аумҭақәа 7:1—60.
а) Ицхраазеи Стефан ажәабжь бзиа ҟазарала ахьчара Синедрион аҿаԥхьа, насгьы иаҳнарҵозеи уи иҿырԥшы? (Аум. 7:51—53; Рим. 15:4; 2 Тим. 3:14—17; 1 Пиот. 3:15).
б) Ҳашԥарзыҟазаарц ахәҭоу ҳара ҳус иаҿагыло? (Аум. 7:58—60; Маҭф. 5:44; Лука 23:33, 34).
Ажәабжь 108
Дамаскҟа амҩан
Иҟаиҵазеи Савл Стефан данҭаха ашьҭахь?
Ихьуазеи Савл Дамаскҟа амҩан?
Идиҵозеи Иисус Савл?
Иарбан дҵоу Иисус Ананиа ииҭо, насгьы дышԥаҟало Савл ҩаԥхьа ибо?
Ишԥаԥсахыз Савл ихьӡ, насгьы иҟаиҵозеи иара?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аумҭақәа 8:1—4.
Ишԥацхрааи ақьырсиантә хаҵа́ра рылаҵәара, ааигәа еиҿкааз ақьырсиантә еизарақәа изықәшәаз аԥхаҵарақәа, насгьы иҟалахьома абри аҩыза ҳара ҳаамҭақәа раан? (Аум. 8:4; Ис. 54:17).
Уаԥхьа Аумҭақәа 9:1—20.
Иарбан х-хәҭакыу излашьақәгылаз адҵа, Иисус Савл ииҭарц ииҭахыз? (Аум. 9:15; 13:5; 26:1; 27:24; Рим. 11:13).
Уаԥхьа Аумҭақәа 22:6—16.
Иҿаҳҵаарц ҳалшозеи Ананиа, насгьы избан уи акыр заҵанакуа? (Аум. 22:12; 1 Тим. 3:7; 1 Пиот. 1:14—16; 2:12).
Уаԥхьа Аумҭақәа 26:8—20.
Избан Савл ақьырсианра ахьидикылаз гәырӷәӷәагас изыҟоу, зхацәа ма зыҳәса рхаҵа́ра рыцеиҩызымшо рзы? (Аум. 26:11; 1 Тим. 1:14—16; 2 Тим. 4:2; 1 Пиот. 3:1—3).
Ажәабжь 109
Пиотр Корнили иахь днеит
Уахәаԥш асахьа. Дызусҭада ари асахьаҿы ишьамхышгыланы игылоу?
Иеиҳәозеи амаалықь Корнили?
Иирбозеи Анцәа Пиотр, Иоппиа аҟны Симон иҩны ахыбаҿы?
Избан Пиотр Корнили изиеиҳәо, дшьамхышгыланы димеихырхәарц?
Избан Пиотр ицны иааз иудеиатәи аҵаҩцәа изџьаршьо?
Иаҳнарҵозеи Пиотр Корнили иахь дахьааз?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аумҭақәа 10:1—48.
Еилаҳкаауазеи Пиотр иажәақәа рыла Аумҭақәа 10:42 аҟны иану, Аҳра иазкыу ажәабжь бзиа рылаҳәара аус азы? (Маҭф. 28:19; Марк 13:10; Аум. 1:8).
Уаԥхьа Аумҭақәа 11:1—18.
Ихы шԥамҩаԥигеи Пиотр, егьырҭ ажәларқәа рахьынтә ауаа рзы Иегова игәаԥхара иаҵанакуа анеилкааха, насгьы ҳаиҿыԥшырц шԥаҳалшо ҳара? (Аум. 11:17, 18; 2 Кор. 10:5; Еф. 5:17).
Ажәабжь 110
Тимофеи — Павел ицхырааҩ ҿыц
Дызусҭада ари арԥыс қәыԥш асахьаҿы иарбо, дабанхо иара, насгьы ирыхьӡқәозеи иани иандуи?
Ииҳәозеи ҭакс Тимофеи, Павел Силеи иареи адгьыл харақәа рҟны инхо ауаа, ажәабжь рзеиҭаҳәара дрыццарц иҭахыума ҳәа даниазҵаа?
Иабарыхьӡҵахеи раԥхьаӡа, Иисус ишьҭанеицәа ақьырсианцәа ҳәа?
Еиқәыԥхьаӡа қалақьқәак Павел, Сила, насгьы Тимофеи иахьаҭаауа Антиохиа ианықәҵлак?
Дышԥаицхраауеи Тимофеи Павел, насгьы иарбан зҵаароу рхы иарҭарц рылшо аҿар?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аумҭақәа 9:19—30.
Гәҽанҵарала ихы шԥамҩаԥигеи Павел, ажәабжь ҳәараан аҿагыларақәа данрықәшәа? (Аум. 9:22—25, 29, 30; Маҭф. 10:16).
Уаԥхьа Аумҭақәа 11:19—26.
Ишԥаҳдырбо Аумҭақәа 11:19—21, 26 аҟны иану ажәеинраалақәа, Иегова идоуҳа ажәабжьҳәара напхгара шанаҭо?
Уаԥхьа Аумҭақәа 13:13—16, 42—52.
Ишԥаҳдырбо Аумҭақәа 13:51, 52 аҟны иану ажәеинраалақәа, аҵаҩцәа ргәы шкамҳауз аҿагыларақәа ианрықәшәозгьы? (Маҭф. 10:14; Аум. 18:6; 1 Пиот. 4:14).
Уаԥхьа Аумҭақәа 14:1—6, 19—28.
Ишԥаҳацхраауеи ажәақәа «Иегова инапы ианҵоуп» азхәыцра, амцхә агәҭынчымра аҽацәыхьчара, Анцәа иажәа аҵара иалагаз ҳанрыцхраауа? (Аум. 14:21—23; 20:32; Иоан. 6:44).
Уаԥхьа Аумҭақәа 16:1—5.
Ишԥазгәанаҭо инаҵшьны, Тимофеи иаԥхьатә ԥҟара дшазхиаз, «ажәабжь бзиа азы зегьы...аҟаҵара» акыр шаҵанакуа? (Аум. 16:3; 1 Кор. 9:23; 1 Фес. 2:8).
Уаԥхьа Аумҭақәа 18:1—11, 18—22.
Еилаҳкаауазеи Аумҭақәа 18:9, 10 аҟынтә, шаҟа ихы алаирхәуаз Иисус ихаҭа ажәабжьҳәара аус анапхгараҿы, насгьы зыгәра ҳгарц ҳалшои убри аҟынтә? (Маҭф. 28:20).
Ажәабжь 111
Ҷкәынак дшыцәаз
Уахәаԥш асахьа. Дызусҭада ари аҷкәын адгьылаҿы ишьҭоу, насгьы ихьзеи иара?
Иҟаиҵозеи Павел, аҷкәын дшыԥсыз аниба?
Рхы абадырхои Павели, Тимофеии егьырҭ рымҩанызацәеи, насгьы иҟалозеи Милет ианаангыло?
Иарбан гәҽанҵароу аԥааимбар Агав Павел ииҭаз, насгьы ишԥанагӡахеи уи аԥааимбаражәа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аумҭақәа 20:7—38.
а) Ишԥаҳалшо «зегьы ршьа аҟынтә ҳаҵқьаны» ҳаанхарц, Павел иажәақәа Аумҭақәа 20:26, 27 аҟны иану инақәыршәаны? (Иез. 33:8; Аум. 18:6, 7).
б) Избан аизара аиҳабацәа «ииашоу ажәа ӷәӷәала иадгылазарц» зрыхәҭоу, егьырҭ ианыддырҵо? (Аум. 20:17, 29, 30; Тит. 1:7—9; 2 Тим. 1:13).
Уаԥхьа Аумҭақәа 26:24—32.
Ихы ишԥаирхәоз Павел римтәи агражданра имаз, Иисус ииҭаз ажәабжьҳәара адҵа анагӡаразы? (Аум. 9:15; 16:37, 38; 25:11, 12; 26:32; Лука 21:12, 13).
Ажәабжь 112
Ауаа рыӷба ԥҽуеит, даргьы адгьылбжьаха иқәнагалоит
Иахьуазеи аӷба Павел дзықәтәаз, Крит адгьылбжьаха азааигәара?
Ирылеиҳәозеи Павел аӷба иақәтәаз ауаа?
Ишԥаԥҽуеи аӷба?
Иарбан дҵоу иҟаиҵо, аҭакԥхықәра здыз шәҩык иреиҳабыз, насгьы шаҟаҩы наӡода аҟәара аҟынӡа?
Иахьӡузеи адгьылбжьаха урҭ ахьнеиз, насгьы ихьуазеи Павел амш анбзиахалак?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аумҭақәа 27:1—44.
Избан абиблиатә аацҳарақәа Павел Римҟа иныҟәарақәа ирызкыу аԥхьара, ҳагәрагара зарӷәӷәо Абиблиа иану шиашоу? (Аум. 27:16—19, 27—32; Лука 1:3; 2 Тим. 3:16, 17).
Уаԥхьа Аумҭақәа 28:1—14.
Амурҭаҭқәа Мальта инхоз апостол Павел, насгьы аӷбаҿы ицқәаз рахь «зеиԥшыҟам ауаҩы ибзиабара» аадырԥшызар, иаадырԥшырц рыхәҭозеи ақьырсианцәа, насгьы ишԥа? (Аум. 28:1, 2; Аур. 13:1, 2; 1 Пиот. 4:9).
Ажәабжь 113
Павел Рим дыҟоуп
Иззеиҭеиҳәода Павел ажәабжь Рим абахҭа дахьҭакыз?
Уахәаԥш асахьа. Дызусҭада астол иахатәо, насгьы дышԥаицхраауеи уи Павел?
Дызусҭада Епафродит, насгьы иигозеи иара Филиппҟа?
Изиҩуазеи Павел асалам шәҟәы, иҩыза гәакьа Филимон иахь?
Иҟаиҵозеи Павел даноурышьҭлак, насгьы ихьуазеи анаҩс?
Изииҭада Иегова агәацԥыҳәара, Абиблиа аҵыхәтәантәи ашәҟәқәа иҩырц, насгьы иаҳәозеи Аартра ашәҟәаҿы?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аумҭақәа 28:16—31, насгьы Филиппаа рахь 1:13.
Ихы ишԥаирхәеи Павел, Рим абахҭа аҟны ихигаз аамҭа, насгьы ишԥарныри ақьырсиантә аизара иара ихаҵа́ра ӷәӷәа? (Аум. 28:23, 30; Флп. 1:14).
Уаԥхьа Филиппаа рахь 2:19—30.
Ишԥааирԥши Павел, Тимофеии Епафродити пату шрықәиҵоз, насгьы ҳаиҿыԥшырц шԥаҳалшои Павел? (Фил. 2:20, 22, 25, 29, 30; 1 Кор. 16:18; 1 Фес. 5:12, 13).
Уаԥхьа Филимон 1—25.
а) Шьаҭаз иамазеи Павел, Филимон аиаша аҟаҵарахь дахьиԥхьоз, насгьы ишԥаҿырԥшыгоу ари аизара аиҳабацәа рзы иахьа? (Флм. 9; 2 Кор. 8:8; Гал. 5:13).
б) Ишԥаадырԥшуеи Павел иажәақәа Филимон 13, 14 аҟны иану, егьырҭ аизара иахәҭакыз рыламыс пату шақәиҵоз? (1 Кор. 8:7, 13; 10:31—33).
Уаԥхьа 2 Тимофеи иахь 4:7—9.
Избан ҳара Павел иеиԥш агәра ҳгарц зҳалшо, Иегова аҳамҭа шҳаиҭо аҵыхәтәанынӡа ҳиашаны ҳаанхар? (Маҭф. 24:13; Аур. 6:10).
Ажәабжь 114
Ацәгьара зегьы аҵыхәтәа
Избан Абиблиаҿы изаҳәо ажәҩан аҟны иҟоу аҽқәа рыӡбахә?
Иахьӡузеи Анцәа иеибашьра ауаа цәгьақәа рзы иҟало, насгьы дзалагозеи Анцәа ари аибашьра?
Уахәаԥш асахьа. Напхгара азызуада ари аибашьра, избан агәыргьын зихоу, насгьы иаанагозеи аҳәа?
Избан 10, 15 ажәабжьқәа ҳанрызхәыцуа, уамашәа иҳамбар захәҭоу Анцәа ауаа цәгьақәа ахьықәихуа?
Ишԥаҳдырбои 33, 36, насгьы 76 ажәабжьқәа, Анцәа ауаа цәгьақәа, иара ҳеихырхәоит ҳәа шьақәзырӷәӷәогьы шықәихуа?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аартра 19:11—16.
а) Ишԥаҳнарбо Аҩыра, аҽы шкәакәа иақәтәоу — ари Иисус Христос шиакәу? (Аарт. 1:5; 3:14; 19:11; Ис. 11:4).
б) Ишԥашьақәнарӷәӷәо Иисус хыхьтәи имаҭәа иамаз ашьа, инагӡаны ӷьеҩлаҵәҟьа аиааира шииго? (Аарт. 14:18—20; 19:13; Ис. 63:1—6).
в) Дызусҭада аруаа рахь иаҵанакуа, аҽы шәкәакәа иақәтәоу Иисус ишьҭанеиуа? (Аарт. 12:7; 19:14; Маҭф. 25:31, 32).
Ажәабжь 115
Адгьыл аҟны — џьанаҭ ҿыц
Иарбан ҭагылазаашьақәоу иҳамазаало, Абиблиа ишаҳнарбо ала, адгьылаҿы џьанаҭ аныҟалалак?
Изықәнаргәыӷуазеи Абиблиа џьанаҭ иқәынхало?
Данбеиҷаҳауеи Иисус абарҭ иџьашьахәу аԥсахрақәа ҟаларц?
Иҟаиҵозеи Иисус адгьылаҿы даныҟаз, Анцәа иалихыз Аҳак иаҳасабла, напхгара аниуло аамҭазы иҟаиҵараны иҟоу ҳирбарц?
Иззеиҷаҳауазеи, Иисус насгьы ажәҩан аҟынтә адгьылахь напхгара ицҟазҵало?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Аартра 5:9, 10.
Избан ҳара агәра ҳгарц зҳалшо, Зқьышықәсатәи аҳра аҩнуҵҟа адгьыл напхгара азызуло, арыцҳашьареи агәшаҭареи злоу аҳцәаны, насгьы ԥшьаҩцәаны ишыҟало? (Еф. 4:20—24; 1 Пиот. 1:7; 3:8; 5:6—10).
Уаԥхьа Аартра 14:1—3.
Иарбан символтә ҵакыу иамоу, Аб ихьӡи Асыс ихьӡи 144 000-ҩык рылахь иахьану? (1 Кор. 3:23; 2 Тим. 2:19; Аарт. 3:12).
Ажәабжь 116
Наӡаӡа ҳанхаларц азы иҟаҵатәу
Иаҳдырыр ахәҭада, наӡаӡа ҳанхааларц ҳҭахызар?
Ишԥаҳалшо ҳара Анцәа Иеговеи Иисуси ҳдырырц, асахьаҿы иарбоу аӡӷаб хәыҷы лҩызцәеи лареи ҳарҿыԥшуазар?
Иарбану даҽа шәҟәык уара ари асахьаҿы иубо, насгьы избан уи лассы-лассы изаԥхьалатәу?
Иҟаҵатәузеи еиҭа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауырц, Иеговеи Иисуси рдырра адагьы?
Иаҳнарҵозеи 69-тәи ажәабжь?
Иаҳнарбозеи Самуил ҳәыҷы иҿырԥшы 55-тәи ажәабжь аҟны зыӡбахә еилаҳкааз?
Ишԥаҳалшо ҳаиҿыԥшырц Иисус Христос, насгьы иарбан ԥеиԥшу ирзыԥшу ус зхы мҩаԥызго?
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
Уаԥхьа Иоанн 17:3.
Ишԥаҳнарбо Аҩыра, Анцәа Иеговеи Иисус Христоси реилкаара, афакҭқәа рҵара адагьы иеиҳаны ишаанаго? (Маҭф. 7:21; Иак. 2:18—20; 1 Иоан. 2:17).
Уаԥхьа Ԥсалом 145:1—21.
а) Еиқәыԥхьаӡа Иегова иҳаракразы иҟоу мзызқәак? (Ԥс. 145:8—11; Аарт. 4:11).
б) Излааԥшуазеи Иегова «бзиарала зегьы рахь» дшыҟоу, насгьы избан ари еиҳа ҳаизааигәанатәыр захәҭоу (Ԥс. 145:9; Маҭф. 5:43—45).
в) Ҳара гәыкала Иегова ҳаизыҟазар, иаҳгәанарԥхозеи уи ҳара? (Ԥс. 119:171, 172, 175; 145:11, 12, 21).